Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • ijwhf астатиа 1
  • Ишԥаулшо агәыԥжәара аҽамҭара

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишԥаулшо агәыԥжәара аҽамҭара
  • Аҭаацәарақәа рзы ацхыраара
  • Ахеиҵақәа
  • Иудыруазар ахәҭоу
  • Иҟауҵар улшо
Аҭаацәарақәа рзы ацхыраара
ijwhf астатиа 1
Аԥҳәыс лгәы ԥжәоит лхатә ҩыза ателевизор дахьахәаԥшуа, лара асаанқәа анылыӡәӡәо аамҭазы

АҬААЦӘАРАҚӘА РЗЫ АЦХЫРААРА

Ишԥаулшо агәыԥжәара аҽамҭара

Ухатә ҩыза угәы узырхьуа ак иҳәоит, мамзаргьы угәы узырхьуа ак ҟаиҵоит, аха уара агәыԥжәара уҽауҭаӡом. Ухатә ҩыза ак шыҟалаз гәеиҭоит, насгьы иҟалаз еиликаарц дашьҭалоит. Аха уи уара еиҳагьы угәы ԥнажәоит. Ишԥаулшо агәыԥжәара аҽамҭара абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа уанрықәшәо?

  • Иудыруазар ахәҭоу

  • Иҟауҵар улшо

Иудыруазар ахәҭоу

  • Агәыԥжәара угәабзиара иазеицәахар алшоит. Ҭҵаарақәак инарықәыршәаны, агәыԥжәара ашьа́қәыӷәӷәара ханагалоит, агәыхьи адепрессиеи цәырнагоит, насгьы афатәрсара иаԥырхагахар алшоит. Агәыԥжәара иахҟьаны ауаҩы дызмыцәо далагар алшоит. Иара убас изцәырҵыр ауеит ацәа чымазарақәа, агәҭынчымра, адабла исыргьы ҟалоит. Абиблиаҿы баша ианӡам: «Агәаара уаҟәыҵ, угәыԥжәара ааныжь» (Аԥсалом 36:8, АԤ).

  • Агәыԥжәара аанкыларагьы ауаҩы иԥырхагоуп. Зегьы рзы еснагь угәы ԥжәозар, уи ачымазара еиԥш иуԥырхагахар ауеит. Иаҳҳәап, уара абзиабара аарԥшра уцәыцәгьахар, ма еснагь агәынамӡара аарԥшра уалагар алшоит. Ари аҩыза агәазыҟашьа аҩнаҭаҿы ауадаҩра ӷәӷәақәа цәырнагоит.

Иҟауҵар улшо

  • Ухатә ҩыза илоу абзиарақәа гәаҭала. Еиқәыԥхьаӡа ухатә ҩыза илоу уара иугаԥхо х-ҟазшьак. Даҽазны ухатә ҩыза угәы анԥижәо, иугәаларшәа урҭ аҟазшьақәа. Уи агәыԥжәара аҽамҭара иуцхраауеит.

    Абиблиатә принцип: «Аџьшьарагьы аашәырԥшла» (Кәаласаа рахь 3:15, АдҾ).

    Аԥҳәыс асаанқәа лыӡәӡәоит, насгьы дхәыцуеит лхатә ҩыза аҩнусқәа рҿы дышлыцхраауа, дшылзыӡырҩуа, насгьы данычмазҩхо дшылхылаԥшуа
  • Анажьра уазхиаз. Зегь раԥхьаӡа иргыланы уҽазышәа аҭагылазаашьа ухатә ҩыза ихәаԥшышьа ала ахәаԥшра. Усҟан ицәаныррақәа еиӷьны реилкаара уалагоит, Абиблиаҿы уи агәрыцҳашьара ахьӡуп (1 Пиотр 3:8). Анаҩс ухы уазҵаа: «Убриаҟара иӷәӷәоума ауадаҩра, сара ианасмыжьыртә еиԥш?»

    Абиблиатә принцип: «Иара дзырԥшӡогьы аӡә игха ихы ахьазимышьҭуа ауп» (Ажәамаанақәа 19:11).

  • Хаала, насгьы қьиарала угәы иалоу ҳәа. Уцәаныррақәа урылацәажәала. Иаԥсам аҳәара: «Уара зынӡа усызхәыцуам, аҭелгьы усзамысит уахьыҟоу соуҳәарц азы!» Уи аҭыԥан абас уҳәар еиӷьуп: «Сара сгәы ҭынчмызт, избанзар аҵх цахьеит, схахьы иҟоу зегь ааиуан». Хаала уцәаныррақәа анааурԥшуа, уи агәыԥжәара аҽамҭара иуцхраауеит.

    Абиблиатә принцип: «Шәажәақәа еснагь ахаара рыҵазааит» (Кәаласаа рахь 4:6, АдҾ).

  • Патуқәҵарала уӡырҩла. Уажәшьҭа, уцәаныррақәа ртәы анеиҭоуҳәа, ухатә ҩыза иажәа ԥымҟакәа игәаанагара ирҳәа. Ухатә ҩыза ацәажәара даналгалак ашьҭахь, ииҳәаз ииашаны ишеилукааз агәра угарц азы иажәақәа еиҭаҳәа. Апатуқәҵара аарԥшны ухатә ҩыза уизыӡырҩуазар, угәыԥжәара аанкылара еиҳа иузымариахоит.

    Абиблиатә принцип: «Шәарҭ ацәажәара, ажәаҳәара раасҭа аӡырҩра шәазыхиазааит» (Иаков 1:19).

Тими Дженнифери

«Ус баша аҭынчра ааурԥшуазшәа ҟауҵозар, уи ауадаҩра аӡбаӡом, знымзар-зны угәыԥжәара узнымкылар ауеит. Убри аҟынтә еиҳа еиӷьуп патуқәҵарала ауадаҩра алацәажәара. Ҳагәҭыхақәа анеибаҳҳәалак ашьҭахь схатә ҩызеи сареи ус ҳҳәоит: „Еиҭа ҳаиҩызцәахап“» (Дженнифер лхатә ҩыза Тими лареи).

Джеиди Кории

«Сара даара исгәаԥхоит схатә ҩыза исымоу ауадаҩрақәа хьаас иахьимоу, насгьы еснагь сзыӡырҩра дахьазхиоу. Иара исҳәо дақәшаҳаҭымзаргьы, сгәаанагара пату ақәиҵоит. Еиуеиԥшым агәҭыхақәа ансызцәырҵуа, иара ахаан слаирҟәӡом» (Джеид лхатә ҩыза Кори лареи).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра