АШӘА 89
Аӡырҩра азылԥхарақәа аанагоит
- 1. Ҳаизыӡырҩуама Иисус гәыҭыӷьӷьаала? - Уи иажәақәа ҳамҩа дыркаҷҷалоит. - Урҭ ҳхы иаҳархәозар, иаҳдыруа ала, - Ҳанцәа даҳзылԥхоит, насыԥлагь ҳирҭәлоит. - АХАПА - Цқьа уӡырҩы, инагӡа — - Нас ирӷәӷәала ухаҵара. - Иаарту Анцәа игәаԥхара нагӡа — - Зылԥхара угмыз зынӡа. 
- 2. Ҳәарада, иалшоит ҳаԥсҭазаашьа ҳахьчар, - Ахаҳә-цаҟьаҿ иқәҳаргылар ҳаҩны. - Икаҳарым уи, аԥшатлакә аацәырҟьар, - Ҳҟалар Иисус иажәа ҳгәы азцаны. - АХАПА - Цқьа уӡырҩы, инагӡа — - Нас ирӷәӷәала ухаҵара. - Иаарту Анцәа игәаԥхара нагӡа — - Зылԥхара угмыз зынӡа. 
- 3. Ашәыр ду аҵла ианаамҭоу иҿамлои, - Аӡы ахьхьаҳәа иахьцо иазҳалар. - Ԥхьаҟа инымҵәо аԥсҭазаара ҳԥымлои, - Хәыҷҵас Анцәа иҳәатәы ҳаҳалар. - АХАПА - Цқьа уӡырҩы, инагӡа — - Нас ирӷәӷәала ухаҵара. - Иаарту Анцәа игәаԥхара нагӡа — - Зылԥхара угмыз зынӡа. 
(Уахәаԥш иара убас Ҩынтә. 28:2; Аԥсал. 1:3; Ажәам. 10:22; Матф. 7:24—27; Лука 6:47—49.)