АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АЛЕВИТ 12, 13
Ацәеилабаара иазку азакәанқәа иаҳдырҵо
Ишԥаҳацхраауеи ацәеилабаара иазку азакәанқәа шьаҭас ирымоу апринципқәа ҳдоуҳатә гәабзиара ахьчара?
Иегова аԥшьаҩцәа идирҵон ацәеилабаара иаразнак излардырша. Иахьа ақьырсиантә хьчаҩцәа рҽазыршәоит адоуҳатә цхыраара зҭаху иаразнак рыҭара (Иак. 5:14, 15).
Израильаа ацәеилабаара чымазара иаҟьашьыз амаҭәақәа зегь рықәгара рыхәҭан, уи ачымазара аҽамырҭбаарц азы. Иахьа ақьырсианцәа агәнаҳахь иназгар алшо зегь мап ацәырклар ауп, уи зыхә ҳараку ак акәзаргьы (Матф. 18:8, 9). Уахь иаҵанакуеит иҳамоу ашьцыларақәа, ҳзыҿцәажәо ауаа, насгьы ҳгәырҿыхагақәа.
Иарбан усқәоу иаазырԥшуа ақьырсиан Иегова иҟынтә ацхыраара аиура иҽшазишәо?