Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Иаҳәозеи Абиблиа асекс иазкны?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • Аурок 41. Ахаҵеи аԥҳәыси рнапқәа еибаркны иаауеит.

      АУРОК 41

      Иаҳәозеи Абиблиа асекс иазкны?

      Аӡәырҩы ауаа асекс иазку атема алацәажәара иацәыԥхашьоит. Абиблиа асекс иаартны, патуқәҵарала иалацәажәоит. Уа иану анормақәа ҳара ҳрыхьчоит, ахәарҭа ҳзааргоит, избанзар урҭ Ҳазшаз Иегова инормақәа роуп. Иара ибзиаӡаны идыруеит ҳара иаҳзеиӷьу. Иегова еилыкка иҳаиҳәоит ҳхы шымҩаԥаҳгалаша, насыԥ ҳаманы наӡаӡа ҳанхаларц азы.

      1. Дышԥазыҟоу Иегова асекс?

      Асекс — Иегова иҳаиҭаз ҳамҭоуп. Иара иҭахуп аҭаацәара иалоу хаҵеи-ԥҳәыси уи агәахәара рзаанагаларц. Уи аҳамҭа абзоурала хаҵеи-ԥҳәыси ахәыҷқәа роулар рылшоит, иара убас бзиа ишеибабо аадырԥшуеит. Убри азоуп Абиблиаҿы абас зану: «Уанқәыԥшыз иугаз аԥҳәыс улылагәырӷьала» (Ажәамаанақәа 5:18, 19). Иегова иҭахуп аҭаацәара иалоу ақьырсиан ихатә ҩыза ахаан димԥсахларц. (Шәаԥхьа Ауриацәа 13:4.)

      2. Иаҵанакуазеи асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа рахь?

      Абиблиаҿы иануп: «Ламысдарала зхы мҩаԥызго... Анцәа Иаҳра рбараны иҟаӡам» (1 Коринфаа 6:9, 10). Абырзен бызшәала иҩыз абиблиатә шәҟәқәа рҿы асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа ажәа порне́иа ала иаарԥшуп. Уи ажәа ҵакыс иамоуп: 1) закәанла аҭаацәара еицалам ахаҵеи аԥҳәыси рыбжьара асексуалтә еизыҟазаашьақәаa; 2) агомосексуалтә еизыҟазаашьақәа, 3) ауааи арахәи рыбжьара асекс. Иегова изакәанқәа рыла ҳанхозар, игәы иахәо ҟаҳҵалоит. Уи адагьы, имаҷымкәа ауадаҩрақәа ҳҽырцәаҳахьчоит (1 Фессалоникаа 4:3).

      ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

      Еилышәкаа асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа рҽырцәыхьчара ишәыцхраауа, насгьы Анцәа инормақәа шәшырыхьчо.

      Иосиф Потифар иԥҳәыс дылцәыбналоит. Лара уи имаҭәа лнапаҿы илкуп.

      3. Асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа шәҽырцәышәыхьчала

      Анцәа гәыкала имаҵ зуаз Иосиф дхызхырц зҭахыз аԥҳәыс мап лцәикит. Шәаԥхьа Аҟазаара 39:1—12, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Избан Иосиф дыҩны дызцаз? (Шәахәаԥш ажәеинраала 9.)

      • Шәгәы ишԥаанаго, ииашаны ихы мҩаԥигама Иосиф? Избан ус шәгәы изаанаго?

      Ишԥарылшо иахьа аҿар Иосиф иҿыԥшра? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Акалҭбааԥсра шәҽацәышәыхьчала» (5:06)

      Иегова иҭахуп ҳара зегьы инормақәа ҳрықәныҟәаларц. Шәаԥхьа 1 Коринфаа 6:18, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Иарбан ҭагылазаашьақәоу ауаҩы асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа рахь дназгар алшо?

      • Ишәыцхраауазеи асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа рыҟамҵара?

      4. Шәхызхыр алшо шәаҿагылар шәылшоит!

      Избан зны-зынла иламысдоу уск аҿагылара зыуадаҩу? Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Абиблиа аԥхьара ухызхыр алшо аҿагылара иуцхраауеит» (3:02)

      • Иҟаиҵазеи ари ахаҵа, ихаҿы иааиуаз хәыцрақәак ихатә ҩыза лыԥсахрахь днаргар шалшо анеиликаа?

      Аԥышәа змоу ақьырсианцәагьы рхәыцрақәа рыцклаԥшра рзымариаӡам. Ишәыцхраар алшозеи иҽеим ахәыцрақәа рҿагылара? Шәаԥхьа Филиппаа 4:8, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Ҳзызхәыцлар ҳахәҭоузеи ҳара еснагь?

      • Абиблиа ҳаԥхьозар, насгьы Иегова имаҵ аураҿы еснагь ҳаилахазар, ишԥаҳацхраауеи уи агәнаҳа аҽацәыхьчара?

      5. Иегова инормақәа ҳрыхьчоит

      Иегова иаҳзеиӷьу идыруеит. Иара иҳаилиркаауеит ҳхымҩаԥгашьа цқьазарц азы иҟаҵалатәу, насгьы ус еиԥш иҟоу ахымҩаԥгашьа иаҳзаанаго алҵшәа бзиақәа. Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 7:7—27, мамзаргьы шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА. Анаҩс азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Аҟәышра анузымхо» (9:31)

      • Дышԥақәшәеи ари арԥыс дхызхыр алшоз аҭагылазаашьа? (Шәахәаԥш Ажәамаанақәа 7:8, 9.)

      • Ажәамаанақәа 7:23, 26 ишаҳдырбо еиԥш, асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа алҵшәа бааԥсқәа ааргоит. Иарбан уадаҩрақәоу ҳхы зцәаҳахьчо, Анцәа инормақәа ҳрықәныҟәозар?

      • Ишԥаҳацхраауеи ицқьоу ахымҩаԥгашьа аԥсҭазаара алагәырӷьара иахьагьы наӡаӡагьы?

      Шьоукы ирҳәоит Абиблиа агомосексуалтә еизыҟазаашьақәа ирызкны иаҳәо мыцхәы иџьбарацәоуп ҳәа. Аха Иегова абзиабара злоу Анцәа иоуп, иара иҭахуп дарбанзаалак ауаҩы наӡаӡа дынхаларц. Аха уи азы иара инормақәа ирықәныҟәалатәуп. Шәаԥхьа 1 Коринфаа 6:9—11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Агомосексуалтә гәаҳәарақәа заҵәык роума Анцәа ииашаӡам ҳәа ииԥхьаӡо?

      Анцәа дҳаргәырӷьаларц азы ҳхы аус адаҳулалароуп. Избан уи азы аџьабаа абара изаԥсоу? Шәаԥхьа Аԥсалом 19:8, 11, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Шәгәы ишԥаанаго, аҟәыӷара рыҵоума Иегова инормақәа? Избан ус шәгәы изаанаго?

      Асахьақәа: 1) аӡӷаб лылахь еиқәны лҩыза диватәоуп. Лара аҭаҭын дахоит, лҩызцәеи лареи уахынла аклуб аҿы арыжәтә ржәуеит; 2) уи аӡӷаб дгәырӷьаҵәа Аҳратә зал аҿы аиҳәшьцәа драцәажәоит.

      Иегова аӡәырҩы ицқьоу инормақәа рыла анхара иалагарц дрыцхраахьеит. Шәаргьы дшәыцхраауеит

      ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Ҩыџьа бзиа еибабозар, урҭ рыбжьара асекс цәгьарак аҵам».

      • Аҭак шԥаишәҭарыз ус згәы иаанаго ауаҩы?

      ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

      Асекс — ари Иегова закәанла аҭаацәара еицалоу хаҵеи-ԥҳәыси ириҭаз ҳамҭоуп.

      Аиҭахысра

      • Иаҵанакуазеи асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа рахь?

      • Ҳхы ҳахьчар шԥаҳалшо асекс иадҳәалоу агәнаҳақәа рҟынтә?

      • Хәарҭас иаҳзааргозеи Иегова инормақәа?

      Ахықәкқәа

      ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

      Избан Анцәа изы акыр заҵанакуа ахаҵеи аԥҳәыси закәанла аҭаацәара еицалоу-еицаламу?

      «Что в Библии говорится о сожительстве до брака?» (авеб-статиа)

      Абиблиа иаҳәаӡом агомосексуалистцәа ҳцәымӷзароуп ҳәа.

      «Что плохого в гомосексуализме?» (авеб-статиа)

      Еилышәкаа Анцәа асекс аганахьала ишьақәиргылаз азакәанқәа ҳшырыхьчо.

      «Можно ли назвать оральный секс настоящим сексом?» (авеб-статиа)

      Шәаԥхьа астатиа «Они отнеслись ко мне с уважением», насгьы еилышәкаа уаанӡа игомосексуалистыз хаҵак Анцәа изакәанқәа рыла анхара алагара ицхрааз.

      «Библия меняет жизнь» («Ахьчаратә бааш», апрель 1, 2011, аурыс)

      a Уахь иаҵанакуеит асекс ахаҭа, аоралтә ма аналтә секс, насгьы аӡәы иԥхашьаратә ҭыԥқәа ршьышьра.

  • Иаҳәозеи Абиблиа аҭаацәара аламзаареи аҭаацәара алазаареи ирызкны?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
    • Аурок 42. Хаҵеи-ԥҳәыси аҭаацәара иалам аиаҳәшьеи акафе аҿы еидтәаланы еицәажәоит.

      АУРОК 42

      Иаҳәозеи Абиблиа аҭаацәара аламзаареи аҭаацәара алазаареи ирызкны?

      Культурақәак рҿы ауаҩы аҭаацәара даламзар, насыԥ имаӡам ҳәа рыԥхьаӡоит. Аха иҟоуп аҭаацәара иалоу, аха насыԥ змам, иҟоуп аҭаацәара иалам, аха насыԥ змоу. Абиблиаҿы иануп аҭаацәара алазаарагьы аламзаарагьы Анцәа иҟынтә аҳамҭақәа шракәу.

      1. Хәарҭас иалоузеи аҭаацәара аламзаара?

      Абиблиаҿы иануп: «Аҭаацәара иалало иҟаиҵо бзиоуп, аха иаламло иҟаиҵо еиҳагьы еиӷьуп». (Шәаԥхьа 1 Коринфаа 7:32, 33, 38.) Избан аҭаацәара иалам иҟаиҵо зеиӷьу? Ус еиԥш иҟоу ауаҩы димаӡам дызхылаԥшлар ихәҭоу ахатә ҩыза. Убри аҟынтә аҭаацәара иалам еиҳа аамҭа рымоуп. Уи абзоурала дара еиуеиԥшым алшарақәа рзаатуеит. Иаҳҳәап, даҽа тәылак ахь ажәабжь бзиа рҳәаларц ииасыр рылшоит. Аха зегь реиҳа ихадоу, дара еиҳа аамҭа рымоуп Иеговеи дареи реиҩызара арӷәӷәаразы.

      2. Хәарҭас иалоузеи закәанла ишьақәгылоу аҭаацәара?

      Аҭаацәара алазаарагьы иацу алшарақәа рацәоуп. Абиблиаҿы иануп: «Ҩыџьа еицыҟазар еиӷьуп, аӡәы ихала дыҟазар аасҭа» (Екклезиаст 4:9). Еиҳараӡак арҭ ажәақәа зызку абиблиатә принципқәа рыла инхо хаҵеи-ԥҳәыси роуп. Закәанла аҭаацәара иалало бзиа ишеибабало, пату шеиқәырҵало, ишеихылаԥшло аҿаҭахьа рықәырҵоит. Закәанла аҭаацәара иалоу хаҵеи-ԥҳәыси зҭаацәара закәанла ишьақәмырӷәӷәаӡакәа еицынхо раасҭа еиҳа ргәы ҭынчуп. Закәанла ишьақәырӷәӷәоу аҭаацәараҿы изызҳауа ахәыҷқәа акгьы иацәшәаӡом.

      3. Дышԥазыҟоу Иегова аҭаацәара?

