АУРОК 5
Ииашаны уаԥхьала
1 Тимофеи иахь 4:13
ИҞАҴАТӘУ Иану мԥсахкәа, убжьы ҭыганы уаԥхьала.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
Ибзианы уҽазыҟаҵала. Уазхәыц избан ари ацыԥҵәаха зҩыз. Уҽазышәала уанаԥхьо ажәақәа реидҳәалара, хаз-хазы рыԥхьара аҭыԥан. Ажәақәа ацумҵалан, ибжьоумыжьлан, иумыԥсахлан. Ааҭгыларатә дыргақәа зегьы гәаҭала.
Ажәақәа зегьы ииашаны иҳәала. Ажәа ииашаны ишҳәатәу узымдыруазар, ажәар уахәаԥш, апубликациа аудионҵамҭа уазыӡырҩы, ма ибзианы иаԥхьо аӡәы уиазҵаа.
Еилыкка иҳәала. Ажәақәа еилыкка иҳәала. Ухы шьҭыхны, насгьы уҿы ибзианы иаартны уаԥхьала. Анбанқәа бжьоумыжьлан.