АЦҴА
Абираҟ арҳаракра, абжьыҭира, атәылауаҩратә маҵзура
Абираҟ арҳаракра. Иегова Ишаҳаҭцәа ирыԥхьаӡоит лассы-лассы ахьыӡрашәа зцу абираҟ амҵахырхәареи, ма уи арҳаракреи — ари адинхаҵара иадҳәалоу қьабзуп ҳәа, уи аан аиқәырхара зыбзоуроу Анцәа иакәымкәа аҳәынҭқарра, ма уи ахадацәа роуп ҳәа иԥхьаӡоуп (Исаиа 43:11; 1 Коринфаа 10:14; 1 Иоанн 5:21). Абас иҟаз ахадацәа дреиуан ажәытәтәи Вавилон аҳ Навуходоносор. Иҳаракреи идинхаҵаратә гәацԥыҳәареи рыла инапаҵаҟа иҟаз ауаа иршанхарц азы, ари амч ду змаз амонарх абаҟа дуӡӡа иргылеит, нас урҭ ирыдиҵеит уи иамҵахырхәарц, ахьыӡрашәа иеиԥшыз амузыка абжьы ангалак. Аха х-ҩык ауриа рԥарцәа Седрах, Мисах, Авденаго захьӡыз уи мап ацәыркит, ашьра шырзыԥшыз шырдыруазгьы (Даниил ахы 3).
Аҭоурыхҭҵааҩы Карлтон Хеис иҩуан: «Ҳаамҭазы амилаҭеилыхра иамоуп агәрахаҵара асимвол, насгьы изымҵахырхәо аобиект — ари абираҟ ауп. Ахацәа рхылԥақәа рхырхуеит, абираҟ рывганы ианырго; абираҟ иазкны ашәҟәыҩҩцәа аодақәа аԥырҵоит, ахәыҷқәа ахьыӡрашәақәа рҳәоит». Иара иациҵеит анационализм ишамоу дара иртәу «иԥшьоу амшқәа», ма аныҳәақәа, иаҳҳәап Ииуль 4 (Ахьыԥшымра Амш) Еиду Аштатқәа рҿы, иара убасгьы дара ирымоуп «аԥшьацәа, насгьы афырхацәа», «ауахәамақәа», ма аԥшьаҭыԥқәа. Бразилиа имҩаԥысуаз церемониак аҿы, аҭыԥ ду змаз арратә чинуаҩк иҳәеит: «Абираҟ иахӡыӡаауеит... Абираҟ иамҵахырхәоит, Аԥсадгьыл ахә шыршьо еиԥш». Ааи, «Америкатәи аенциклопедиа» аҿы ишазгәаҭаз ала, «аџьар еиԥш абираҟ ԥшьоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит».
Ааигәа хыхь иарбоу аенциклопедиаҿы иазгәаҭан «аҳәынҭқарратә хьыӡрашәа апатриоттә цәаныррақәа аадырԥшуеит, насгьы лассы-лассы Анцәа инапхгареи ажәлар, ма рнапхгаҩцәа рыхьчареи рзы а́ҳәарақәа аныԥшуеит» ҳәа. Убри аҟынтә Иегова имаҵуҩцәа ҟәышым ҳәа узҳәом апатриоттә церемониақәеи, абираҟ арҳаракреи, аҳәынҭқарратә хьыӡрашәақәеи адинхаҵаратә ҟазшьа рымоуп ҳәа ахьырыԥхьаӡо. Ашәҟәы «Америка аҟазшьа» аҿы ианын Иегова Ишаҳаҭцәа рхәыҷқәа Америкатәи ашколқәа рҿы абираҟ арҳаракра, ма уи азиашаразы аҭоуба аура мап шацәыркыз, уа иазгәаҭан: «Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҵыхәтәаны ишьақәнарӷәӷәеит арҭ есыҽнытәи ақьабзқәа адинхаҵара ишаҵанакуа» (The American Character).
Иегова Ишаҳаҭцәа абиблиатә шьаҭа змам ацеремониақәа рыҽрыладырхәуам, аха егьырҭ рыҽрыладырхәуазар, уи азин пату ақәырҵоит. Дара убасгьы пату ақәырҵоит аҳәынҭқарратә бираҟқәа асимволқәа реиԥш, насгьы изакәану аҳәынҭқарра «иаԥу амчра» «Анцәа имаҵ зуа» рроль назыгӡо ҳәа иазхарҵоит (Римаа 13:1—4). Убри аҟынтә Иегова Ишаҳаҭцәа «аԥсҳацәа, иара убас амчра знапаҿы иҟоу аиҳабыра рзы», Анцәа иҳәаларц ааԥхьара рыдыркылоит. Ҳара ус ҳхы мҩаԥаҳгоит «хиррала, ҳдин ишҳаднаҵо аиԥш ԥсыцқьала аҟазаара ҳаҭәахаразы» (1 Тимофеи 2:2).
Абжьыҭира аполитикатә алхрақәа раан. Ииашоу ақьырсианцәа пату ақәырҵоит егьырҭ абжьыҭиразы ирымоу азин. Дара алхрақәа ирҿагылаӡом, аха иалху амчрақәа рҳәатәы иахыԥаӡом. Аха дара ӷәӷәала анеитралитет иадгылоит ажәлар рполитикатә усқәа рҿы (Матфеи 22:21; 1 Пиотр 3:16). Рхы шԥамҩаԥыргар акәу ақьырсианцәа абжьыҭира ахьхымԥадатәиу, ма алхырҭатә ҭыԥқәа рахь имнеиуа ауаа иахьырҿагыло атәылақәа рҿы? Ақьырсиан игәалашәалар Седрах, Мисах, Авденаго адәкаршәра Деир ахь ишцаз, иаргьы уи еиԥшу аҭагылазаашьа данақәшәалак, абжьыҭирҭатә кабинка дыҩналарц иӡбар илшоит, иламыс иаҵанакуазар. Аха иара игәиҽанызароуп анеитралитет еилеимгарц. Иара ихәҭоуп анаҩстәи ф-принципк рызхьаԥшра:
Иисус ишьҭанеицәа «ари аԥсабара» иатәым (Иоанн 15:19).
Ақьырсианцәа Иисус Иаҳреи иареи ирхаҭарнакцәаны амаҵ руеит (Иоанн 18:36; 2 Коринфаа 5:20).
Ақьырсиантә еизара агәрахаҵараҿы еидкылоуп, насгьы аизара иалахәу бзиабарала еидҳәалоуп, Христос ибзиабара еиԥш (1 Коринфаа 1:10; Кәаласаа 3:14).
Ауаҩы амаҵураҭыԥ иоурц азы далызхуа ажәлар иргоит аҭакԥхықәра, уи иалырхуа анаҩс иҟаиҵо иусқәа рзы (Уахәаԥш иарбан принципқәоу 1 Самуил 8:5, 10—18; 1 Тимофеи 5:22 рҟны иану).
Израилаа ауаа рҟынтә аҳ дырхагылазарц агәаҳәара ахьрымаз, Иегова иара мап ицәыркызшәа иԥхьаӡеит (1 Самуил 8:7).
Ақьырсианцәа ражәаҳәа иақәиҭзароуп, еиуеиԥшым аполитикатә гәаанагарақәа змоу ауаа Анцәа Иаҳра атәы анырзеиҭарҳәо (Матфеи 24:14; 28:19, 20; Ауриацәа 10:35).
Атәылауаҩратә маҵзура. Тәылақәак рҿы арратә маҵзура ахгара мап ацәызкуа ауаа аҳәынҭқарра ирыднаҵоит аамҭак иалагӡаны атәылауаҩратә маҵзура рхыргаларц. Атәылауаҩратә маҵзура иаҵанакуа азҵаара ҳанақәшәо, ҳара иҳахәҭоуп Анцәа ҳиҳәаларц, иара убасгьы иҟалап, ишәу ақьырсиан иацәажәара ҳҭаххар, анаҩс ҳаламыс ишҳаҵанаҳәо, насгьы ари атема иазкны еилаҳкааз инарықәыршәаны, аӡбара ҳадаҳкылар (Ажәамаанақәа 2:1—5; Филиппаа 4:5).
Анцәа Иажәа ақьырсианцәа аанаԥхьоит «аиҳабыреи иаԥу егьырҭ амчрақәеи ирыххәыцларазы, рҳәатәы иқәныҟәаларазы, еснагь аус бзиақәа, аус хирқәа рыҟаҵара иазыхиазаарацы... аҟәымшәышәра аадырԥшларазы» (Тит 3:1, 2). Уи ҳгәаларшәо, ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Сара атәылауаҩратә маҵзура сақәшаҳаҭхар, еилазгома сара ақьырсиантә неитралитет, насгьы садҳәалахома џьара акы ала амцтә динхаҵара?» (Михеи 4:3, 5; 2 Коринфаа 6:16, 17). «Сара ари аус насыгӡалар, исцәыцәгьахома, ма зынӡа исԥырхагахома ақьырсиантә дҵақәа рынагӡара?» (Матфеи 28:19, 20; Ефесаа 6:4; Ауриацәа 10:24, 25). «Ма сара ари амаҵзура анысхызго, исымазаауама убри аҩыза аамҭеихша́ра, активла адоуҳатә усқәа рынагӡара, насгьы саамҭа зегьы амаҵзура азкра сылзыршо?» (Ауриацәа 6:11, 12).
Ақьырсиан иааӡоу иламыс иҵанаҳәо ала иӡбозар атәылауаҩратә маҵзура ахгара шилшо, абахҭа дҭаркыр аасҭа, игәрахаҵара ицеиҩызшо уи иӡбара пату ақәырҵароуп (Римаа 14:10). Иара уи аҩыза амаҵзура илшаӡом ҳәа игәы иаанагозар, егьырҭгьы игәаанагара пату ақәырҵар ауп (1 Коринфаа 10:29; 2 Коринфаа 1:24).