      Иегова раԥхьаӡатәи аҭаацәара анаԥиҵа, ус иҳәеит: «Ахаҵа иани иаби ааныжьны, еснагь иԥҳәыс длыцынхалоит» (Аҟазаара 2:24). Иегова иҭахуп хаҵеи-ԥҳәыси бзиа еибабаларц, насгьы наӡаӡа еицыҟазарц. Иегова хаҵеи-ԥҳәыси аилыҵра азин анриҭо руаӡәк ихатә ҩыза даниԥсахуа ауп. Ари аҭагылазаашьаҿы Иегова акгьы зхарам ахатә ҩыза дзыԥсахыз ихатә ҩыза дилҵру-дилымҵру ихала иӡбарц алшара ииҭоит (Матфеи 19:9)a. Иегова ақьырсианцәа азин риҭаӡом хатә ҩызак ида еиҳаны ирымазарц (1 Тимофеи 3:2).

      ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

      Еилышәкаа аҭаацәара шәалазаргьы шәаламзаргьы, насыԥ шәоур, насгьы Иегова дшәыргәырӷьалар шшәылшо.

      4. Аҭаацәара аламзаара ахә шәшьала

      Иисус аҭаацәара аламзаара ҳамҭаны иԥхьаӡон (Матфеи 19:11, 12). Шәаԥхьа Матфеи 4:23, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Иарбан лшарақәоу аҭаацәара дахьаламыз иабзоураны Иисус имаз, Иаб имаҵ ауразы, насгьы ауаа дрыцхрааларц азы?

      Аҭаацәара иалам ақьырсианцәа Иисус иҿыԥшуазар, агәырӷьара роулоит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Аҭаацәара иаламлац Анцәа бзиа дызбо имаҵзуҩцәа» (3:11)

      • Иарбан лшара бзиақәоу аҭаацәара иалам ақьырсианцәа ирымоу?

      Ижәдыруама шәара?

      Абиблиаҿы ианӡам ауаҩы аҭаацәара далаларц азы шаҟа ихыҵуазар акәу. Аха уа иануп аҭаацәара иалало ауаҩы «мыцхәы дқәыԥшцәамзар» бзиоуп ҳәа, избанзар ауаҩы мыцхәы данқәыԥшу, имоу асексуалтә гәаҳәарақәа иҟәыӷоу аӡбара адкылара иԥырхагахар алшоит (1 Коринфаа 7:36).

      5. Ахатә ҩыза даналышәхуа, аҟәышра аашәырԥшы

      Ахатә ҩыза иалхра — зегь раасҭа ихадоу аӡбарақәа ируакуп. Шәаԥхьа Матфеи 19:4—6, 9, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Избан аҭаацәара алалара ахыццакра заҭахым?

      Абиблиа иҳанаҳәоит иарбан ҟазшьақәоу ахатә ҩыза илазар ихәҭоу. Зегь реиҳа ихадоу, иалышәхуа ахатә ҩыза Иегова бзиа дибозароупb. Шәаԥхьа 1 Коринфаа 7:39, насгьы 2 Коринфаа 6:14, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Избан ахатә ҩыза Иегова имаҵ зуа рыбжьара иԥшаара зҳахәҭоу?

      • Шәгәы ишԥаанаго, Иегова бзиа дзымбо аҭаацәара шәицалалар, дышԥахәаԥшуеи уи Иегова?

      Ацә дуи аҽада хәыҷи ахьеицҵаку еиԥырхагоуп.

      Еиԥшым ҩ-ԥстәык еицҵоукыр, рыҩбагьы гәаҟлоит. Убасҵәҟьа ақьырсиан Иегова бзиа дзымбо ауаҩы аҭаацәара дицалалар, имаҷымкәа ауадаҩрақәа дрықәшәоит

      6. Иегова аҭаацәара дшазыҟоу еиԥш шәазыҟаз

      Ажәытәан Израиль инхоз ахацәа шьоукы рыҳәса иаарывырбалак азы ирылҵуан. Шәаԥхьа Малахиа 2:13, 14, 16, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Избан Иегова хаҵеи-ԥҳәыси абиблиатә шьаҭа рымамкәа ианеилыҵуа зицәымӷу?

      Згәы зыхьуа аԥҳәыс, аҩны идәылҵны, дкажьны ицо лхаҵа дихәаԥшуеит. Зылахь еиқәу рыԥҳа уи дылгәыдлыҳәҳәалоит.

      Ахатә ҩыза иԥсахра ма уи илҵра акгьы зхарам ахатә ҩызеи ахәыҷқәеи ахьаа рзаанагоит

      Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Хаҵеи-ԥҳәыси наӡаӡа еицынхалароуп» (4:30)

      • Иҟашәҵар шәылшозеи шәҭаацәара насыԥ амазарц азы, шәхатә ҩыза Иегова имаҵ имуазаргьы?

