Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Аӡбаҩцәа 1
  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

Аӡбаҩцәа. Ахҳәаа

      • Иудеи Симеони рабшьҭрақәа иргаз аиааирақәа (1—20)

      • Иевусаа Иерусалим иқәцаӡам (21)

      • Иосиф ихылҵқәаз Вефиль рнапаҿы иааргоит (22—26)

      • Израильаа ханаанаа зегь ықәрымцаӡеит (27—36)

Аӡбаҩцәа 1:14

Албаагақәа

  • *

    Мамзаргьы иҟалап «аҽада дшақәтәаз лнапқәа анеинылҟьа».

Аӡбаҩцәа 1:15

Албаагақәа

  • *

    Ма «Неге́в».

  • *

    Иаанагоит «аӡы ахыҵхырҭақәа».

Аӡбаҩцәа 1:17

Албаагақәа

  • *

    Иаанагоит «ақәхразы иалху».

Аӡбаҩцәа 1:19

Албаагақәа

  • *

    Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аихатәы ҽыуардынқәа».

Аӡбаҩцәа 1:24

Албаагақәа

  • *

    Ма «уара уахь гәыбылрала иҭәу абзиабара ааҳарԥшуеит».

  • Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
  • 1
  • 2
  • 3
  • 4
  • 5
  • 6
  • 7
  • 8
  • 9
  • 10
  • 11
  • 12
  • 13
  • 14
  • 15
  • 16
  • 17
  • 18
  • 19
  • 20
  • 21
  • 22
  • 23
  • 24
  • 25
  • 26
  • 27
  • 28
  • 29
  • 30
  • 31
  • 32
  • 33
  • 34
  • 35
  • 36
Абиблиа. Аиҭага «Адунеи ҿыц»
Аӡбаҩцәа 1:1–36

Аӡбаҩцәа

1 Иисус Нави́н данԥсы ашьҭахь израильаа Иегова иазҵааит: «Ханаа́наа рабашьра ҳара ҳҟынтә раԥхьа ицода?» 2 Иегова иҳәеит: «Иуда дцоит. Сара ари адгьыл иара исҭоит». 3 Убасҟан Иуда ихылҵқәаз рашьцәа, Симеон ихылҵқәаз, ус рарҳәеит: «Шәаала шәҳацны аҵәы анҭарыԥсаз иҳақәшәаз адгьыл ахь, ханаа́наа рабашьразы, нас ҳара аҵәы анҭарыԥсаз ишәықәшәаз адгьыл ахь ҳшәыцны ҳцоит». Усҟан Симеон ихылҵқәаз урҭ ирыцны ицеит.

4 Иуда ихылҵқәаз ханаа́нааи ферезе́иааи ирҿагыланы ианрабашь, Иегова урҭ ириааиртә алшара риҭеит, убри аҟынтә дара Везе́к 10 000-ҩык ауаа ршьит. 5 Уа Адо́ни-Везе́ки дареи еиқәшәеит, иагьиабашьит, ханаа́наагьы ферезе́иаагьы ԥыххааса иқәырҵеит. 6 Адо́ни-Везе́к дыбналеит, аха дара ихьӡан дыркит, нас инацәкьыс дуқәеи ишьацәкьыс дуқәеи хырҵәеит. 7 Убасҟан Адо́ни-Везе́к ус иҳәеит: «Знацәкьыс дуқәеи зшьацәкьыс дуқәеи хҵәаз 70-ҩык аҳцәа сыстол аҵаҟа ахәаша-машақәа шьҭырхуан. Сара урҭ сышрызныҟәаз еиԥш Анцәагьы убас дсызныҟәеит». Иара Иерусалимҟа дааргеит, уаҟагьы дыԥсит.

8 Анаҩс Иуда ихылҵқәаз Иерусалим иақәлеит, иагьыргеит. Дара уа инхоз аҳәала иршьит, ақалақьгьы рблит. 9 Уи ашьҭахь ашьха инхоз ханаа́наа ирабашьырц идәықәлеит, Неге́ви Шефе́ли инхоз ирабашьырц азгьы. 10 Иуда ихылҵқәаз Хевро́н (уаанӡа Хевро́н Кириа́т-Арба́ ахьӡын) инхоз ханаа́наа ирҿагыланы ирабашьит, Шеша́игьы, Ахима́нгьы, Талма́игьы ириааит.

11 Уаантәи Деви́р инхоз рахь идәықәлеит. (Уаанӡа Деви́р Кириа́т-Сефе́р ахьӡын.) 12 Убасҟан Хале́в ус иҳәеит: «Кириа́т-Сефе́р иақәланы изго сыԥҳа А́хса ԥҳәысс дисҭоит». 13 Уи игеит Хале́в иашьеиҵбы Кена́з иԥа Отнии́л. Хале́вгьы иԥҳа А́хса уи ԥҳәысс дииҭеит. 14 Лхаҵа иҩнахьы дандәықәлоз, уи диацәажәеит, лаб адгьыл азы диҳәарц. Лара аҽада данылбаа* Хале́в ус длазҵааит: «Ибҭахузеи?» 15 А́хса ус лҳәеит: «Усықәныҳәа. Алада* иҟаз адгьыл суҭеит, Гулло́т-Маи́мгьы* сыҭ». Иаргьы Аҩадатәи Гулло́ти Аладатәи Гулло́ти лиҭеит.

16 Моисеи иабхәа акене́и Иофо́р ихылҵқәаз Иуда ихылҵқәаз ирыцны Апальмақәа рықалақь аҟынтә Ара́д аладахьы иҟоу иудеиатәи ацәҳәырахь ицеит. Урҭ уа уи ажәлар ирыланхо иалагеит. 17 Иуда ихылҵқәази Симеон ихылҵқәаз урҭ рашьцәеи Цефа́т инхоз ханаа́наа ирықәлан, ақалақь ықәырхит. Убри азы уи ақалақь Хо́рма* ахьӡырҵеит. 18 Уи ашьҭахь Иуда ихылҵқәаз Газеи, Ашкело́ни, Екро́ни, урҭ рыкәша-мыкәша иҟаз аҭыԥқәеи ргеит. 19 Иегова урҭ дрыцын, убри аҟынтә ашьхақәа рнапаҿы иааргеит, аха акаршәраҿы инхоз ауаа рықәцара рылымшаӡеит, избанзар урҭ аихатәы чаалақәа змаз аҽыуардынқәа* рыман. 20 Хевро́н Хале́в ирҭеит, Моисеи ишиҳәахьаз еиԥш, иара уантәи Ана́к иԥацәа хҩык ықәицеит.

21 Вениамин ихылҵқәаз Иерусалим инхоз иеву́саа ықәрымцаӡеит, убри аҟынтә иеву́саа иахьа уажәраанӡагьы урҭ уа ирыланхоит.

22 Уи аамҭазы Иосиф ихылҵқәаз Вефи́ль иабашьырц идәықәлеит, Иегова урҭ дрыцын. 23 Урҭ рыԥшыхәцәа Вефи́ль иацклаԥшуа иалагеит. (Уи ақалақь уаанӡа Луз ахьӡын.) 24 Дара ақалақь иалҵны иаауаз ауаҩы дырбан, ус иарҳәеит: «Иҳарба ақалақь ахь ҳазланеиуа, усҟан ҳулакьысӡом*». 25 Уи ауаҩ ақалақь ахь изланеиуаз дирбеит. Дара уа инхоз зегьы аҳәала иршьит, уи ауаҩ иакәзар, иҭаацәеи иареи аурышьҭит. 26 Иара хе́ттаа рыдгьыл ахь дцан, уа ақалақь иргылеит, иагьахьӡиҵеит Луз. Уи иахьа уажәраанӡагьы ус ахьӡуп.

27 Мана́ссиа ихылҵқәаз Бет-Шеа́ни уи ааигәа иҟаз ақалақьқәеи, Таана́хи уи ааигәа иҟаз ақалақьқәеи, До́ри уи ааигәа иҟаз ақалақьқәеи, Ивлеа́ми уи ааигәа иҟаз ақалақьқәеи, Мегги́дои уи ааигәа иҟаз ақалақьқәеи рҿы инхоз ауаа ықәрымцаӡеит. Ханаа́наа уа ишынхац инхон. 28 Израильаа еиҳа ианыӷәӷәаха, ханаа́наа маҵуцәас иҟарҵеит, дара урҭ зегь ықәрымцаӡеит.

29 Ефрем ихылҵқәаз Гезе́р инхоз ханаа́наа ықәрымцаӡеит, убри аҟынтә ханаа́наа урҭ уа ирыланхон.

30 Завуло́н ихылҵқәаз Китро́ни Нахало́ли инхоз ықәрымцаӡеит, убри аҟынтә ханаа́наа урҭ ирыланхон. Дара ханаа́наа маҵуцәас иҟарҵеит.

31 Аси́р ихылҵқәаз А́кко, Сидон, Ахла́в, Ахзи́в, Хе́лба, Афе́к, насгьы Рехо́в инхоз ауаа ықәрымцаӡеит. 32 Аси́р ихылҵқәаз уи адгьыл аҿы инхоз ханаа́наа ирыланхон, избанзар урҭ ықәрымцаӡеит.

33 Неффали́м ихылҵқәаз Бет-Шеме́ши Бет-Ана́ти инхоз ықәрымцаӡеит, убри аҟынтә уи адгьыл аҿы инхоз ханаа́наа ирыланхон. Дара Бет-Шеме́ши Бет-Ана́ти инхоз маҵуцәас иҟарҵеит.

34 Аморе́иаа Дан ихылҵқәаз ашьха иқәырцалеит, акаршәрахь илбааргьы руӡомызт. 35 Аморе́иаа ашьха Хере́си, ақалақьқәа Аиало́ни Шаалви́ми рҿы ишынхац инхон. Аха Иосиф ихылҵқәаз аныӷәӷәаха, урҭ маҵуцәас иҟарҵеит. 36 Аморе́иаа рыдгьыл Акраби́м захьӡу ашьхахыҵырҭа аҟынтә иалагон, Се́ла аҩадахьгьы ицон.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра