АШӘА 57
Ауаа зегьы ажәабжь рзеиҭаҳҳәоит
- 1. Анцәа ҳаиҿыԥшларц ауп ҳара ҳзышьҭоу, - Ҳаргьы иа иеиԥш ауаа еилаҳамхроуп. - Дара зыжәлазаалакгьы еиқәирхоит, - Урҭ ааиԥхьоит, иԥҟарақәа дирҵоит. - АХАПА - Урызхьамԥшын ахаҿқәа, - Ихадоуп еиҳа рыгәқәа, - Дгьыл иқәынхо зегь ажәабжь раҳауеит. - Ажәлар ҳрыцхраалар ҳҭахуп, - Аҳәара ҳшаҿыц ҳаҿуп: - «Дара Анцәа иҩызцәахар ауеит». 
- 2. Усҟак ихадаӡам урҭ ахьынхо, - Ианаҳбо раԥхьаӡа дара зеиԥшроу. - Ҳазшаз уаҩы игәаҵоуп дызҭаԥшуа, - Абзиа илоу аԥшаароуп дзышьҭоу. - АХАПА - Урызхьамԥшын ахаҿқәа, - Ихадоуп еиҳа рыгәқәа, - Дгьыл иқәынхо зегь ажәабжь раҳауеит. - Ажәлар ҳрыцхраалар ҳҭахуп, - Аҳәара ҳшаҿыц ҳаҿуп: - «Дара Анцәа иҩызцәахар ауеит». 
- 3. Аԥсҭазаарамҩа ҳадигалт Анцәа, - Иаанҳажьроуп Аҩсҭаа идунеи иатәу. - Ҳара еилаҳкааит ажәабжь аҵакы, - Уи раҳҳәарц ҳашьҭоуп ажәларқәа зегьы! - АХАПА - Урызхьамԥшын ахаҿқәа, - Ихадоуп еиҳа рыгәқәа, - Дгьыл иқәынхо зегь ажәабжь раҳауеит. - Ажәлар ҳрыцхраалар ҳҭахуп, - Аҳәара ҳшаҿыц ҳаҿуп: - «Дара Анцәа иҩызцәахар ауеит». 
(Уахәаԥш иара убас Иоанн 12:32; Аус. 10:34; 1 Тим. 4:10; Тит 2:11.)