      7. Иегова инормақәа рыла шәынхала

      Шьоукы ирацәаны аџьабаа рбоит, аҭаацәара иадҳәалоу Иегова инормақәа рыла инхаларц азыc. Иегова ус аџьабаа збо еснагь дырзылԥхоит. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

      АВИДЕОНҴАМҬА: «Аҭаацәара алазаара иазку Иегова инормақәа рынагӡара цәгьаӡам» (4:14)

      Шәаԥхьа Ауриацәа 13:4, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

      • Шәгәы ишԥаанаго, аҭаацәара иазку Иегова инормақәа рықәныҟәара уадаҩума? Избан ус шәгәы изаанаго?

      Иегова иҭахуп ақьырсианцәа иахьынхо атәыла азакәанқәа инарықәыршәаны аҭаацәара ишалалаз ма ишеилыҵыз закәанла ишьақәдырӷәӷәарц. Шәаԥхьа Тит 3:1, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

      • Шәтәыла азакәанқәа инарықәыршәаны, шәҭаацәара закәанла ишьақәырӷәӷәома?

      АӠӘЫ ДШӘАЗҴААР ИЛШОИТ: «Закәанла аибагара заҭахузеи? Ус уеицынхалар ҟамлои».

      • Аҭак шԥаҟашәҵарыз?

      ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

      Аҭаацәара аламзаареи аҭаацәара алазаареи Иегова иҳаиҭаз ҳамҭақәоуп. Аҭаацәара иалоугьы иаламгьы анасыԥи агәырӷьареи рымазар рылшоит. Уи азы иаҭахуп Иегова инормақәа рыла анхара.

      Аиҭахысра

      • Ишԥалшо аҭаацәара аламзаара ауаҩы ҳамҭас изыҟалар?

      • Избан Абиблиаҿы изану иалҳхуа ахатә ҩыза Иегова имаҵ зуа иакәзароуп ҳәа?

      • Абиблиа инақәыршәаны, иарбан мзыз заҵәыку аилыҵразы иҟоу?

      Ахықәкқәа

      ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

      Иаанагозеи аҭаацәара изцалалатәу «Иҳақәиҭу имаҵуҩы иакәзароуп» ҳәа Абиблиа иану?

      «Вопросы читателей» («Ахьчаратә бааш», ииуль 1, 2004, аурыс)

      Арҭ ҩ-видеонҵамҭак аибадырреи аҭаацәара алалареи рганахьала ииашоу аӡбарақәа рыдкылара ишәыцхраауеит.

      «Аҭаацәара алалара аҽазыҟаҵара» (11:54)

      Ари аинтервиу аҿы аиашьа еиҭеиҳәоит иџьабааи ихамеигӡареи рзы Иегова меигӡарахда дшизылԥхаз.

      «Сара сгәыӷуан лара аҵабырг лыдылкылоит ҳәа» (1:56)

      Ҳзызхәыцыр ҳахәҭоузеи, аилыҵра ма хазы-хазы анхара иадҳәалоу азҵаарақәа анаҳаӡбо?

      «„Анцәа иеидикылаз“ ахә ҳаракны ишәшьала» («Ахьчаратә бааш», декабр 2018)

      a Хаҵеи-ԥҳәыси рыбжьара аԥсахра шыҟамызгьы, хазы-хазы инхалар рылшоу-ирылымшоу атәы ануп Ацҵа 4 аҿы.

      b Культурақәак рҿы ани аби роуп рыхшара ахатә ҩыза дырзалызхуа. Дара рҿы ус иаԥуп. Ари аҭагылазаашьаҿы ани аби зегь раԥхьаӡа иргыланы ауаҩы имоу амал ма астатус акәӡам изхәаԥшлар рыхәҭоу. Дара зхәаԥшыша уи Иегова шаҟа бзиа дибо ауп.

      c Иҟаҵатәузеи, закәанла аҭаацәара шәызцалам ауаҩы шәицынхозар? Уи ауаҩы дааншәыжьру, ма закәанла аҭаацәара шәицалалару шәхаҭа ишәыӡбароуп.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра