-
Иаашәырԥшуама шәара Анцәа игәамԥхо аҟазшьақәа?Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018 | ианвар
-
-
3. Зыӡбахә иҳәада Павел 2 Тимофеи иахь 3:2—5 аҟны?
3 Павел иҩуан аҵәыхәтәантәи амшқәа «ихьанҭоу аамҭақәахоит» ҳәа. Анаҩс иара еиқәиԥхьаӡеит иахьа ауаа иаадырԥшуа 18 ҟазшьа. Урҭ аҟазшьақәа Павел Римаа рахь 1:29—31 аҟны еиқәиԥхьаӡаз аҟазшьақәа иреиԥшуп, аха Тимофеи иахь ииҩыз асаламшәҟәаҿы иаагоу ажәақәа Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы уаҳа иуԥылаӡом. Аха урҭ аҟазшьа бааԥсқәа ауаа зегьы иаадырԥшлаӡом. Ақьырсианцәа зынӡа даҽа ҟазшьақәак аадырԥшуеит. (Уаԥхьа Малахиа 3:18.)
-
-
Иаашәырԥшуама шәара Анцәа игәамԥхо аҟазшьақәа?Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018 | ианвар
-
-
4. Шәгәы ишԥаанаго, дзеиԥшроузеи зых беиа избо ауаҩы?
4 Павел ауаа рхы-рыԥсы иашьҭалоит, есааира акы абаҳарҳари ҳәа идәықәлоит аниҳәа ашьҭахь, иациҵеит урҭ ахамаԥагьара иаанахәоит, рых беиа ирбауеит ҳәа. Арҭ аҟазшьақәа аазырԥшуа ауаа лассы-лассы рыԥшреи, русқәеи, рмазареи, иааныркыло аҭыԥи рыла егьырҭ иреиӷьушәа ргәы иаанагоит. Уи инеиҳангьы, урҭ ирҭахуп егьырҭ дара рҿаԥхьа ихырхәаларц. Ҵарауаҩык ус еиԥш иҟоу ауаҩы изкны иҩит: «Иара игәаҵаҿы ихы дахьеихырхәо аныҳәарҭа изгылоуп». Шьоукы изларҳәо ала, аԥагьара убас иҿаасҭоуп, ауаҩ ԥагьа ихаҭаҵәҟьагьы даҽаӡәы уи аҟазшьа анааирԥшуа игәаԥхом.
-
-
Иаашәырԥшуама шәара Анцәа игәамԥхо аҟазшьақәа?Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018 | ианвар
-
-
8. а) Иахырҳәаауазеи шьоукы ахәыҷқәа иахьа рҭаацәа иахьырзымӡырҩуа? б) Иҟарҵалар акәзеи ахәыҷқәа Абиблиа инақәыршәаны?
8 Павел иҩуан аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ауаа реизыҟазаашьақәа зеиԥшрахо. Иара иҩуан ахәыҷқәа «изхылҵыз ирзымӡырҩуа иалагоит» ҳәа. Иахьа ашәҟәқәеи, афильмқәеи, ателедырраҭарақәеи ус еиԥш иҟоу ахымҩаԥгашьа цәгьарак аҵамызшәа иаадырԥшуеит. Аха азымӡырҩра ауаажәларратә еилазаара гәыцәс иамоу — аҭаацәара — хнарбгалоит. Уи ус иагьыҟаҵәҟьоуп. Иаҳҳәап, ажәытәан Бырзентәыла зҭаацәа рахь знапы шьҭызхуаз ауаҩы ажәлар рыбжьара имаз азинқәа ицәыӡуан. Римтәи азакәан инақәыршәаны заб иахь знапы шьҭызхуаз ауаҩы ашьра ҟазҵаз иеиԥш дахьдырхәуан. Ауриатә Ҩырақәа рҿы еиԥш Абырзен Ҩырақәа рҿгьы иануп ахәыҷқәа рҭаацәа ҳаҭыр рықәырҵалар шрыхәҭоу (Ақәҵымҭа 20:12; Ефесаа рахь 6:1—3).
-
-
Иаашәырԥшуама шәара Анцәа игәамԥхо аҟазшьақәа?Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018 | ианвар
-
-
10, 11. а) Иарбан ҟазшьа бааԥсқәоу иаадырԥшуа абзиабара змам ауаа? б) Иарбан бзиабароу ақьырсианцәа ауаа рахь иаадырԥшуа?
10 Павел иара убас дрыхцәажәон абзиабара змам ауаа иаадырԥшло аҟазшьақәа. Ахәыҷқәа «изхылҵыз ирзымӡырҩуа иалагоит» ҳәа аниҳәа ашьҭахь, иара иациҵеит ауаа иҭабуп аҳәара рхадыршҭуеит ҳәа. Уи ус ауп, избанзар аџьшьара аазмырԥшуа ауаа егьырҭ ирзыҟарҵо абзиара пату рзақәым. Павел иара убас иҳәеит ауаа ԥсыцқьала аҟазаара мап ацәыркуеит ҳәа. Урҭ нышәара зқәым ракәхоит, уи иаанагоит дара аҭынчра ишашьҭамло. Иара убас урҭ рыбыз хәаԥсоит, насгьы ичарҳәацәахоит, уи иаанагоит дара ауаагьы Анцәагьы ацәгьа шырзырҳәало. Уи инеиҳангьы имыцҳәацәахоит, даҽакала иуҳәозар, егьырҭ рыхьӡ бжьырхырц азы уҳәан-сҳәан рҳәалоитa. (Шәахәаԥш албаага.)
-