АШӘА 133
Иегова имаҵ ула уанқәыԥшу инаркны
(Екклезиаст 12:1)
- 1. Ашьыжь аӡаӡеиԥш, аҿар, шәкаҷҷала, - Амреиԥш шәшеишеиуа еснагь шәлашала. - Ҳаб игәыблыра шәарԥхааит ашәахәа! - Амҩа шәызқәыло дазылԥхааит Иара. 
- 2. Шәықәныҟәа ражәа, иргәырӷьо шәҭаацәа, - Урҭгьы рцәанырра шәазҿлымҳаз рацәа. - Ргәы ҟашәҵалар шәарҭ Анцәеи шәҭынхацәеи, - Ҩызас Иегова шәара дшәырҳауеит! 
- 3. Узшаз уанқәыԥшу еснагь деилкаала. - Аҵабырг уадгыл, уи бзиа ибала. - Умчқәа зегь ақәурӡлар амаҵзура, - Ҳабгьы убасҟан дургәырӷьап уара. 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 71:17; Аҵә. 3:27; Еф. 6:1—3.)