АШӘА 74
Иацышәҳәа Аԥсҳара ашәа!
(Аԥсалом 98:1)
- 1. Шаҟа иссирузеи Аԥсҳара ашәа! - Уи ала Ҳаб дҳараҳамкуеи ҳара. - Агәыӷра ҳарҭоит ажәақәа ииашоу. - Уаҿыз Иегова ашәа изҳәара: - АХАПА - «Ҳаҭыр иаԥсоу ҳа Ҳанцәа иоуп. - Ажәабжь шәҳәала, Аԥа Аҳ иоуп. - Анцәа Иԥсҳара ашәа цқьа ишәҵароуп, - Адгьыл ду Зшаз иҿаԥхьа шәхырхәала». 
- 2. Аԥсҳара ашәала Ҳанцәа дҳараҳклап. - Христос итәыми адгьылгьы уажәшьҭа. - Жәларык, иԥшьоу аԥсҳарауаа ҩагылеит, - Дырҽхәо иԥымлои Анцәа ду Иԥсҳа: - АХАПА - «Ҳаҭыр иаԥсоу ҳа Ҳанцәа иоуп. - Ажәабжь шәҳәала, Аԥа Аҳ иоуп. - Анцәа Иԥсҳара ашәа цқьа ишәҵароуп, - Адгьыл ду Зшаз иҿаԥхьа шәхырхәала». 
- 3. Аҭынчқәа иацырҳәааит зегь ари ашәа, - Имариаӡоуп, иагьыԥшӡоуп ажәақәа. - Анцәа дзакәу ашамҭақәа ирдырааит, - Иагьынеиларԥсааит ашәаҿы рыбжьқәа: - АХАПА - «Ҳаҭыр иаԥсоу ҳа Ҳанцәа иоуп. - Ажәабжь шәҳәала, Аԥа Аҳ иоуп. - Анцәа Иԥсҳара ашәа цқьа ишәҵароуп, - Адгьыл ду Зшаз иҿаԥхьа шәхырхәала». 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 95:6; 1 Пиотр 2:9, 10; Аат. 12:10.)