Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Адунеи хазы ҳалхны ҳхы шыхьчалатәу
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
    • 3. а) Дышԥазыҟаз Иисус аполитика адгьыл аҿы данынхоз? б) Избан иаҳҳәарц зҳалшо иалху Иисус ишьҭанеицәа ихаҭарнакцәаны амаҵ руеит ҳәа? (Уҭак албаага аҟынтә азхәыцрақәа алаҵа.)

      3 Иисус адгьыл аҿы данынхоз, аполитикатә усқәа иҽрылаирхәуамызт. Иара имчқәа зегь азикит Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь рылаҳәара — Аҳас дызхагылараны иҟаз жәҩантә еиҳабыра (Даниил 7:13, 14; Лука 4:43; 17:20, 21). Убри аҟынтә, римтәи анапхгаҩы Понти Пилат иаԥхьа дҩагыланы иҳәар илшон: «Сара Сыԥсҳара ари аԥсабараҿтәым» (Иоанн 18:36). Ииашоу Христос ишьҭанеицәа иҿыԥшуеит, Иаҳреи иареи рахь азиашара аадырԥшуеит, насгьы адунеи аҿы уи Аҳра атәы рыларҳәоит (Матфеи 24:14). «Абасала, ҳарҭ Христос ҳаихаҭарнакцәоуп... — иҩуан апостол Павел,— убри аҟнытә Христос ихьӡала ҳшәыҳәоит: Анцәеи шәареи шәеинышәа» (2 Коринфаа 5:20)a.

      4. Ишԥаадырԥшуеи ииашоу ақьырсианцәа Анцәа Иаҳра ишазиашоу? (Уахәаԥш арамка «Раԥхьатәи ақьырсианцәа анеитралитет рыхьчон».)

      4 Ахаҭарнакцәа атәым ҳәынҭқарра аадырԥшуеит аҟынтә, дара ахьынашьҭу аҭыԥаҿы аҩныҵҟатәи аусқәа рыҽрыладырхәуам, насгьы анеитралитет рыхьчоит. Аха ахаҭарнакцәа зтәыла аадырԥшуа аҳәынҭқарра аинтересқәа ирыдгылоит. Убри аҩыза ҳҳәар ҳалшоит иалху Христос ишьҭанеицәа рзы «ажәҩан аҟны — зынхарҭа» ыҟоу (Филиппаа 3:20). Хыбаарала Аҳра иазку ажәабжь рылаҳәара иабзоураны, дара миллионҩыла Христос «егьырҭ иуасақәа» Анцәа инышәараҿы ирыцхрааит (Иоанн 10:16; Матфеи 25:31—40). «Егьырҭ ауасақәа» Христос ихаҭарнакцәаны амаҵ руеит, иалху иашьцәа ирыцхраауа. Ԥсасак аҟны еизгоу ҩ-гәыԥк Амессиантә Аҳра аинтересқәа ирыдгылоит, насгьы ари адунеи аполитикатә усқәа рҿы анеитралитет ӷәӷәала иадгылоит. (Уаԥхьа Исаиа 2:2—4.)

  • Адунеи хазы ҳалхны ҳхы шыхьчалатәу
    «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз»
    • a Аҩынҩажәижәабамш аҽны 33 шықәса рзы ҳ. ҳ. Христос Аҳас дҟалеит адгьыл аҿы иалху ишьҭанеицәа реизараҿ (Кәаласаа 1:13). 1914 шықәсазы иара идикылеит «адунеиаҿ иаԥыз аҳра». Убри аҟынтә иалху ақьырсианцәа иахьа Амессиантә Аҳра иахаҭарнакцәаны амаҵ руеит (Аатра 11:15).

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра