АШӘА 139
Уазхәыц адунеи ҿыц аҿы ҳаҟоушәа
- 1. Ухы уазхәыц, саргьы усызхәыц, - Џьанаҭаҿ ҳаҟоушәа ҳарҭ уҳазхәыц! - Ҳдунеи шаҟа иссирузеи! - Аԥхыӡ еиԥш ацәгьара наҟ имцеи. - Дызусҭада уажәшьҭа ҳзыршәо! - Иегова иоуп заҳра шьақәзырӷәӷәо. - Ҳдунеи ҿыц азы уажәшьҭа аамҭа ҟалеит! - Акеиҳәа игәырӷьахәу ашәаҳәабжьгьы геит: - АХАПА - «Иегова — Ҳанцәа, иссиру дгьыл Зшаз, - Зԥа дызваргылан иҿыцу зырҿиаз. - Иузаҳҳәоит гәык-ԥсыкала ҳарҭ ашәа абас, - Хьӡи-ԥшеи аҳаҭыри уара еснагь иутәхарц». 
- 2. Ухы уазхәыц, саргьы усызхәыц. - Ҩаԥхьа ишҿыцхаз ҳдунеигьы уазхәыц. - Аҭынчра роуп ауаа уажәшьҭа. - Анцәа иргылт рыԥшьаныҳәарҭа. - Уи ҳалаӷырӡ ирыцқьахьеит, - Ҳзықәгәыӷуаз шыҟалазгьы ҳирбеит. - Ирҿыхоит ҳара иҳазгәакьоу иԥсхьоу, - Убасҟан еиламҵәари абжьқәа иҵарӡоу: - АХАПА - «Иегова — Ҳанцәа, иссиру дгьыл Зшаз, - Зԥа дызваргылан иҿыцу зырҿиаз. - Иузаҳҳәоит гәык-ԥсыкала ҳарҭ ашәа абас, - Хьӡи-ԥшеи аҳаҭыри уара еснагь иутәхарц». 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 37:10, 11; Ис. 65:17; Иоанн 5:28; 2 Пиотр 3:13.)