Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • bh ад. 219—ад. 220
  • Изакәызеи «Вавилон Ду»?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Изакәызеи «Вавилон Ду»?
  • Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
bh ад. 219—ад. 220

АЦҴА

Изакәызеи «Вавилон Ду»?

ААТРА ашәҟәаҿы иану жәеинраалақәак ишыҟаҵәҟьоу еилкаатәым (Аатра 1:1). Иаҳҳәап, уаҟа иаҳәоит «Вавилон Ду» ҳәа зылахь ианыз аԥҳәыс лыӡбахә. Ари аԥҳәыс, инықәырԥшны иуҳәозар, ажәларқәеи, ахылҵшьҭрақәеи дрықәтәоуп (Аатра 17:1, 5, 15). Еилкаауп араҟа зыӡбахә ҳәоу аԥҳәысҵәҟьа шлакәым, уи иаа́нагоит Вавилон Ду асимволтә ҵакы шамоу. Иаалырԥшуада ари акалҭбааԥс?

Аатра 17:18 аҟны ари аԥҳәыс илыхьӡҵоуп «адгьыл аҿтәи аҳцәа зегьы знапаҵаҿ иҟоу ақалақь ду» ҳәа. Ажәа «ақалақь» иаанагоит еиҿкаау ауаа ргәыԥ. Ари «ақалақь ду» «адгьыл аҿтәи аҳцәа» рҟны анапхгара ҟанаҵоит аҟынтә, «Вавилон Ду» ҳәа ахьӡ змоу аԥҳәыс иаалырԥшуеит жәларбжьаратәи амч ду змоу аорганизациа. Лара адунеитәи аимпериа ҳәа лзуҳәар алшоит. Аха иарбан империоу лара анырра зылҭо? Адинхаҵара. Уааи ҳахәаԥшып ари ахшыҩҵак ашәҟәы Аатра ишышьақәнарӷәӷәо.

Иҟоуп аполитикатә, акоммерциатә, насгьы адинхаҵаратә империақәа. «Вавилон Ду» ҳәа захьӡу аԥҳәыс дзыҟалом политикатә империаны, избанзар Анцәа Иажәаҿы иҳәоуп «уи илыцкаҳԥуан адгьыл аԥсҳацәа» ҳәа, даҽакала иуҳәозар, ари адунеи иатәу аполитикатә мчқәа. Ари аԥҳәыс лкаҳԥра иаҵанакуа убриоуп, адгьылтә напхгаҩцәеи лареи аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьалҵоит. Лара илылшо зегь ҟалҵоит лнапахьы иааганы анырра рыҭаразы. Убри азоуп лара «ақалҭбааԥс ду» ҳәа злыхьӡу (Аатра 17:1, 2; Иаков 4:4).

Вавилон Ду коммерциатә империаны изыҟалом, избанзар «адгьылтә... ҭуџьарцәа», ма акоммерциатә структурақәа, ари асимволтә қалақь ақәхра рҵәыуалоит. Уи адагьы, Абиблиаҿы иаҳәоит аҳцәеи аҭуџьарцәеи «хара игыланы» Вавилон Ду иахәаԥшлоит ҳәа (Аатра 18:3, 9, 10, 15—17). Абри зегь иунарбоит Вавилон Ду — ари аполитикатә, ма акоммерциатә империа шакәым, аха адинхаҵаратә империа шакәу.

Иҟоуп даҽа ршаҳаҭгак, Вавилон Ду адинхаҵара шакәу ҳзырбо. Аатра ашәҟәаҿы иаҳәоит ари аҳҭнықалақь ажәларқәа зегьы «амбатәқәа [аспиритизм]» рыла ишарҩашьо (Аатра 18:23). Аспиритизм аформақәа зегьы адинхаҵара иадҳәалоуп, насгьы адемонцәа рҟынтә иаауеит. Уи ҳара иҳаилнаркаауеит аҳҭнықалақь Вавилон Ду Абиблиаҿы «аҩысҭаацәеи, аԥсы мыцқьацәеи ирҭыԥын» ҳәа аӡбахә зҳәоу (Аатра 18:2; Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 18:10—12). Ари аимпериа адинхаҵара иаша ӷашақә иазыҟоуп, насгьы «аԥааимбарцәеи ацқьацәеи» ирышьҭашәарыцоит (Аатра 18:24). Вавилон Ду адинхаҵара иашахь иамоу ацәымӷра ӷәӷәоуп, убри аҟынтә ари асимволтә калҭбааԥс цәгьашақәла дрызныҟәоит «Иисус ишаҳаҭцәа», насгьы иагьылшьуеит дара (Аатра 17:6). Ишаабо еиԥш, «Вавилон Ду» ҳәа ахьӡ змоу аԥҳәыс иаалырԥшуеит адунеитә амцдинхаҵара аимпериа, ма Анцәа Иегова иҿагылоу адинхаҵарақәа зегьы.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • Аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра