АШӘА 5
Иџьоушьаша Анцәа иусқәа
(Аԥсалом 139)
- 1. Иегова, зегь хәыц-хәыц иудыруеит, - Уа улаԥш хаа сацәыбналан сызцом. - Сыԥсҭазаара цқьаны са имҩаԥызгоит, - Сгәы иҵоу схәыцрақәа - умдыркәа ҟалаӡом. - Иубарҭан сшыҿиауаз мгәарҭаҵәҟьа, - Уара иудыруеит сымҩақәа зегьы. - Убзиабара агәра згеит схаҭаҵәҟьа, - Уус иџьоушьаша - ҳараскуеит есқьынгьы. - Ҳаҭыр ду сзақәуп угәҭакы лашара, - Урҿиамҭа ссирқәа аҽхәаԥхьыӡ иаԥсоуп. - Ушамҭа зегь иахаҵәаргь алашьцара, - Сацәыӡрым удоуҳа цқьа, агәра гоуп. - Сынцәа, издыруеит сахьцалакгьы, - Уа улаԥш хаа сацәыбналан сызцом. - Схәашар асабеиԥш, ажәҩанахь сагаргьы, - Бзанҵы уҿаԥхьа, Саб, - акымзарак узӡом. 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 66:3; 94:19; Иер. 17:10.)