АШӘА 42
Анцәа имаҵзуҩы иҳәара
- 1. Ҳуацәажәалартә иҳаҭ, Ҳаб, алшара. - Ухьыӡ ԥшьахааит, Иегова Ҳалашара! - Ҳаб, угәаԥхара наӡахалааит. - Зегь шьақәзыргыло уоуми, Иегова. - Уаҳра ааиндаз лассы, - Ҭынчрак ҳзаанаганда зны! 
- 2. Ҳарҭ есымша ҭабуп ҳәа узаҳҳәоит, - Зыхә ҳараку аҳамҭа шьахәқәа ҳауҭоит. - Ҳарҭ зегь Ҳазшаз, лашара ҳзырбаз, - Ҳҟәышны ҳҟазҵаз, адыррагьы ҳазҭаз. - Ҳаб, убзиабаразы - Ухьӡ ҳараркуаз ашәаны! 
- 3. Адгьыл гәынқьуеит, иаҭоуп агәырҩа цәгьа, - Ҳгәыӷра уа уоуп, ҳагәқәа рӷәӷәала, Иегова. - Ҳаидара шьҭых, ҳаумыҳәои уара. - Амч ҿыцқәа ҳаҭ, нас агәыраҳаҭра, - Удоуҳа цқьа ҳаҭ иахьа, - Мап, иаҳхашҭрым ҳҿаҭахьа! 
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 36:9; 50:14; Иоанн 16:33; Иак. 1:5.)