АШӘА 90
Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла
- 1. Ҳаб имаҵ шаҳаулац иаҳуазар, - Ҳхаҵара иацҵо, иҳарӷәӷәап. - Ҳгәыблыра усла иааҳарԥшуазар, - Ҳахӡыӡаан ҳакзаара ҳахьчап. - Абзиабара ҳарҭ иҳахәоит, - Ахачҳара ааҳарԥшрацы. - Ҳзыхьчо еизароуп Анцәа ижәлар, - Уи нҳажьырц ҳаҟоума бзанҵы. 
- 2. Абзиабара зныԥшуа ажәа - Ианыуадаҩу уарӷәӷәалоит. - Шьаҟас дузыҟалар уҩыза, - Агәахәара узаанагоит. - Ҳамгәырӷьои, ҳашьцәа аус рыцуа - Ҳхықәкы акакәны ҳанхаларц. - Ҳарзыҟаларц ҳҭахуп жәҩахырны, - Егьырҭгьы реидара ҳгаларц. 
- 3. Ҳхаҵара аблала иаҳбарҭоуп: - Ҳазшаз Иегова имш ааигәоуп. - Ииашоу амҩа ҳа ҳанымҵларц, - Ҳаҭааларц аизара ҳахәҭоуп. - Наӡаӡа имаҵ ҳурц ҳҭахыми - Иегова, ҳакзаара хьчауа. - Анцәа ҳизиашаны ҳаанхарцаз, - Еснагь ишьҭибахлап ҳагәқәа. 
(Уахәаԥш иара убас Лука 22:32; Аус. 14:21, 22; Гал. 6:2; 1 Фес. 5:14.)