АШӘА 36
«Ихьчала угәы»
(Ажәамаанақәа 4:23)
- 1. Ҳгәаҿы ииуеит аԥсҭазаара, - Уи даара ихьчала. - Ҳаибоит Анцәа гәаҭала ҳарҭ, - Ҳзеиԥшраҵәҟьоу ҩныҵҟала. - Агәы гьангьашхар алымшои, - Уа умҩа уацәхьнаҟьартә. - Ҳахшыҩ убас иҳааӡалап, - Аиашахь ҳгәы ҳархартә. 
- 2. Угәы Анцәа изаауртроуп, - Уаниҳәо есымша. - Уа иуҭаху аартны иуҳәар, - Думыцхраауеи Ҳазшаз. - Убас иазыҟаҵала угәы, - Аԥҟара наугӡарц, - Есқьынагь Ҳаб уизыӡырҩларц, - Ҭабуп ҳәа иоуҳәаларц. 
- 3. Угәаҵа иашала ирҭәла, - Абзиа уазхәыцуа. - Аус цәгьа уҽацәыхьчала, - Ухшыҩ еиҭарҿыцуа. - Гәык-ԥсыкала изыҟоу роуп - Иегова ииҭаху. - Еснагь азиашара аарԥшла, - Анцәа уиҩызаха. 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 34:1; Флп. 4:8; 1 Пиотр 3:4.)