АУРОК 1
Алҵшәа бзиа аазго алагамҭа
Аусқәа 17:22
ИҞАҴАТӘУ Иҟауҵо алагамҭа иузыӡырҩуа узлацәажәо атемахь аинтерес рызцәырнагар ауп, насгьы уи атема дара рзы изхадоу днарбар ауп.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
Аинтерес рызцәырга. Иалх ауаа аинтерес рызцәырызго азҵаарақәеи, атемақәеи, аԥсҭазаара аҟынтә ахҭысқәеи, ажәабжьқәеи.
Узлацәажәо атема алх. Раԥхьатәи уажәақәа рҟынтә ауаҩы иаразнак еиликаар ауп иарбан темоу узлацәажәо, насгьы хықәкыс иумоу.
Идеилыркаа узлацәажәо атема зхадоу. Узлацәажәо атема иузыӡырҩуа рҭахрақәа ирықәыршәа. Урҭ ибзианы еилыркаар ауп узлацәажәо дара хаҭала ишрыцхраауа.