АХЫ 9
«Акалҭбааԥсра шәхы ацәышәыхьча»
«Ишәшьы шәыдгьылтә цәаҩақәа: акалҭбааԥсра, агәымхарақәа, ухы ухаршҭны уцәанырра уҽаҭара, агәнаҳара бааԥсқәа, агәыҳәра — абарҭ зегьы ныхамҵахырхәарак иаҩызоуп» (КӘАЛАСАА 3:5).
1, 2. Иарбан гызмалроу ихы иаирхәаз Валаам, Иегова ижәлар ацәгьа рзиурц азы?
АԤСЫӠКҨЫ бзиа иибо аҭыԥахь даауеит. Иара идыруеит иарбан ԥсыӡу иикырц ииҭаху. Иара ахьырԥшыга алихуеит, аҵәгәыр аӡы иҭаиршәуеит. Минуҭқәак рышьҭахь амесина ххахоит, аҵәгәыр ыхәоит, анаҩс иикыз аԥсыӡ ааҭигоит. Аԥсыӡкҩы уи игәы иахәоит, избанзар ахьырԥшыга ииашаны иалихит.
2 1473 шықәсазы ҳ. ҟ. Валаам захьӡыз ауаҩы акраамҭа дхәыцуан иарбан гызмалроу ихы иаирхәаша Моавтәи акаршәраҿы Изқәыргәыӷыз адгьыл аҳәаа аҿы, ар реиԥш иаангылаз Анцәа ижәлар рганахьала. Валаам ишьақәирӷәӷәон иара Иегова иԥааимбар иоуп ҳәа, аха ииашаҵәҟьаны уи Израил рышәира иазыркыз уаҩ ԥсымҭәк иакәын. Аха Иегова иҽалархәра иабзоураны, Валаам илшоз Израил рықәныҳәара мацара акәын. Валаам излауазаалак ала аҳамҭа иоурц иҭахын, убри аҟынтә иӡбеит Израилаа агәнаҳа ду иаҵалазҭгьы, Анцәа ижәлар иара ихала ишәиуан ҳәа. Абри хықәкыс иҟаҵаны Валаам «ахьырԥшыга» ҭаиршәит — ирабжьеигеит ухызхуа Моаваа рҭыԥҳацәа нарышьҭырц (Ахыԥхьаӡарақәа 22:1—7; 31:15, 16; Аатра 2:14).
3. Шаҟа ақәҿиара амази Валаам игызмалра?
3 Иамазма ақәҿиара уи игызмалра? Ганкахьала, ааи. Жәанызқьҩыла израилтәи ахацәа «ари ахьырԥшыга лбаардеит»: дара «Моаваа рҭыԥҳацәа ламысдарала ирзааигәахо иалагеит». Дара Моавтәи анцәахәқәаҵәҟьагьы ирымҵахырхәо иалагеит, иҿаасҭоу аҿиара, ма асекс анцәа фегортәи Ваалгьы уахь днарылаҵаны. Убри иахҟьаны Изқәыргәыӷыз адгьыл аҳәаа аҟныҵәҟьа 24 000 израилаа ҭахеит. Шаҟа ирыцҳара духазеи ари! (Ахыԥхьаӡарақәа 25:1—9).
4. Избан зқьҩыла израилаа аламысдара изаҿаҵахәхаз?
4 Иназгазеи ари арыцҳара ду ахь? Урҭ реиҳараҩык рыгәқәа гәымбылџьбарартәит: дара Иегова ицәхьаҵит — Мсыр иалзгаз, ацәҳәыраҿы акрырҿазҵоз, еибга-ихьча Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь иназгаз Анцәа (Ауриацәа 3:12). Убри атәы далацәажәо, апостол Павел иҩуан: «Урҭ рахьтә аӡәырҩы рыбжьара аҭыԥ змаз акалҭбааԥсра ҳара ҳаҩныҵҟа иҟамзароуп,— мышкы ала урҭ ҩажәи хԥа нызқьҩык нҵәеит» (1 Коринфаа 10:8)a.
5, 6. Иаҳнарҵозеи ҳара израилаа Моавтәи акаршәраҿы агәнаҳа шыҟарҵаз атәы аиҭаҳәа?
