АУРОК 12
Уажәақәа аԥхарра рыҵаз
1 Фессалоникаа рахь 2:7, 8
ИҞАҴАТӘУ Аӡырҩцәа бзиа ишубо, насгьы урыцхраарц шуҭаху дырба.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
- Иузыӡырҩуа урызхәыцла. Уҽаназыҟауҵо урҭ ирымоу ауадаҩрақәа урызхәыцла. Урызхәыц урҭ рцәаныррақәа. 
- Ианаало ажәақәа ԥшаала. Иузыӡырҩуа ргәы шурҭынчша, ишурӷәӷәаша, насгьы ргәы шышьҭухша уашьҭаз. Уҽырцәыхьчала аӡырҩцәа лазырҟәыр алшо ажәақәа, насгьы Иегова ишаҳаҭцәам ауаа, мамзаргьы урҭ зыгәра рго иҽеимкәа урхымцәажәалан. 
- Урыцхраарц шуҭаху дырба. Хаала уцәажәалар, насгьы ухымҩаԥгашьала абзиабара ааурԥшлар, иузыӡырҩуа ииашаҵәҟьаны урыцхраарц шуҭаху рбоит. Ухаҿсахьала иузыӡырҩуа хьаас ишумоу аарԥшла; уҿаԥха-ҿаччала.