АУРОК 16
Аӡырҩцәа ргәы шьҭызхуа уалацәажәала
Иов 16:5
ИҞАҴАТӘУ Ауадаҩра мыцхәы азааҭгылара аҭыԥан, уи шыӡбахо ҳәала, насгьы ргәы шьҭызхуа уалацәажәала.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
Урыцхраала иузыӡырҩуа агәазыҟашьа бзиа аизырҳара. Агәра ганы уҟаз угәрахаҵара уцеиҩызшо Иегова игәы ҟарҵаларц шырҭаху. Алабжьара руҭар акәзаргьы, раԥхьа гәыкала ирҽхәа, уи азы алшара анумоу.
Угәы казыжьуа атемақәа мыцхәы урыламцәажәалан. Ажәахә аҿы угәы казыжьуа акы уалацәажәозар, уи хәарҭа злоу хықәкык амазар ауп. Уажәахә ианыԥшуа агәазыҟашьа угәы шьҭнахуазар ауп.
Анцәа Иажәа ухы иархәала. Идырба Иегова ауаа рзы иҟаиҵахьоу, уажәы иҟаиҵо, насгьы иҟаиҵараны иҟоу. Аӡырҩцәа ргәы шьҭызхуа, амч рызҭо агәыӷра рыҭ.