5 Ахыԥхьаӡарақәа рышәҟәы аиҭаҳәаҿы акрызҵазкуа аурокқәа аагоуп еиҳа еиҳау Изқәыргәыӷу адгьыл ашәхымс аҿы игылоу, иахьатәи Анцәа ижәлар рзы (1 Коринфаа 10:11). Иаҳҳәап, иахьатәи ҳара ҳаамҭазы асекс амҿхакра иахьҳгәаланаршәо адагьы, ажәытә Моав иҟаз аҵкысгьы акыр еиҳауп. Уи адагьы, есышықәса аламысдара иаԥыхьашәахоит зқьҩыла ақьырсианцәа: урҭ израилаа зҿашәаз ахьырԥшыга «иаҿашәоит» (2 Коринфаа 2:11). Израилаа зегьы ишырбоз зқьалахь Мадиамтәи аҭыԥҳа дназгаз Зимри иеиԥш, иахьа Анцәа ижәлар ӷәӷәала иааигәаны ирыҿцәажәо шьоукы, ақьырсиантә еизара иалахәу даара ибааԥсны ирныруеит (Ахыԥхьаӡарақәа 25:6, 14; Иуда 4).
6 Еилукаауама уара уажәы, инықәырԥшны иуҳәозар, Моавтәи акаршәраҿы ушыҟоу? Иубома аҳамҭа — акраамҭа уззыԥшыз адунеи ҿыц? Ааи акәзар, иулшо зегь ҟаҵала, Анцәа ибзиабараҿ уаанхаларц азы, насгьы иудкылала аԥҟара: «Акалҭбааԥсра шәхы ацәышәыхьча» (1 Коринфаа 6:18).
Моавтәи акаршәра асахьа
ИЗАКӘЫЗЕИ АКАЛҬБААԤСРА?
7, 8. Изакәызеи «акалҭбааԥсра», насгьы иарбан лҵшәоу ироуа уи иаҿу?
7 Абиблиа инақәыршәаны «акалҭбааԥсра» (абырз. порне́иа) — ари Аҩыра агәаанагарала изакәану аҭаацәалазаара анҭыҵ, ззин ыҟам ацәеижьтә еизааигәахара ауп. Акалҭбааԥсра иаҵанакуеит ацәыбзара, акаҳԥра, аҭаацәара еицалам рыбжьара цәеижьла реизааигәахара, иара убас иоралтәу, ианалтәу асекс, асексуалтә ҟазшьа змоу аҭаацәара иуцалам ицәеижьтә ԥхашьаратә ҭыԥқәа рманипулиациа. Уахь иаҵанакуеит абас еиԥш иҟоу аусқәа ахаҵажәла рыбжьара, ма аԥҳәысжәла рыбжьара, иара убас арахә рызнеираb.
8 Иԥшьоу Аҩыра еилыкка иаҳнарбоит: акалҭбааԥсра иаҿу ақьырсиантә еизараҿы изаанхаӡом, наӡаӡатәи аԥсҭазаарагьы роуӡом (1 Коринфаа 6:9; Аатра 22:15). Уи инеиҳангьы, урҭ рҩызцәа ауаа иахьа рхы аԥырхага ӷәӷәа азааргоит, иаҳҳәап: агәрагареи ахпатуқәҵареи рцәыӡра, аҭаацәараҿы аимакқәа рцәырҵра, аламыс уанаргәаҟуа, иуҭахым ацәатәымра, ачымазарақәа, иара убас аԥсраҵәҟьагьы. (Уаԥхьа Галаҭаа рахь 6:7, 8.) Изанылатәузеи хьаалеи гәырҩалеи иҭәу амҩа? Рыцҳарас иҟалаз, аӡәырҩы раԥхьатәи ииашам ашьаҿа аныҟарҵо, алҵшәа иазхәыцӡом,— иаҳҳәап апорнографиа ахәаԥшра аҽаҭара.
АПОРНОГРАФИА — РАԤХЬАТӘИ ШЬАҾОУП
9. Уи аҟара аԥырхага аламкәа иҟоума апорнографиа, шьоукы ишышьақәдырӷәӷәо еиԥш? Иҳаилыркаа.
9 Атәылақәа жәпакы рҿы апорнографиаc убар ауеит агазеҭҭирҭақәа рҿы, ателехәаԥшра ала, амузыкаҿы иуаҳар, уи Аинтернет зынӡа иалаҵәаны иҟоуп. Аха уи ԥырхага аламкәа иҟоума, шьоукы ишышьақәдырӷәӷәо еиԥш? Мап! Апорнографиа иахәаԥшуа амастурбациа шьцыларас ишьҭырхыр ауеит, нас унанагар алшоит «ирԥхашьагаз рҭахрақәа, ргәаҳәарақәа» рахь, уи анаҩс асекс, ихәымгоу агәазыҳәарақәа рыхҭакрахьы дианагар ауеит, уи аҭаацәа еинарсыр, еилнахыр алшоит (Римаа 1:24—27; Ефесаа 4:19)d. Ҭҵааҩык иҳәоит асекс акьыба чымазара ишеиԥшу: «Ахҭакра еизҳауеит, иҿиоит. Иара ахаан еиҵахом, ахәышәтәра даара ицәгьоуп».
Аинтернет аҩны зегьы иахьырбо ахархәара — ари ҟәыӷароуп
10. Ишԥақәныҟәатәу Иаков 1:14, 15 рҟны иану апринцип? (Уахәаԥш арамка «Гәаԥхашәала ицқьаны аанхараз амчқәа шыԥшаатәу».)
10 Ҳрыхәаԥшып Иаков 1:14, 15 рҟны иану ажәақәа: «Дарбанзаалак иара ихатә гәаҳәарақәа, иҭахрақәа дԥыршәоит. Ихирым агәаҳәара — агәнаҳа иашьапкырҭоуп, агәнаҳа ахшоит, иҟоуҵо агәнаҳа акәзар, аԥсра арҿиоит». Убри аҟынтә уара иҽеим агәазыҳәара узцәырҵуазар, иаарласны уи аҽацәыхьчара уҽазышәа! Иаҳҳәап, уара машәыршәа аеротикатә сахьа убазар, ирласны улаԥш ахга, ирцә акомпиутер, ма еиҭаг ателеканал. Иахәҭоу зегь ҟаҵа аламысдаратә гәазыҳәара уҽаумҭарц, уи аконтроль ацәыӡны иухамԥарц азы! (Уаԥхьа Матфеи 5:29, 30.)
11. Ишԥааҳарԥшыр ҳалшо Иегова ҳашиқәгәыӷуа, ибааԥсу агәазыҳәарақәа ҳанырҿагыло?
11 Ҳара ҳхы аҵкыс ибзианы ҳаздыруа ишьақәырӷәӷәаны ҳгәазҭеиҵоит: «Ишәшьы шәыдгьылтә цәаҩақәа: акалҭбааԥсра, агәымхарақәа, ухы ухаршҭны уцәанырра уҽаҭара, агәнаҳара бааԥсқәа, агәыҳәра — абарҭ зегьы ныхамҵахырхәарак иаҩызоуп» (Кәаласаа 3:5). Уи мариамзар ауеит. Аха иугәаларшәала ҳара бзиа ҳазбо, ачҳара злоу, ацхыраараз ҳзыҳәарц ҳалшо жәҩантә Аб дышҳамоу (Ԥсалом 68:19). Уара ухаҿы ицқьам ахәыцрақәа анцәырҵуа, иаразнак иара иахь ухы рхала. Уиҳәала иаабац «амч-алшара» еиҳау амч азы, насгьы уҽазышәала даҽакы ухшыҩ азышьҭра (2 Коринфаа 4:7; 1 Коринфаа 9:27; уахәаԥш арамка «Ишԥакасыжьри ибааԥсу ашьцылара?»).
12. Иаанагозеи Абиблиаҿы «агәы», насгьы избан уи зыхьчалатәу?
12 Иҟәыӷаз аҳ Соломон иҩуан: «Зегь раасҭа ихьчалатәу рҟынтәи ихьчала угәы, избанзар уи аҟынтә ауп — аԥсҭазаара ахыҵхырҭақәа» (Ажәамаанақәа 4:23). «Агәы» иаанагоит ҳара ҳаҩныҵҟатә хаҭара — ҳара Анцәа иҿаԥхьа ҳзеиԥшраҵәҟьоу. Наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳауоу иаҳмоуоу зыӡбо ҳара «ҳгәы» азы Анцәа игәы иаанаго ауп, егьырҭ рҿаԥхьа ҳзеиԥшроу акәымкәа. Зегьы абас имариоуп, аха убри аамҭазы уи хшыҩзышьҭрала иазнеитәуп. Иаҳҳәап, Анцәа ицәшәоз Иов иблақәеи иареи аиқәшаҳаҭра рыбжьеиҵеит аԥҳәыс ишакәымыз дылмыхәаԥшразы (Иов 31:1). Шаҟа иҿырԥш бзиоузеи уи ҳара ҳзы! Абри аҩыза агәазыҟашьа аарԥшуа, аԥсаломшәаҳәаҩ Анцәа диҳәон: «Сыблақәа иаԥсам аҟынтә иаԥырга» (Ԥсалом 119:37).
ИҞӘЫӶАРАМЫЗ ДИНА ЛАЛХРА
13. Дазусҭадаз Дина, насгьы изҟәыӷарамзи иҟалҵаз аҩызцәа ралхра?
13 Ахԥатәи ахаҿы ишаҳбаз еиԥш, ҳҩызцәа ибзианы, ма ибааԥсны иаҳнырлар ауеит (Ажәамаанақәа 13:20; уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 15:33). Ҳахәаԥшып апатриарх Иаков иԥҳа Дина лҿырԥшы. Дина ааӡара бзиа шлымазгьы, аханаан ҭыԥҳацәа ҩызцәас ишьҭыхны, ҟәышрала лхы аалмырԥшит. Моаваа реиԥш, ханаанаагьы илаҟәыз хымҩаԥгашьала еицырдыруан (Алевит 18:6—25). Егьырҭ ахананеицәа реиԥш, Сихем, «заб иҩнаҭаҿы зегь реиҳа пату зқәыз ауаҩы», ицәгьоу ҳәа акгьы адибаломызт Дина цәеижьла лзааигәахара (Аҟазаара 34:18, 19).
14. Ишԥананагеи арыцҳарахь Дина иҟалҵаз аҩызцәа ралхра?
14 Дина Сихем данылба, уи цәеижьла изааигәахара зынӡа лхахьы иаалымгозар ҟаларын. Аха иара ихы мҩаԥигеит ахананеицәа асексуалтә гәазыҳәара анрызцәырҵуаз ишашьцылахьаз еиԥш. Дина лганахьала иарбанзаалак аҿагылара акгьы аанагомызт, избанзар уи «дигеит... амш лылеигеит». Ԥыҭрак ашьҭахь Сихем Дина «бзиа дибеит», аха уи уажәшьҭа илзиуз азыԥсахуамызт. (Уаԥхьа Аҟазаара 34:1—4.) Аҵыхәтәаны Дина лхала лакәӡам арыцҳара иақәшәаз. Лара лҩызцәа ралхра лҭаацәа апатудареи ахьымӡӷи рзаазгаз ахҭысқәа рахь инанагеит (Аҟазаара 34:7, 25—31; Галаҭаа 6:7, 8).
15, 16. Иҳаурц шԥаҳалшо аҟәыӷара иашаҵәҟьа? (Уахәаԥш арамка «Изызхәыцтәу абиблиатә жәеинраалақәа».)
15 Дина ихадоу аурок алылхызаргьы, лара уи азы ахә ҳаракны иахылшәааит. Иегова бзиа дызбо, изыӡырҩуа аԥсҭазаара абас аурокқәа алырхлар иаԥсам. Анцәа иажәақәа рыдкыло, дара иҟәышу ауаа ирыцуп (Ажәамаанақәа 13:20а). Дара еилыркаауеит «агәыҳалалра амҩа зегь», насгьы иахәҭам ауадаҩрақәеи агәаҟрақәеи рҽырцәырыхьчоит (Ажәамаанақәа 2:6—9; Ԥсалом 1:1—3).
16 Анцәа иҟәыӷара заурц зҭаху зегьы рзы, уи агәазыҳәара назыгӡо рзгьы есыҽнытәи анцәаиҳәарала, Анцәа Иажәеи зыгәрагоу атәы иҳадигало аматериали еиԥмырҟьаӡакәа рыҭҵаарала иаартуп (Матфеи 24:45; Иаков 1:5). Иара убас акраҵанакуеит Иԥшьоу Аҩыра иану амҩақәҵарақәа реилкаара азхиарала иаарԥшу ахынраалара (2 Аҳцәа 22:18, 19). Иаҳҳәап, ақьырсиан еиликаауеит игәы шыгьангьашу, насгьы ишыбааԥсу (Иеремиа 17:9). Аха идикылома иара абзиабара зҵоу абжьагарақәа, насгьы ацхыраара хынрааларала ахымҩаԥгара анаҭаххалак?
17. Уахцәажәа иарбан ҭагылазаашьоу ицәырҵыр алшо аҭаацәараҿы, насгьы иҳарба аб иԥҳаи иареи уи иалацәажәар шрылшо.
17 Ухаҿы иааг абри аҩыза аҭагылазаашьа. Аб иԥҳа азин лиҭаӡом ақьырсиан қәыԥши лареи еиқәшәаларц аӡә дрыцымкәа. Иԥҳа ималкуеит: «Уара, саб, сыгәра умгаӡои? Ҳара ицәгьоу ҳәа акгьы ҟаҳҵалаӡом!» Иҟалап лара Иегова бзиа дылбозар, лыгәҭакқәагьы бзиазар, аха иуҳәар ауама лара Анцәа «иҟәыӷарала дныҟәоит» ҳәа? Дацәыбналома лара акалҭбааԥсра? Мамзаргьы лара ахәыцра лцәыӡны, «дақәгәыӷуама лгәы»? (Ажәамаанақәа 28:26). Иҟалап уара ари аҭагылазаашьаҿы, аби аԥҳаи ирыцхраауа егьырҭ апринципқәа ааугар. (Урыхәаԥш Ажәамаанақәа 22:3; Матфеи 6:13; 26:41.)
ИОСИФ АЦӘЫБЗАРА ДАЦӘЫБНАЛОН
18, 19. Иарбан ԥышәароу дзықәшәаз Иосиф, насгьы ихы шԥамҩаԥигеи иара?
18 Аҿырԥш бзиа ааирԥшит Иегова бзиа дызбоз, акалҭбааԥсра иацәыбналоз арԥыс қәыԥш Иосиф, Дина лашьа (Аҟазаара 30:20—24). Даныхәыҷыз иара ихаҭа ибахьан иаҳәшьа иаалырԥшыз ахшыҩдара иахьнанагаз. Хымԥада, арҭ агәалашәарақәеи Анцәа ибзиабараҿ аанхара агәаҳәареи Иосиф дрыхьчон, аамҭақәак рышьҭахь Мсыр даныҟаз иеиҳабы иԥҳәыс «есыҽны» дхылхырц данашьҭаз. Ҳәарада, Иосиф тәыс дыҟан азы, дрылҵны дызцомызт. Ари аҭагылазаашьаҿ иара ҟәыӷаралеи гәымшәаралеи ихы ааирԥшыр акәын. Иара Потифар иԥҳәыс есымшааира мап лцәикуан, аҵыхәтәаны уи дылцәыбналеит. (Уаԥхьа Аҟазаара 39:7—12.)
19 Уазхәыц: Иосиф ари аԥҳәыс илызкны афантазиақәа иҽриҭозҭгьы, еснагь асекс дазхәыцуазҭгьы, изыхьчарызма иара ацқьара? Мап. Иосиф игәнаҳау агәыӷрақәа иҽриҭаӡомызт, ус акәымкәа иара ахә ҳаракны ишьон Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа. Уи Потифар иԥҳәыс илеиҳәаз ажәақәа рҟынтә иубарҭоуп: «Сара сеиҳабы ... акгьы азы мап сцәимкит бара быда, избанзар бара иԥҳәыс боуп. Ишԥаҟасҵо сара абри аҩыза ацәгьара дуӡӡа, агәнаҳа Анцәа иҿаԥхьа?» (Аҟазаара 39:8, 9).
20. Ишԥеиқәиршәеи Иегова ахҭысқәа Иосиф иҭагылазаашьаҿы?
20 Амала уазхәыц шаҟа дгәырӷьоз Иегова, зҭаацәа ирҟәыгаз иқәыԥшыз Иосиф есыҽны ацқьара шихьчоз анибоз! (Ажәамаанақәа 27:11). Анаҩс Иегова ахҭысқәа убас рхы ирхеит, Иосиф абахҭа иҭыжьра адагьы, афатә иахылаԥшуаз аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дҟарҵеит (Аҟазаара 41:39—49) Ишԥаиашоу Ԥсалом 97:10 аҟны иану ажәақәа: «Иегова бзиа дызбо, ацәгьара шәцәымӷыз. Иара изиашоу рыԥсы ихьчоит, ицқьам ауаа цәгьақәа рнапқәа ирцәихьчоит».
21. Ишԥааирԥши агәымшәара африкатәи тәылак аҟынтә иқәыԥшыз иашьак, гәаԥхашәала дыцқьаны даанхауа?
21 Иахьагьы аӡәырҩы Анцәа имаҵуҩцәа иаадырԥшуеит ацәгьара шырцәымӷу, ақьиара бзиа ишырбо (Амос 5:15). Иқәыԥшу иашьак африкатәи тәылак аҟынтә еиҭеиҳәоит ашкол аҿы аҵара ицызҵоз ӡӷабк, дыԥхамшьаӡакәа асекс шидылгалаз аҳасабраз аконтрольтә ҩраҿы длыцхраазҭгьы. «Сара иаразнак мап ацәыскит исыдылгалаз,— иҳәоит иара.— Сыцқьаны саанхауа, сара ахьи араӡни раасҭа ахә змоу сыхьӡи сыхпатуқәҵареи сыхьчеит». Ииашаҵәҟьаны агәнаҳа «аамҭалатәи агәахәарақәа» узаанагар алшоит, аха лассы-лассы минуҭктәи агәахәара ахьаа ду узаанагоит (Ауриацәа 11:25). Уи адагьы, ари агәахәара Иегова изыӡырҩра иузаанаго анасыԥ иузаҿырԥшуам (Ажәамаанақәа 10:22).
ИУДКЫЛАЛА ЗГӘЫ ҲАЛАЛУ АНЦӘА ИҞЫНТӘ АЦХЫРААРА
22, 23. а) Избан агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ақьырсиан иҭагылазаашьа рҽеишьа амамкәа изыҟам? б) Иарбан цхыраароу агәнаҳаҟаҵаҩ иоур илшо?
22 Ҳара ҳнаӡам аҟынтә, аҿагылара ааҳарԥшлароуп ацәеижьтә гәазыҳәарақәа аанаҳкылаларц азы, насгьы Анцәа иҿаԥхьа ииашаны ҳхы мҩаԥаҳгаларц азы (Римаа 7:21—25). Иегова уи еиликаауеит, избанзар иара «игәалашәоит анышә ҳшалху» (Ԥсалом 103:14). Зны-зынла ақьырсиан агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵар ауеит. Аха иҟоума уи аҭагылазаашьа рҽеишьа амамкәа? Ҳәарада, мап! Аха агәнаҳаҟаҵаҩ, иҟалап, аҳ Давид иеиԥш, алҵшәа бааԥс иоур. Ус шакәугьы, Анцәа еснагь иахьхәуа, насгьы зыгәнаҳақәа ртәы аартны изҳәо «ранажьра дазхиоуп» (Ԥсалом 86:5; Иаков 5:16; уаԥхьа Ажәамаанақәа 28:13).
23 Убри еиҳангьы, Анцәа бзиабарала ақьырсиантә еизара ириҭеит «ауаа-аҳамҭақәа» — ацхыраара зылшо, мамзаргьы уи иазхиоу, ишәхьоу ахьчацәа (Ефесаа 4:8, 12; Иаков 5:14, 15). Урҭ рхықәкы — агәнаҳаҟаҵаҩи Анцәеи реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ауп, аҳ ҟәыӷа иажәақәа рыла иуҳәозар, «агәы зыԥшааз» иакәхарц, уаҳа агәнаҳа ҟаимҵарц азы (Ажәамаанақәа 15:32).
ИҞӘЫШУ АГӘЫ
24, 25. а) Ишԥааирԥши Ажәамаанақәа 7:6—23 рҟны зыӡбахә ҳәоу арԥыс «иҟәышу агәы шимамыз»? б) Ишԥаҳалшо ҳара иҟәышу агәы аԥшаара?
