АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ашамҭақәа Иегова дышҟәыӷоу ҳдырбоит
Идыруама есымша Иегова ҳара ҳзы еиҳа еиӷьу? Ҳәарада! Убри аҟынтә имҩақәҵарақәа рықәныҟәара — ҟәыӷароуп (Ажәам. 16:3, 9). Аха Иегова имҩақәҵарақәеи ҳара ҳгәаанагареи анеиқәымшәо иара иахь ҳагәрагара ԥышәахар ауеит. Иегова дышҟәыӷоу агәра ҳгар ҳалшоит иишаз зегь ҳаназхәыцуа (Ажәам. 30:24, 25; Рим. 1:20).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИЗБАН АШЫШКАМСҚӘА ШЫРАЦӘОУГЬЫ, РЫМҨАҾЫ ДАРА-ДАРА ЗЕИԤЫРХАГАМ?», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Изҿузеи есыҽны ашышкамсқәа реиҳарак?
Ирыцхраауазеи дара-дара аиԥырхагамхара?
Иаҳдырҵозеи ашышкамсқәа?
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АНЫШӘШЬХА ШЫԤЫРУА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иарбан уадаҩрақәоу ицәырҵуа аҳаирплан хәыҷқәа рныҟәцараан?
Избан анышәшьха аныԥыруа аԥша заԥырхагам?
Иаҳнарҵозеи анышәшьха?
Ишԥаадырԥшуеи шәахьынхо аҭыԥ аҿы иҟоу ашамҭақәа Иегова дышҟәыӷоу?