Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • my ажәабжь 68
  • Ҩыџьа аҷкәынцәа ҩаԥхьа рыԥсы шҭалаз

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ҩыџьа аҷкәынцәа ҩаԥхьа рыԥсы шҭалаз
  • Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
  • Иеиԥшу аматериал
  • Иара аҵыхәтәанынӡа ахачҳара ааирԥшуан
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Аԥҳәысеиба лыҷкәын иԥсы ҭалеит!
    Учимся на примерах из Библии
  • Амца зхылҵуаз Иегова ир
    Учимся на примерах из Библии
Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы
my ажәабжь 68

АЖӘАБЖЬ 68

Ҩыџьа аҷкәынцәа ҩаԥхьа рыԥсы шҭалаз

УХАҾЫ иааг, уԥсуазшәа, аха нас ҩаԥхьа уԥсы ҭалазшәа — угәы ишԥаанаго, лхы шԥалбарыз уан? Анасыԥ ду лоуан! Аха иԥсхьоу ауаҩы ҩаԥхьа иԥсы ҭалар алшома? Абри аҩыза зныкыр иҟалахьоума?

Иубома асахьаҿы ахаҵеи, аԥҳәыси, аҷкәын хәыҷи. Ари ахаҵа — аԥааимбар Илиа иоуп. Аԥҳәыс — Сарепта ақалақь иатәу аԥҳәысеиба лоуп, аҷкәын — лԥа иоуп. Ҽнак зны аҷкәын дычмазаҩхеит. Уи есааира деицәахон, дагьԥсит аҵыхәтәан. Усҟан иан Илиа диҳәоит: ‘Дсыҭ аҷкәын’.

Илиа аҷкәын хыхьтәи ауаҭахахь дганы акаруаҭ дықәиҵоит. Нас Анцәа диҳәоит: ‘О, Иегова, иԥсы ҭалартә иҟаҵа аҷкәын!’ Ахәыҷгьы иԥсыԥ алага-ҩагара далагоит! Усҟан Илиа шьҭахьҟа иан лахь дигоит, нас ҿааиҭуеит: ‘Быԥшы, быҷкәын иԥсы ҭоуп!’ Убри азоуп ан асҟак насыԥ злымоу.

Егьи Иегова иԥааимбар дуӡӡа ихьӡуп Елисеи. Уи Илиа дицхраауеит. Аха ԥыҭраамҭак ашьҭахь Иегова аџьашьахәқәа ҟаиҵоит Елисеи илагьы. Ҽнак зны Елисеи Сонам ақалақь ахь дцоит — уаҟа ԥҳәыск абзиарақәа рацәаны изылуеит. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь ари аԥҳәыс аԥа длоуеит.

Ҽнак зны, аҷкәын данхбыџха, уи иаб иахь, амӡырхахьы дцоит. Иаалырҟьангьы ҿиҭуеит: ‘Схы сыхьуеит!’ Аҩныҟа данааргалак, иара уаҟа дыԥсуеит. Закәытә рыцҳароузеи ари ан лзыҳәан! Иаразнак уи Елисеи иахь дцоит.

Елисеи лыҩны даауеит, иԥсыз ахәыҷы дахьышьҭоу ауаҭах ахь дагьцоит. Уи Иегова диҳәоит, насгьы аԥсы диқәиоит. Иаарласны аҷкәын ицәеижь ԥхоит, уи бжьынтәгьы деимсоит. Шаҟа насыԥ лымоузеи ан, уи даныҩнала лыҷкәын иԥсы ҭаны данылбалак!

Абри аамҭа иалагӡаны ауаа даара ирацәаҩны иԥсхьеит. Ари ахьаа ӷәӷәа рзаанагеит рҭаацәеи рҩызцәеи. Ауаа ирылшаӡом аԥсцәа рыԥсы аҭаҵара. Аха уи Иегова илшоит. Уашьҭаншәа ҳара еилаҳкаауеит, уи аԥсҭазаарахь иширхынҳәуа миллионҩыла иԥсхьоу ауаа.

1 Аҳцәа 17:8—24; 2 Аҳцәа 4:8—37.

Аҵаразы азҵаарақәа

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра