Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Анацәа — Евника шәылҿыԥшла
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022 | апрель
    • ШӘХӘЫҶҚӘА УСЛА АҴАРА ДШӘЫРҴАЛА

      12. Ишԥаицхрааи Тимофеи Евника лҿырԥшы? (2 Тимофеи иахь 1:5).

      12 Шәаԥхьа 2 Тимофеи иахь 1:5. Евника Тимофеи аҿырԥш бзиа илҭон. Иҟалап лара еиллыркаауазҭгьы агәрахаҵареи аусқәеи шеидҳәалоу (Иак. 2:26). Ҳәарада, Тимофеи ибон иан лусқәа Иегова гәыкала бзиа дшылбоз шырныԥшуаз, насгьы Анцәа имаҵ аура анасыԥҵәҟьа шылзаанагоз. Ишԥаицхрааи Тимофеи Евника лҿырԥшы? Апостол Павел иҳәеит Тимофеи игәрахаҵара иан лыгәрахаҵара еиԥш ишыӷәӷәаз. Уи ус баша имҳәаӡеит: Тимофеи Евника иҟалҵоз-илуаз ибон, убри азы дылҿыԥшлар иҭаххеит. Иахьагьы ҳаҳәшьцәа аӡәырҩы ажәада рҭаацәарақәа Иегова имаҵ аура ргәазҭарҵоит (1 Пиотр 3:1, 2). Шәаргьы уи шәылшоит! Иҟаҵалатәузеи уи азы?

      13. Избан ан лыԥсҭазаараҿы Иеговеи лареи реиҩызара раԥхьатәи аҭыԥ аҿы илыргылалар зхадоу?

      13 Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ аҿы ишәыргылала (Ҩынтә. 6:5, 6). Анацәа рхы иагдырхо рацәоуп. Шәхәыҷқәа иршәызарц-ирхазарц азы шәара ирацәаны аџьабаа жәбоит, аԥара шәырҳауеит, шәыцәа иагшәырхоит, уҳәа убас иҵегьы. Аха Иегова изышәклар шәыхәҭоу аамҭа есыҽнытәи аусқәа ишәцәыргартә рылшәмыршалан. Есыҽны аамҭа шәыԥшаала Анцәа иҳәаразы, Абиблиа аҭҵааразы, насгьы аизарақәа шәырҭаала. Убасҟан Иеговеи шәареи шәеиҩызара ӷәӷәазаауеит, насгьы шәҭаацәа рзгьы, егьырҭ рзгьы шәҿырԥшыгазаауеит.

  • Анацәа — Евника шәылҿыԥшла
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022 | апрель
    • 16. Ирыцхраар шԥалшо егьырҭ ақьырсианцәа зхәыҷқәа аҵабырг рылазааӡо аиҳәшьцәа рҿырԥшы?

      16 Аиҳәшьцәа, ишәхашәмыршҭлан шәҿырԥшы шәхәыҷқәа рыдагьы, егьырҭгьы ирыхәар шалшо. Шәазхәыц Евника лҿырԥшы апостол Павел игәаҵанӡа ишнеиз. Иара иҳәеит Тимофеи гәыкала иааирԥшуаз агәрахаҵара аҩыза раԥхьа Евника ишлымаз (2 Тим. 1:5). Ианбагәеиҭеи Павел уи лыгәрахаҵара? Раԥхьатәи имиссионертә ныҟәараан иара Листра дыҟан. Убасҟан акәзар ҟалап Евникеи Лоидеи данрабадырыз. Иара иакәзаргьы ҟалап Христос иҵаҩцәаны аҟалара ирыцхрааз (Аус. 14:4—18). Шәазхәыц 15 шықәса инареиҳаны ҵхьан еиԥш, Павел Тимофеи асаламшәҟәы изиҩуеит. Уа иара Евника лыгәрахаҵара ҿырԥшыс иааигоит. Иубарҭоуп уи лыгәрахаҵара Павели егьырҭ ақьырсианцәеи ргәаҵанӡа ишнеиз. Аиҳәшьцәа, шәхәыҷқәа аҵабырг рылааӡара шәхала шәаҿызар, ишәхашәмыршҭлан: шәара шәыгәрахаҵарагьы егьырҭ рзы иҿырԥшыгоуп.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра