-
Ишәыцхраар алшозеи анаҩсгьы Абиблиа аҵара?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
5. Абиблиа аҵара шәаҟәымҵын, ауаа шәҿагылозаргьы
Шьоукы Абиблиа аҵара шәаҟәыҵ ҳәа шәарҳәалар алшоит. Абар Франческо иҿырԥштәы. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Ирҳәазеи Франческо иҩызцәеи иуацәеи, Абиблиа аҵара дшалагаз анреиҳәа?
Лҵшәас иаанагазеи Франческо Абиблиа аҵара дахьаҟәымҵыз?
Шәаԥхьа 2 Тимофеи 2:24, 25, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:
Ишԥазыҟоу шәыуацәеи шәҩызцәеи Абиблиа ахьышәҵо?
Арҭ ажәеинраалақәа инарықәыршәаны, шәхы мҩаԥыжәгалар шԥашәыхәҭоу, аӡәы Абиблиа ахьышәҵо игәамԥхозар? Избан?
-
-
Ишԥашәылшо Абиблиа иану ажәабжь бзиа егьырҭ ирзеиҭашәҳәар?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
Аӡәы Абиблиа иану ажәабжь бзиа анизеиҭашәҳәо, ишәҳәаша мацара адагьы, уи шышәҳәаша шәазхәыцла. Шәаԥхьа 2 Тимофеи 2:24, насгьы 1 Пиотр 3:15, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:
Ишԥашәылшо арҭ ажәеинраалақәа ирҳәо шәхы иашәырхәар, Абиблиа иану ажәабжь бзиа егьырҭ ианырзеиҭашәҳәо?
Шәҭынхацәеи шәҩызцәеи шьоукы ишәҳәо иақәшаҳаҭымхар ауеит. Шәхы шԥамҩаԥыжәгалар акәу усҟан? Иаҭахымзеи аҟаҵара?
Избан апатуқәҵара аарԥшны ауаҩы азҵаарақәа иҭара еиҳа изеиӷьу, абри ауп зыгәра угаша ҳәа иаҳәара аасҭа?
-