24 Абиблиаҿ рыӡбахә ҳәоуп «иҟәышу агәы змам», насгьы «иҟәышу агәы зыԥшаауа» ртәы (Ажәамаанақәа 7:7). Анцәа имаҵуҩцәа доуҳала иахьшәым, аԥышәа ахьрымам иахҟьаны, «иҟәышу агәы змам» агәеилгареи ахәыцреи рызхаӡом. Ажәамаанақәа 7:6—23 рҟны зыӡбахә ҳәоу арԥыс иеиԥш, абри иҩыза ақьырсиан агәнаҳа аҟаҵара изымариахар ҟалоит. Аха «иҟәышу агәы зыԥшаауа» ауаҩы хшыҩзышьҭрала иҭиҵаауеит иҩныҵҟатәи ихаҭара анцәаиҳәаралеи Анцәа Иажәа иааиԥмырҟьаӡакәа аҭҵааралеи. Инаӡам ауаҩы иахьынӡаилшо ала, ихәыцрақәеи игәаҳәарақәеи, ицәаныррақәеи Анцәа игәаԥхо инақәыршәаны иҟаиҵоит. Абасала уи «иԥсы бзиа ибоит», ацәгьара иацәихьчоит, насгьы ауаҩы «абзазара иԥшаауеит» (Ажәамаанақәа 19:8).
25 Ухы уазҵаа: «Агәра згаҵәҟьома сара Анцәа инормақәа шиашоу? Ишьақәырӷәӷәаны исымоума урҭ рынагӡара ҵыхәаԥҵәара змам анасыԥ шаанаго?» (Ԥсалом 19:7—10; Исаиа 48:17, 18). Гәыҩбара хәыҷык умазаргьы, иӡба уи. Уазхәыц Анцәа иԥҟарақәа рықәымныҟәара уахьнанаго. Иара убасгьы ааԥхьара уацныҟәа: «Игәашәҭ, насгьы еилышәкаа шаҟа дқьиоу Иегова», ҵабыргла унхо, ухшыҩ рҭәуа хәарҭара злоу азхәыцрақәа рыла: иҵабыргу, ииашоу, ицқьоу, абзиабара иаԥсоу, иҳалалу рыла (Ԥсалом 34:8; Филиппаа 4:8, 9). Агәра ганы уҟаз, уара ус ухы мҩаԥугозар, Анцәа иахь, нас бзиа иибо рахь убзиабара еизҳалоит, иара убас ицәымӷу рахь уцәымӷра ӷәӷәахоит. Иосиф иаабац уаҩын. Иагьа ус иҟазаргьы, Иосиф илшеит ацәыбзара ацәыбналара, избанзар Иегова игәы иахәо ҟаҵо, акыр шықәса Иегова илиршон уи дшьақәиргыларц. Уаргьы убасҵәҟьа ҟаҵала (Исаиа 64:8).
26. Иарбан акрызҵазкуа зҵаароу анаҩс излацәажәо?
26 Ҳазшаз ҳара ҳцәеижьтә ԥхашьаратә хәҭақәа зишаз агәмырҿыӷьразы акәӡам, аха аԥсҭазаара аԥаҳҵаларц, аҭаацәалазаараҿы аизааигәара гәахәара ҳзаанагарц ауп (Ажәамаанақәа 5:18). Анаҩстәи ҩ-хык рҿы ҳалацәажәоит Анцәа аҭаацәалазаара дшахәаԥшуа.
a Ахыԥхьаӡарақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу 24 000 рахь иаҵанакуан, ҳәарада, аӡбаҩцәа иршьыз «ажәлар реиҳабацәа» реиԥш, Иегова ихаҭа иишьызгьы. Аӡбаҩцәа рнапала иҭахазар ҟалап зқьҩык раҟара (Ахыԥхьаӡарақәа 25:4, 5).
b Амцқьареи илаҟәу ахымҩаԥгашьеи рызҵаара еилыргоуп 2006 шықәса ииуль 15 азы Иегова Ишаҳаҭцәа иҭрыжьыз «Ахьчаратә Бааш» арубрика «Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа» аҿы.
c Ара «апорнографиа» иаҵанакуа иубо ахаҿсахьақәа, ацәеижьтә гәазыҳәарақәа рырҿыхара хықәкыс измоу, иҩу, ма ҿырҳәала иҟоу аеротикатә ҵакы змоу аматериал ауп. Апорнографиа аарԥшызар ауеит ауаҩы аеротикатә тәашьа-агылашьа ахьимоу асахьақәа рыла, насгьы ҩыџьа, ма инареиҳаны рыбжьара игмыгу аҟазшьа змоу асексуалтә акт аарԥшра ала.
d Амастурбациа атәы еилыргоуп Ацҵа аҿы иаагоу астатиа «Амастурбациа. Ишԥаиааитәу ари ашьцылара?» аҟны.