АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Сентиабр мзазы иҟало иҷыдоу акампаниа. Абиблиа аҵарақәа ҳрылагоит
Сентиабр азы аброшиура «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» ала ажәабжьҳәараҿы иаҳԥыло ауаа зегьы Абиблиа аҵара рыдаҳгалалоит. Уи амзазы ицхырааҩу пионерс амаҵ зуло 30 сааҭ ажәабжь рҳәалар рылшоит. Ишԥамҩаԥысло уи иҷыдоу акампаниа?
Раԥхьатәи аицәажәараан. Ауаҩы Абиблиа ахь аинтерес изцәыругарц азы аброшиура аҵыхәтәантәи адаҟьа ухы иархәа, насгьы уҽазышәа Абиблиа аҵара шымҩаԥысуа ирбара. Иара убас уаанӡа Абиблиа аӡбахә ззеиҭоуҳәахьаз, насгьы аамҭа-аамҭала узҭаауа ухоумыршҭын. Иҟалап урҭ уаанӡа Абиблиа аҵара рҭахымызҭгьы. Аха уажәы ҳазнеишьа ҿыци, ҳаброшиура ҿыци ргәаԥхар ауеит. Аҩны ҳазқәымшәаз ауаа аброшиура рзааныжьра, ма аинтерес аазмырԥшыз рахь асаламшәҟәы иҭаҵаны ашьҭра аҭахӡам. Аизара амаҵзуратә комитет аҟынтә аишьцәа уи амзазы ажәабжьҳәаратә еиԥыларақәа еиҳаны еиҿыркаарц рыӡбар рылшоит.
Егьырҭ алшарақәа. Шәеизара ажәабжьҳәараҿы астендқәа рхы иадырхәозар, уа аброшиура «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» ықәшәыргыл. Аброшиура ахь аинтерес аазырԥшыз ирзеиҭаҳәа, уи хәыда-ԥсада имҩаԥысуа абиблиатә курс шацу. Ауаҩы дцаанӡа иааркьаҿны Абиблиа аҵара шымҩаԥысуа ирба, мамзаргьы нас ишиурбо еибышәҳәа. Амаҵзуратә хылаԥшҩы ауаа аус ахьыруа аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара еиҿикаар илшоит, урҭ Абиблиа аҵара рыдгаларазы. Иара убас уара иулшоит аус уцызуа, насгьы ухатә усқәа уанырҿу иуқәшәо ауаа Абиблиа аҵара рыдугалалар.
Иисус аҵаҩцәа азыҟаҳҵаларц, насгьы аҵара дҳарҵаларц ҳадиҵеит (Матф. 28:19, 20). Ҳара иаҳҭахуп иҷыдоу акампаниа уи адҵа анагӡара иҳацхраарц! Аброшиура «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» уи аҿы иҳацхраауеит!