АБИОГРАФИА
Анасыԥи аҵаки змоу аԥсҭазаара сашьҭоуп
АДГЬЫЛБЖЬАРАТӘИ амшын санхыз аамҭазы иаалырҟьаны игәасҭеит иажәхьаз сиахта аӡы акылсра ишалагаз. Дук мырҵыкәа афырҭын шьҭыҵит. Сара сшәан, Анцәа иҳәара салагеит, уи акыршықәса ишыҟасымҵахьазгьы. Сышԥақәшәеи сара уи аҩыза аҭагылазаашьа? Шәааи ахы инаркны ишәзеиҭасҳәап.
Ара быжьшықәса схыҵуеит. Ҳҭаацәара усҟан Бразилиа инхон
Сара сиит 1948 шықәсазы Нидерландқәа рҿы. Шықәсык ашьҭахь ҳҭаацәара Бразилиа, ақалақь Сан-Паулу ахь нхара ииасит. Сҭаацәа Анцәа дхарҵон, убри аҟынтә хәылбыҽхала ҭаацәаныла Абиблиа ҳаицаԥхьон. 1959 шықәсазы ҳара Еиду Аштатқәа рахь ҳаиасит, насгьы аштат Массачусетс аҿы анхара ҳалагеит.
Иԥҳәыси ф-ҩык ихәыҷқәеи акрырҿеиҵарц азы саб ирацәаны аус иуан. Иара аус ахьимуаз ыҟамызт: зны аҭиҩ иакәын, нас амҩақәа ҟаиҵон, анаҩс жәларбжьаратәи аҳаиркомпаниаҿы аус аура далагеит. Аҵыхәтәантәи иусурҭа ҭыԥ ҳара еиҳарак иаҳгәаԥхон, избанзар уи абзоурала ирацәаны атәылақәа рбара ҳалшеит.
Ашкол санҭаз сара лассы-лассы схәыцуан: «Иҟасҵалозеи иансызҳалак?» Cҩызцәа шьоукы аҵара дуқәа роурц рыӡбеит, егьырҭ — арра ицарц. Аха арратә маҵзура сара истәымызт. Сара ауаҩы ажәа имакрагьы бзиа избаӡом, аибашьра акәым. Убри аҟынтә арра срымгарц азы ауниверситет сҭаларц сыӡбеит. Аха исҭахыҵәҟьаз, ауаа ахәарҭа рзаазго ак аҟаҵара акәын. Сара сгәы иаанагон убри ауп аԥсҭазаара ҵакыс иамоу ҳәа.
АУНИВЕРСИТЕТ САНҬАЗ
Акыршықәса рыҩныҵҟа аԥсҭазаара ҵакыс иамоу аилкаара сашьҭан
Аԥсҭазаара шыҟалаз сазхәыцуан аҟынтә ауниверситет аҿы еиҳарак антропологиа сгәаԥхон. Ҳара аеволиуциа иҵабыргу ак еиԥш иаҳдырҵон. Аха сара избон уи атеориа алогика шаҵамыз, ашьақәырӷәӷәарақәагьы шамамыз.
Аҵара ҳзырҵоз ацәгьеи-абзиеи реиҩдыраашьа аӡбахәгьы рҳәомызт. Урҭ иаҳдырҵоз аԥсҭазаараҿы ак ҳҭахызар, акгьы хьаас имкӡакәа уи ҳашьҭазар ҳахәҭоуп ҳәа акәын. Уи адагьы, сыԥсҭазаараҿы агәырҿыхагақәа рацәан, анаркотикқәагьы сыдыскылон. Уи агәырӷьара сзаанагозшәа збон, аха аамҭала акәын. Сара схәыцуан: «Абри аҩыза аԥсҭазаара аҵакы амоуп ҳәа узҳәома?»
Ԥыҭрак ашьҭахь сара Бостонҟа сиасит, насгьы уа иҟаз ауниверситетқәа руак сҭалеит. Сҵара ахә сшәаларц азы аԥхын аус зуан. Уброуп раԥхьаӡа акәны Иегова ишаҳаҭцәа сахьрабадырыз. Аус сыцызуаз исирбеит Даниил 4-тәи ахы иану бжь-аамҭак ирызку аԥааимбаражәа, насгьы аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳшынхо сзеиҭеиҳәеит (Дан. 4:13—17). Сара еилыскааит ас еиԥш иҟоу аиҿцәажәарақәа анаҩсгьы иацаҳҵар, сыԥсҭазаара аԥсахра шсықәшәоз, убри аҟынтә аус сыцызуаз уи Иегова ишаҳаҭ сицәыбнало салагеит.
Суниверситет аҿы аҵара уахысыр улшон Аладатәи Америкахь уцаны агуманитартә цхыраара ҟауҵаларц азы. Уи ус бзиоуп ҳәа сгәы иаанагеит. Аха уигьы сыԥсҭазаараҿы аҵакы аԥшаара ишысмыцхраауаз еилыскааит. Аҵара сгәы ахшәан, ауниверситет касыжьит.
АԤСҬАЗААРА АҴАКЫ СЫԤШААРЦ АЗЫ АДУНЕИ САКӘШОИТ
Маи 1970 шықәсазы сара Амстердамҟа сиасит, насгьы саб аус ахьиуаз аҳаиркомпаниаҿы аусура салагеит. Сара адунеи сакәшеит. Сара сыҟан Азиа, Африка, Аҩадатәи Америка, Аладатәи Америка, Европа атәы зынӡа исҳәом. Аха иаарласны сара еилыскааит атәылақәа зегьы рҿы ауаа зықәшәо ауадаҩрақәа шеиԥшу, насгьы урҭ шыӡбатәу аӡәгьы ишизымдыруа. Сара ҿыц исҭаххеит аҵак ду змоу ак аҟаҵара. Бостонҟа схынҳәны уаанӡа сызҭаз ауниверситет ҿыц сҭаларц сыӡбеит.
Аха ауниверситет ахь саныхынҳә ашьҭахьгьы сгәы иҵхоз азҵаарақәа рҭак смоуӡеит. Иҟасҵара сзымдыруа антропологиа ҳазҭоз сиацәажәарц сыӡбеит. Исеиҳәаз даара иџьасшьеит: «Нас аҵара зуҵои? Иааныжь наҟ». Убас иагьыҟасҵеит.
Сара аԥсҭазаара аҵакы аԥшаара саҟәыҵуамызт, убри аҟынтә хиппи захьӡу афилософиа аинтерес скит. Сҩызцәеи сареи амҩаду ҳангыланы ҳазгашаз амашьынақәа аанаҳкылон. Убас Америкеи Мексикеи ҳархысит, Акапулько аҟынӡагьы ҳнеит. Хиппи ахьынхоз аҭыԥқәа рҿы ҳаангылон. Раԥхьа урҭ хьаада-баада инхошәа збон, аха иаарласны еилыскааит даргьы анасыԥҵәҟьа шрымамыз. Дара-дара рыбжьара амцҳәара ыҟан, гәыкалагьы еизыҟаӡамызт.
АМШЫН СХЫЛАНЫ АԤСҬАЗААРА АҴАКЫ АԤШААРА САҾУП
Сҩызеи сареи џьанаҭ ахьыҟоу адгьылбжьаха ҳаԥшаарц ҳдәықәлеит
Убри аамҭазы схәыҷаахыс исҭахыз ак насыгӡарц сыӡбеит — амшын схыларц, аха аматрос иеиԥш акәымкәа, акаԥдан иаҳасабала. Сара адунеи акәшара сазхиан, иҟасҵалаша аӡәгьы иахьсеимҳәало дгьылбжьахак аҿы џьанаҭ дгьыл сыԥшаарц азы. Сҩыза Томгьы уи иҭахын. Убри аҟынтә ҳҩыџьагьы амшын ҳхыларц ҳаӡбеит. Аха ҳхатә иахта ҳамамкәа уи ҳзыҟаҵомызт.
Томи сареи Барселона азааигәара иҟоу Ареньс-де-Мар ҳцеит. Уа ҳара «Лигра» захьӡыз аиахта ааҳхәеит. Уи аура 9 метрак еиҳан. Аха уи ала амшын ҳхыларц азы аус адулатәын. Ҳара џьаргьы ҳаццакӡомызт аҟынтә, ҳиахта амотор ақәхны, уи аҭыԥан аӡыржәтә ҭаҳҵеит. Абаӷәаза хәыҷқәа рҿы ҳиахта аныҟәцара мариахарц азы хәба-хәба метра иҟаз ажәҩақәа ҩба аҳҭеит. Аҵыхәтәаны аԥрақәа шьҭыхны Индиатәи аокеан аҿы иҟоу Сеишелқәа рахь ҳхы ҳархеит. Ҳара Африка мраҭашәаратәи аԥшаҳәа иаваршәны, нас «мыс Доброй Надежды» ҳахыкәшарц ҳаӡбеит. Амшын ҳанхыз аеҵәақәеи, асекстанти, аеҵәақәа рыхсаалеи, астрономтә календарқәеи ҳхы иархәаны ҳахьыҟаз еилаҳкаауан. Урҭ ҳахьыҟоу шаҟа ибзианы иаҳдырбоз даара иџьасшьон.
Иаарласны ҳара еилаҳкааит иажәхьаз амҿы иалхыз ҳиахта аокеан шазымычҳауаз. «Лигра» аӡы ацәцон, сааҭк аҩныҵҟа 22 литра аӡы ҭалон. Ишеиҭасҳәахьо еиԥш, афырҭын ҳанақәшәа сара убас сшәеит, акыршықәса рышьҭахь раԥхьаӡа акәны Анцәа сиҳәеит. Сара Анцәа ажәа исҭеит ҳаиқәхар, иеилкаара сшашьҭало. Амшын аҽарҭынчит, саргьы сажәа насыгӡеит.
Амшын ҳанхыз аамҭа мгакәа Абиблиа аԥхьара салагеит. Шәхаҿы иаажәг: шәара амшын агәҭа шәыҟоуп, иаашәыкәыршаны адельфинқәеи, еиуеиԥшым аԥсыӡқәеи ӡсоит, ҳәаа змам амшын шәхыԥшылоит, уахынла Асар Рымҩа еилыкка ижәбоит! Уи аԥшӡара еиҳа-еиҳа агәра снаргон ауаа ирхылаԥшуа Анцәа дшыҟоу.
Мчыбжьқәак рышьҭахь ҳара Испаниатәи ақалақь Аликанте абаӷәазаҿы ҳаангылеит. Ҳара «Лигра» аҭира иқәҳаргылеит, иҳауа аԥарала еиҳа еиӷьу ак ааҳхәарц азы. Аха еилкаауп иажәхьаз, аӡы зкылсуаз, аматоргьы змамыз ҳиахта зҭахыз шырацәамыз. Аха Абиблиа аԥхьаразы еиҳа аамҭа соуит.
Уи шаҟа ирацәаны саԥхьоз аҟара, убриаҟара еиӷьны еилыскаауан: ари ашәҟәы ауаҩы анасыԥ иоур шилшо иазкуп. Сара иџьасшьон Абиблиаҿы шаҟа еилыкка иану ицқьоу аԥсҭазаарала анхара иаанаго. Сара исзеилкаауамызт ҳқьырсианцәоуп ҳәа зхы зыԥхьаӡоз ауаа, саргьы уахь сналаҵаны, Абиблиа иану хьаас изрымамыз.
Сара исыӡбеит изулакгьы сыԥсҭазаара сыԥсахырц, убри аҟынтә анаркотикқәа рыдкылара саҟәыҵит. Сара схәыцуан абиблиатә нормақәа рыла инхо ауаа ыҟазар ҟалап ҳәа. Анцәа даҽазнык сиҳәеит, насгьы урҭ ауаа рыԥшаара дсыцхраарц иасҳәеит.
ИИАШОУ АДИНХАҴАРА САШЬҬОУП
Ииашоу адинхаҵара сыԥшаарц азы сара абри аҩыза азнеишьа схы иасырхәон: ауахәамақәа зегь сырхысны, ииашамыз асиа ианысхуан. Аликанте амҩадуқәа рҿы Анцәа иахьимҵахырхәоз аҭыԥқәа рацәаны срықәшәон. Аха урҭ реиҳарак рҿы асахьақәа рхы иадырхәон, абри аҟынтә лак-ҩакрада урҭ асиа ианысхуан.
Мҽышак азы абаӷәаза схыԥшыло, ахәы сықәтәаны Абиблиа саԥхьон. Иаков 2:1—5 сылаԥш иҵашәеит. Уа иануп ибеиоу ауаа ҷыдала рзыҟазаара шиашам. Сиахтахь саныхынҳәуаз ҩнык саҩсуан. Уа Анцәа имҵахырхәаразы ауаа шеизоз убарҭан. Уи аҩналарҭа ахаҿы ианын: «Иегова ишаҳаҭцәа Раҳратә зал».
Сара ус сгәы иаанагеит: «Арҭ ауаа ԥышәатәуп. Ҳахәаԥшып ишысԥыло». Сара Аҳратә зал сааҩналеит — шьапеимаада, сԥаҵа бабаӡа, сџьынсқәа еиӷрыжәжәа. Ашә илагылаз ахылаԥшҩы уи хьаасгьы имкӡеит. Иара зықәрахь инеихьаз ԥҳәыск слыдтәаларц сыдигалеит. Уи ажәахәҟаҵаҩ ииҳәоз ажәеинраалақәа зегь рыԥшаара дсыцхраауан. Аизара ашьҭахь исабадырырц иааиз рацәаҩын. Шаҟа гәыкала срыдыркылаз џьасшьеит. Хаҵак Абиблиа ҳалацәажәарц азы аҩныҟа ааԥхьара сиҭеит. Аха уи аамҭазы уи саԥхьаны салымгаӡацызт, убри аҟынтә ус иасҳәеит: «Саназхиазаауа шәасҳәоит». Аха аизарақәа зегьы сырҭаауа салагеит.
Мчыбжьқәак рышьҭахь сара уи ахаҵа иахь снеит. Иара Абиблиа иазкны исымаз азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит. Даҽа мчыбжьык ашьҭахь сумкак азна амаҭәа бзиақәа ҳамҭас исиҭеит. Урҭ амаҭәақәа зтәыз абахҭа дҭакызаарын, цәгьарак ахьыҟаиҵаз азы акәым, аха, Абиблиа ишаҳәо еиԥш, иашьцәа бзиа иахьибоз, насгьы аибашьрахь дахьымцаз азы (Ис. 2:4; Иоанн 13:34, 35). Убасҟан сара еилыскааит сзышьҭаз шысыԥшааз. Абарҭ роуп Абиблиа иаҳәо ала инхо ауаа. Убринахыс џьанаҭ дгьыл ахьыҟоу адгьылбжьаха аԥшаара аҭыԥан, инарҵауланы Абиблиа аҭҵаара салагеит, Нидерландқәа рахьгьы схынҳәит.
АУСУРА САШЬҬОУП
Ԥшьымш рыла сара амашьынақәа аанкыло Гронинген аҟынӡа снеит. Схы ныҟәызгаларц азы аусура сыԥшаар акәын. Амҿы иалхыз амаҭәарқәа ахьыҟарҵоз аҭыԥ аҿы аусура салагар сҭахын. Уа арзаҳал хасырҭәаарц сарҳәеит. Азҵаарақәа руак аҿы иныҟәызгоз адинхаҵара анысҵар акәын. Сара ианысҵеит: «Иегова ишаҳаҭцәа». Уи аусураҿы еиҳабыз ауаҩы уи данаԥхьа ихаҿсахьа аҽаԥсахын, ус иҳәеит: «Сузасуеит». Аха уаҳа дамысӡеит.
Сара амҿы иалхыз амаҭәарқәа ахьыҟарҵоз даҽа ҭыԥк ахь сцеит. Уи зтәыз адиплом, ма уаанӡа аус ахьууаз аҟынтә шәҟәык умоума ҳәа дсазҵааит. Сара иасҳәеит амҿы иалхыз аиахта иагыз снапала ишыҟасҵоз. Даара иџьасшьеит абас ансеиҳәа: «Ибзиоуп, шьыбжьышьҭахь аусура уалага. Амала аказы суҳәоит: ара цәгьарак умуааит, сара Иегова ишаҳаҭ соуп, абиблиатә принципқәа рыла сынхоит». Исаҳаз сызхамҵо абас иасҳәеит: «Саргьы!» Ҳәара аҭахума сыхцә дуқәеи сԥаҵеи уи ус шакәмыз идырбеит, убри аҟынтә иара уааи, нас, Абиблиа аҵара ҳалагап ҳәа сеиҳәеит. Сара уи сгәырӷьаҵәа сақәшаҳаҭхеит. Убас Иегова сгәыхәтәы наигӡеит (Аԥсал. 37:4). Убасҟан сара еилыскааит аусуразы раԥхьа сахьнеиз сызидимкылаз. Сара уи аиашьа иҿы шықәсык аус зуан, иара Абиблиа сирҵон. Ианвар, 1974 шықәсазы аӡы сыҽӡаасхит.
АҴАКЫ ЗМОУ АԤСҬАЗААРА СЫԤШААИТ!
Мызкы ашьҭахь сара пионерс амаҵ аура салагеит. Ажәала исызҳәом уи шаҟа агәырӷьара сзаанагаз! Даҽа мызк ашьҭахь Амстердамҟа сиасит, уа ҿыц еиҿкааз аиспан бызшәала имҩаԥысуаз агәыԥ аҿы амаҵ зуларц азы. Аиспан бызшәалеи апортугал бызшәалеи абиблиатә ҵарақәа рымҩаԥгара даара исгәаԥхон. Маи, 1975 шықәсазы сара иҷыдоу пионерс амаҵ аура салагеит.
Зны ҳгәыԥ ахь Инеке зыхьӡыз иҷыдоу пионерс амаҵ зуаз иаҳәшьак дааит. Лара Абиблиа злырҵоз Боливиатәи ӡӷабк даалгеит. Инекеи сареи еиҳа еиӷьны ҳаибадырырц ҳаӡбеит, убри аҟынтә асаламшәҟәқәа рыҩра ҳалагеит. Ԥыҭрак ашьҭахь еилаҳкааит ҳхықәкқәа шеиқәшәоз. 1976 шықәсазы ҳаибагеит, насгьы 1982 шықәсанӡа иҷыдоу пионерс амаҵ ҳуан. Уи ашьҭахь ҳара Галаад ашкол 73-тәи акласс ахь ааԥхьара ҳарҭеит. Аҵара ҳаналга ашьҭахь мрагыларатәи Африкаҟа амаҵ аура ҳрышьҭит. Уи ҳазыԥшӡамызт, насгьы маҷк ҳшәон. Хәышықәса ҳара Кениатәи ақалақь Момбаса ҳанхон. 1987 шықәсазы, Танзаниа ажәабжьҳәаратә ус закәанла ианышьақәдырӷәӷәа, уахь ҳаиасырц иҳаҳәеит. Танзаниа 26 шықәса амаҵ ҳуан, нас дырҩегь Кениаҟа ҳхынҳәит.
Сыԥшәмеи сареи Мрагыларатәи Африкаҿы Абиблиа аҵарақәа рымҩаԥгара даара иаҳгәаԥхоит
Ахынраалара злоу ауаа аҵабырг рзеиҭаҳәара алшара ахьҳамоу ҳаԥсҭазаара аҵакы анаҭоит. Ҿырԥштәыс иаазгар сҭахуп Момбаса раԥхьа имҩаԥызгоз Абиблиа аҵара. Ажәабжьҳәараҿы исԥылаз хаҵак ҩ-журналк исҭеит. Иара дсазҵааит: «Иҟасҵои урҭ санрыԥхьалак ашьҭахь?» Мчыбжьык ашьҭахь, ааигәа суахили абызшәала иҭыҵыз ашәҟәы «Ты можешь жить вечно в раю на земле» ала Абиблиа ирҵара ҳалагеит. Шықәсык ашьҭахь уи ахаҵа аӡы иҽӡааихит, пионерс амаҵ аурагьы далагеит. Иԥшәмеи иареи рыцхыраарала 100-ҩык рҟынӡа ауаа Иегова ишаҳаҭцәа ракәхеит.
Инекеи сареи еилаҳкааит аҵакы змоу аԥсҭазаара — Иегова имаҵ аура иазку аԥсҭазаара шакәу
Раԥхьаӡа акәны аԥсҭазаара ҵакыс иамоу анеилыскаа, зыхә ҳараку абырлаш аазхәаз, насгьы уи акгьы иаҭнызмыԥсахло аҭуџьар иеиԥш схы збеит (Матф. 13:45, 46). Сара есымша исҭахын аԥсҭазаара ҵакыс иамоу аилкаара ауаа срыцхрааларц. Акыр исзаԥсоу сыԥшәмеи сареи ҳхатә ԥышәала агәра ҳгеит аҵакы змоу аԥсҭазаара — Иегова имаҵ аура иазку аԥсҭазаара шакәу!