Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • «Аҩадатәи аҳ» аҵыхәтәантәи амшқәа рзы
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020 | маи
    • АҴАРАЗЫ АСТАТИА 19

      «Аҩадатәи аҳ» аҵыхәтәантәи амшқәа рзы

      «Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аладатәи аҳ уи [аҩадатәи аҳ] дижәлоит» (ДАН. 11:40).

      АШӘА 150 Уеиқәхарц Иегова дыԥшаала

      АХҲӘААa

      1. Иҳаилнаркаауазеи абиблиатә ԥааимбаражәа?

      ИРЗЫԤШУЗЕИ Иегова ижәлар хара имгакәа? Ҳара уи ҳзымдыруа ҳаҟаӡам. Абиблиа абзоурала еилаҳкаар ҳалшоит ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ҳара зегьы иаҳныруа ахҭысқәа. Абиблиатә ԥааимбаражәақәа руак иаҳнарбоит зегь раасҭа иӷәӷәоу аҳәынҭқаррақәа иҟарҵало. Уи аԥааимбаражәа ануп Даниил ишәҟәы 11-тәи ахаҿы. Уа иануп еиҿагылоу аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи рыӡбахә. Аԥааимбаражәа абжеиҳарак наӡахьеит, убри аҟынтә агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит иаанхаз ахәҭагьы шынаӡо.

      2. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи Даниил иԥааимбаражәа анҭаҳҵаауа, Аҟазаара 3:15, насгьы Аатра 11:7; 12:17 иану инақәыршәаны?

      2 Даниил ишәҟәы 11-тәи ахы иану аԥааимбаражәа еилаҳкаарц азы актәи, иаҳхаҳмыршҭлароуп уа зыӡбахә ҳәоу Анцәа ижәлар анырра рызҭо аҳәынҭқаррақәа рымацара шракәу. Адунеи иқәынхо ауаа рхыԥхьаӡара иаҿурԥшуазар Анцәа имаҵзуҩцәа рхыԥхьаӡара даараӡа имаҷуп, ус шакәугьы дара зегьы рылаԥш иҵашәоит, насгьы ирышьҭашәарыцоит. Избан? Избанзар Аҩсҭаа идунеии иареи ирҭахуп Иеговеи Иисуси рымаҵ зуа ықәырхырц. (Шәаԥхьа Аҟазаара 3:15, насгьы Аатра 11:7; 12:17.) Аҩбатәи, Даниил иԥааимбаражәа Анцәа Иажәа иану егьырҭ аԥааимбаражәақәа ирҿамгылозар ауп. Убри аҟынтә, Даниил иԥааимбаражәа ииашаны еилаҳкаарц азы, уи Абиблиа иану егьырҭ аԥааимбаражәақәа ирыҿҳарԥшыр ауп.

      3. Еилҳаргозеи ари астатиеи анаҩстәи астатиеи рҿы?

      3 Ари астатиаҿы еилҳаргоит Даниил 11:25—39 иану аԥааимбаражәа. Ҳара иаҳбоит 1870 шықәса инаркны 1991 шықәсанӡа аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи зусҭцәаз, иара убас еилаҳкаауеит уи аԥааимбаражәа ахәҭа шеилаҳкаауаз ҳаԥсахыр зҳахәҭоу. Анаҩстәи астатиаҿы ҳалацәажәоит Даниил 11:40—12:1 иану. Ҳара еилаҳкаауеит 1991 шықәса инаркны Армагеддон алагаанӡа иҟало иазкны уи аԥааимбаражәа ахәҭаҿы иану. Арҭ астатиақәа анҭышәҵаало шәазхьаԥшла асхема «Еицлабуа аҳцәа аҵыхәтәантәи амшқәа рзы». Аха раԥхьа шәааи еилаҳкаап уи аԥааимбаражәаҿы зыӡбахә ану аҳцәа зусҭцәоу.

      ИЗЛЕИЛАҲКААРЫЗЕИ АҨАДАТӘИ АҲИ АЛАДАТӘИ АҲИ ЗУСҬЦӘОУ?

      4. Иарбан ҷыдарақәоу аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи зусҭцәоу аилкаара иҳацхраауа?

      4 Аԥхьанатә ахьӡқәа «аҩадатәи аҳ», насгьы «аладатәи аҳ» зызкыз Израиль аҟынтә аҩадеи аладеи ишьҭаз адгьылқәа рнапхгаҩцәа ракәын. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Абар Даниил ажәабжь изаазгаз амаалықь ииҳәаз: «Сара сааит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ужәлар [Анцәа ижәлар] ирыхьуа узаасыртырц азы» (Дан. 10:14). Аҩынҩажәижәаба мшы 33 шықәса ҳ. ҳ. аҟынӡа Израильаа Анцәа ижәлар ракәын. Аха уи ашьҭахь Иегова еилыкка зегьы идирбеит уажәшьҭа ижәлар реиԥш дызхәаԥшуа Иисус Христос изиашоу иҵаҩцәа шракәыз. Убри аҟынтә Даниил ишәҟәы 11-тәи ахаҿы иану аԥааимбаражәа аиҳарак зызку израильтәи ажәлар ракәымкәа, Христос ишьҭанеицәа роуп (Аус. 2:1—4; Рим. 9:6—8; Гал. 6:15, 16). Аамҭа цацыԥхьаӡа аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи рҽырыԥсахуан. Ус шакәугьы, зҽызмыԥсахуаз ак ыҟан. Актәи, урҭ аҳцәа Анцәа имаҵзуҩцәа ахьырацәаз атәылаҿы ма напхгара руан, ма урҭ ирышьҭашәарыцон. Аҩбатәи, урҭ Анцәа ижәлар ишрызныҟәоз ишьақәнарӷәӷәон дара иҵабыргу Анцәа Иегова дшырцәымӷыз. Ахԥатәи, дара еснагь еицлабуан.

      5. Иҟазма аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи II ашәышықәса инаркны XIX ашәышықәса анҵәамҭанӡа? Иҳаилшәыркаа.

      5 Аҩбатәи ашәышықәса ҳара ҳера азы ақьырсиантә еизара иалало иалагеит амурҭаҭтә ҵарақәа рыгәра згоз, насгьы Анцәа Иажәа иану аҵабырг зҵәахуаз амцқьырсианцәа. Убри аамҭа инаркны XIX ашәышықәса анҵәамҭанӡа адгьыл аҿы иҟаӡамызт еиҿкааны иҟаз Анцәа имаҵзуҩцәа ргәыԥ. Амыркаџьы иеиԥшыз амцқьырсианцәа шәҭыкакаҷуан, убри аҟынтә ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа зусҭцәоу узеилымкаауа иҟалеит (Матф. 13:36—43). Избан уи ҳдыруазарц зҳахәҭоу? Избанзар уи иҳаилнаркаауеит II ашәышықәса инаркны XIX ашәышықәса анҵәамҭанӡа аԥааимбаражәаҿы зыӡбахә ҳәоу аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи шыҟамыз. Избанзар усҟан дара зышьҭашәарыцашаз еиҿкааны иҟаз Анцәа имаҵзуҩцәа ргәыԥ ыҟамызтb. Аха 1870-тәи ашықәс ашьҭахь дук мырҵыкәа аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи ҩаԥхьа ицәырҵит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Избан?

