АШӘА 123
Атеократиатә еиҿкаара ҳазиашаны ҳақәныҟәоит
1. Ҳарҭ, Иегова ижәлар, Аҳра ажәабжь ҳҳәоит,
Аҵабырг рызнаҳгоит, ажәлар идҳарҵоит.
Ҳанцәа иаҳзаԥиҵаз аиҿкаара ҳара
Ҳақәныҟәап. Иҳагмыз акзаара зынӡа.
АХАПА
Уажәа — закәануп, Ҳаб Иегова,
Уеиҳа зымчу дҟалом.
Ҳахьчара уашьҭоуп, улаԥшгьы ҳхыми,
Уажәа ҳа ҳахыԥалом.
2. Адоуҳа цқьа ҳаиҭеит, игәрагоу атәы,
Иӷәӷәоу хаҵарала ҳа ҳанхаратәы.
Анцәа ҳусқәа рыла иҟаҳҵап игәы,
Хшыҩ зҵоу изакәанқәа рылаҳҳәап зегьы!
АХАПА
Уажәа — закәануп, Ҳаб Иегова,
Уеиҳа зымчу дҟалом.
Ҳахьчара уашьҭоуп, улаԥшгьы ҳхыми,
Уажәа ҳа ҳахыԥалом.
(Уахәаԥш иара убас Лука 12:42; Аур. 13:7, 17.)