-
Иаҳдыруазеи Иегова изкны?Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
3. Иаҳзырбозеи Иегова бзиа ҳшибо?
Зегь ирылукаауа Иегова иҟазшьа — абзиабара ауп. Абиблиаҿы иануп: «Анцәа дыбзиабароуп» (1 Иоанн 4:8). Иегова бзиа ҳшибо Абиблиа мацара аҟынтә акәӡам ишеилаҳкаауа, ишамҭақәагьы уи ҳдырбоит. (Шәаԥхьа Аусқәа 14:17.) Шәааи ауаҩы дышшоу ҳазхәыцып. Анцәа алшара ҳаиҭеит еиуеиԥшым аԥштәқәа ҳбаларц, амузыка ԥшӡа ҳаҳаларц, насгьы афатә хаақәа ргьама еилҳаргаларц. Иара иҭахуп аԥсҭазаара агәахәара ҳзаанагаларц.
-
-
Амцдинхаҵарақәа Анцәа дладырҟәуеитШәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
-
-
2. Дышԥаладырҟәуеи Анцәа амцдинхаҵарақәа русқәа?
Амцдинхаҵарақәа ауаа Иегова дшырзыҟоу еиԥш акәӡам ишырзыҟоу. Абиблиа амцдинхаҵара иазкны иаҳәоит «ашьха еиԥш еизҳаз лыгәнаҳақәа ажәҩан аҟынӡа инаӡеит» ҳәа (Аатра 18:5). Ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа адинхаҵарақәа аполитикцәа ирҭаху ддырҟаҵоит. Дара ирыхҟьаны аибашьрақәа ҟалоит, имаҷымкәагьы ауаа ҭахоит. Адиннапхгаҩцәа шьоукы амал ду иашьҭоуп, убри аҟынтә дара рахь иныҟәо ауаа аԥара рымырхуеит. Русқәа иаадырԥшуеит Анцәа зынӡа дшырзымдыруа, убри аҟынтә дара азин рымаӡам иара ихьӡала ак аҳәара ма ак аҟаҵара. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 4:8.)
-