      6. Ианбоубарҭахеи ҩаԥхьа Анцәа имаҵзуҩцәа зусҭцәаз? Иҳаилшәыркаа.

      6 1870 шықәса инаркны Анцәа имаҵзуҩцәа ргәыԥ еиҿкаахо иалагеит. Уи ашықәс азы аиашьа Чарлз Теиз Рассел иҩызцәеи иареи Абиблиа аҭҵааразы агәыԥ еиҿыркааит. Дара Амессиантә Аҳра шьақәгылахаанӡа амҩа зрыцқьараны иҟаз «ацҳаражәҳәаҩ» иеиԥшын (Мал. 3:1). Анцәа ижәлар зусҭцәаз ҩаԥхьа еилукаартә иҟалеит! Иҟазма уи аамҭазы Анцәа ижәлар ирышьҭашәарыцоз «аҳцәа»? Шәааи ҳахәаԥшып.

      ДЫЗУСҬАДА АЛАДАТӘИ АҲ?

      7. Дызусҭадаз аладатәи аҳ Актәи адунеизегьтәи аибашьра аналагоз?

      7 1870 шықәсазы Великобританиа адунеи аҿы зегь раасҭа иӷәӷәаз ҳәынҭқарраны иҟалеит, насгьы зегь реиҳа иӷәӷәаз ар еизнагеит. Даниил уи аҳәынҭқарра атәыҩа хәыҷ иаҿирԥшит, насгьы х-тәыҩак — Франциа, Испаниа, Нидерландқәа — ириааиуеит ҳәа иҳәеит (Дан. 7:7, 8). Актәи адунеизегьтәи аибашьра аналагоз аладатәи аҳас иҟаз Великобританиа акәын. Убри аамҭазы Еиду Америкатәи Аштатқәа зегь раасҭа ибеиаз ҳәынҭқарраны иҟалеит, насгьы Великобританиеи дареи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит.

      8. Иҟалада аладатәи аҳас аҵыхәтәантәи амшқәа рзы?

      8 Актәи адунеизегьтәи аибашьраан Еиду Америкатәи Аштатқәеи Великобританиеи еидгыланы еибашьуан. Убри нахыс Англиеи Америкеи рҽеидыркылеит, насгьы адунеи аҿы зегь раасҭа иӷәӷәоу мчраны иҟалеит. Даниил иԥааимбаражәаҿы ишҳәаз еиԥш, уи аҳ «иӷәӷәоу, ԥхьаӡашьак змам аруаа» еизигеит (Дан. 11:25). Убри нахыс Англиа-Америкатәи амчра аладатәи аҳас иԥхьаӡахеит. Аҵыхәтәантәи амшқәа хыркәшахаанӡа аладатәи аҳ уаҳа иҽиԥсахӡомc. Аха дызусҭадаз аҩадатәи аҳ?

      Англиа-Америкатәи амчра ӷәӷәа абиблиатә ԥааимбаражәақәа рҿы

      Аладатәи аҳ, ма Англиа-Америкатәи амчра ӷәӷәа, еиуеиԥшым абиблиатә ԥааимбаражәақәа рҿы еиуеиԥшым асахьақәа рыла иаарԥшуп:

      • аихеи анышәаԥшьи ирылху ашьапсыргәыҵақәа (Дан. 2:41—43)

      • узыцәшәартә иҟоу агыгшәыг ахы иқәиааз атәыҩа (Дан. 7:7, 8)

      • агыгшәыг иахагылоу абыжьбатәи ахы (Аат. 13:1)

      • ҩ-тәыҩак зхагылоу агыгшәыг (Аат. 13:11—15)

      • амцԥааимбар (Аат. 19:20)

      ДЫЗУСҬАДА АҨАДАТӘИ АҲ?

      9. Данбацәырҵи ҩаԥхьа аҩадатәи аҳ, насгьы ишԥанаӡеи Даниил 11:25 иану ажәақәа?

      9 1871 шықәсазы Рассел иҩызцәеи иареи Абиблиа аҭҵааразы агәыԥ анеиҿыркаа ашьҭахь шықәсык анҵы ҿыц дцәырҵит аҩадатәи аҳ. Уи ашықәс азы Европатәи тәылақәак рҽеидыркылеит, убас ала Германиатәи аимпериа ҟалеит. Анаҩстәи ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа Германиа напхгара ҟанаҵон Африкеи Аокеан ҭынч иаҵанакуаз атәылақәеи рҿгьы, насгьы Великобританиа аасҭа иӷәӷәахарц иашьҭан. (Шәаԥхьа Даниил 11:25.) Германиатәи аимпериа бџьарла еиқәных еибыҭаз ар ду еизнагеит, уи великобританиатәи ар еиԥш иӷәӷәахеит ҳәа уҳәартә иҟалеит. Германиа уи ар ацхыраарала Актәи адунеизегьтәи аибашьраҿы еибашьуан.

      10. Ишԥанаӡеи Даниил 11:25б, 26 иану аԥааимбаражәа?

      10 Даниил иара убасгьы иҳәеит Германиатәи аимпериа, насгьы уи еизнагаз ар ирзыԥшыз. Аԥааимбаражәаҿы иҳәан аҩадатәи аҳ «аиааира изгаӡом» ҳәа. Избан? «Избанзар ацәгьа изырурц ргәы иҭаркуеит. Ичеиџьыка зфо дҭадырхоит» (Дан. 11:25б, 26а). Даниил ихаан аҳ ичеиџьыка зфоз рахь иаҵанакуан аҳ имаҵ зуаз изааигәаз ауаа (Дан. 1:5). Зыӡбахә ҳәада ари аԥааимбаражәаҿы? Германиатәи аимпериаҿы аҭыԥ ду аанызкылоз ауаа, иаҳҳәап, аинралцәа, насгьы аимператор илабжьаҩцәа. Урҭ ирыхҟьаны аҳ имаз амчра ицәыӡит, насгьы Германиа иҿыцыз анапхгаратә форма цәырҵитd. Аԥааимбаражәаҿы иара убасгьы иҳәан аладатәи аҳи аҩадатәи аҳи реибашьра аҵыхәтәа зеиԥшрахоз. Абар аҩадатәи аҳ изкны уи иаҳәо: «Ируаа аӡы иагоит, аӡәырҩгьы ҭахоит» (Дан. 11:26б). Аԥааимбаражәаҿы ишҳәаз еиԥш, Актәи адунеизегьтәи аибашьраҿы Германиатәи ар «аӡы иагеит», аӡәырҩгьы ҭахеит. Ари аҩыза ашьаарҵәыратә еибашьра адунеи аҿы иҟамлаӡацызт.

