АЦҴА
Христос иԥсра агәаларшәара иазку Ахәылԥаз — Анцәа дҳаразкуа ахҭыс
АҚЬЫРСИАНЦӘА ирыдуп Христос иԥсра агәаларшәара иазку Ахәылԥаз азгәаҭара. Игәаларшәагоу ари ахҭыс иара убас «Иҳақәиҭу ихәылԥаз», ма «Иҳақәиҭу иуаххьа» ҳәа иашьҭоуп (1 Коринфаа рахь 11:20). Иамоузеи ҵакыс ари ахҭыс? Ианбамҩаԥгалатәу, насгьы ишԥамҩаԥгалатәу уи?
Иисус Христос ари аныҳәа алеигалеит 33-тәи ашықәс ҳ. ҳ, ауриацәа Мшаԥы аназгәарҭоз аҽны. Мшаԥы аныҳәа ауриатә мзар ала шықәсык ахь знык нисан 14 рзы иазгәарҭон. Ари амш аилкааразы, ауриацәа азыԥшын амши аҵхи рсааҭқәа анеиԥшхоз ааԥынтәи амш аиҟарахара. Нисан амза алагамҭа ҳәа иԥхьаӡан амзаҿа анцәырҵуаз, ааԥынтәи амш аиҟарахара иазааигәаз. Мшаԥы аныҳәа азгәарҭон 13 мшы анҵлак.
Иисус иапостолцәеи иареи Мшаԥы аныҳәа аназгәарҭа ашьҭахь, Иуда Искариот дауишьҭит, насгьы иалеигалеит агәаларшәара иазку ахәылԥаз. Уи аныҳәа Ауриатә Мшаԥы аҭыԥан иҟалеит, насгьы шықәсык ахь знык иазгәаҭалатәуп.
Матфеи иҟынтә Ажәабжь бзиа аҟны иаҳәоит: «Ача ҩышьҭыхны, иԥшьаны, иԥыҽҽны иҵаҩцәа ирызшауа иҳәоит: ишәыдышәкыл, ишәфа: ари Сара Сцәеижь ауп. Аҿагьы ҩышьҭыхны, Анцәа иџьшьаны дара инарымадауа, иҳәоит: зегьы абри аҿала ижәжәла; избан акәзар ари агәнаҳахыхразы икаҭәауа ауасиаҭ ҿыц иатәу Сара Сшьа ауп» (Матфеи 26:26—28).
Шьоукы ихарҵоит Иисус ача цәеижьны, насгьы аҩы шьаны иҟаиҵеит ҳәа. Аха иапостолцәа ача анриҭа, иара ицәеижь кьыс амамкәа иаанхеит. Ирфаҵәҟьозма апостолцәа Иисуса ицәеижь, насгьы иржәыҵәҟьозма иара ишьа? Мап. Уи ауаа ржьыфара акәхон иаанагоз, насгьы уи Анцәа изакәан еиланагон (Аҟазаара [Бытие] 9:3, 4; Алевит [Левит] 17:10). Лука 22:20 аҟны ишану ала, Иисус иҳәеит: «Ари шәара шәзыҳәа икаҭәауа ауасиаҭ ҿыц иатәу Сара Сшьа ауп». Изыҟалама а́ҿа «уасиаҭ ҿыцны»? Мап, избанзар ауасиаҭ, ма аиқәшаҳаҭра,— ари еилкаароуп, аха ус маҭәарк акәым.
Абасала, ачеи аҩи — символқәоуп. Ача иаанагоит Христос инаӡоу ицәеижь. Уи ахәылԥаз аан, Иисус иҵаҩцәа ириҭеит мшаԥтәи уаххьа ашьҭахь иаанхаз ача. Уи аҩыза ача рӡуан арҵәыга, ма арчыга амҭаӡакәа (Ақәҵымҭа [Исход] 12:8). Абиблиаҿы арҵәыга агәнаҳареи аԥхасҭареи ирсимволуп. Ирчым, ҵаа́ змам ача иаа́нагоит Иисус ԥсхҭынҵарас иеиҭаз инаӡаз ицәеижь. Иара ицәеижь агәнаҳара амамызт (Матфеи 16:11, 12; 1 Коринфаа рахь 5:6, 7; 1 Пиотр 2:22; 1 Иоанн 2:1, 2).
Аҩы ҟаԥшь иаанагоит Иисус ишьа. Христос икаиҭәаз ишьа абзоурала, ауасиаҭ ҿыц амч аиуит. Иисус иҳәеит «агәнаҳахыхразы» ишьа шкаҭәахоз. Ауаа Анцәа иҿаԥхьа уи ацқьара рнаҭоит, насгьы иареи дареи ауасиаҭ ҿыц рыбжьанаҵоит (Ауриацәа рахь 9:14; 10:16, 17). Ари ауасиаҭ, ма аиқәшаҳаҭра 144 000 ииашоу ақьырсианцәа ирзаанартуеит ажәҩан аҟны инхалартә алшара. Дара аҳцәаны, иԥшьаҩцәаны иҟалоит, ауаатәыҩса зегь ирзылԥхаларц азы (Аҟазаара [Бытие] 22:18; Иеремиа [Иеремия] 31:31—33; 1 Пиотр 2:9; Аатра 5:9, 10; 14:1—3).
Изыхәҭада ахәылԥаз аныҳәа аназгәарҭо ача афара, насгьы аҩы ажәра? Ҳәарада, арҭ асимволқәа рыдыркылар рылшоит ари ауасиаҭ ҿыц иалахәу, жәҩантәи агәыӷра змоу ақьырсианцәа. Иԥшьоу адоуҳа арҭ ауаа агәра днаргоит ишалху, насгьы ажәҩан аҟны аҳцәас ишыҟало (Римаа рахь 8:16). Уи адагьы, Иисус иареи дареи ирыбжьеиҵеит Аҳра иазку ауасиаҭ (Лука 22:29).
Аха иҟарҵозеи наӡаӡа Џьанаҭ дгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоу ақьырсианцәа? Иисус идҵа иазыӡырҩны, арҭ ауаа Христос иԥсра агәаларшәара иазку ахәылԥаз аҟны иҟоуп. Дара ари ахҭыс ахь аҳаҭырқәҵара аадырԥшуеит, аха асимволқәа рыдыркылаӡом. Иегова Ишаҳаҭцәа ахәылԥаз азгәарҭоит шықәсык ахь знык, нисан 14 рзы, амра анҭашәалак ашьҭахь. Иахьа адунеи аҿы жәҩантәи агәыӷра змоу рҟынтә нызқьқәак шаанхазгьы, игәаларшәагоу ари ахҭыс ақьырсианцәа зегьы пату ақәырҵоит. Ахәылԥаз агәаларшәара аан дарбанзаалак ауаҩы дазхәыцыр илшоит Анцәа Иеговеи Иисус Христоси рыбзиабара ӷәӷәа (Иоанн 3:16).