Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Аизара аиҳабацәа, шәҽазышәшәома шәара аишьцәа разыҟаҵара?
    Ахьчаратә бааш 2015 | апрель
    • Аизара аиҳабацәа, шәҽазышәшәома шәара аишьцәа разыҟаҵара?

      «Зегьы аамҭак-аамҭак рымоуп» (ЕККЛ. 3:1).

      АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

      • Шаҟа ихадоузеи аишьцәа разыҟаҵара?

      • Иарбан хәарҭоу аизара иазаанаго аизара аиҳабацәа аишьцәа ахьазыҟарҵо?

      • Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа Самуил иҿыԥшра, аишьцәа аназыҟарҵо?

      1, 2. Иарбан ҭахроу иҟоу аизарақәа жәпакы рҿы, араионтә хылаԥшыҩцәа ишазгәарҭаз ала?

      АРАИОНТӘ хылаԥшҩи аизара аиҳабацәа рхеилаки реиқәшәара ахыркәшарахь инеиуан. Иара зхы иамеигӡоз арҭ ахьчацәа данрыхәаԥшуаз, ацәанырра ԥхақәа изцәырҵуан; урҭ рахьтә шьоукы иабду иқәлацәан. Аха уеизгьы иара игәы иҵхоз ак ыҟан, убри аҟынтә дразҵаауеит: «Ҳаҭыр зқәу аизара аиҳабацәа, ишәылшазеи аҟаҵара егьырҭ аишьцәа разыҟаҵаразы? Шәышԥарыцхраауеи урҭ аизараҿы аҭакԥхықәра еиҳаны рхахьы иргаларц?» Аизара аиҳабацәа ибзианы иргәалашәон араионтә хылаԥшҩы уи аԥхьа данырҭаз ишрабжьеигаз аишьцәа разыҟаҵаразы еиҳа аамҭа алырхларц. Аҵыхәтәаны аизара аиҳабацәа руаӡәк иҳәеит: «Аиаша ҳҳәозар, иҳалшаз маҷуп». Егьырҭгьы уи иақәшаҳаҭхеит.

      2 Шәара ақьырсиантә еизараҿы аизара еиҳабыс амаҵ жәуазар, ари аҩыза аҭагылазаашьа шәақәшәахьазар ауеит. Еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи араионтә хылаԥшыҩцәа иазгәарҭеит аизарақәа жәпакы рҿы еиҳа аишьцәа разыҟаҵара шаҭаху — иқәыԥшу реиԥш, зықәра шәхьоугьы — аԥсаса иреиҷаҳаларц азы. Аха уи ус имариам. Избан?

      3. а) Иаҳәозеи Абиблиа азыҟаҵара шаҟа ихадоу иазкны, насгьы избан аизара иалахәу зегьы уи ргәалашәалар зрыхәҭоу? (Шәахәаԥш албаага.) б) Избан аизара аиҳабацәа рҟынтәи шьоукы егьырҭ аишьцәа разыҟаҵаразы аамҭа аԥшаара зырцәыцәгьоу?

      3 Аԥышәа змоу ахьчацәа реиԥш, шәара, ҳәарада, еилышәкаауеит азыҟаҵараҿы хаҭалатәи азнеишьа шаҭахуa. Шәара ижәдыруеит аизара доуҳала арӷәӷәара зылшо аишьцәа еиҳа ирацәаны ишаҭаху. Уи адагьы, аизара ҿыцқәа реиҿкааразы иазыҟаҵоу аишьцәа аҭахуп. (Уаԥхьа Исаиа 60:22.) Иара убасгьы Анцәа Иажәаҿы иаагоуп егьырҭ «дырҵара» азы ааԥхьара. (Уаԥхьа 2 Тимофеи иахь 2:2.) Аха ус шакәугьы, хыхь зыӡбахә ҳәаз аизара аиҳабацәа реиԥш, иҟалап шәара егьырҭ аишьцәа разыҟаҵара шәзымариамзар. Избанзар шәара шәҭаацәа ныҟәыжәгоит, насгьы аусуреи аизареи рҿы аҭакԥхықәра шәыдуп, уи адагьы хырԥашьа змам егьырҭ аусқәагьы шәнапы рылакуп. Угәы иаанагар алшоит егьырҭ разыҟаҵаразы зынӡаск аамҭа нхаӡом ҳәа. Аха шәааи ҳахәаԥшып уи ҳхамышҭлар зҳахәҭоу.

      ЕГЬЫРҬ РАЗЫҞАҴАРА — ЗЕГЬ РАԤХЬА ИРГЫЛАТӘУ УСУП

      4. Избан аизара аиҳабацәа аишьцәа разыҟаҵара аус захырго?

      4 Избан аизара аиҳабацәа аишьцәа разыҟаҵаразы аамҭа алхра зырцәыцәгьоу? Аӡәы игәы иаанагар алшоит: «Егьырҭ разыҟаҵара ҳәарада ихадоуп, аха уи уиаҟара хырԥашьа змам усым, аизара аусқәа реиԥш. Аизара ԥырхага ҳәа акгьы аиуӡом, аишьцәа разыҟаҵара хәыҷӡак иахаҳгар». Ииашаҵәҟьаны, аизара аиҳабацәа хырԥашьа змам аусқәа рацәаны ирымоуп, аха аишьцәа разыҟаҵара аус ырццакымзар, уи аҵыхәтәаны аизара адоуҳа аганахь ала аԥырхага анаҭоит.

      5, 6. Иаҳнарҵозеи ҳара амотор аусушьа иахыламԥшуаз амашьынаныҟәцаҩ иҿырԥшы, насгьы ишԥаҳалшо ари аҿырԥшы аизараҿы аишьцәа разыҟаҵараҿы ҳхы иаҳархәар?

      5 Ҳааҭгыланы ҳазхәыцып анаҩстәи аҿырԥшы. Аӡәырҩы амашьынаныҟәцаҩцәа ирдыруеит: амашьына амотор еснагь ибзианы аус ауларц азы, иааиԥмырҟьаӡакәа амотор ахәша ԥсахлатәуп. Аха аӡәы игәы иаанагар алшоит еиҳараӡак ихадоу абылтәы аҭаҭәароуп ҳәа, избанзар уи ада амашьына зцаӡом. «Ахәша макьана исмыԥсахыргьы — дхәыцлар ауеит амашьынаныҟәцаҩ, — амотор уеизгьы аус аулоит ԥыҭраамҭак иадамзаргьы». Излашәарҭоузеи абас ахәыцра? Амашьынаныҟәцаҩ анаҩсгьы амотор ишабалак дазыҟазар, ҽнак зны амашьына уаҳа џьаргьы изымцо ибжьысуеит. Убасҟан ауп амашьына аамҭа рацәаны изго аремонт ӷәӷәа анаҭаххо. Иарбан уроку иалаҳкаар ҳалшо ҳара?

      6 Аизара аиҳабацәа хырԥашьа змам аусқәа рацәаны ирымоуп, убри аҟынтә урҭ ианаамҭоу инармыгӡалар, уи аизара иаԥырхагахоит. Аҿырԥштәы аҿы иаагаз амашьынаныҟәцаҩ абак абылтәы ҭоу-иҭаму дшацклаԥшуа еиԥш, аизара аиҳабацәагьы еиҳа ихадоу иазхьаԥшлароуп (Флп. 1:10). Аха аизара аиҳабацәа шьоукы убриаҟара хырԥашьа змам аусқәа ирышьҭоуп, аишьцәа разыҟаҵара — инықәырԥшшәа иуҳәозар амотор ахылаԥшра — уиаҟара иазхьаԥшӡом. Аизара аиҳабацәа ишахәҭоу еиԥш аишьцәа азыҟарымҵалар, знымзар-зны аизара аҭахрақәа назыгӡало аишьцәа даара иазымхо иҟалоит.

      7. Ҳашԥарзыҟазар акәу егьырҭ аишьцәа разыҟаҵаразы аамҭа алызхуа аизара аиҳабацәа?

      7 Ишаҳбо еиԥш, аишьцәа разыҟаҵара уиаҟара ихадам ҳәа аԥхьаӡара иашам. Заԥхьаҟа ихәыцуа, насгьы заамҭа иамеигӡакәа аԥышәа ззымхо аишьцәа ирыцхраауа аизара аиҳабацәа — аизара зегь иазылԥхароуп. Дара иҟәыӷоу усбаҩцәаны рхы аадырԥшуеит. (Уаԥхьа 1 Пиотр 4:10.) Иарбан хәарҭоу уи ирзаанаго аишьцәеи аиаҳәшьцәеи?

      АИЗАРА ЕИЗҲАЛАРЦ АЗЫ ИҞАҴАЛАТӘУ

      8. а) Ргәазҭазҵозеи аизара аиҳабацәа егьырҭ разыҟаҵара? б) Иарбан крызҵазкуа ҭакԥхықәроу ирыду ацхыраара ахьаҭаху аҭыԥқәа рахь ииасыз аизара аиҳабацәа? (Шәахәаԥш арамка «Акрызҵазкуа аҭакԥхықәра».)

      8 Даараӡа аԥышәа змоу аизара аиҳабацәагьы ахынраалара аарԥшуа, еилыркаауазар ауп рықәра цацыԥхьаӡа аизара ацхырааразы ирымоу алшарақәа еиҳа-еиҳа ишмаҷхо (Мих. 6:8). Иара убасгьы «аамҭеи амашәыри» ирыхҟьаны аиашьа иԥсҭазаараҿы аҭагылазаашьа аҽаԥсахыр алшоит, убри аҟынтә уажәшьҭа аизара ацхырааразы илшарақәа маҷуп (Еккл. 9:11, 12; Иак. 4:13, 14). Иегова иуасақәа гәык-ԥсык ала рхылаԥшра аԥхьаҟа ҳәа ихәыцуа аизара аиҳабацәа ргәазҭанаҵоит шықәсы рацәала Анцәа имаҵзураҿы ирымоу аԥышәа иқәыԥшу аишьцәа рыцеиҩшара. (Уаԥхьа Ԥсалом 71:17, 18.)

      9. Избан ҳаԥхьаҟа иҟалараны иҟоу ахҭысқәа ирызхәыцны, аишьцәа разыҟаҵаразы аамҭа агара заҭахым?

      9 Аишьцәа азыҟазҵо аизара аиҳабацәа адоуҳа аганахь ала аизара дырӷәӷәоит. Ишԥа? Аизара аиҳабацәа егьырҭ разыҟаҵараҿы аџьабаа анырбо, аизараҿы доуҳала ишәу аишьцәа рацәаны иҟалоит. Урҭ рыцхыраарала аишьцәеи аиаҳәшьцәеи еиҳа рҽеидкыланы, рҽырӷәӷәаны иҟазаауеит, иахьа мацара адагьы аԥхьаҟа иҟалараны иҟоу арыцҳара ду аангьы (Иез. 38:10—12; Мих. 5:5, 6). Убри аҟынтә, ҳаҭыр зқәу аизара аиҳабацәа, шәгәазҭаҳҵар ҳҭахуп иааиԥмырҟьаӡакәа егьырҭ разыҟаҵара шәалагарц иахьа инаркны.

      10. Иҟарҵар акәхозеи аизара аиҳабацәа шьоукы, егьырҭ аишьцәа азыҟарҵаларц азы?

      10 Ҳәарада, зны-зынла шәара аизара аусқәа убриаҟара аамҭа шәцәыргоит, даҽа уск шәахьӡап ҳәа шәыҟам. Иагьа шәеилахазаргьы, шәаамҭа хәыҷык аишьцәа разыҟаҵара иазышәкыр акәхоит (Еккл. 3:1). Ус ҟашәҵалар, шәара аизара аизҳара шәацхраауеит.

      АҴАҨЫ ИГӘЫ АЗЫҞАШӘҴА

      11. а) Интересс ирыҵоузеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи аизара аиҳабацәа иҟарҵаз алабжьарақәа? б) Избан изхәарҭоу аизара аиҳабацәа иҟарҵаз алабжьарақәа, Ажәамаанақәа 15:22 иану инақәыршәаны?

      11 Уажәааигәа аишьцәа доуҳала реизҳараҿы ацхыраара бзианы иҟазҵо аизара аиҳабацәа гәыԥҩык иразҵааит иарбан знеишьоу дара рхы иадырхәо ҳәаb. Арҭ аишьцәа рҭагылазаашьақәа шеиԥшымгьы, дара рабжьагарақәа еиԥшхеит. Иаанагозеи уи? Абиблиатә рҵара аус ауеит «уахәамас иҟоу зегьы рҿы», апостол Павел ихаан ишыҟаз еиԥш (1 Кор. 4:17). Убри аҟынтә ари, насгьы анаҩстәи астатиақәа рҿы еилҳаргоит урҭ иҟарҵаз абжьагарақәак (Ажәам. 15:22). Армариаразы идзырҵо арҵаҩцәа рыхьӡхоит, урҭ аҵара здырҵо — аҵаҩцәа ҳәа.

      12. Иҟаиҵар ихәҭоузеи арҵаҩы азыҟаҵара далагаанӡа, насгьы избан?

      12 Арҵаҩы азыҟаҵаразы аҭагылазаашьа бзиа ирхиароуп. Абаҳчааӡаҩ ажәла леиҵаанӡа, адгьыл ицәаӷәоит, ирҟәымшәышәуеит. Убас еиԥшҵәҟьа арҵаҩы иҵаҩы игәы шьҭихроуп, иҿыцу ак иирҵаанӡа. Ирхиар шԥаилшо арҵаҩы азыҟаҵаразы аҭагылазаашьа бзиа? Уи илшоит ажәытәан инхоз аԥааимбар изнеишьа ихы иаирхәар. Иарбан знеишьоу уи?

      13—15. а) Иарбан дҵоу Самуил иоуз? б) Ишԥанаигӡеи Самуил ари адҵа? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) в) Избан Самуил иҟаиҵаз аизара аиҳабацәа рзы иахьа даараӡа аинтерес заҵоу?

      13 3 000-ҟа шықәса раԥхьа Иегова зықәрахь инеихьаз аԥааимбар Самуил ус иеиҳәеит: «Уаҵәы, абри аамҭазшәа Вениамин идгьыл аҟынтәи уара уахь ауаҩы днасышьҭуеит, уара уи ахәша ихьушьуеит, израильтәи сыжәлар драԥхьагылаҩхарц» (1 Сам. 9:15, 16). Самуил еиликааит иара ажәлар драԥхьагылаҩны даныҟаз аамҭа шиасыз, насгьы ашьҭрамдаҩ иалхра аамҭа шааиз. Аԥааимбар ихы дазҵаауазар ҟаларын: «Дышԥазыҟасҵари ари ауаҩ ироль?» Самуил Иегова идҵа иаҵанакуаз еиликааит, насгьы уи еиӷьны ишыҟаиҵаша дазхәыцит.

      14 Адырҩаҽны Самуил Саул даниба, Иегова аԥааимбар иеиҳәоит: «Абри иара иоуп». Убасҟан Самуил аус нап аиркит. Иара Саул акрыфарҭахь дааиԥхьеит. Самуил Саул имаҵуҩи иареи аханы иртәеит, анаҩс зегь раасҭа еиӷьыз акәац ажьыхәҭа бзиақәа рымҵеиҵеит, насгьы иҳәеит: «Ига, иф, ари иҷыдоу аамҭазы иҵәахын». Анаҩс Самуили Саули амҩан еицәажәо, аԥааимбар иҩныҟа ицеит. Шьыбжьхьеи агәахәара узаазгоз аныҟәареи рышьҭахь, иманшәалаз аҭагылазаашьа ихы иархәаны, Самуил Саул хыхь еицхаларц дааиԥхьоит. Иҟәандаӡа аԥша рысуа, Самуил иҩны ахыб аҿы Саул диацәажәон, анаҩс ацәара ицеит. Адырҩаҽны ашьыжь Самуил Саул ахәша ихьишьит, дгәыдикылеит, анаҩс иҟаиҵаша иеиҳәеит. Уажәшьҭа Саул иаԥхьаҟа изыԥшыз ироль дазхиан (1 Сам. 9:17—27; 10:1).

      15 Ҳәарада, ауаҩы ажәлар драԥхьагылаҩхарц азы ахәша ихьшьреи аиашьа маҵзуратә цхырааҩс, ма аизара аиҳабыс дҟаларц азы ицхраареи еиԥшым. Аха уеизгьы аизара аиҳабацәа Самуил ихы иаирхәаз азнеишьа аҟынтәи ихәарҭо́у урокқәак алыркаарц рылшоит. Шәааи урҭ рҟынтәи ҩба ҳарзааҭгылап.

      ГӘАХӘАРЫЛА ИАЗЫҞАШӘҴАЛА, НАСГЬЫ ИИАШОУ ҨЫЗАС ШӘЫРЗЫҞАЗ

      16. а) Иарбан цәаныррақәоу Самуил изцәырҵыз, израильаа аҳ данырҭахха? б) Иарбан гәазыҟашьоу иааирԥшыз Самуил, Саул ахәша ихьишьырц идыз адҵа анынаигӡоз?

      16 Гәахәарыла иазыҟашәҵала. Самуил израильаа аҳ дшырҭаху аниаҳа, уи игәы инархьит, насгьы иара мап ицәыркызшәа игәы иаанагеит (1 Сам. 8:4—8). Самуил даара иҭахӡамызт урҭ рыҳәара наигӡар, убри аҟынтә Иегова хынтә идиҵар акәхеит аԥааимбар ажәлар рыбжьы дазыӡырҩырц (1 Сам. 8:7, 9, 22). Аха Самуил иалимыршаӡеит иара дзыԥсахуа ауаҩ иахь агәаареи ахьшәашәареи игәаҿы иаанхарц. Иегова Самуил Саул ахәша ихьишьырц анидиҵа, аԥааимбар гәахәарылеи гәыкалеи уи дақәшаҳаҭхеит, иҭахӡамкәа, ма уалс идушәа акәымкәа.

      17. Ишԥаиҿыԥшуеи Самуил аизара аиҳабацәа иахьа, насгьы иарбан цәаныррақәоу дара ирымоу?

      17 Самуил иҿыԥшны, аԥышәа змоу аизара аиҳабацәа иазыҟарҵо рахь ақьиара аадырԥшуеит (1 Пиот. 5:2). Арҭ аизара аиҳабацәа дара ирыду ҭакԥхықәрақәак рҵаҩцәа иахьрырҭар акәхо иацәшәаӡом. Арҵаҩцәа бзиақәа аҵаҩцәа ҟәыбҷақәа ирацлабӡом, аха ҩызцәаҵас ирзыҟоуп. Урҭ аҵаҩцәа аизаразы ҳамҭа дуқәаны ирыԥхьаӡоит (2 Кор. 1:24; Аур. 13:16). Ҳхахьы иааҳгар ҳалшоит шаҟа игәырӷьо ахамеигӡара аазырԥшуа арҭ арҵаҩцәа, иазыҟарҵо аишьцәа аизара ахәарҭа азаанагарц азы рҟазарақәа рхы ишадырхәо анырбо (Аус. 20:35).

      18, 19. Ишԥаилшо аизара аиҳабы аҵаҩы игәы азыҟаиҵар, насгьы избан уи даара изхадоу?

      18 Шәырҩызаз, рҵаҩцәак раҳасабала мацара акәымкәа. Самуил Саул даниба, аԥааимбар илшон баша ахәша ганы ҿыц иҟалараны иҟаз аҳ ихы иақәиҭәар. Саул аԥҟарақәа ишырҳәоз еиԥш ахәша ихьшьхон, аха зынӡаск ироль дазыҟаҵахомызт. Аха Самуил хәыҷы-хәыҷла аҳ игәы азыҟаҵаразы иаамҭа дамеигӡаӡеит. Урҭ акранырфа, ианааныҟәа, гәаартыла ианеицәажәа, рыԥсы аныршьа ашьҭахь ауп аԥааимбар ианиӡба Саул ахәша ихьшьра иаамҭоуп ҳәа.

      Азыҟаҵара аиҩызара аҟынтәи иалагоит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 18, 19.)

      19 Иахьагьы арҵаҩы иманшәалоу аҭагылазаашьа ирхиароуп, насгьы иҵаҩы диҩызахароуп. Аизара аиҳабы изирҵои иареи еиҩызцәа бзиахарц азы, иалкааны иҟаиҵо аҭыԥантәи аҭагылазаашьеи аҵасқәеи ирхьыԥшуп. Аха ишакәзаалакгьы, аизара аиҳабы дшеилахоугьы иаамҭа иҵаҩы ианизикуа, «уара сара сзы ухадоуп» иҳәозар иаҩызоуп. (Уаԥхьа Римаа рахь 12:10.) Хымԥада, аҵаҩы игәаҵанӡа инеиуеит иара иахь иаашәырԥшуа аиҷаҳареи азҿлымҳареи.

      20, 21. а) Шәышԥаихцәажәарыз шәара арҵаҩ бзиа? б) Еилыргахозеи анаҩстәи астатиаҿы?

      20 Аизара аиҳабацәа, ишәхашәмыршҭын: арҵаҩ бзиа арҵара адагьы, изирҵо ауаа бзиа ибоит. (Еиҿшәырԥш Иоанн 5:20.) Аҵаҩы ибоит арҵаҩы иара дшизыҟоу, насгьы уи ианыруеит арҵара ишақәҿиҭуа. Убри аҟынтә, ҳаҭыр зқәу аизара аиҳабацәа, шәҵаҩцәа шәырҩызаз, рҵаҩцәак раҳасабала мацара акәымкәа (Ажәам. 17:17; Иоан. 15:15).

      21 Аҵаҩы игәы азыҟаҵаны, аизара аиҳабы иахәҭоу аҟазара ииҭар ауп. Анаҩстәи астатиаҿы ҳрыхцәажәоит иарбан методқәоу уи аҿы ицхраауа.

      a Ари, насгьы анаҩстәи астатиа раԥхьаӡа иргыланы аизара аиҳабацәа ирызкуп, аха урҭ рҵакы зегьы рзы аинтерес аҵоуп. Избан? Арҭ астатиақәа аӡы иӡааху аишьцәа идеилдыркаауеит аизара аусқәа рҿы активла рхы аладырхәлар рҭахызар, иазыҟаҵазар шрыхәҭоу. Ари аизараҿы зегьы ахәарҭа рзаанагоит.

      b Арҭ аизара аиҳабацәа нхоит Австралиа, Бангладеш, Бельгиа, Бразилиа, Мексика, Намибиа, Нигериа, Реиуньон, Урыстәыла, Еиду Аштатқәа рҿы, Франциа, Франциатәи Гвиана, Аладатәи Африкатәи Аҳәынҭқарра, Аладатәи Кореиа, насгьы Иапониа.

      Акрызҵазкуа аҭакԥхықәра

      ҲӘЫНҬҚАРРАҚӘАК рҿы аизарақәа даараӡа ацхыраара арҭоит амаҵ ауразы уахь ииасыз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи. Ахамеигӡара аазырԥшуа арҭ Ашаҳаҭцәа адоуҳатә ҭагалара активла иалахәуп. Аха иҟалозеи, аџьабаа ду збо арҭ Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа иаалырҟьаны уи атәыла ааныжьны ацара рықәшәар? Аизарақәа жәпакы рҿы аизара аусқәа назыгӡо аҭыԥантәи аишьцәа азымхо иҟалоит. Убри аҟынтә аизара аиҳабацәас иҟоу ииасыз аишьцәа акрызҵазкуа аҭакԥхықәра рыдуп — аҭыԥантәи аишьцәа идоуҳатә хьчацәаны рыҟаларазы рыцхраара.

  • Аизара аиҳабацәа аишьцәа аԥсаса иреиҷаҳаларц разыҟаҵара шрылшо
    Ахьчаратә бааш 2015 | апрель
    • Аизара аиҳабацәа аишьцәа аԥсаса иреиҷаҳаларц разыҟаҵара шрылшо

      «Сара сахьтә иуаҳаз... ирыларҵәала... агәрахаҵара змоу ауаа» (2 ТИМ. 2:2).

      АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

      • Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа аишьцәа доуҳала рырӷәӷәара?

      • Иарбан библиатә жәеинраалақәоу ицхраар илшо аизараҿы аинициатива аазмырԥшуа аиашьа игәазыҟашьа аԥсахразы?

      • Ишԥарылшо аҵара здырҵо Елисеи иҿыԥшлар?

      1. а) Иарбану Анцәа имаҵзуҩцәа еснагь еилыркаауаз азыҟаҵара аганахь ала, насгьы хархәашьас иамоузеи уи иахьа? б) Еилҳаргозеи ҳара ари астатиаҿы?

      АНЦӘА имаҵзуҩцәа жәытәнатә аахыс ирдыруан азыҟаҵара бзиа ақәҿиара шаанаго. Убас, иҭҟәаны иргаз Лот иеиқәырхаразы апатриарх Аврам бџьарла еибиҭеит игәаҭаз, даҽакала иуҳәозар аҵара иахысыз, иазыҟаҵаз ауаа, убри азоуп урҭ рҿаԥхьа иқәгылаз адҵа қәҿиарала изынарыгӡаз (Аҟаз. 14:14—16). Аҳ Давид ихаан Анцәа иҩнаҿы иҟаз ашәаҳәаҩцәа «Иегова изы ашәаҳәашьа дырҵан», насгьы ирҽхәаԥхьыӡ рҳәон (1 Ашықәс. 25:7). Иахьа ҳара адоуҳатә еибашьра ҳалахәуп, Аҩсҭаа ицхырааҩцәеи иареи ҳарҿагыланы (Ефес. 6:11—13). Иара убас ҳара ҳамч зегь азаҳкуеит Иегова ирҳаракра (Аур. 13:15, 16). Убри аҟынтә ҳаргьы, ажәытәан Анцәа имаҵ зуаз реиԥш, азыҟаҵара ҳҭахуп ҳазну амҩаҿы ақәҿиара ҳамазарц. Аизараҿы егьырҭ разыҟаҵара аизара аиҳабацәа ирыдуп (2 Тим. 2:2). Иарбан методқәоу рхы иадырхәо аԥышәа змоу аизара аиҳабацәа, аишьцәа аԥсаса иреиҷаҳаларц разыҟаҵаразы?

      ШӘРЫЦХРААЛА АҴАҨЦӘА РДОУҲАРА ДЫРӶӘӶӘАЛАРЦ

      2. Илшозеи аҟаҵара аизара аиҳабы аиашьа иахәҭоу аҟазара илааӡара далагаанӡа, насгьы избан уи зхадоу?

      2 Аизара аиҳабацәа абаҳчааӡаҩцәа ирҿҳарԥшыр ҳалшоит. Абаҳчааӡаҩ ажәла леиҵаанӡа, иҟалап адгьыл ԥсылахарц азы арҵәра аҭахуп ҳәа иԥхьаӡар. Убасҵәҟьа, аизара аиҳабы уиаҟара аԥышәа змам аиашьа иахәҭоу аҟазара илаиааӡаанӡа, раԥхьа аҵаҩы игәы шьҭихыр илшоит Аҩыра аҟынтәи иаагоу зхәыцрақәак рыла. Убасҟан уи игәы азыҟаҵара еиҳа иаднакылоит (1 Тим. 4:6).

      3. а) Ишԥаулшо ухы иаурхәар Марк 12:29, 30 ирну ажәақәа, аҵаҩы уаниацәажәо? б) Ишԥалшо аизара аиҳабы инцәаиҳәара аҵаҩы инырыр?

      3 Аҳра иазку аҵабырг аҵаҩы ихәыцшьеи ихымҩаԥгашьеи шаҟа ӷәӷәала ианыруа аилкааразы, уиазҵаар улшоит: «Ишԥарныруеи иудукыло аӡбарақәеи уусқәеи Иегова уҽахьизукыз?» Ари азҵаара иԥшьоу ҳмаҵзура ҳаԥсынаӡала анагӡара иаа́наго иазкны гәаартыла аицәажәара алагара иуцхраауеит. (Уаԥхьа Марк 12:29, 30.) Шәеицәажәара аҵыхәтәаны Иегова шәиҳәар, насгьы аҵаҩы иазыҟаҵараҿы ақәҿиара иоурц ицхраауа иԥшьоу адоуҳа шәаҳәар шәылшоит. Ҳәарада, аиашьа даара игәы иахәоит гәык-ԥсыкала иара изы Анцәа шәахьиҳәаз.

      4. а) Иарбан библиатә ҿырԥштәқәоу аҵаҩы доуҳала аизҳара ицхраауа? б) Иарбан хықәку ирымоу аизара аиҳабацәа, аишьцәа аназыҟарҵо?

      4 Аҵаҩы иазыҟаҵара шәаналаго аамҭазы еилшәырга ахынраалара аарԥшреи, ак аҟаҵара азхиареи, узықәгәыӷыртә иҟоу уаҩны аҟазаареи шаҟа ихадоу аилкаара ицхраауа библиатә ҿырԥштәқәак (1 Аҳ. 19:19—21; Неем. 7:2; 13:13; Аус. 18:24—26). Арҭ аҟазшьақәа доуҳала аизҳара ицхраауеит, ихырҳагоу амаҭәашьарқәа аҵиаа аизҳара ишацхраауа еиԥш. Абар Жан-Клод зыхьӡу Франциа инхо аизара аиҳабы ииҳәаз: «Аҵаҩцәа аназыҟасҵо, раԥхьаӡа акәны урҭ доуҳала ихәыцуа уааны иҟаларц азы срыцхраар сҭахуп. Сара еснагь сашьҭоуп аҵаҩы библиатә жәеинраалак сизаԥхьарц алшара ансоуа ҭагылазаашьак, Анцәа Иажәа иану „иџьашьахәу аусқәа“ ибарц азы» (Ԥс. 119:18). Ишԥалшо еиҭа аҵаҩы ирӷәӷәара?

      АХЫҚӘКҚӘА РЫҚӘЫРГЫЛАРЕИ АҴАКЫ АИЛКААРЕИ ШӘРЫЦХРААЛА

      5. а) Избан изхадоу аҵаҩы идоуҳатә хықәкқәа рылацәажәара? б) Избан аизара аиҳабацәа иқәыԥшугьы разыҟаҵара зрыхәҭоу? (Шәахәаԥш албаага.)

      5 Аҵаҩы шәиазҵаа иарбан доуҳатә хықәкқәоу имоу ҳәа. Уи иалкаау ахықәкы имамзар, шәицхраа инаигӡартә иҟоу хықәкык ақәыргылара. Шәхатә ҿырԥшы еиҭашәҳәа: иарбан хықәку уаанӡа зны инашәыгӡарц ишәҭахыз, насгьы шаҟа шәгәырӷьоз уи аншәылшаз. Ари аметод мариоушәа жәбоит, аха уи даара аус ауеит. Африка инхо Виктор зыхьӡу ипионеру аизара аиҳабы игәалашәоит: «Санқәыԥшыз аизара еиҳабык сдоуҳатә хықәкқәа ирызкны ибзианы изызхәыцыз зҵаарақәак сиҭеит. Уи сара смаҵзура еиҳа ҭакԥхықәрала азхәыцра сгәазҭанаҵеит». Иара убас аԥышәа змоу аизара аиҳабацәа ихадоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит ишқәыԥшӡоу инаркны аишьцәа разыҟаҵара, ирылшо адҵақәа рыҭо. Заа разыҟаҵара шәаналаго, шәара уи ала иқәыԥшу шәрыцхраауеит ианрызҳалак, аԥырхага рацәаны ироургьы, адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылараa. (Уаԥхьа Ԥсалом 71:5, 17.)

      Идеилшәыркаала адҵа анагӡара зхадоу, насгьы рҽазышәарақәа рзы ишәырҽхәала (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5—8.)

      6. Иарбан ҷыдароу иалукаауа Иисус егьырҭ шазыҟаиҵоз аҿы?

      6 Аҵаҩы Анцәа имаҵ аура агәазыҳәара имазарц азы, иҟаҵатәу адагьы уи зыҟаҵатәу иеилыркаалатәуп. Убас шәара Арҵаҩ Ду, Иисус Христос, шәиҿыԥшлоит. Иаҳҳәап, Иисус апостолцәа аҵаҩцәа азыҟарҵаларц адҵа риҭаанӡа, идеилиркааит урҭ изыӡырҩыр зрыхәҭаз. Иара иҳәеит: «Ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы амчра зегь сыҭоуп. Убри аҟынтә шәца, ажәларқәа зегьы рҟынтә аҵаҩцәа азыҟашәҵала» (Матф. 28:18, 19, АдҾ). Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа егьырҭ аназыҟарҵо Иисус иҿыԥшлар?

      7, 8. а) Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа егьырҭ аназыҟарҵо Иисус иҿыԥшлар? б) Избан аҵаҩцәа рырҽхәара зхадоу? в) Иарбан лабжьарақәоу аизара аиҳабацәа рзы ихәарҭахо егьырҭ разыҟаҵараҿы? (Шәахәаԥш арамка «Егьырҭ шазыҟаҵалатәу».)

      7 Аҵаҩы иеилшәыркаа иарбан библиатә принципқәоу иду адҵа иаҵанакуа. Убас шәара ишәырҵоит Иԥшьоу Аҩыра иану апринципқәа инарықәыршәаны ахәыцшьа. Иаҳҳәап, шәара аиашьа шәиҳәоит Аҳратә зал ахь уназго амҩа ацқьареи уа аныҟәара шәарҭамзарци дацклаԥшларц. Шәара ишәырбар шәылшоит Тит иахь 2:10, насгьы иеилшәыркаар Аҳратә зал аиҷаҳара «Ҳанцәа-Ҳаиқәырхаҩ... иаҳирҵо аҵара» шарԥшӡо. Иара убас аҵаҩы игәы азҭашәҵа дазхәыцырц иара инаигӡо аус аизараҿы иҟоу зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ишрыцхраауа. Абас еиԥш иҟоу аицәажәарақәа рыбзоурала, аҵаҩы аԥҟарақәа ракәымкәа, ауаа дрызхәыцлоит. Иара имаҵзура аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ахәарҭа шырзаанаго анибо, уи даара даргәырӷьалоит.

      8 Ишәхашәмыршҭлан аҵаҩы ирҽхәара, шәылабжьарақәа данрықәныҟәо. Избан уи зхадоу? Аҵиаа шәҭырц азы аӡы шаҭаху еиԥш, гәык-ԥсыкала иҟаҵоу арҽхәара аҵаҩцәа ахәарҭа рзаанагоит, уи аӡы ирзаҩызоуп. (Еиҿшәырԥш Матфеи 3:17.)

      ДАҼА УАДАҨРАК

      9. а) Иарбан уадаҩроу азыҟаҵара иадҳәалоу ибеиоу атәылақәа рҿы инхо аизара аиҳабацәа зықәшәо? б) Избан ақәыԥшцәа шьоукы рыԥсҭазаараҿы аҵабырг ахаангьы аԥхьатәи аҭыԥ зааннамкылоз?

      9 Ибеиоу атәылақәа рҿы аизара аиҳабацәа даҽа уадаҩрак иақәшәоит: аӡы зыҽӡаазххьоу 20—30 шықәса раҟара зхыҵуа аишьцәа аизараҿы еиҳа активра аадырԥшларц изларыцхраатәу. Ҳара 20 тәыла рҟынтә аԥышәа змоу аизара аиҳабацәа ҳрыҳәеит еиҭарҳәарц избан, дара ргәаанагарала, иқәыԥшу аишьцәа аизараҿы аҭакԥхықәра агара изазымхәыцуа. Рхәаԥшышьак даара интересуп: дара игәарҭеит аишьцәа шьоукы ианқәыԥшыз аӡәгьы ргәы шазҭаимҵоз адоуҳатә хықәкқәа рықәыргылара. Зны-зынла раԥхьа адоуҳатә хықәкқәа змаз ақәыԥшцәа дара рҭаацәа ари адунеи аҿы аманшәалара ашьҭалара ргәы азҭарҵон! Арҭ ақәыԥшцәа рыԥсҭазаараҿы аҵабырг ахаангьы аԥхьатәи аҭыԥ ааннакыломызт (Матф. 10:24).

      10, 11. а) Ишԥаилшо аизара аиҳабы аиашьа игәазыҟашьа аԥсахра дицхраар? б) Иарбан библиатә жәеинраалақәоу аизара аиҳабы аиашьа иирбар илшо, насгьы избан? (Шәахәаԥш албаага.)

      10 Аиашьа аизараҿы аинициатива ааимырԥшуазар, уи игәазыҟашьа аԥсахразы амчи ачҳареи рацәаны иаҭахуп. Аха уи умч зқәымхо ак акәӡам. Абаҳчааӡаҩ ҵиаақәак рыхәҵәқәа ииашаны ирызҳаларц азы ашьшьы-шьшьыҳәа ахырхарҭа аиҭоит. Шәаргьы аамҭа цацыԥхьаӡа ашьшьы-шьшьыҳәа аиашьа шәицхраар шәылшоит аизараҿы аҭакԥхықәрақәа дшырзыҟоу аԥсахра. Ишԥалшо уи аҟаҵара?

      11 Аиашьа шәиҩызахарц азы, аамҭа шәамеигӡан. Шәицхраа аизара дшаҭаху ибарц. Аамҭа-аамҭала ианаало абиблиатә жәеинраалақәа шәхы иархәаны шәиацәажәала, уи ала Анцәа иҽизкра дазхәыцларц ацхыраара иҭо (Еккл. 5:4; Ис. 6:8; Матф. 6:24, 33; Лука 9:57—62; 1 Кор. 15:58; 2 Кор. 5:15; 13:5). Уи шәиазҵаар шәылшоит: «Иарбан ажәоу иуҭаз Иегова уҽанизукыз?» Игәы ақәҿнаҭыртә азҵаара ишәҭ: «Угәы ишԥаанаго, иарбан цәаныррақәоу Иегова изцәырҵыз, уара аӡы уҽанӡааухыз? Иарбан цәаныррақәоу иоуз Аҩсҭаа?» (Ажәам. 27:11; 1 Пиот. 5:8). Ахаангьы имаҷшәымшьалан ибзианы иалху ажәеинраалақәа ирымоу амчb. (Уаԥхьа Ауриацәа рахь 4:12.)

      АҴАҨЦӘА, АИАШАРА ААШӘЫРԤШЛА

      12, 13. а) Дзакәытә ҵаҩызи Елисеи? б) Иарбан ҳамҭоу Иегова Елисеи ииашаразы ииҭаз?

      12 Иаҳҳәа́рц иҳалшозеи шәара шәзы, зыцхыраара ҳҭаху иқәыԥшу аишьцәа? Иарбан гәазыҟашьоу ишәыцхраауа Анцәа имаҵзураҿы ақәҿиара шәымазарц? Ари азҵаара аҭак аԥшааразы, шәааи ҳазааҭгылап ажәытәан инхоз ҵаҩык иҿырԥшы.

      13 3 000-ҟа шықәса раԥхьа аԥааимбар Илиа иқәыԥшыз Елисеи имаҵуҩыс аҟалара дааиԥхьеит. Елисеи гәахәарыла ари ааԥхьара идикылеит, насгьы иашарала зықәрахь инеихьаз аԥааимбар дицхраауан, хынрааларыла Илиа идҵақәа зегьы нагӡо (2 Аҳ. 3:11). Фышықәса анҵы ашьҭахь, Елисеи еиликааит ирҵаҩы Илиа иаарласны Израиль ԥааимбарс амаҵ аура дшаҟәыҵуа. Илиа иҵаҩы иеиҳәоит уаҳа дишьҭаланы дымцаларц. Уи аамҭазы Елисеи ибзианы дазыҟаҵан, аха иара хынтә Илиа иеиҳәоит: «Сара уаансыжьӡом». Иара хьаҵрада иҭахын имҩақәҵаҩ дицҟазарц иахьынӡазалшоз ала. Иегова Елисеи ииашаразы азылԥхара ииҭеит: Иегова Елисеи ибартә алшара ииҭеит Илиа џьашьахәыла дышимххо (2 Аҳ. 2:1—12).

      14. а) Ишԥарылшо аҵаҩцәа Елисеи иҿыԥшлар? б) Избан изхадоу аҵаҩы аиашара ааирԥшлар?

      14 Ишԥашәылшо шәара Елисеи иҿыԥшра? Иарбан дҵазаалакгьы ишәырҭо, уиаҟара ҳаҭыр ақәымзаргьы, иаразнак анагӡара шәазхиаз. Шәырҵаҩы ҩызас дшәыԥхьаӡала, насгьы агәра ишәыргала ицхыраара даара ахә шышәшьо. Гәахәарыла арҵара ианақәҿышәҭуа, шәара ишәҳәоит: «Сара уаансыжьӡом». Аха зегь раасҭа ихадоу, иашала инашәыгӡала ишәырҭо адҵақәа зегьы. Избан уи зхадоу? Убасҟан мацароуп шәара ииашоу, зыгәра угартә иҟоу уаҩны шәхы анаашәырԥшуа, аизара аиҳабацәа агәра ргоит Иегова ишиҭаху аизараҿы аҭакԥхықәра шәыдҵара (Ԥс. 101:6; уаԥхьа 2 Тимофеи иахь 2:2).

      ИАХӘҬОУ АПАТУҚӘҴАРА ААШӘЫРԤШЛА

      15, 16. а) Ишԥааирԥши Елисеи ирҵаҩ иахь апатуқәҵара? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.) б) Ргәы шԥашьҭихи Елисеи егьырҭ аԥааимбарцәа?

      15 Илиа ишьҭрамдаҩ, Елисеи, изку ахҭыс иара убас иаанарԥшуеит аишьцәа иахьа ишрылшо аԥышәа змоу аизара аиҳабацәа рахь иахәҭоу апатуқәҵара аарԥшра. Елисеи Илиеи аԥааимбарцәа рҿы Иерихон ианыҟаз ашьҭахь, дара аӡиас Иордан ахь рҿынархеит. Абар уа иҟалаз: «Илиа имаҭәа иган, иааикәаирҳәын, аӡы дҭасит. Аӡы еиҩшеит». Цәаакырак злам аӡы аҵа инҭысны, урҭ амҩа ианыланы, еицәажәо ицон. Ишаҳбо еиԥш, Елисеи уажәшьҭа зегь здыруеит ҳәа ихы иԥхьаӡомызт. Илиа дахьынӡаицыз Елисеи ирҵаҩы иажәақәа зегьы гәникылон. Анаҩс Илиа аԥшатлакә далаланы ажәҩан ахь дхалеит. Елисеи Иордан аӡиас ахь даныхынҳә, Илиа имаҭәала аӡы дҭасын, ҿааиҭит: «Дабаҟоу Иегова, Илиа Инцәа, дабаҟоу?» Аӡы дырҩегьых еиҩшеит» (2 Аҳ. 2:8—14).

      16 Игәашәҭама шәара Елисеи иҟаиҵаз актәи иџьашьахәы Илиа иҟаиҵаз аҵыхәтәантәи иџьашьахәы ишеиԥшыз? Иамоузеи уи интересс? Иҟалап Елисеи дымхәыцуазҭгьы, амчра иара иоузар, уажәшьҭа иаразнак зегь иԥсахроуп ҳәа. Уи аҭыԥан Елисеи амаҵзураҿы Илиа иҟынтә аҿырԥшы игон, уи ала ирҵаҩ иахь иахәҭоу апатуқәҵара аарԥшуа. Уи егьырҭ аԥааимбарцәа даара ргәы шьҭнахит (2 Аҳ. 2:15). Елисеи ԥааимбарс 60 шықәса инарзынаԥшуа амаҵ иуан. Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа Иегова имчала Илиа иаасҭа еиҳаны аџьашьахәқәа ҟаиҵеит. Иарбан уроку иалыркаар рылшо аҵаҩцәа?

      17. а) Ишԥарылшо иахьа аҵаҩцәа Елисеи иҿыԥшлар? б) Ишԥаилшо Иегова аамҭа анцалак ииашоу аҵаҩцәа ихы иаирхәар?

      17 Шәгәы иаанамган аизараҿы аҭакԥхықәра шаашәоулак, шәара аизараҿы ишьақәыргылоу аиҿкаара иаразнак ишәыԥсахроуп ҳәа — шәара шәаԥхьа ишыҟарҵоз акәымкәа, зынӡа даҽакала аҟаҵара. Аԥсахрақәа рыҟаҵара шаҭаху злеилкаахо шәара шәгәаҳәара ала акәӡам, аха аизара иаиуа аҭахрақәеи Иегова иорганизациа аҟынтәи иҳауа амҩақәҵарақәеи рыла ауп. Елисеи Илиа иметодқәа анаҩсгьы ихы иархәо, егьырҭ аԥааимбарцәа ргәы шьҭихит, насгьы иара иаԥхьа иҟаз иахь апатуқәҵара ааирԥшит. Шәаргьы шәыгәрахаҵара шәыцеиҩызшо ргәы шьҭышәхлар, насгьы аԥышәа змоу аизара аиҳабацәа рахь апатуқәҵара аашәырԥшлар шәылшоит, Абиблиа шьаҭас измоу рметодқәа шәхы ианашәырхәо. (Уаԥхьа 1 Коринфаа рахь 4:17.) Аԥышәа рҳауа, шәара хымԥада, аизара ԥхьаҟа ицо Иегова иорганизациа иаццаларц иацхраауа аԥсахрақәа ҟашәҵалар шәылшоит. Иҟалап аамҭа анцалак, шәаргьы, ииашоу аҵаҩцәа, Елисеи иеиԥш, Иегова ицхыраарала шәырҵаҩ иаасҭа еиҳау аусқәа рыҟаҵара шәылшар (Иоан. 14:12).

      18. Избан иахьа даара изхадоу аизараҿы аишьцәа разыҟаҵара?

      18 Ҳара ҳақәгәыӷуеит ари, насгьы уи аԥхьа иҟаз астатиаҿы иаагаз алабжьарақәа егьырҭ аизара аиҳабацәагьы аишьцәа разыҟаҵаразы аамҭа азалхра ргәы азҭанаҵап ҳәа. Ианаало аишьцәа гәахәарыла ари аҩыза азыҟаҵара иақәҿырҭлааит, насгьы ироуз адырра ҟәышрала рхы иадырхәалааит, Иегова иуасақәа иреиҷаҳауа. Уи адунеи зегь аҿы аизарақәа ӷәӷәахаларц иацхраауеит, насгьы ҳара зегьы ҳаԥхьаҟа иҟало аԥышәарақәа раан аиашара ахьчара иҳацхраауеит.

      a Иқәыԥшу аиашьа доуҳала дшышәхьоу, иара убас ахынраалара шимоу ала ихы ааирԥшызар, насгьы иара егьырҭ абиблиатә ҭахрақәа дрықәшәозар, аизара аиҳабацәа уи аиашьа маҵзуратә цхырааҩыс дҟаларц арекомендациа аларҵар рылшоит, уи 20 шықәса ихымҵыцзаргьы (1 Тим. 3:8—10, 12; шәахәаԥш 1990 шықәса февраль 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьа 23, аурыс).

      b Аицәажәараан шәхы иашәырхәар шәылшоит аброшиура «Аԥа Иаб дааиртырц иҭахуп» захьӡу, адаҟьақәа 14—16, абзацқәа 8—13 (аурыс) рҿы иану, насгьы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз» захьӡу ашәҟәы, ахы 16, абзацқәа 1—3 рҿы иану азхәыцрақәа.

      Егьырҭ шазыҟаҵалатәу

      АИШЬЦӘА ибзианы иазыҟазҵо аизара аиҳабацәа абри аҩыза абжьагарақәа ҳарҭоит:

      1. Аҿырԥшы рышәҭала шәажәеи шәуси рыла.

      2. Игәазҭашәҵа аҵаҩы шықәсык ала Абиблиа даԥхьарц, идоуҳара ирӷәӷәарц азы.

      3. Ажәабжьҳәара шәеицныҟәала.

      4. Аҵаҩы ажәабжьҳәара иазку аиқәшәарақәа еиҿкааны амҩаԥгашьа ишәырҵала.

      5. Иаарту ажәахә шәыманы шәанықәгыло, аҵаҩы ажәахә аплан ала атема шаашәыртуа дацклаԥшлааит.

      6. Аамҭа-аамҭала иҭаацәеи иареи шәҭаацәаратә мҵахырхәарахь иаашәыԥхьала.

      7. Иаашәыԥхьа иҭаацәеи иареи аӡәгьы изалхым, ма даараӡа имаҷны ажәабжь ахьырҳәо атерриториахь ажәабжьҳәара ишәыццарцc.

      c Арҭ абжьагарақәа аизара аиҳабацәа қәҿиарала рхы иадырхәахьеит Австралиа, Азиа, Африка, Европа, Аладатәи Аҩадатәи Америка.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра