-
Абиблиа аԥхьара агәахәара шәзаанагаларц азы иҟаҵатәуШәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
3. Ианбаԥхьалатәу Абиблиа?
Ишәцәыцәгьоума Абиблиа аԥхьаразы аамҭа алхра? Аӡәырҩы уи ҳцәыцәгьоуп. Шәҽазышәшәала шәаамҭа еиҳа ихадоу азкра (Ефесаа 5:16). Есыҽны Абиблиа аԥхьаразы аамҭа алхны ишәымаз. Шьоукы ашьыжь ирзыманшәалоуп. Егьырҭ ҽынла Абиблиа иаԥхьоит, иаҳҳәап, шьыбжьон аусураҿы рыԥсы аныршьо. Иҟоуп уахынла, шьҭалара ицаанӡа аԥхьара ззыманшәалоу. Шәара ианбашәзыманшәалоу?
-
-
Иҳацхраауазеи ииашоу аӡбарақәа рыдкылара?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
3. Абиблиатә принципқәа амҩа иаша удырбоит
Ишԥаҳацхраауеи абиблиатә принципқәа ииашоу аӡбарақәа рыдкылара? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.
Иарбан хақәиҭроу Иегова дасу иҳаиҭаз?
Изҳаиҭазеи Иегова уи аҩыза ахақәиҭра?
Иҳаиҭазеи иара, уи ахақәиҭра ииашаны ҳхы иаҳархәаларц азы?
Ҳахәаԥшып библиатә принципк. Шәаԥхьа Ефесаа 5:15, 16. Анаҩс шәалацәажәа шәаамҭа еиҳа еиӷьны шәхы иашәырхәалар шшәылшо:
иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аԥхьаразы;
ахаҵа ироль ма аԥҳәыс лроль, аб ироль ма ан лроль, аԥа ироль ма аԥҳа лроль ибзианы анагӡаразы;
аизарақәа рҭааразы.
-
-
Шәгәы злашәырҿыхаша аналшәхуа, Анцәа дшәыргәырӷьалаШәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
2. Избан шаҟа аамҭа ҳаԥсы ҳшьо ҳацклаԥшлар зҳахәҭоу?
Гәырҿыхагас иалҳхуа бзиазаргьы, уи шаҟа аамҭа ақәҳарӡуа ҳазхәыцлароуп. Ус ҟаҳамҵалар, еиҳа ихадоу аусқәа рзы аамҭа ҳзаанымхар алшоит. Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит ҳаамҭа еиҳа ихадоу иазаҳкларц. (Шәаԥхьа Ефесаа 5:15, 16.)
-
-
Шәгәы злашәырҿыхаша аналшәхуа, Анцәа дшәыргәырӷьалаШәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
4. Баша аамҭа шәымгалан
Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Иарбан уадаҩроу аиашьа имаз, уи иҽеимыз ҳәа акгьы дшамыхәаԥшуазгьы?
Шәаԥхьа Филиппаа 1:10, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Ишәыцхраар шԥалшо ари ажәеинраалаҿы иаагоу апринцип аԥсшьара шаҟа аамҭа ақәшәырӡло аӡбара?
-