Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • bh ахы 17, ад. 164—173
  • Анцәа уизааигәахала иҳәарала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Анцәа уизааигәахала иҳәарала
  • Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИЗБАН ИЕГОВА ИҲӘАРА ЗАҲӘҬОУ?
  • АКРЫЗҴАЗКУА АҬАХРАҚӘА
  • АНЦӘА ИҲӘАРАЗЫ ИҴЕГЬ ИДЫРТӘУ
  • АНЦӘА А́ҲӘАРАҚӘА РҬАК ШЫҞАИҴО
  • Ҳара Анцәа ҳиҳәалар ҳалшоит!
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
  • Анцәа шәиҳәалар, шәеиҩызара шәырӷәӷәоит
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Аныҳәарала Анцәа ишизааигәахатәу
    Ииҭахәузеи Анцәа ҳара ҳҟынтә?
  • Анцәа ишизааигәахатәу
    Наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь уназго адырра
Шәахәаԥш еиҳаны
Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
bh ахы 17, ад. 164—173

АХЫ 17

Анцәа уизааигәахала иҳәарала

  • Избан изахәҭоу Анцәа иҳәара?

  • Иҟаҵатәузеи, Анцәа ҳаниҳәо иаҳарц азы?

  • Ишԥаҟаиҵо Анцәа ҳаҳәарақәа рҭак?

Иегова, «дгьыли-жәҩани зшаз», ҳаҳәарақәа рзыӡырҩра дазхиоуп

1, 2. Избан анцәаиҳәара зҳаҭыр дуу, насгьы избан Абиблиа анцәаиҳәаразы иаҳнарҵо аилкаара заҭаху?

УЛАԤШ зхьымӡо Адунеи апланета Адгьыл иаҿурԥшуазар ԥслымӡк аҟара ихәыҷӡоуп. «Дгьыли жәҩани зшаз» Анцәа Иегова изы ажәларқәа зегьы «аведра аҟынтә цәыкәбарк» еиԥш ауп ишыҟоу (Аԥсалом 113:23 [115:15, АдҾ]; Исаиа [Исаия] 40:15). Аха уеизгьы Абиблиаҿы иаҳәоит: «Нцәа Ҳазшаз, Иара иашьапкуа зегьы дырзааигәоуп, дырзааигәоуп аҵабыргаз иашьапкуа зегьы. Иара ицәшәо ргәаҳәара наигӡоит, ргәанқьбжьы иаҳауеит, иагьаҿихуеит урҭ» (Аԥсалом 144:18, 19 [145:18, 19, АдҾ]). Амала уазхәыц: ҳара даҳзааигәоуп, насгьы иашала ҳиҳәозар даҳзыӡырҩуеит зегьзымчу Ҳазшаз. Закәытә ҳаҭырузеи ҳара ҳзы — Анцәа иахь ҳхы рханы и́ҳәара алшара!

2 Иегова даҳзыӡыҩларц ҳҭахызар, иара ишиҭаху еиԥш ҳиҳәалар ҳахәҭоуп. Аха ҳазиҳәома ииашаны, Абиблиа анцәаиҳәара иазкны иаҳнарҵо еилымкааӡакәа? Ари азҵаара ахшыҩзышьҭра аҭахуп, избанзар уи а́ҳәара Иегова изааигәахара иҳацхраауеит.

ИЗБАН ИЕГОВА ИҲӘАРА ЗАҲӘҬОУ?

3. Иарбан зегь реиҳа крызҵазкуа мзызу Иегова иҳәаразы иҟоу?

3 Иегова ҳиҳәаларц ааԥхьара ҳазҭо иара иоуп, уи акрызҵазкуа мзызуп и́ҳәаразы. Иара Иажәа ҳаанаԥхьоит: «Ак гәырҩажәымган, ак хьаашәымган, аха гәҭыхас ишәымоу, шәзыргәамҵуа шәныҳәарақәа раан Анцәа инапы ианышәҵала, шәиаҭабуны, убасҟан ҳара иҳамоу адыррақәа ираԥызго, урҭ рыла иаҳзеилымкаауа Анцәа идунеи шәгәы-шәыԥсы Христос Иисус иҿы иеиқәдырхоит» (Филиппаа рахь 4:6, 7). Ҳәарада, ҳара иаҳҭахым Адунеизегь Иреиҳаӡоу Анапхгаҩы иҳаиҭаз иссиру аҳамҭа хырҩа азура.

4. Ишԥаӷәӷәахо Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара иара ҳаниҳәо?

4 Иегова иҳәаразы иҟоу даҽа мзызк иара иацәажәара ҳаиҩызара ахьарӷәӷәо ауп. Аҩызцәа бзиақәа акы анырҭаху мацара акәӡам ианеицәажәо. Дара аамҭа анеицырхырго ргәаԥхоит. Рхәыцрақәеи, рцәаныррақәеи насгьы рхьаақәеи иаартны ианрылацәажәо, дара реиҩызара ӷәӷәахоит. Анцәа Иегова иҩызахарагьы убасоуп ишеизҳауа. Ари ашәҟәы ацхыраарала уара еилукааит Иегова дызусҭоу, иҟазшьақәеи игәҭакқәеи ирызкны Абиблиа иаҳнарҵо. Уажәшьҭа уара иудыруеит Анцәа иҟаҵәҟьоу хаҭараны дшыҟоу. Жәҩан иҟоу ҳ-Аб ҳаниҳәо, ҳгәаҵа иҭаҵәаху ҳхәыцрақәеи ҳцәаныррақәеи изааҳартлар ҳалшоит. Убас ҟаҳҵалар, Иегова еиҳагьы ҳаизааигәахалоит (Иаков 4:8).

АКРЫЗҴАЗКУА АҬАХРАҚӘА

5. Иабантәаадыруеи Иегова а́ҳәарақәа зегь дшырзымӡырҩуа?

5 Дырзыӡырҩуама Иегова а́ҳәарақәа зегьы? Уахәаԥш аԥааимбар Исаиа ихаан Иегова изымӡырҩуаз израильаа иреиҳәаз: «Егьа шәсыҳәаргьы, сара сышәзыӡырҩӡом. Шәнапқәа шьала иҭәуп» (Исаиа [Исаия] 1:15). Ишаабо еиԥш, џьоукы рхымҩаԥгашьа иахырҟьаны Анцәа ианиҳәо дырзыӡырҩуам. Ҳаҳәарақәа Анцәа игәы иахәаларц азы, ихадоу ҭахрақәак рықәныҟәара ахәҭоуп.

6. Иарбан крызҵазкуа ҭахроу ҳзықәныҟәалар акәу Анцәа ҳаҳәарақәа иаҳаларц азы, насгьы ишԥанагӡатәу уи?

6 Акрызҵазкуа аҭахра — ари гәык-ԥсык ала иҟоу ахаҵара́ ауп. (Шәаԥхьа Марк 11:24.) Апостол Павел иҩуан: «Гәрахаҵарада Анцәа уигәаԥхартә аиԥш аҽыҟаҵара — изымуа усуп, избанзар Уи иахь зхы зырхо дарбанзаалакь, Анцәа дшыҟоу хаиҵозароуп; гәык-ԥсыкала иԥшаара зҭаху ракәзар, урҭ зегьы Иара џьшьара риҭоит» (Ауриацәа рахь 11:6). Ииашоу агәрахаҵара́ амазаара — ари Анцәа дшыҟоу, насгьы ҳаззиҳәо аҭак шыҟаиҵо адырра мацара акәӡам иаа́наго. Агәрахаҵара́ аусқәа рыла ишьақәдырӷәӷәоит. Есыҽнытәи ҳаԥсҭазаара агәрахаҵара́ шҳамоу аанарԥшуазар ауп (Иаков 2:26).

7. а) Избан Иегова ҳаниҳәо, аҳаҭырқәҵара аарԥшра заҭаху? б) Ишԥаарԥштәу ахынраалареи гәык-ԥсыкала аҟазаареи Анцәа ҳаниҳәо?

7 Иегова изы иара убас акраҵанакуеит гәык-ԥсыкалеи хынрааларылеи ҳиҳәалар. Даԥсаӡами Анцәа ҳаниацәажәо ахынраалара ааҳарԥшлар? Ауаа апрезидент ианиацәажәо, хымԥада ҳаҭырқәҵарала иацәажәоит, избанзар дара еилыркаауеит аҭыԥ ду шааникыло. Закәытә ҳаҭырқәҵароузеи нас иааҳарԥшыр ҳахәҭоу, ҳара Иегова ҳаниацәажәо! (Аԥсалом 137:6 [138:6, АдҾ]). Иара «Зегьзымчу Анцәа» иоуп (Аҟазаара [Бытие] 17:1). Анцәа ҳаниҳәо, хынрааларыла еилаҳкаауазароуп закәытә ҭыԥу иара иҿаԥхьа иаанаҳкыло. Ус еиԥш иҟоу агәазыҟашьа гәык-ԥсыкала иҳәара ҳгәазҭанаҵоит, аҵакы ҳазымхәыцӡакәа, уажәы-уажәы иаҳҳәо неиҭаҳәауа акәымкәа (Матфеи 6:7, 8).

8. Иаа́нагозеи Анцәа ҳаззиҳәаз инақәыршәаны ахымҩаԥгара?

8 Уи адагьы, Анцәа даҳзыӡырҩлар ҳҭахызар, иахәҭоуп иара ҳаниҳәалак ашьҭахь ҳаззиҳәаз инақәыршәаны ҳхы мҩаԥаҳгалар. Иегова дазыԥшуп уи ҳамчқәа зегь азаҳкуеит ҳәа. Иаҳҳәап: «Иахьа зда ԥсыхәа ҳамам ача ҳаҭ» ҳәа Анцәа ҳиҳәозар, ҳгәы ақәкны аус ҳаулароуп, ҳамч зықәхо аусқәа зегь нагӡауа (Матфеи 6:11; 2 Фессалоникаа рахь 3:10). Иҳамоу ԥсыҽрак аиааира дҳацхраац Анцәа ҳиҳәозар, ҳҽазаҳшәалароуп аԥышәарақәа урықәзыршәо аҭагылазаашьақәа рҽырцәыхьчара (Кәаласаа рахь 3:5). Иаҳдыруазар ҳахәҭоузеи иҵегь, Анцәа ииашаны ҳиҳәаларц азы?

АНЦӘА ИҲӘАРАЗЫ ИҴЕГЬ ИДЫРТӘУ

9. Зышҟа ирхатәыда ҳаҳәарақәа, насгьы зыхьӡала ҳиҳәалар ахәҭада?

9 Зышҟа ирхатәыда ҳаҳәарақәа? Иисус ишьҭанеицәа идирҵон «Жәҩан иҟоу Ҳаб» иҳәаларц (Матфеи 6:9). Убри аҟынтә Анцәа Иегова заҵәык ҳиҳәалароуп. Аха Иегова иҭахуп ихшаазаҵәу Иԥа Иисус Христос иааникыло аҭыԥ азхаҳҵаларц. Ахәбатәи ахаҿы ишеилаҳкааз ала, Иисус адгьыл ахь дааит ҳара ҳҿыхразы, насгьы агәнаҳаи аԥсреи рҟынтә ахақәиҭра ҳаурц азы (Иоанн 3:16; Римаа рахь 5:12). Иара Ԥхьаԥшьаҩыс, насгьы Ӡбаҩыс далхын (Иоанн 5:22; Ауриацәа рахь 6:20). Убри азоуп Иисус ила Анцәа ҳиҳәаларц Абиблиа изаҳнарҵо. Иисус ихазы ус иҳәеит: «Сара сагьымҩоуп, сагьҵабыргуп, сагьԥсҭазаароуп; Сара сыла акәымзар Аб иҿы уаҩ дызнеиуам» (Иоанн 14:6). Иегова ҳаҳәарақәа иаҳарц азы, Иисус Христос ихьӡ ала иара заҵәык ҳиҳәалар ҳахәҭоуп.

10. Избан изаҭахым иалкаау тәашьак, ма гылашьак ала Анцәа иҳәара?

10 Иахәҭоума Анцәа ҳиҳәалар иалкаау тәашьак, ма гылашьак ала? Мап. Иегова уи ҳара иҳадиҵом. Абиблиа аҟынтә иубарҭоуп, Анцәа ҳиҳәар шҳалшо: ҳтәаны, ҳгыланы, ҳхы ларҟәны, ма ҳшьамхышгыланы (1 Ашықәсынҵа [1 Летопись] 17:16; Неемиа [Неемия] 8:6; Даниил [Даниил] 6:10; Марк 11:25). Зегь реиҳа ихадароу — иааукәыршаны иҟоу ауаа ирбо акәӡам, аха ҳгәазыҟашьа иаша ауп. Есыҽнытәи аусқәа аныҟаҳҵо, ма ашәарҭара ҳанақәшәо, ҳахьыҟазаалакгьы гәаныла Анцәа ҳиҳәалар ҳалшоит. Убри аамҭазы Анцәа ҳашиҳәо егьырҭ ирзымдыруазаргьы, Иегова урҭ ҳа́ҳәарақәа иаҳауеит (Неемиа [Неемия] 2:1—6).

11. Иарбан ҳхатә а́ҳәарақәоу зыӡбахә ҳҳәар ҳалшо, Анцәа ҳаниҳәо?

11 Иаҳҳәар ҳалшозеи Анцәа ҳаниҳәо? Абиблиаҿы иаҳәоит: «Иара [Иегова] игәаҳәара иатәу акы ҳаҳәар, ҳазҳәо шиаҳауа аадыруеит» (1 Иоанн 5:14). Ус анакәха, Анцәа игәаԥхара иақәшәо зегьы рзы ҳиҳәалар ҳалшоит. Иақәшәома иара игәаԥхара ҳара хаҭала хьаас иҳамоу а́ҳәарақәа? Ҳәарада! Иегова иҳәара иаҿҳарԥшыр ҳалшоит иаҳзааигәоу ҳҩыза иацәажәара. Алшара ҳамоуп иара иҿаԥхьа гәаартыла ацәажәара (Аԥсалом 61:9 [62:8, АдҾ]). Иԥшьоу адоуҳа ҳаурц азы Анцәа ҳиҳәалароуп, избанзар ари амч иашаны ҳхымҩаԥгара иҳацхраауеит (Лука 11:13). Иара убас ҳара Иегова ҳиҳәалар ҳалшоит ҟәыӷарала аӡбара адкылара, насгьы ауадаҩрақәа риааира дҳацхрааларц (Иаков 1:5). Ҳара агәнаҳа ҟаҳҵозар, иахәҭоуп Христос иԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны, Анцәа иҳанаижьырц ҳиҳәалар (Ефесаа рахь 1:3, 7). Аха ҳара хьаас иҳамоу мацаразы ҳиҳәалар ахәҭам. Иахәҭоуп иара убасгьы егьырҭ рзы ҳиҳәалар: ҳҭынхацәеи ҳхаҵара ҳацеиҩызшо ақьырсианцәеи (Аусқәа 12:5; Кәаласаа рахь 4:12).

12. Иарбан зегь раԥхьа иргыланы ҳзыҳәалар ҳахәҭоу?

12 Зегь раԥхьа иргыланы, Анцәа Иегова хаҭала идҳәалоу иазкны ҳиҳәалароуп. Ҳара амзызқәа рацәаны иҳамоуп гәыкала ирҽхәаразы, насгьы иразразы ҭабуп ҳәа иаҳәаразы (1 Ашықәсынҵа [1 Летопись] 29:10—13). Матфеи 6:9—13 аҟны иануп Иисус иҿырԥшыгоу инцәаиҳәара, уа иаҳәоит Анцәа ихьӡ ԥшьахарц, ма ицқьахарц азы иҳәара шаҭаху. (Шәаԥхьа.) Анаҩстәи а́ҳәара азкын Анцәа Иаҳра ааира, насгьы Анцәа игәаԥхара аҟалара, хыхь ажәҩан аҟны еиԥш адгьыл аҿгьы. Арҭ аҵакы змаз азҵаарақәа рышьҭахь ауп Иисус ихатә а́ҳәарақәа данрылацәажәаз. Ари иҿырԥшыгоу анцәаиҳәара инақәыршәаны Анцәа ҳиҳәозар, ҳхы мацара ҳшашьҭам ааҳарԥшуеит.

13. Иаҳәозеи Абиблиа Анцәа игәаԥхо а́ҳәарақәа шаҟаамҭа рзалхтәу аганахь ала?

13 Шаҟаамҭа азаҳклар акәзеи анцәаиҳәара? Абиблиаҿы иаҳәаӡом шаҟаамҭа азктәу ҳхатәы, ма иаҳзеиԥшу анцәаиҳәара. Иегова иааркьаҿны уиҳәар ауеит акрыфара уаналаго, ма акыраамҭа уиҳәалар ауеит угәы иҵхо акы иауҳәарц ануҭаху (1 Самуил [1 Самуила] 1:12, 15). Аха Иисус дрықәыӡбон, егьырҭ ирбаратәы акыраамҭа Анцәа иҳәоз зыхзымхабзиаз ауаа (Лука 20:46, 47). Урҭ реиԥш иҟоу а́ҳәарақәа Иегова игәаԥхаӡом. Иара изы даара акраҵанакуеит гәыкала ҳаниҳәо. Ишаабо еиԥш, Анцәа игәы иақәшәо а́ҳәарақәа шаҟаамҭа азалаҳхуа зыхҟьо, ҳара ҳҭахрақәеи ҳҭагылазаашьақәеи роуп.

Уахьыҟазаалакгьы Анцәа уаниҳәо иаҳауеит

14. Иаанагозеи «шәааҟәымҵӡакәа шәиҳәала», насгьы ҳгәы шԥарҭынчуеи уи ҳара?

14 Шаҟа лассы-лассы Анцәа иҳәара ахәҭоузеи? Абиблиа ҳаанаԥхьоит: «Шәныҳәала», насгьы «Шәааҟәымҵӡакәа шәныҳәала» (Матфеи 26:41; Римаа рахь 12:12; 1 Фессалоникаа рахь 5:17). Ари, ҳәарада, иаанагом уахгьы-ҽынгьы Анцәа иҳәара ахәҭоуп ҳәа. Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит лассы-лассы Иегова ҳиҳәаларц, иразразы уажәы-уажәы ҭабуп ҳәа иаҳҳәаларц, насгьы анапхгареи ацхыраареи ҳаиҭаларц. Заҟа ҳгәы арҭынчуазеи Иегова иацәажәараҿы аҳәаа ахьышьақәимыргылаз! Анцәаиҳәара аҳамҭа пату ақәаҳҵозар, ҳара еснагь иҳаԥшаауеит жәҩан иҟоу ҳ-Аб иацәажәаразы аамҭа.

15. Изҳәатәузеи аҵыхәтәаны «амин», ҳхатәы насгьы иаҳзеиԥшу анцәаиҳәара аан?

15 Избан анцәаиҳәара анҵәамҭазы «амин» зҳәатәу? Ажәа «амин» иаанагоит «ииашоуп», ма «ус иҟалааит». Абиблиатә аамҭақәа раан Анцәа имаҵуҩцәа, ишаԥу еиԥш, иара ианиҳәоз аҵыхәтәаны ажәа «амин» ала ихдыркәшон (1 Ашықәсынҵа [1 Летопись] 16:36; Аԥсалом 40:14 [41:13, АдҾ]). Ҳхазы Анцәа ҳаниҳәо аҵыхәтәаны «амин» анаҳҳәо, уи ала ишьақәҳарӷәӷәоит ҳажәақәа гәык-ԥсыкала ишҳәаз. Иаҳзеиԥшу а́ҳәара аҵыхәтәаны ҳабжьы ҭганы, ма гәаныла «амин» анаҳҳәо, иаанагоит иҳәаз ажәақәа ҳашрықәшаҳаҭу (1 Коринфаа рахь 14:16).

АНЦӘА А́ҲӘАРАҚӘА РҬАК ШЫҞАИҴО

16. Зыгәра ҳгар ҳалшозеи, Анцәа ҳаниҳәо?

16 Иҟаиҵома Иегова а́ҳәарақәа рҭак? Ҳәарада! Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит а́ҳәарақәа заҳауа Иегова миллионҩыла гәыкала иҟоу ауаа рыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо (Аԥсалом 64:3 [65:2, АдҾ]). Иара ҳаззиҳәаз аҭак ҟаиҵар илшоит еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла.

17. Избан иаҳҳәар зҳалшо амаалықьцәеи адгьыл аҿы иҟоу имаҵзуҩцәеи рыцхыраарала Анцәа ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵоит ҳәа?

17 Иегова а́ҳәарақәа рҭак ҟаиҵоит амаалықьцәеи адгьыл аҿы иҟоу имаҵуҩцәеи рыцхыраарала (Ауриацәа рахь 1:13, 14). Иҟоуп имаҷымкәа ахҭысқәа, ауаа Абиблиа аилкаара дрыцхраац Анцәа ианиҳәоз, уи ашьҭахь дара Иегова имаҵзуҩцәа рықәшәон. Абарҭ ахҭысқәа рҟынтә иаҳбоит Аҳра иазку ажәабжьҳәара аус аҿы амаалықьцәа шалахәу (Аатра 14:6). Иегова ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵар илшоит ҳхаҵара́ ҳацеиҩызшо рыцхыраарала (Ажәамаанақәа [Притчи] 12:25; Иаков 2:16).

Иегова ҳаниҳәо, аҭак ҟаиҵар илшоит ҳхаҵара́ ҳацеиҩызшо рыцхыраарала

18. Ишԥаҟаиҵо Иегова ҳаҳәарақәа рҭак иԥшьоу адоуҳаи иара Иажәеи рыцхыраарала?

18 Уи адагьы, Анцәа Иегова ҳара ҳа́ҳәарақәа рҭак ҟаиҵоит иԥшьоу идоуҳа, насгьы иара Иажәа Абиблиа ала. Аԥышәараҿы ҳиашаны ҳаанхарц азы ҳаниҳәо, иара иҳаиҭоит иахәҭоу анапхгара, насгьы иԥшьоу идоуҳала амч (2 Коринфаа рахь 4:7). Лассы-лассы Анцәа ҳаниҳәо, аҭак ҳаур ҳалшоит Абиблиа ала, избанзар уаҟа иану апринципқәа ҟәышрала аӡбара адкылара иҳацхраауеит. Хаҭала Абиблиа анҭаҳҵаауа, насгьы ари ашәҟәы еиԥш иҟоу ақьырсиантә ҭыжьымҭақәа ҳанрыԥхьо, ҳара иҳаԥшаар ҳалшоит иаҳҭаху ажәеинраалақәа. Анцәа Иажәа аҟынтә иаҳҭаху абжьагара ҳаҳар ҳалшоит ақьырсиантә еизарақәа рҿы, мамзаргьы иаҳхылаԥшуа аизара аиҳабацәа ҳанрацәажәо (Галаҭаа рахь 6:1).

19. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи, ҳаҳәарақәа рҭак ҳмоуашәа ҳгәы иабозар?

19 Иегова ҳзызиҳәаз аҭак аҟаҵара дадхалеит ҳәа ҳгәы иабозар, уи иаанагаӡом Анцәа аҭак аҟаҵара илшом ҳәа. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоуп Иегова ҳаҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо иара игәаԥхара инақәыршәаны, насгьы ииашоуп ҳәа аниԥхьаӡо аамҭазы. Иара еиҳа еиӷьны идыруеит ҳара ҳзызгәаҟуа, насгьы дышҳацхрааша. Лассы-лассы иара иҳаиҭоит алшара ҳгәы ақәкны и́ҳәара, аԥшаара, насгьы а́сра (Лука 11:5—10). Абас ҳхы мҩаԥаҳгалар, ҳара иааҳарԥшуеит гәыкала иҟоу ахаҵара́ шҳамоу, насгьы ҳзызиҳәо ҳара ҳзы даара акыр шаҵанакуа. Зны-зынла Иегова ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵоит ҳара ҳшазыԥшым ала. Иаҳҳәап, ҳара аԥышәарақәа ҳанрықәшәо Иегова ауадаҩрақәа ҳарцәимыхьчаргьы, иара иҳаиҭоит амч урҭ рыхгаразы. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 4:13.)

20. Избан зыхә ҳараку аҳамҭа — анцәаиҳәара пату зақәҵалатәу?

20 Закәытә насыԥузеи иҳамоу, улаԥш зхьымӡо Адунеи зегь Зшаз ихьӡ ҳаразкуа зегьы дахьырзааигәоу! (Шәаԥхьа Аԥсалом 144:18 [145:18, АдҾ].) Шәааи еснагь пату ақәаҳҵалап иҳамоу зыхә ҳараку аҳамҭа — анцәаиҳәара. Уи ҳара ҳаҳәарақәа Ирзыӡырҩуа Иегова изааигәахара иҳацхраауеит.

ИАҲНАРҴОЗЕИ АБИБЛИА

  • Иегова иацәажәара иҳәарала иара изааигәахара иҳацхраауеит (Иаков 4:8).

  • Анцәа иаҳҳәо иаҳарц азы, иахәҭоуп хаҵара́ла, хынрааларыла, насгьы гәык-ԥсык ала и́ҳәара (Марк 11:24).

  • Иисус Христос ила Иегова заҵәык ҳиҳәалароуп (Матфеи 6:9; Иоанн 14:6).

  • Иегова ҳаҳәарақәа иаҳауеит, рҭакгьы ҟаиҵоит амаалықьцәеи адгьыл аҿы иҟоу имаҵзуҩцәеи рыцхыраарала, насгьы иԥшьоу адоуҳаи Абиблиеи рыла (Аԥсалом 64:3 [65:2, АдҾ]).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра