АШӘА 143
Амаҵ ууроуп, уԥшыроуп, уазхәыцроуп
- 1. Иазԥиҵәеит иақәнагоу аамҭа - Ҳаб Зегьзымчу Иегова. - Нас имчра ду шьақәирӷәӷәароуп, - Уи амш лассы иааигәахоит. - АХАПА - Амаҵ ууроуп, уԥшыроуп, уазхәыцроуп, - Ҳаб игәҭакы наигӡароуп, - Наӡаӡа уи ҳанирхоит! 
- 2. Аԥа иҽырмазеи дгылоуп, - Иаӷоу зегьы дырҿагыларц. - Иҭигеит иаҳәа цырцыруа, - Дара зегьы ҭаирхоит. - АХАПА - Амаҵ ууроуп, уԥшыроуп, уазхәыцроуп, - Ҳаб игәҭакы наигӡароуп, - Наӡаӡа уи ҳанирхоит! 
- 3. Ашамҭақәа зегь гәынқьуазаргь, - Ҳаԥшуп, иаарԥшуа ахаҵара. - Иегова имш ду анааилак, - Изиашоу зегь еиқәирхоит! - АХАПА - Амаҵ ууроуп, уԥшыроуп, уазхәыцроуп, - Ҳаб игәҭакы наигӡароуп, - Наӡаӡа уи ҳанирхоит! 
(Уахәаԥш иара убас Матф. 25:13; Лука 12:36.)