АШӘА 99
Ҵҩа змам аишьцәа
- 1. Сашьцәа, ҵҩа змам, сывагылоуп, - Ажәлар зегьы ҳарбоит. - Гәыкала урҭ шаҳаҭуеит, - Рыцқьаразы иқәԥоит. - Сашьцәа рацәоуп, ҵҩа рымам, - Ирызҳауеит рацәа. - Хылҵшьҭреи, бызшәалеи, милаҭлеи урҭ - Ихьыӡ дырҽхәоит Рынцәа. 
- 2. Сашьцәа, ҵҩа змам, сывагылоуп, - Ажәабжь иреиӷьу рҳәоит. - Даара ихируп ажәабжь, - Кәакь-цыԥхьаӡа иахьӡоит. - Еиқәшәоу «шьаҵоуп» иҳашьоу, - Зны-зынлагь ҳааԥсалоит. - Ҭынчроуп ҳгәаҿы, дҳацзар ҳарҭ Христос, - Анасыԥ ҳаиҭалоит. 
- 3. Сашьцәа, ҵҩа змам, сывагылоуп, - Рымч Анцәа иахьтә иаауеит. - Урҭ Анцәа ду иҿаԥхьа - Имаҵ еснагь ируеит. - Сашьцәа рацәоуп, ҵҩа рымам, - Зегьзшаз дрыхӡыӡаауеит. - Ҳицны иус ҳанаҿу разҟуп, - Иашҭаҿы имаҵ ҳуеит. 
(Уахәаԥш иара убас Ис. 52:7; Матф. 11:29; Аат. 7:15.)