АШӘА 88
Умҩақәа сзаарт
(Аԥсалом 25:4)
- 1. Уҿаԥхьа ҳаизеит зегь абра, Ҳанцәа ду. - Иҳадаҳкылт уааԥхьара ҷыда. - Уа Уажәа лашоуп, уи иарлашоит ҳамҩа, - Иагьҳнаҭоит ҳара амҩақәҵара. - АХАПА - Умҩа аарты, иагьсыҭа удоуҳа, - Срызхәыцлартә, уажәа ҟәышқәа сырҳала. - Уажәа сырҵа, агәырӷьара сырҳарц, - Санымшәартә, умҩа иаша санҵала. 
- 2. Шаҟа иҵаулои уҟәышра, Ҳанцәа! - Иҳанаҭо уӡбара гәыӷроуп. - Уа Уажәа ҳурбеит, уи ҳамҭоуп наӡаӡа, - Ҳагьаршанхартә еиԥш, иҵаулоуп. - АХАПА - Умҩа аарты, иагьсыҭа удоуҳа, - Срызхәыцлартә, уажәа ҟәышқәа сырҳала. - Уажәа сырҵа, агәырӷьара сырҳарц, - Санымшәартә, умҩа иаша санҵала. 
(Уахәаԥш иара убас Ақәҵ. 33:13; Аԥсал. 1:2; 119:27, 35, 73, 105.)