      11. Рхы шԥамҩаԥыргоз аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи?

      11 Даниил 11:27, 28 аҿы иануп Актәи адунеизегьтәи аибашьра алагаанӡа иҟалараны иҟаз: аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи «еишәак еицахатәаны амц рҳәалоит». Уа иара убас иҳәоуп аҩадатәи аҳ «амазара ду» еизигоит ҳәа. Убас иагьыҟалаҵәҟьеит. Германиеи Великобританиеи аҭынчра шырҭахыз еибырҳәон, аха 1914 шықәсазы излагаз аибашьра ишьақәнарӷәӷәеит ражәақәа шымцыз. Уи адагьы, 1914 шықәса ҟалаанӡа ажәашықәсақәа шыбжьаз Германиа зегь раасҭа ибеиаз аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит. Анаҩс Даниил 11:29, 30а аҿы ишҳәаз еиԥш, Германиа аладатәи аҳ иабашьит, аха иаҵахеит.

      АҲЦӘА АНЦӘА ИЖӘЛАР ИРҾАГЫЛОИТ

      12. Иҟарҵози аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан?

      12 1914 шықәса инаркны ҩыџьа аҳцәа еиҳагьы ргәаӷ еибакит, насгьы Анцәа ижәлар еиҳангьы ирықәыӷәӷәо иалагеит. Иаҳҳәап, Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан Германиагьы Великобританиагьы Анцәа ижәлар ирышьҭашәарыцон, урҭ ауаа рышьра мап ахьацәыркуаз азы. Уи адагьы, Еиду Аштатқәа рҿы ажәабжьҳәаратә ус напхгара азызуаз аишьцәа абахҭа иҭаркит. Убас Аатра 11:7—10 иану аԥааимбаражәа наӡеит.

      13. Ихы шԥамҩаԥигоз аҩадатәи аҳ 1930 шықәса инаркны, насгьы Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аан?

      13 Анаҩс, 1930-тәи ашықәсқәа рзы, еиҳарак Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аан, аҩадатәи аҳ Анцәа ижәлар гәымбылџьбарала дрызныҟәон. Германиа анацистцәа рнапаҵаҟа ианыҟаз Гитлер идгылази иареи Анцәа ижәлар рус иаҿагылеит. Дара 1 500-ҩык раҟара Анцәа имаҵзуҩцәа ршьит, насгьы зықьҩыла аконцлагерқәа рахь ирышьҭит. Убас ала Даниил иԥааимбаражәа наӡеит. Аҩадатәи аҳ Анцәа ижәлар ажәабжь аҳәара азин рымихит, убас ала аԥшьаныҳәарҭа иҟьашьит, есыҽнытәи амҭанагарақәагьы аҟәихит (Дан. 11:30б, 31а). Уи инеиҳангьы, Гитлер Германиа инхо Анцәа ижәлар ықәызгоит ҳәагьы дқәит.

      АҨАДАТӘИ АҲ ҾЫЦ ДЦӘЫРҴУЕИТ

      14. Дызусҭахада аҩадатәи аҳ Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь? Иҳаилшәыркаа.

      14 Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь акоммунистцәа зхагылаз Асовет Мчра аҩадатәи аҳас иҟалеит. Уи уаанӡа Германиа аҵаҟа иҟаз атәылақәа жәпакы напхгара рызнауа иалагеит. Анацистцәа рнапаҵаҟа иҟаз Германиа еиԥш, СССР, насгьы уи иадгылаз аҳәынҭқаррақәа Анцәа имаҵ аура иашьҭаз дарбанызаалак ишьҭашәарыцон.

      15. Дызлагазеи аҩадатәи аҳ Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра анеилга ашьҭахь?

      15 Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра анеилга ашьҭахь дук мырҵыкәа аҩадатәи аҳ ҿыц, СССР, насгьы уи иадгылоз аҳәынҭқаррақәа, Анцәа ижәлар ирықәло иалагеит. Аатра 12:15—17 иану аԥааимбаражәаҿы ашьҭашәарыцарақәа «аӡиас» иаҿырԥшуп. Уи аԥааимбаражәа инақәыршәаны, аҩадатәи аҳ ажәабжьҳәаратә ус даҿагылеит, насгьы зықьҩыла Иегова ишаҳаҭцәа ахганы Сибраҟа ишьҭит. Аҵыхәтәантәи амшқәа аналага инаркны аҩадатәи аҳ Анцәа ижәлар еиҳа-еиҳа дрышьҭашәарыцоит, аха иара урҭ рус ахаангьы изаанкыломe.

      16. Ишԥананагӡеи СССР Даниил 11:37—39 аҿы иану аԥааимбаражәа?

      16 Шәаԥхьа Даниил 11:37—39. Даниил иҳәеит аҩадатәи аҳ «иабацәа Рынцәа дизхәыцлаӡом» ҳәа. Убас иагьыҟалеит. СССР адинхаҵарақәа ықәнагарц аҭаххеит аҟынтә, жәытә-натә аахыс ауаа иныҟәыргоз адинхаҵарақәа ирымаз амчра рымнахырц иашьҭалеит. Рхықәкы нарыгӡарц азы 1918 шықәсазы аҳәынҭқарцәа ашколқәа рҿы ахәыҷқәа Анцәа дыҟам ҳәа ддырҵаларц адҵа ҟарҵеит. Даниил иара убасгьы иҳәеит уи «абаашқәа рынцәа ахьӡ-аԥша ииҭалоит» ҳәа. Ишԥанаӡеи уи? СССР ар ӷәӷәа еизнагарц, насгьы аиадертә бџьарқәа ҭнажьырц азы ахарџь ду ҟанаҵон. Аҵыхәтәаны аҩадатәи аҳгьы аладатәи аҳгьы миллиардҩыла ауаа рышьразы иазхоз абџьар еизыргеит!

      ҨЫЏЬА АӶАЦӘА ЕИДГЫЛОИТ

      17. Изакәызеи «ақәӡаара аазго ахәымгара»?

      17 Аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи уск еицынарыгӡарц азы рҽеидыркылеит — дара «ақәӡаара аазго ахәымгара» дыргылеит (Дан. 11:31). Уи ООН ауп.

      18. Избан ООН «ахәымгара» ҳәа зазҳәоу?

      18 Аԥааимбаражәаҿы ООН «ахәымгара» ҳәа азҳәоуп, избанзар иара адунеи зегь аҿы аҭынчра ҟанаҵоит ҳәа аҳәоит, аха уи зылшо Анцәа Иаҳра заҵәык ауп. Иара убас уи ақәӡаара аанагоит ҳәа ҳәоуп, избанзар ООН амцдинхаҵарақәа зегьы ықәнагоит. (Шәахәаԥш асхема «Еицлабуа аҳцәа аҵыхәтәантәи амшқәа рзы».)

      ИЗБАН ҲАРА УИ АҬОУРЫХ ҲДЫРУАЗАР ЗҲАХӘҬОУ?

      19, 20. а) Избан ҳара ари аҭоурых ҳдыруазар зҳахәҭоу? б) Иарбан зҵаароу анаҩстәи астатиаҿы еилҳарго?

      19 Ҳара ари аҭоурых ҳдыруазар ауп, избанзар уи ишьақәнарӷәӷәоит Даниил аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи ирызкны ииҳәаз аԥааимбаражәа 1870-тәи ашықәсқәа инадыркны 1990-тәи ашықәсқәа рылагамҭанӡа ишынаӡоз. Уи агәра ҳнаргоит аԥааимбаражәаҿы инамӡакәа иаанхазгьы шынаӡо.

      20 1991 шықәсазы СССР хыбгалеит. Ус анакәха, дызусҭада иахьа аҩадатәи аҳ? Анаҩстәи астатиаҿы уи еилаҳкаауеит.

      АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

      • Иарбан ҷыдарақәоу аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи зусҭцәаз аилкаара иҳацхраауа?

      • Изусҭцәадаз аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи 1870 шықәса инаркны 1991 шықәсанӡа?

      • Избан ҳара ари аҭоурых ҳдыруазар зҳахәҭоу?

      АШӘА 128 Аҵыхәтәанынӡа ачҳара

      a Ҳара ҳаблақәа рыла иаҳбоит аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи ирызку Даниил иԥааимбаражәа анаӡара ишаҿу. Избан уи агәра ганы ҳзыҟоу? Насгьы избан уи аԥааимбаражәа ибзианы еилаҳкаалар зҳахәҭоу?

      b Убри аҟынтә римтәи аимператор Аврелиан (270—275 ҳ. ҳ.) «аҩадатәи аҳ» иеиԥш, насгьы аҳкәажә Зенобиа (267—272 ҳ. ҳ.) «аладатәи аҳ» леиԥш рыԥхьаӡаразы амзызқәа ҳамаӡам. Уаанӡа иҳамаз аилкаара аагоуп ашәҟәы «Внимайте пророчеству Даниила!» 13-тәи, 14-тәи ахқәа рҿы.

      c Шәахәаԥш арамка «Англиа-Америкатәи амчра ӷәӷәа абиблиатә ԥааимбаражәақәа рҿы».

      d Дара аҳәынҭқарра амчра ацәыӡырц азы иҟарҵаз рацәоуп. Иаҳҳәап, аҳ ицхраара иаҟәыҵит, имаӡаз аинформациа ауаа ирыладырҵәо иалагеит, иаҳҳәап, аибашьраҿы шаҟаҩы ҭахаз. Уи адагьы, аҳ иҭыԥ аанижьыртә аҟынӡа днаргеит.

      e Даниил 11:34 иану инақәыршәаны аҩадатәи аҳ аамҭа кьаҿк азы Анцәа ижәлар рышьҭашәарыцара даҟәыҵит. Уи аԥааимбаражәа наӡеит 1991 шықәсазы СССР анхыбгала.

  • Дызусҭада иахьа «аҩадатәи аҳ»?
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020 | маи
    • АҴАРАЗЫ АСТАТИА 20

      Дызусҭада иахьа «аҩадатәи аҳ»?

      «Иара иҵыхәтәахьы днеиуеит, ицхраауа ҳәагьы аӡәгьы дҟалаӡом» (ДАН. 11:45).

      АШӘА 95 Алашара есааира икаҷҷоит

      АХҲӘААa

      1, 2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

      ИАХЬА ҳара еиҳагьы еилыкка иаҳбоит аҵыхәтәантәи амшқәа рынҵәамҭазы ҳшынхо. Иаарласны Иеговеи Иисус Христоси Анцәа Иаҳра иаҿагылоу аҳәынҭқаррақәа зегь ықәыргоит. Аха уи ҟалаанӡа аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи еицлаблоит, Анцәа ижәларгьы ирықәыӷәӷәалоит.

      2 Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Даниил 11:40—12:1 иану аԥааимбаражәа. Ҳара еилаҳкаауеит иахьа аҩадатәи аҳ дызусҭоу, насгьы ҳалацәажәоит аԥышәарақәа шаҳзыԥшугьы агәҭынчра ҳахьчалар, насгьы Иегова игәра ҳгалар зҳалшо.

      АҨАДАТӘИ АҲ ИАХЬА ДЫЗУСҬОУ

      3, 4. Дызусҭада иахьа аҩадатәи аҳ? Иҳаилшәыркаа.

      3 1991 шықәсазы СССР анхыбгала, уи иаҵанакуаз атәылақәа рҿы инхоз Анцәа имаҵзуҩцәа «цхыраара хәыҷык» рыҭан, дара аамҭак аҩныҵҟа Анцәа имаҵ аура, насгьы ажәабжь аҳәара аӡәгьы дырԥырхагамызт (Дан. 11:34). Уи абзоурала СССР иаҵанакуаз атәылақәа рҿы ажәабжьҳәаҩцәа рхыԥхьаӡара 400 000-ҩык раҟаранӡа инаӡеит. Аамҭак ашьҭахь Урыстәылеи уи иадгылоу атәылақәеи аҩадатәи аҳ иеиԥш рхы цәырыргеит. Ҳазхысыз астатиаҿы ишҳәаз еиԥш аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи абарҭ х-ҷыдарак рыла иалукаартә иҟазароуп: 1) дара Анцәа имаҵзуҩцәа ахьырацәо атәылаҿы ма напхгара руеит, ма урҭ ирышьҭашәарыцоит, 2) урҭ Анцәа ижәлар ишрызныҟәо ишьақәнарӷәӷәоит дара иҵабыргу Анцәа Иегова дшырцәымӷу, 3) дара еснагь еицлабуеит.

      4 Абар Урыстәылеи уи иадгылоу атәылақәеи иахьа аҩадатәи аҳ роуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо: 1) дара Анцәа ижәлар ажәабжьҳәаразы азин рырҭом, насгьы шәнызқьҩыла аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирышьҭашәарыцоит; 2) убри ала дара иаадырԥшуеит Иегова ижәлари иареи шырцәымӷу; 3) дара аладатәи аҳ, Англиа-Америкатәи амчра, иацлабуеит. Шәааи ҳахәаԥшып Урыстәылеи уи иадгылоу аҳәынҭқаррақәеи аҩадатәи аҳ ироль шынарыгӡо.

      АҨАДАТӘИ АҲИ АЛАДАТӘИ АҲИ АНАҨСГЬЫ ЕИЦЛАБУЕИТ

      5. Иарбан аамҭоу Даниил 11:40—43 аҿы зыӡбахә ану, насгьы иҟалозеи уи аамҭазы?

      5 Шәаԥхьа Даниил 11:40—43. Арҭ ажәеинраалақәа рҿы иануп аҵыхәтәантәи амшқәа рыӡбахә. Аԥааимбаражәа аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи реиҿагылара иазкуп. Даниил ииҳәаз аԥааимбаражәа инақәыршәаны аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аладатәи аҳ аҩадатәи аҳ дижәлоит (Дан. 11:40).

      6. Ишԥеибашьуеи ҩыџьа аҳцәа?

      6 Аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи аицлабра иаҟәыҵуам, избанзар рҩыџьагьы ирҭахуп адунеи аҿы зегь раасҭа иӷәӷәоу ҳәынҭқарраны иҟазарц. Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь СССР иадгылоу атәылақәеи иареи Европатәи атәылақәа жәпакы рҿы амчра роуит. Аладатәи аҳ аҩадатәи аҳ диҿагыларц азы егьырҭ атәылақәеи иареи НАТО захьӡу аибашьратә еиқәшаҳаҭра бжьеиҵар акәхеит. Аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи ар ду еизыргарц азы имаҷымкәа ахарџь аҟаҵара иаҿуп. Иара убас аҩадатәи аҳ Африкеи, Азиеи, Латинтәи Америкеи рҿы иҟаз аибашьрақәеи аилаҩынтрақәеи иҽрылархәуа, ихы цәырымгаӡакәа иаӷа диабашьуан. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Урыстәылеи уи иадгылоу аҳәынҭқаррақәеи еиҳа-еиҳа иӷәӷәахо иалагеит. Иара убасгьы дара акомпиутерқәа рхы иархәаны аладатәи аҳ иабашьуеит. Аладатәи аҳ иҳәоит аҩадатәи аҳ акомпиутертә программақәа ихы иархәаны рекономикеи рполитикеи хирбгаларц дашьҭоуп ҳәа. Аҩадатәи аҳгьы аладатәи аҳ изкны убасҵәҟьа иҳәоит. Уи адагьы, Даниил ишиҳәаз еиԥш, аҩадатәи аҳ Анцәа ижәлар рышьҭашәарыцара даҟәыҵуам (Дан. 11:41).

      АҨАДАТӘИ АҲ «ЗЕИԤШЫҞАМ АДГЬЫЛ» ДАҚӘЛОИТ

      7. Изакәызеи «Зеиԥшыҟам адгьыл»?

      7 Даниил 11:41 иануп аҩадатәи аҳ «Зеиԥшыҟам адгьыл» дақәлоит ҳәа. Иарбан дгьылу уи? Абиблиатә аамҭақәа раан уи Израильтәи адгьыл акәын. Уи адгьылқәа зегь зырԥшӡоз дгьылны иԥхьаӡан (Иез. 20:6). Излареиԥшымзи уи егьырҭ аҭыԥқәа? Уа инхоз ауаа Иегова имҵахырхәон. Аха Аҩынҩажәижәаба мшы 33 шықәса ҳ. ҳ. инаркны уи «адгьыл» ҭыԥк акәӡам иаанарԥшуа, избанзар Иегова ишаҳаҭцәа иахьа адунеи ахьынӡанаӡааӡо инхоит. Иахьа «Зеиԥшыҟам адгьыл» Анцәа ижәлар ирымоу адоуҳатә џьанаҭ аанарԥшуеит, уахь иаҵанакуеит Анцәа иахьимҵахырхәо аизарақәа, насгьы инарыгӡо ажәабжьҳәаратә ус.

      8. Дышԥақәлоз аҩадатәи аҳ «Зеиԥшыҟам адгьыл»?

      8 Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аҩадатәи аҳ «Зеиԥшыҟам адгьыл» зныкымкәа дақәлахьан. Иаҳгәалаҳаршәап анацистцәа рнапаҵаҟа иҟаз Германиа аҩадатәи аҳас ианыҟаз иҟанаҵоз. Уи аҳ Анцәа ижәлар дрышьҭашәарыцон, насгьы ишьуан, еиҳарак Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аан. Уи аибашьра ашьҭахь СССР аҩадатәи аҳас иҟалеит. Уи аҳ «Зеиԥшыҟам адгьыл» дақәлеит, Анцәа имаҵзуҩцәа рышьҭашәарыцара даналага, насгьы рыҩнқәа ирхыганы хара ианишьҭуаз.

      9. Ишԥақәлеи Урыстәылеи уи иадгылоу атәылақәеи «Зеиԥшыҟам адгьыл»?

      9 Шықәсқәак раԥхьа Урыстәылеи уи иадгылоу атәылақәеи «Зеиԥшыҟам адгьыл» иақәлеит. Ишԥа? 2017 шықәсазы Урыстәыла Иегова ижәлар ажәабжьҳәара азин рымырхит, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы абахҭа иҭаркит. Иара убас Урыстәыла иаԥырҵаз азакәан инақәыршәаны ҳпубликациақәа, «Адунеи ҿыц аиҭага» уахь иналаҵаны, рыԥхьара азин ыҟам. Уи адагьы, Иегова ишаҳаҭцәа афилиали, Аҳратә залқәеи, Аконгресстә залқәеи рымырхит. Уи ашьҭахь, 2018 шықәсазы Анапхгаратә хеилак иаҳәеит уажәшьҭа аҩадатәи аҳас иҟоу Урыстәылеи уи иадгылоу атәылақәеи шракәу. Иегова ишаҳаҭцәа гәымбылџьбарала ишрышьҭашәарыцогьы, дара аиҳабыра амырхырц иашьҭаӡам. Уи аҭыԥан, Абиблиа иану алабжьара иқәныҟәоит, убри аҟынтә «амчра знапаҿы иҟоу аиҳабыра рзы» Анцәа иҳәоит, еиҳарак урҭ Анцәа ижәлар ирныруа аӡбарақәа анрыдыркыло (1 Тим. 2:1, 2).

      ДИИААИУАМА АҨАДАТӘИ АҲ АЛАДАТӘИ АҲ?

      10. Дииааиуама аҩадатәи аҳ аладатәи аҳ? Иҳаилшәыркаа.

      10 Даниил 11:40—45 иану аԥааимбаражәаҿы еиҳарак зыӡбахә ҳәоу аҩадатәи аҳ иҟаиҵо ауп. Иаанагома уи иара аладатәи аҳ дииааиуеит ҳәа? Мап. Аладатәи аҳ напхгара иулоит Иеговеи Иисуси ауаатәыҩсатә напхгарақәа зегьы аибашьара Армагеддон аҿы иқәыргарц азы ианаауа (Аат. 19:20). Избан уи агәра ганы ҳзыҟоу? Ҳахәаԥшып Даниил иану аԥааимбаражәеи Аатра иану аԥааимбаражәеи ирҳәо.

      Армагеддон аҿы ахаҳә иаҿырԥшу Анцәа Иаҳра ауаҩытәыҩсатә напхгарақәа рҵыхәтәа ԥнаҵәоит, урҭ анапхгарақәа ара абаҟа ду ала иаарԥшуп. (Шәахәаԥш абзац 11.)

      11. Иҳаилнаркаауазеи Даниил 2:43—45 иану аԥааимбаражәа? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)

      11 Шәаԥхьа Даниил 2:43—45. Аԥааимбар Даниил еиқәиԥхьаӡеит Анцәа ижәлар ирныруаз аҳәынҭқаррақәа. Урҭ еиуеиԥшым абаҟа ахәҭақәа рыла иаарԥшуп. Даниил зыӡбахә иҳәаз аҵыхәтәантәи аҳәынҭқарра аихеи анышәаԥшьи ирылху ашьапсыргәыҵақәа рыла иаарԥшуп. Уи Англиа-Америкатәи амчра ауп. Ари аԥааимбаражәа иҳаилнаркаауеит Анцәа Иаҳра ауаатәыҩсатә напхгарақәа зегьы ықәнахырц ианаауа аамҭазы Англиа-Америкатәи амчра шыҟазаало.

      12. Иаанарԥшуада агыгшәыг иахагылоу абыжьбатәи ахы, насгьы избан уи ҳдыруазарц зҳахәҭоу?

      12 Апостол Иоаннгьы Иегова ижәлар ирныруаз аҳәынҭқаррақәа еиқәиԥхьаӡеит. Уи ианиҵаз аԥааимбаражәаҿы урҭ аҳәынҭқаррақәа быжь-хык зхагылоу агыгшәыг еиԥш иаарԥшуп. Абыжьбатәи ахы Англиа-Америкатәи амчра аанарԥшуеит. Уи ҳдыруазарц хадоуп, избанзар агыгшәыг уаҳа ахқәа ахагылаӡам, абыжьбатәи ахы аҵыхәтәантәи ауп. Ус анакәха, Христос агыгшәыги уи абыжьбатәи ахи ықәигарц азы жәҩантәи ир иманы данаауа, абыжьбатәи ахы аҳра аулоитb (Аат. 13:1, 2; 17:13, 14).

      ИҞАИҴОЗЕИ АҨАДАТӘИ АҲ ИААРЛАСНЫ?

      13, 14. Дызусҭада «адгьыл Магог аҟынтә Гог», насгьы игәазҭазҵозеи иара Анцәа ижәлар рыжәлара?

      13 Иезекииль ианиҵаз аԥааимбаражәа иҳаилнаркаауеит аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи рҵыхәтәа ааиаанӡа иҟалар алшо. Иезекииль 38:10—23; Даниил 2:43—45; 11:44—12:1; Аатра 16:13—16, 21 рҿы зыӡбахә ану ак акәзар, ҳара анаҩстәи ахҭысқәа ҳарзыԥшыр ҳалшоит.

      14 Арыцҳара ду аналагалак ашьҭахь дук мырҵыкәа «адгьыл аҳцәа зегьы» аалаганы рҽеидыркылоит (Аат. 16:13, 14; 19:19). Зҽеидызкыло урҭ ажәларқәа Абиблиаҿы «адгьыл Магог аҟынтә Гог» ҳәа рызҳәоуп (Иез. 38:2). Урҭ ажәларқәа Анцәа ижәлар ирыжәлоит, насгьы ишынеибарку иқәыргарц рҽазыршәоит. Ргәазҭазҵозеи уи аҟаҵара? Апостол Иоанн ибеит Анцәа иаӷацәа ирықәҳауаз «акырцх-ҟәаз». Уи акырцх ҟәаз иаанарԥшуеит Иегова ижәлар ирҳәало ақәыӡбаратә жәабжь. Убри ажәабжь иахҟьаны акәхар ауеит Магог аҟынтә Гог Анцәа ижәлар дрыжәларц, насгьы ишынеибарку иқәигарц зиҭаххо (Аат. 16:21).

      15, 16. а) Иарбан хҭысқәоу Даниил 11:44, 45 аҿы зыӡбахә ҳәазар алшо? б) Ирыхьуазеи аҩадатәи аҳи Магог аҟынтә Гог иҵанакуа егьырҭ ажәларқәеи?

      15 Иҟалап Даниил 11:44, 45 (шәаԥхьа) аҿы зыӡбахә ҳәоу ақәыӡбаратә жәабжьи Анцәа иаӷацәа аҵыхәтәантәи ржәылареи акәзар. Уа Даниил иҳәоит «мрагалырахьынтәи, насгьы аҩадантәи ажәабжьқәа» аҩадатәи аҳ ддыргәамҵуеит, убри аҟынтә уи «аӡәырҩы» ықәигарц азы иԥсахы еибакны джәылоит ҳәа. Иҟалап «аӡәырҩы» ҳәа зыӡбахә ҳәоу Иегова ишаҳаҭцәа ракәзарc. Даниил ара дызлацәажәо Анцәа ижәлар гәымбылџьбарала ишрыжәло акәзар ауеит.

      16 Аҩадатәи аҳи егьырҭ аҳцәеи Анцәа ижәлар иахьрыжәло Зегьзымчу Анцәа иԥсахы еибанаркуеит, убасҟан аибашьра Армагеддон алагоит (Аат. 16:14, 16). Убасҟан аҩадатәи аҳ, насгьы Магог аҟынтә Гог иҵанакуа ажәларқәа ықәгахоит, ирыцхраауа ҳәагьы аӡәгьы дҟалаӡом (Дан. 11:45).

      Аибашьра Армагеддон аҿы Иисус Христос жәҩантәи ири иареи Аҩсҭаа идунеи цәгьа ықәыргоит, насгьы Анцәа ижәлар еиқәдырхоит. (Шәахәаԥш абзац 17.)

      17. Дызусҭада Даниил 12:1 аҿы зыӡбахә ҳәоу «аҭауад ду», насгьы иҟаиҵозеи иара?

      17 Шәаԥхьа Даниил 12:1. Ари ажәеинраала иаҳнарбоит аҩадатәи аҳ идгыло ажәларқәеи иареи рҵыхәтәа шыԥҵәо, насгьы ҳара ҳшеиқәырхахо. Ҵакыс ирымоузеи ари ажәеинраала иану ажәақәа? Михаил — ари Аҳ Иисус Христос имоу даҽа хьӡык ауп. 1914 шықәсазы Иаҳра ажәҩан аҿы ианышьақәгыла инаркны иара Анцәа ижәлар рзы «дгылоуп». Иаарласны аибашьра Армагеддон аҿы иара «дгылоит», мамзаргьы иаӷацәа нирҵәоит. Уи аибашьра Даниил зегь раасҭа ицәгьахоит ҳәа зыӡбахә иҳәаз аамҭа аҵыхәтәа ԥнаҵәоит. Аатра ашәҟәы иану Иоанн ииҩыз аԥааимбаражәаҿы Армагеддон алагаанӡа иҟало аамҭа «арыцҳара ду» ҳәа азҳәоуп (Аат. 6:2; 7:14, АдҾ).

      ИАНЫРҴОМА АШӘҞӘЫ ШӘАРА ШӘЫХЬӠ?

      18. Избан иҟалалакгьы акгьы ҳацәымшәалар зҳалшо?

      18 Ҳара арыцҳара ду ҳамшәаӡакәа ҳазыԥшызар ҳалшоит, избанзар аԥааимбарцәа Даниилгьы Иоаннгьы ирҳәеит Иеговеи Иисуси рымаҵ зуа шеиқәхо. Даниил иҳәеит зыхьӡ «ашәҟәы иану» еиқәхоит ҳәа (Дан. 12:1). Иҟаҵатәузеи ҳахьӡгьы уи ашәҟәы ианырҵарц азы? Иисус, Анцәа Исыс, игәра шаҳго шьақәҳарӷәӷәалароуп (Иоанн 1:29). Анцәа ҳҽизаҳкроуп, насгьы аӡы ҳаҽӡааҳхроуп (1 Пиотр 3:21). Иара убас ауаа Иегова иеилкаара ҳрыцхраарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп, убас ала Анцәа Иаҳра ҳшадгылоу ааҳарԥшуеит.

      19. Иҟаҳҵалар акәзеи иахьа, насгьы избан?

      19 Ҳара иахьа Иегова иорганизациеи иареи рахь ҳагәрагара еиҳагьы иҳарӷәӷәалароуп. Иахьа Анцәа Иаҳра еиҳагьы ҳадгылазароуп. Усҟан Анцәа Иаҳра аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи анықәнаго ҳара ҳаиқәхоит.

      АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

      • Дызусҭада иахьа «аҩадатәи аҳ»?

      • Дышԥақәлеи аҩадатәи аҳ «Зеиԥшыҟам адгьыл»?

      • Ирыхьуазеи аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи?

      АШӘА 149 Аиааирашәа

      a Дызусҭада иахьа аҩадатәи аҳ, насгьы ишԥааиуеи уи иҵыхәтәа? Арҭ азҵаарақәа рҭак ҳагәрахаҵара арӷәӷәоит, насгьы иаарласны арыцҳара ду аан ҳзықәшәо аԥышәарақәа ҳарзыҟанаҵоит.

      b Даниил 2:36—45, насгьы Аатра 13:1, 2 иану аԥааимбаражәақәа еиӷьны еилышәкаарц азы шәахәаԥш ииун 15, 2012 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», астатиақәа «Иегова — Бог, открывающий тайны», «Кто такие восемь царей», «Иегова открывает, „что вскоре должно произойти“», насгьы «Вопросы читателей» (аурыс).

      c Еиҳаны еилышәкаарц азы шәаԥхьар шәылшоит маи 15, 2015 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьақәа 29, 30.

  • Еицлабуа аҳцәа аҵыхәтәантәи амшқәа рзы
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020 | маи
    • Еицлабуа аҳцәа аҵыхәтәантәи амшқәа рзы

      Ари асхемаҿы иаагоу ԥааимбаражәақәак аамҭак азы инаӡоит. Ара иаагоу аԥааимбаражәақәа зегьы ишьақәдырӷәӷәоит ҳара «аҵыхәтәантәи амшқәа» рзы ҳшынхо (Дан. 12:4).

      • Ажәеинраалақәа Аат. 11:7; 12:13, 17; 13:1—8, 12

        Аԥааимбаражәа «Агыгшәыг» адгьыл аҿы напхгара ҟанаҵоижьҭеи 3 000 шықәса инареиҳаны ҵуеит. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы уи иахагылоу абыжьбатәи ахы хәын. Аха ԥыҭрак ашьҭахь ахәра ӷьеит, насгьы «адгьыл иқәынхоз» зегьы агыгшәыг иашьҭалеит. Аҩсҭаа уи агыгшәыг ихы иархәаны «Анцәа иҳәахьа хазҵо» драбашьуеит.

        Ишынаӡаз Аӡхыҵра ашьҭахь ауаа Иегова иҿагылоу аҳәынҭқаррақәа ҟарҵеит. 3 000 шықәса инареиҳаны рышьҭахь, Актәи адунеизегьтәи аибашьра аан Британиатәи аимпериа иамаз амчра ацәыӡит. Аха уи еиҭах иӷәӷәахеит Еиду Аштатқәеи иареи аиқәшаҳаҭра анрыбжьарҵа. Еиҳарак аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Аҩсҭаа аҳәынҭқаррақәа зегьы ихы иархәаны Анцәа ижәлар дрышьҭашәарыцоит.

      • Ажәеинраалақәа Дан. 11:25—45

        Аԥааимбаражәа Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи еицлабуеит.

        Ишынаӡаз Германиа Англиа-Америкатәи амчра иаҿагылеит. 1945 шықәсазы СССР, насгьы уи иадгылаз аҳәынҭқаррақәа аҩадатәи аҳас иҟалеит. 1991 шықәсазы СССР еилаҳаит, ԥыҭрак ашьҭахь Урыстәылеи уи иадгылоу аҳәынҭқаррақәеи аҩадатәи аҳ иҭыԥ ааныркылеит.

      • Ажәеинраалақәа Ис. 61:1; Мал. 3:1; Лука 4:18

        Аԥааимбаражәа Амессиантә Аҳра шьақәгылаанӡа Иегова амҩа зрыцқьо ацҳаражәҳәаҩ дааишьҭуеит. Уи «ауаа ҟәымшәышәқәа ажәабжь бзиа» рзеиҭеиҳәоит.

        Ишынаӡаз 1870 шықәса инаркны Ч. Т. Рассел иҩызцәеи иареи инҭырҳәыцааны Абиблиа ҭырҵаауан, уи иунарҵаҵәҟьо еилыркаарц азы. 1881 шықәсазы дара еилыркааит Анцәа имаҵзуҩцәа ажәабжь рҳәалар шрыхәҭоу. Дара иркьыԥхьит абас еиԥш иҟаз астатиақәа: «Зықьҩык ажәабжьҳәаҩцәа аҭахуп», «Ажәабжьҳәаразы иалхуп».

      • Ажәеинраалақәа Матф. 13:24—30, 36—43

        Аԥааимбаражәа Аӷа ачарыц ахьылаҵаз амхурсҭаҿы амыркаџьы леиҵоит. Урҭ еицрызҳауеит, насгьы амыркаџьи ачарыци узеиҩымдыраауа иҟалоит. Аҽаҩраҭагалараан амыркаџьи ачарыци еилырхуеит.

        Ишынаӡаз 1870 шықәса инаркны амцқьырсианцәеи ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәеи злеиԥшым еиҳа-еиҳа иубарҭахо иалагеит. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәеи амцқьырсианцәеи еилырхит, насгьы ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа аизарақәа рҿы еизо иалагеит.

      • Ажәеинраалақәа Дан. 2:31—33, 41—43

        Аԥааимбаражәа Еиуеиԥшым амаҭәахәқәа ирылху абаҟа ашьапсыргәыҵақәа абжа аиха иалхуп, абжа — анышәаԥшь.

        Ишынаӡаз Анышәаԥшь — Великобританиеи Еиду Аштатқәеи рнапхгара аҵаҟа инхо, насгьы урҭ рполитика иаҿагыло ауаа аанарԥшуеит. Урҭ ирыхҟьаны Англиа-Америкатәи амчра аиха еиԥш иӷәӷәаӡам.

      • Ажәеинраалақәа Матф. 13:30; 24:14, 45, АдҾ; 28:19, 20

        Аԥааимбаражәа Ачарыц аца иҭарыԥсоит, насгьы игәрагоу, иҟәышу атәы далхуп, аҩнтәиқәа дырхагыларц азы. Аҳра иазку ажәабжь бзиа адунеи зегь аҿы ауаа рзеиҭаҳәара иалагоит.

        Ишынаӡаз 1919 шықәсазы игәрагоу, иҟәышу атәы далхуп, Анцәа ижәлар дреиҷаҳаларц азы. Убри нахыс Абиблиа аҭҵааҩцәа ажәабжьҳәаратә ус еиҳаны рҽаладырхәуеит. Иахьа Иегова ишаҳаҭцәа 200 тәыла инареиҳаны рҿы ажәабжь рҳәоит, насгьы 1 000 бызшәа инареиҳаны рыла Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәа ҭрыжьуеит.

      • Ажәеинраалақәа Дан. 12:11; Аат. 13:11, 14, 15

        Аԥааимбаражәа Ҩ-тәыҩак зхагылоу агыгшәыг ауаа иранаҳәоит быжь тәыҩак зхагылоу «агыгшәыг ахаҿсахьа» ҟарҵарц, насгьы уи «амч-алшара» анаҭоит.

        Ишынаӡаз Англиа-Америкатәи амчра «Лига Наций» еиҿнакаарц аӡбеит. Егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы уи иадгылеит. 1926 шықәса инаркны 1933 шықәсанӡа аҩадатәи аҳгьы уи дахәҭакын. «Лига Наций» аныҟаз, ауаа уи адунеи аҭынчра азаанагоит ҳәа ихәыцуан, иахьа дара ООН убас иақәгәыӷуеит, аха аҭынчра аиҭашьақәыргылара зылшо Анцәа Иаҳра заҵәык ауп.

      • Ажәеинраалақәа Дан. 8:23, 24

        Аԥааимбаражәа Уцәа уҭазырӡыӡо аԥшра змоу аҳ уаҩ ишимбац зегь еилаирбгоит.

        Ишынаӡаз Англиа-Америкатәи амчра иахҟьаны ауаа рацәа ҭахеит, насгьы еилабгаз рацәахеит. Иаҳҳәап, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аан Еиду Аштатқәа Англиеи Америкеи ирабашьуаз тәылак атомтә бомбақәа ҩба ақәрыжьит. Уи аҩыза ахлымӡаах уаанӡа иҟамлаӡацызт.

      • Ажәеинраалақәа Дан. 11:31; Аат. 17:3, 7—11

        Аԥааимбаражәа «Иҟаԥшьы уаркалеиуаз агыгшәыг» уи иахагылоу жәа-тәыҩаки аабатәи аҳ иаҳасабала «адгьыл аҵахьтә» ицәырҵуеит. Даниил ишәҟәаҿы уи аҳ «ақәӡаара аазго ахәымгара» ҳәа изиҳәеит.

        Ишынаӡо Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аан «Лига Наций» ахабар ыӡит. Аибашьра ашьҭахь уи аҭыԥан ицәырҵит ООН. Ауаа «Лига Наций» ишақәгәыӷуаз еиԥш ООН иақәгәыӷуеит, аха аҭынчра аиҭашьақәыргылара зылшо Анцәа Иаҳра заҵәык ауп. ООН адинхаҵарақәа ирыжәлоит.

      • Ажәеинраалақәа 1 Фес. 5:3; Аат. 17:16

        Аԥааимбаражәа Аҳәынҭқарцәа ажәлар «аҭынчреи ашәарҭадареи» рыларҳәоит, «жәа-тәыҩак» «акалҭбааԥс» илыжәлоит, насгьы дықәыргоит. Анаҩс ажәларқәа ықәгахоит.

        Ишынаӡо Аҳәынҭқарцәа адунеи аҿы аҭынчреи ашәарҭадареи шьақәдыргылеит ҳәа рҳәоит. Анаҩс дара ООН иадгыланы амцдинхаҵарақәа ықәыргоит. Убасҟан арыцҳара ду иалагоит. Арыцҳара нҵәоит Иисус Армагеддон аҿы Аҩсҭаа идунеи анықәиго.

      • Ажәеинраалақәа Иез. 38:11, 14—17; Матф. 24:31

        Аԥааимбаражәа Гог Анцәа ижәлар рыдгьыл дақәлоит. Анаҩс амаалықьцәа Анцәа «иаликаахьоу» еизыргоит.

        Ишынаӡо Аҩадатәи аҳ егьырҭ аҳәынҭқарцәеи иареи Анцәа ижәлар дрыжәлоит. Ԥыҭрак ашьҭахь доуҳала иалху рҟынтә адгьыл аҿы инханы иҟаз ажәҩан ахь игахоит.

      • Ажәеинраалақәа Иез. 38:18—23; Дан. 2:34, 35, 44, 45; Аат. 6:2; 16:14, 16; 17:14; 19:20

        Аԥааимбаражәа Аҽыхәа иақәтәоу аҽыуаҩ Гог ируааи иареи дыриааиуеит. «Агыгшәыг» «мцала, тыҩшала еилабылуаз-еилашуаз аӡиа иаларыжьит», насгьы абаҟа ԥыххааса иргеит.

        Ишынаӡо Анцәа Иаҳра аҳас иахагылоу Иисус Анцәа ижәлар еиқәирхарц азы даауеит. Напхгара ицзуло 144 000-ҩыки, амаалықьцәеи, иареи Иегова имаҵзуҩцәа ирҿагыло ажәларқәа ықәырхуеит. Аҩсҭаа идунеи аҵыхәтәа ԥҵәоит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра