АШӘА 95
Алашара есааира икаҷҷоит
(Ажәамаанақәа 4:18)
- 1. Ишԥарҭахыз аԥааимбарцәа жәытә-натә - Деилыркаарц Христос, Анцәа иишаз. - Иаҳәеит адоуҳа цқьа, Мессиа дшаауаз, - Ҳарҭ амҩа ҳзырбоз, ҳаиқәзырхашаз. - Иҳақәиҭу Аҳ иоуп, шьҭа аамҭагьы ааит, - Уи амаӡа ԥшьа еилкаахеит. - Жәҩан иҟоу Ҳазшаз иԥацәа зегь зышьҭаз - Уажәшьҭа, ҳаамҭаз, ҳа ҳзыҳәа иаатхьеит. - АХАПА - Еиҳа икаҷҷоит ҳара ҳамҩа, - Амш еилгоу еиԥш, ҳусқәа лашоуп. - Еснагь Анцәа ииҳәо уазхәыцла, - Ҳара ҳамҩақәиҵарц дыхиоуп. 
- 2. Иҳақәиҭу дҳаиҭеит иҟәышу атәы, - Ианаамҭоу ацхыраара ҳаиҭоит. - Аҵабырг-лашара еиҳа икаҷҷоит, - Ҳахшыҩи ҳагәқәеи уи иарҿыхоит. - Есыҽны ашәаԥшь еиԥш ауп ҳамҩа шлашо, - Ҳамшәакәа еихаҳгоит ҳшьаҿа. - Иегова иҟәышра зегь рыла иаатуеит, - Уи агәырӷьара ҳнаҭоит рацәа. - АХАПА - Еиҳа икаҷҷоит ҳара ҳамҩа, - Амш еилгоу еиԥш, ҳусқәа лашоуп. - Еснагь Анцәа ииҳәо уазхәыцла, - Ҳара ҳамҩақәиҵарц дыхиоуп. 
(Уахәаԥш иара убас Рим. 8:22; 1 Кор. 2:10; 1 Пиотр 1:12.)