АШӘА 25
Иҷыдоу амазара
1. Ажәлар иԥшьоу доуҳала
Ԥацәас иалихит Анцәа.
Ауаа рҟынтә ауп урҭ шааихәаз,
Дагьрызгәдууп дара.
АХАПА
Иҷыдоу жәларыми,
Ухьыӡ зхоу умазароуп,
Гәыблыла, ҳаҭырла
Еицҿакны изҿу ухьӡ аҭгароуп.
2. Иаша мацароуп ирҳәо
Анцәа иалихыз, иԥшьоу.
Алашьцарахьынтә дрыԥхьеит
Алашарахь иаԥсоу.
АХАПА
Иҷыдоу жәларыми,
Ухьыӡ зхоу умазароуп,
Гәыблыла, ҳаҭырла
Еицҿакны изҿу ухьӡ аҭгароуп.
3. Дҵас урҭ Анцәа ириҭеит
Еизыргарц иуасақәа.
Даргьы иажәа иахыԥом,
Асыс иацуп еснагь.
АХАПА
Иҷыдоу жәларыми,
Ухьыӡ зхоу умазароуп,
Гәыблыла, ҳаҭырла
Еицҿакны изҿу ухьӡ аҭгароуп.
(Уахәаԥш иара убас Ис. 43:20б, 21; Мал. 3:17; Кәал. 1:13.)