АШӘА 58
Ишәыԥшаала аҭынчра згәы азыҳәо
- 1. «Ажәабжь дшәырҳароуп!» — ҳадиҵеит Иисус. - Уи амҩа сабақәа дырныс, - Аҵабырг иман жәлар дрызцон. - Иабгьы иԥсаса дрышьҭан, иԥшаалон, - Есыҽны амра ҭашәаанӡа - аҵабырг дирҵон. - Ҩнаҭацԥхьаӡа, зехьынџьара - Ибзиоу ажәабжь раҳҳәалап: - «Иԥҵәоит ҳа ҳгәаҟрақәа наӡаӡа рҵыхәтәа!» - АХАПА - Ҳаб дрызгәыкуп - Аҭынчра згәы азыҳәо ажәлар, - Ҳрышьҭазароуп - Иаԥсоу зегь Анцәа иеихырхәара. - Жәлар еиқәҳархарц - Ҳҭахуп ҳара! 
- 2. Аамҭа ҳзыԥшуама, ҳусқәа ҳрыхьӡалап! - Абар, миллионҩыла рыгәқәа, - Гәык иадамхаргьы, еиқәҳархап. - Ҳгәыбылра ӷәӷәазааит, нас, ҳара рацәа. - Ргәы ахәрақәа ирӷьар илшоит иразу Ҳанцәа. - Акырынтә ҳарҭ ауаа ҳрызцоит, - Ҳаздызкылауа ҳаԥшаалоит. - Агәырӷьара ду ҳа ҳагоит ԥхьаҟаӡа. - АХАПА - Ҳаб дрызгәыкуп - Аҭынчра згәы азыҳәо ажәлар, - Ҳрышьҭазароуп - Иаԥсоу зегь Анцәа иеихырхәара. - Жәлар еиқәҳархарц - Ҳҭахуп ҳара! 
(Уахәаԥш иара убас Ис. 52:7; Матф. 28:19, 20; Лука 8:1; Рим. 10:10.)