АУРОК 1
Алҵшәа бзиа аазго алагамҭа
Аусқәа 17:22
ИҞАҴАТӘУ Иҟауҵо алагамҭа иузыӡырҩуа узлацәажәо атемахь аинтерес рызцәырнагар ауп, насгьы уи атема дара рзы изхадоу днарбар ауп.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
- Аинтерес рызцәырга. Иалх ауаа аинтерес рызцәырызго азҵаарақәеи, атемақәеи, аԥсҭазаара аҟынтә ахҭысқәеи, ажәабжьқәеи. 
- Узлацәажәо атема алх. Раԥхьатәи уажәақәа рҟынтә ауаҩы иаразнак еиликаар ауп иарбан темоу узлацәажәо, насгьы хықәкыс иумоу. 
- Идеилыркаа узлацәажәо атема зхадоу. Узлацәажәо атема иузыӡырҩуа рҭахрақәа ирықәыршәа. Урҭ ибзианы еилыркаар ауп узлацәажәо дара хаҭала ишрыцхраауа.