АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АԤСАЛОМ 118 (119 АдҾ)
Нцәа Ҳазшаз иԥҟарақәа шәрықәныҟәала
Нцәа Ҳазшаз иԥҟарақәа рықәныҟәара гәахәарыла инапхгара ақәныҟәара ауп иаанаго. Абиблиаҿы аԥсаломшәаҳәаҩ иеиԥш, Иегова изакәан иқәныҟәоз рҿырԥштәқәа рацәаны иаагоуп.
Анасыԥҵәҟьа анҳауа, Иегова иԥҟарақәа ҳанрықәныҟәо ауп
118:1—8 (119:1—8, АдҾ)
Иисус Навин аҵыхәтәанынӡа Иегова диқәгәыӷуан, насгьы инапхгара дықәныҟәон. Иара идыруан ауаҩы анысыԥҵәҟьа аниоуа гәык- ԥсык ала Иегова даниқәгәыӷуа шакәу.
Анцәа Иажәа ҳзықәшәо аԥышәарақәа риааиразы агәымшәара ҳнаҭоит
118:33—40 (119:33—40, АдҾ)
Иеремиа иуадаҩу аҭагылазаашьақәа рҿы агәымшәара ааирԥшуан, иара убас Иегова диқәгәыӷуан. Иара имариоу аԥсҭазаара мҩаԥигон, насгьы ахачҳара аарԥшуа имаҵзура наигӡон.
Анцәа Иажәа ибзианы ианаҳдыруа, ажәабжьҳәараҿы агәымшәара ҳауеит
118:41—48 (119:41—48, АдҾ)
Апостол Павел гәымшәарала ауаа зегьы ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәон. Иара Римтәи анапхгаҩы Феликс ажәабжь анизеиҭеиҳәоз, Иегова дышицхраауа аҵыхәтәанынӡа агәра игон.
Иабасылшо еиҳа агәымшәара аарԥшны ажәабжь бзиа аиҭаҳәара?
Ашкол аҿы
Аусураҿы
Аҭаацәараҿы
Даҽаџьара