-
Амаҵ шԥазыруеи аизара аиҳабацәа аизара?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 15
Амаҵ шԥазыруеи аизара аиҳабацәа аизара?
Финлиандиа
Арҵара
Ахьчацәа имҩаԥырго аус
Ажәабжьҳәаратә маҵзура
Ҳара ҳаиҿкаараҿы иҟаӡам аԥара ззыршәо аиҳабацәа. Аха, актәи ашәышықәсазы иҟаз ақьырсиантә еизара аҟны еиԥш, ҳаргьы иҳамоуп «Анцәа иеизара рыхьчаларц» иалху, аԥышәа змоу аиҳабацәа (Аусқәа 20:28, АдҾ). Аизара аиҳабацәа — доуҳала ишәхьоу хацәоуп, урҭ аизараҿы напхгара руеит, Анцәа иԥсаса «ирзыфеидоуп ҳәа акәымкәа, агәаҳәара ацны, гәҭыӷьӷьаала» ирыхьчоит (1 Пиотр 5:1—3). Иҟарҵозеи дара ҳара ҳаманшәаларазы?
Дара аизара рыхьчоит. Аизара аиҳабацәа анапхгара ҟарҵоит, насгьы аизара адоуҳатә ԥырхага иацәырыхьчоит. Дара еилыркаауеит Иегова ириҭаз адҵа шаҟа аҭакԥхықәра ацу, убри аҟынтә дара аизараҿы амчра иашьҭаӡам, аха ҳгәырӷьареи ҳаманшәалареи иацхраауеит (2 Коринфаа 1:24). Зыԥсасаҿы зуасақәа зегь здыруа ахьча бзиа иеиԥш, аизара аиҳабацәагьы рҽазыршәоит аизараҿы иҟоу зегьы рабадырра (Ажәамаанақәа 27:23).
Дара Анцәа игәаԥхара анагӡара ҳдырҵоит. Есымчыбжьа аизара аиҳабацәа ҳхаҵара ӷәӷәахарц азы, аизарақәа мҩаԥыргоит (Аусқәа 15:32). Анцәа изиашоу арҭ ахацәа ажәабжьҳәара аус аҿгьы напхгара ҟарҵоит, ажәабжьҳәара ахкқәа зегь рҿы аус ҳацыруеит, ажәабжьҳәашьа ҳдырҵоит.
Дара ҳара ҳахь хаҭалатәи азҿлымҳара аадырԥшуеит. Аизара аиҳабацәа аизара иалахәу зегьы хаҭала рдоуҳатә ҭахрақәа иреиҷаҳауеит. Дара Иԥшьоу Аҩыра ацхыраарала ҳдырӷәӷәарц, ҳгәы шьҭырхырц азы, ҳаҩныҟа иаар, ма Аҳратә зал аҿы иҳацәажәар ауеит (Иаков 5:14, 15).
Аизара аиҳабацәа реиҳараҩык аҭаацәарақәа рымоуп, убри аҟынтә, аизара аусқәа рыдагьы, дара аус рулароуп, аҭаацәараҿы ирыду адҵақәа аанырмыжьроуп. Гәақәкрала аџьабаа збо арҭ ауаа ҳара ҳабзиабареи ҳапатуқәҵареи ирыԥсоуп (1 Фессалоникаа 5:12, 13).
Иарбан рольу инарыгӡо аизараҿы аиҳабацәа?
Ишԥаадырԥшуеи аизара аиҳабацәа ҳара ҳахь хаҭалатәи азҿлымҳара?
-
-
Изаҭахузеи амаҵзуратә цхырааҩцәа?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 16
Изаҭахузеи амаҵзуратә цхырааҩцәа?
Мианма
Аизараҿы
Ажәабжьҳәараз аиԥылара
Аҳратә зал аилыргара
Абиблиаҿ рыӡбахә ануп ақьырсиантә еизара иеиҷаҳауа ҩ-гәыԥк ахацәа,— ари «ахылаԥшыҩцәеи амаҵзуратә цхырааҩцәеи роуп» (Филиппаа 1:1, АдҾ). Ишаԥу еиԥш аизарақәа зегь рҿы амаҵ руеит ԥыҭҩык аишьцәа. Иҟарҵозеи амаҵзуратә цхырааҩцәа?
Дара аизара аиҳабацәа рхеилак иацхраауеит. Амаҵзуратә цхырааҩцәа — ари адоуҳатә гәазыҟашьа змоу, узықәгәыӷыртә иҟоу хацәоуп. Дара ахылаԥшуеит акрызҵазкуа, еиҳараӡак аиҿкааратә хәҭахьы иаҵанакуа, аизара аус иадҳәалоу абзазаратә зҵаарақәа. Урҭ рыцхыраара абзоурала аизара аиҳабацәа арҵареи ахьчацәа имҩаԥырго ауси рыхшыҩ азырышьҭуеит.
Дара иаҭаху ацхыраара ҟарҵоит. Маҵзуратә цхырааҩцәақәак еиҿкааҩцәас амаҵ руеит — дара аизарахь инеиуа зегьы аԥсшәа рарҳәоит. Егьырҭ алхуп музыкала аиқәыршәара, алитература рыҭара, аизара афинанстә зҵаарақәа реилыргара, насгьы ажәабжьҳәаразы атерриториақәа ршаразы. Дара иара убас Аҳратә зал ахылаԥшреи аилыргареи иалахәуп. Аизара аиҳабацәа урҭ ирыҳәар ауеит аизараҿы зықәрахь инеихьоу ирыцхрааларц. Амаҵзуратә цхырааҩцәа иарбан дҵоу инарыгӡозаалакгьы, дара амаҵзура иахьазхиоу азы ҳара ҳапатуқәҵара иаԥсоуп (1 Тимофеи 3:13).
Дара аҿырԥш бзиа ҳарҭоит. Маҵзуратә хылаԥшыҩцәас иалырхуа доуҳала ишәхьоу аишьцәа роуп. Дара аиқәшәараҿы апрограмма ианалахәу, ҳхаҵара арӷәӷәара рҽазыршәоит. Урҭ ажәабжьҳәаратә ус аҿы анапхгара аныҟарҵо, иаадырԥшуа агәацԥыҳәара ҳара ҳахьгьы ииасуеит. Дара аизара аиҳабацәа рхеилак аус ахьрыцыруа иабзоураны, аизараҿы агәырӷьареи акзаареи ҟалоит (Ефесаа 4:16). Ԥыҭрак ашьҭахь дара аизараҿ еиҳабацәас иҟаларц азы ррекомендациа рышьҭыр алшоит.
Изусҭцәада амаҵзуратә цхырааҩцәа?
Ишԥацхраауеи амаҵзуратә цхырааҩцәа аизараҿы еиҿкаау аус?
-
-
Ишԥаҳацхраауеи ҳара араионтә хылаԥшыҩцәа?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 17
Ишԥаҳацхраауеи ҳара араионтә хылаԥшыҩцәа?
Малави
Ажәабжьҳәаразы аиԥылара
Ажәабжьҳәаратә маҵзура
Аизара аиҳабацәа реиԥылара
Ақьырсиантә Бырзентә Ҩырақәа рҟны Варнава, насгьы апостол Павел рыӡбахә лассы-лассы иануп. Арҭ ахацәа раԥхьатәи ақьырсиантә еизарақәа ирҭаауа хылаԥшыҩцәаны амаҵ руан. Избан дара ус зыҟарҵоз? Дара гәыкала еиҷаҳауан доуҳала иҟаз аишьцәа рыбзазара. Зны Павел Варнава иеиҳәеит: «Уааи ҳхынҳәны аишьцәа ҳарҭаап ...русқәа шыҟоу ҳбап». Иара дазхиан даара акырӡа ихараны ацара, ихаҵара ицеиҩызшоз рырӷәӷәаразы (Аусқәа 15:36, АдҾ). Убасҵәҟьа иҟоу агәазыҟашьа рымоуп аизара иаҭаауа ахылаԥшыҩцәа иахьагьы.
Дара ҳарӷәӷәаразы иаауеит. Араионтә хылаԥшҩы шықәсыкахь ҩынтә инықәырԥшны иуҳәозар 20 еизара (раионк) дырҭаауеит, еизарак аҿы мчыбжьык дыҟоуп. Ҳара арҭ аԥышәа змоу аишьцәеи дара рыҳәсеи ирҿаҳҵаауа рацәоуп. Дара рҽазыршәоит аизараҿ зегьы, ахәыҷқәагьы, зықәрахь инеихьоугьы рабадырра, насгьы гәахәарала ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәареи абиблиатә ҵарақәе́и рахь ирыццоит. Араионтә хылаԥшыҩцәа аизара аиҳабацәа имҩаԥырго ахьчаратә ус ахь ирыццоит, иара убас ҳара зегь ҳдырӷәӷәоит, аизарақәеи аконгрессқәеи рҿы угәы шьҭызхуа ажәахәқәа рыманы ианықәгыло (Аусқәа 15:35).
Дара аизараҿы зегьы ирыдҵаалоит. Араионтә хылаԥшыҩцәа рхықәкы — аизарақәа доуҳала рырӷәӷәара ауп. Дара аизара аиҳабацәеи амаҵзуратә цхырааҩцәеи еизганы ирылацәажәоит иҟаҵаз аихьӡарақәа, насгьы алабжьара рырҭоит. Дара апионерцәа рмаҵзура аиӷьтәра ирыцхраауеит, насгьы аизарахь ҿыц иааз ирабадыруеит, рдоуҳатә қәҿиарақәа ирыдҵаалоит. Урҭ аишьцәа зегьы ҳара иҳацхраарц азы раамҭеи рымчқәеи аныхра иазхиоуп (2 Коринфаа 8:23). Дара ирымоу агәрахаҵареи Анцәа изиашареи ҿырԥш дууп ҳара ҳзы (Ауриацәа 13:7).
Иарбан хықәку ирымоу араионтә хылаԥшыҩцәа?
Ишԥашәыцхраауеи шәара урҭ рҭаара?
-
-
Ҳашԥарыцхраауеи ҳашьцәа аԥсабаратә рыцҳарақәа раан?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 18
Ҳашԥарыцхраауеи ҳашьцәа аԥсабаратә рыцҳарақәа раан?
Доминикантәи Аҳәынҭқарра
Иапониа
Гаити
Аԥсабаратә рыцҳара аныҟало Иегова ишаҳаҭцәа иаразнак еиҿыркаауеит аус, ааха зауз араионқәа рҿы рашьцәа ацхыраара рырҭарц. Убри ала ҳара гәыкала бзиа ҳшеибабо ааҳарԥшуеит (Иоанн 13:34, 35; 1 Иоанн 3:17, 18). Иаҵанакуазеи уи аҩыза ацхыраара?
Ҳԥара алаҳҵоит. Актәи ашәышықәсазы Иудеиа амлакра ду аналага, Антиохиа инхоз ақьырсианцәа доуҳала ирзыҟаз рашьцәа аматериалтә цхыраара рзырышьҭит (Аусқәа 11:27—30). Убас еиԥш иахьа ҳара тәылак аҿы ҳашьцәа ауадаҩрақәа ишрықәшәаз анеилаҳкаалак, ҳара аҭыԥантәи аизара ала ацхыраара рзаҳашьҭуеит (2 Коринфаа 8:13—15).
Ацхыраара усла иааҳарԥшуеит. Аизара аиҳабацәа рҽазыршәоит ааха зауз аҭыԥ аҿы аизара аҟынтә зегьы рыԥшаара, акгьы шырмыхьыз агәра ргарц. Ацхыраара аҭаразы иҟоу акомитет адгылоит афатәи, аӡы цқьеи, амаҭәеи ршара, иара убас ахыҵакырҭеи амедицинатә цхыраареи рырхиара. Ирацәаҩны Иегова ишаҳаҭцәа иаҭаху аҟазара змоу, хатәгәаԥхарала иааны аҩнқәеи Аҳратә залқәеи реиҭашьақәыргылара ирыцхраауеит. Ҳара ҳаиҿкаараҿ иҟоу акзаареи ҳаидгыланы аус ахьеицаҳуа иҳауа аԥышәеи ҳгәазҭанаҵоит арыцҳара аныҟало ирласны ақәҿыҭра. Аха ҳара «ҳагәрагара ҳацеиҩызшо» ҳанрыцхраауа, иаҳхашҭӡом егьырҭгьы иарбан динхаҵароу изҵанакуазаалакгьы (Галаҭаа 6:10).
Адоуҳатә, насгьы аемоциатә цхыраара раҳҭоит. Аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыхҟьаны ааха зауз еиҳараӡак ргәы шьҭыхтәуп. Ус еиԥш иҟоу аамҭақәа раан ҳара Иегова, «агәыразреи агәыжьжьареи р-Нцәа», амч ҳаиҭоит (2 Коринфаа 1:3, 4). Ҳара ҳаигәырӷьоит Анцәа Иаҳра иаарласны ахьааи агәаҟрақәеи ҳзаазго атрагедиақәа рҵыхәтәа шԥиҵәо иазкны Абиблиа иану ақәыргәыӷрақәа ауаа рзеиҭаҳәара (Аатра 21:4).
Ргәазҭазҵозеи Иегова ишаҳаҭцәа аԥсабаратә рыцҳарақәа раан ирласны ақәҿыҭра?
Иаҵанакуазеи ааха зауз рахь иааҳарԥшуа адоуҳатә цхыраара?
-
-
Дызусҭада игәрагоу, иҟәышу атәы?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 19
Дызусҭада игәрагоу, иҟәышу атәы?
Ҳара даараӡа пату ҳзақәуп адоуҳатә фатәы
Иисус иԥсра маҷк шагыз ԥшьҩык иҵаҩцәеи иареи даара ихадаз темак иалацәажәеит, урҭ Пиотр, Иаков, Иоанн, насгьы Андреи ракәын. Иисус ирзааиртит иаара амш ҷыдарас иаи́уа аҵыхәтәантәи амшқәа раан, анаҩс ириҭоит азҵаара: «Дарбан тәу, игәрагоу, иҟәышу, заҳ змаҵуҩцәа ирхаиргылаз, ианаамҭоу рыфатә риҭаларазы?» (Матфеи 24:3, 45; Марк 13:3, 4). Иисус иҵаҩцәа агәра диргеит «раҳ» иеиԥш, «атәы» дшырхаиргыло, ари ицәгьоу адунеи аҵыхәтәа анааигәахо аламҭалазы иааиԥмырҟьаӡакәа ишьҭанеицәа адоуҳатә фатәы шриҭо ала. Излашьақәгылозеи «атәы» икласс?
Арҭ идуцәам Иисус ишьҭанеиуа иԥшьоу гәыԥуп. «Атәы» — ари Иегова ишаҳаҭцәа Рнапхгаратә хеилак ауп. Иара Иегова имаҵуҩцәа зегьы изаамҭанытәу афатә рзишоит. Уи игәрагоу «атәы» ида ҳара «ианаамҭоу ача» ҳауломызт (Лука 12:42).
Иара Анцәа иҩнаҿы усбаҩс дамоуп (1 Тимофеи 3:15). Иисус «атәы» даараӡа ҟәышрала изызнеитәыз аус идиҵеит — Иегова адгьылаҿ имоу иеиҿкаара напхгара азура. Уи азы иара «атәы» идиҵеит аԥара ахылаԥшра, ажәабжьҳәара ахацыркра, насгьы аизарақәа рҿы аҵара ҳарҵара. «Игәрагоу, иҟәышу атәы» адоуҳатә фатәы апубликациақәеи, аизарақәеи, аконгрессқәеи рыла иҳаиҭоит.
Ари игәрагоу «атәы» — абиблиатә иаша, насгьы адҵа ажәабжь бзиа рыларҵәара дадгылоуп; иара убасгьы дҟәышуп, избанзар ҟәыӷарала Христос адгьылаҿ идиҵаз зегьы дазнеиуеит (Аусқәа 10:42). Иегова уи иџьабаа дазылԥхоит, иеиҿкаарахь згәы аарту ауаа адыԥхьало, насгьы меигӡарахда адоуҳатә фатәы рыҭо (Исаиа 60:22; 65:13).
Иалихыда Иисус иҵаҩцәа ианаамҭоу адоуҳатә фатәы рыҭаразы?
Излаубарҭоузеи ари «атәы» дшыгәрагоу, дышҟәышу?
-
-
Аус шԥауеи иахьа Анапхгаратә хеилак?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 20
Аус шԥауеи иахьа Анапхгаратә хеилак?
Анапхгаратә хеилак актәи ашәышықәсазы
Анапхгаратә хеилак аҟынтә асалам шәҟәы аԥхьара
Актәи ашәышықәсазы Анапхгаратә хеилак еиҿкаан «аизара аиҳабацәеи апостолцәеи Иерусалим иҟаз» рыла. Ари агәыԥ хәыҷы иалаз аишьцәа, даара аҵакы змаз, иԥшьоу ақьырсианцәа реизарақәа зегьы ирныруаз аӡбарақәа рыдыркылон (Аусқәа 15:2). Аӡбара рыдыркылаанӡа, дара раԥхьа уи иазкны Аҩыра иаҳәо иалацәажәон, насгьы Анцәа идоуҳа анапхгара инақәыршәаны иҟарҵон (Аусқәа 15:25). Иахьа Иегова ишаҳаҭцәа уи аҿырԥшы иқәныҟәоит.
Анцәа уи ихы даирхәоит игәҭакы наигӡарц. Иԥшьоу аишьцәа Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа, даара пату ақәырҵоит Анцәа Иажәа, дара аԥышәа ду рымоуп аԥсҭазааратә, насгьы адоуҳатә зҵаарақәа рҿы. Урҭ есымчыбжьа еизоит, аиашьараҿ иҟоу адунеизегьтәи аҭахрақәа рылацәажәаразы. Актәи ашәышықәсазы ишыҟаз еиԥш, арҭ аишьцәа Абиблиа шьаҭас измоу анапхгара рырҭоит асалам шәҟәқәа рыла, насгьы иара убас аизара иаҭаауа ахылаԥшыҩцәеи егьырҭ амаҵзуҩцәеи рыла. Уи иабзоураны Анцәа ижәлар рыбжьара акзаара убаратәы иҟоуп русқәеи рхәыцрақәеи рҿы (Аусқәа 16:4, 5). Анапхгаратә хеилак адоуҳатә фатәы архиара, насгьы аишьцәа аҭакԥхықәра рыҭара иахылаԥшуеит, ажәабжьҳәара иазку Аҳратә ус иацхраауеит.
Анцәа идоуҳа анапхгара иқәныҟәоит. Анапхгаратә хеилак зегь рыла ирзыӡырҩуеит Иреиҳаӡоу Зегьзымчу Иеговеи аизара ахада Иисуси (1 Коринфаа 11:3; Ефесаа 5:23). Арҭ аишьцәа Анцәа ижәлар рыбжьара ԥхьагылаҩцәаны рхы рыԥхьаӡом. Егьырҭ иалху ақьырсианцәеи дареи «еснагь Асыс ахьцоз иашьҭан, Уи ахы ахьархозаалакгьы» (Аатра 14:4). Анапхгаратә хеилак аҟынтә аишьцәа даара ахә ршьоит дара рзы Анцәа ҳахьиҳәо.
Зыла ишьақәгыладаз анапхгаратә хеилак актәи ашәышықәсазы?
Ишԥаҿу иахьа Анапхгаратә хеилак Анцәа инапхгара аԥшаара?
-
-
Изакәызеи Вефиль?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 21
Изакәызеи Вефиль?
Асахьаркыратә ҟәша (Еиду Аштатқәа)
Германиа
Кениа
Колумбиа
«Вефиль» ажәытәуриатә бызшәала иаанагоит «Анцәа иҩны» (Аҟазаара 28:17, 19, албаага). Уи ахьӡ даара ирнаалоит ажәабжьҳәаратә ус азы идыргылаз акомплеқсқәа. Ус еиԥш иҟоу акомплеқсқәа Иегова ишаҳаҭцәа адунеи зегь ахьынӡанаӡааӡо ирымоуп. Анапхгаратә хеилак адунеизегьтәи ихадоу аусбарҭа Ниу-Иорк, Еиду Аштатқәа рҿы иҟоуп. Уантәи ахылаԥшра азыруеит еиуеиԥшым атәылақәа рҿы афилиалқәа рус шынарыгӡо. Вефиль амаҵ зуа зегьы вефильтәи аҭаацәа ҳәа ирышьҭоуп. Аиҩызара зыбжьоу ҭаацәара дук еиԥш, Вефиль инхо аус еицыруеит, акреицырфоит, насгьы Абиблиа еицҭырҵаауеит (Ԥсалом 133:1).
Иалукааша аҭаацәа, дасу ихатәы дашьҭамлакәа даҽаӡәы имаҵ ахьиуа. Вефиль инхо зегьы раамҭеи рымчи азыркуеит Анцәа игәаԥхара анагӡареи Аҳра аинтересқәа рыдгылареи (Матфеи 6:33). Уа аӡәгьы ауалафахәы иоуӡом, аха зегьы ироуеит ауада, афатә, насгьы рхатә харџь азы ацхыраагӡа. Вефильтәи амаҵзуҩы ҟәшак аҿы дарҭоит. Аӡәы аофис аҿы аус иуеит, даҽаӡәы афатәҟаҵарҭаҿы, ма акрыфарҭаҿы. Шьоукы атипографиа, ма ашәҟәыхҟьарҭа иаддыргылоит, егьырҭ — ауадақәа реилыргара, аӡәӡәара, аремонт аҟаҵара, насгьы егьырҭ акрызҵазкуа адҵақәа рыдуп.
Амчқәа зегьы — Аҳра иазку ажәабжьҳәаратә ус ԥхьаҟа ицарц азы. Вефильқәа зегьы хықәкы хадас ирымоу,— абиблиатә ҵабырг иахьынӡалшо ирацәаны ауаа ираҳарц ауп. Уи унарбоит ари аброшиура. Ари аброшиура анырыҩуаз Анапхгаратә хеилак алахәын, уи шьҭын акомпиутер ахархәарала адунеи зегь аҿы еиуеиԥшым аиҭагатә гәыԥқәа рахь, вефильтәи типографиақәак рҿы аццакыра змоу амашьына ала икьыԥхьын, нас 110 000 еизара инареиҳаны рахь идәықәҵан. Ари аус аҿы ргәақәкны аџьабаа рбон Вефиль амаҵзуҩцәа, уи ала дара ацхрааит зегь раасҭа ихадоу адҵа — ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәара (Марк 13:10).
Амаҵ зуада Вефиль, насгьы изланхозеи дара?
Иарбан усу инанагӡо Вефиль?
-
-
Иарбан усу инарыгӡо афилиал аҿы?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 22
Иарбан усу инарыгӡо афилиал аҿы?
Соломон идгьылбжьахақәа
Канада
Аладатәи Африкатәи Аҳәынҭқарра
Вефильтәи аҭаацәараҿы зегьы еиуеиԥшым аҟәшақәа рҿы амаҵ руеит, уи ала ажәабжьҳәара аус тәылақәак рҿы иадгылоит. Дара алитература еиҭаргоит, ажурналқәа ркьыԥхьуеит, ашәҟәқәа хырҟьоит, алитература шьҭаҵарҭаҿы аџьабаа рбоит, аудио-, насгьы авидеоҭыжьымҭақәа ҟарҵоит, насгьы инарыгӡоит егьырҭ акрызҵазкуа аусқәа.
Афилиал акомитет ахылаԥшра ала имҩаԥысуа. Анапхгаратә хеилак афилиал акомитет, хҩык ма инареиҳаны аизара аиҳабацәа рыла ишьақәгылоу, рнапы ианнаҵоит афилиал анапхгара аҭара. Акомитет аацҳара ашьҭуеит Анапхгаратә хеилак ахь рфилиал аҵаҟа иҟоу атәылақәа рҿы Аҳра аус шымҩаԥысуа иазкны, ицәырҵуа ауадаҩрақәа зегьы налаҵаны. Уи абзоурала Анапхгаратә хеилак иазымариоуп апубликациақәеи аизарақәеи аконгрессқәеи рҿы излацәажәатәу атемақәа ралхра. Анапхгаратә хеилак иааиԥмырҟьаӡакәа афилиалқәа рахь ахаҭарнакцәа ашьҭуеит. Урҭ аишьцәа афилиалқәа ирҭаауеит, акомитет алахәылацәа рыдҵақәа рынагӡара ирыцхраауа абжьагарақәа рырҭоит (Ажәамаанақәа 11:14). Афилиал зхылаԥшуа атерриториа аҿы инхо рзы еиҿкаахоит ахадаратә усбарҭа ахаҭарнак дахьықәгыло иҷыдоу аиқәшәара.
Аҭыԥантәи аизарақәа реиҷаҳара. Афилиал аҿы аҭакԥхықәра зду аишьцәа роуп изыӡбо аизара ҿыцқәа реиҿкаара. Убри адагьы арҭ аишьцәа напхгара азыруеит афилиал зхылаԥшуа атерриториаҿы амаҵ зуа апионерцәа, амиссионерцәеи араионтә хылаԥшыҩцәеи рус. Дара еиҿыркаауеит аконгрессқәа, ирхылаԥшуеит Аҳратә залқәа рыргылара, насгьы аизарақәа рахь алитература ашьҭра аус. Афилиал аусура зегь зызку ажәабжьҳәара аус еиҿкааны амҩаԥысра ауп (1 Коринфаа 14:33, 40).
Аус шԥеицыруеи афилиал акомитетқәеи Анапхгаратә хеилаки?
Иарбан дҵоу ирыду афилиалқәа?
-
-
Ишԥарыҩуеи, насгьы ишԥеиҭарго ҳара ҳлитература?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 23
Ишԥарыҩуеи, насгьы ишԥеиҭарго ҳара ҳлитература?
Ашәҟәҩыратә ҟәша (Еиду Аштатқәа)
Аладатәи Кореиа
Ермантәыла
Бурунди
Шри-Ланка
Ажәабжь бзиа «ауаатәыҩса зегьы — абшьҭрақәас, хылҵшьҭрақәас, жәларқәас иҟоу зегьы» ирылаҳҳәарц азы ҳара иҭҳажьуеит алитература 750 бызшәа инареиҳаны рыла (Аатра 14:6). Ишԥалшо уи? Ҳара адунеи зегь ахьынӡанаӡааӡо иҳамоуп ирацәаҩны ашәҟәыҩҩцәеи аиҭагаҩцәеи — дара зегьы Иегова ишаҳаҭцәа роуп.
Раԥхьа атекст англыз бызшәала ирыҩуеит. Адунеизегьтәи ихадоу аусбарҭа аҿы иҟоуп ашәҟәҩыратә ҟәша, насгьы уи иахылаԥшуеит Анапхгаратә хеилак. Уи аҟәша еиҿнакаауеит ашәҟәыҩҩцәа русура ихадоу аусбарҭеи афилиалқәеи рҿы. Ашәҟәыҩҩцәа еиуеиԥшым атәылақәа рҿы инхоит аҟынтә, ҳара ҳпубликациақәа рҿы еиуеиԥшым аԥхьаҩцәа рзы интересу атемақәа ануп.
Атекст аиҭагаҩцәа рахь ирышьҭуеит. Ириашоу, ишьақәырӷәӷәоу аматериал акомпиутер ахархәарала адунеи зегь ахьынӡанаӡааӡо аиҭагатә гәыԥқәа рахь идәықәырҵоит. Аиҭагаҩцәа атекст еиҭаргоит, англызтә текст иаҿдырԥшуеит, нас идыриашоит. Дара англызтә текст аҵакы рхатәы бызшәала ииашаны еиҭаргарц азы «ииашоу аҵабырг ажәақәа» алхра рҽазыршәоит (Екклезиаст 12:10).
Акомпиутерқәа аус дырласуеит. Акомпиутер ашәҟәыҩҩцәеи аиҭагаҩцәеи заԥсахӡом. Аха уи еиуеиԥшым апрограммақәеи, аелеқтронтә жәарқәеи, аенциклопедиақәеи рыла аус арласуеит. Иегова ишаҳаҭцәа еиҿыркааит «Бызшәа рацәала иҟоу аелеқтронтә ҭыжьратә система» (MEPS), уи абзоурала атекст ирацәаны абызшәақәа рыла иркьыԥхьуеит, асахьақәеи иареи еидыркылоит, нас аҭыжьразы идырхиоит.
Избан ҳара убас аус задаҳуло, абиблиатә литература бызшәа рацәала еиҭаҳгаларц азы? Избанзар Иегова «иҭахуп ауаа зегьы еиқәхарц, аиаша-ҵабырг рҭаарц» (1 Тимофеи 2:3, 4).
Ишԥарыҩуеи ҳара ҳлитература?
Изеиҭаҳгозеи ҳара ҳпубликациақәа бызшәа рацәала?
-
-
Иазҭода афинанстә цхыраара адунеизегьтәи ҳус?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 24
Иазҭода афинанстә цхыраара адунеизегьтәи ҳус?
Непал
Того
Великобританиа
Есышықәса ҳара ҳорганизациа хәыда-ԥсада иҭнажьуеит, насгьы ирыланарҵәоит миллионла Абиблиақәеи егьырҭ апубликациақәеи. Ҳара иҳаргылоит, насгьы еиҿаҳкаауеит Аҳратә залқәеи афилиалқәеи; ҳрыдгылоит ԥарала зқьҩыла Вефиль амаҵ зуа, насгьы амиссионерцәа; ҳрыцхраауеит аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыхҟьаны агәаҟра иақәшәаз. Иҟалап шәара ишәызцәырҵуазар азҵаара: «Иабантәиаауеи аԥара уи зегь аҟаҵаразы?»
Ҳара иарбанзаалак алагалақәа ҳшәаӡом, насгьы аԥара еизаҳгом. Инаҳагӡо ажәабжьҳәаратә ус ахарџь дуқәа шацугьы, ҳара аспонсорцәа ҳрышьҭаӡам. Шәышықәса раԥхьа аҩбатәи «Ахьчаратә бааш» аномер аҿы ианын ҳара Иегова дышҳадгыло агәра ганы ҳшыҟоу, насгьы «ахаан ауаа ацхыраараз ҳшырмыҳәо»,— ҳара ҳажәа наҳагӡеит! (Матфеи 10:8).
Ҳара ҳус хатәгәаԥхарала аҭарала иҟоуп. Ирацәаҩны ауаа инаҳагӡо абиблиатә ус азы аџьшьара аадырԥшуеит хатәгәԥхарала аҭарала. Иегова ишаҳаҭцәа рхаҭа Анцәа игәаԥхара адунеи зегь аҿы анагӡаразы, гәахәарала раамҭеи, рымчи, рԥареи азалырхуеит (1 Ашықәсынҵа 29:9). Аҳратә залқәеи Аконгресстә залқәеи рҿы иҟоуп хатәгәаԥхарала аҭаразы аиашьыкьқәа. Иара убас хатәгәаԥхарала аҭара ҟаҳҵарц азы, ҳсаит jw.org ҳхы иаҳархәар ҳалшоит. Еиҳарак аԥара азоурыжьуеит иӷарны инхо ауаа, ауахәамаҿы ахазынаҭра ҩ-лептак ҭазыршәыз Иисус ирҽхәаз аԥҳәысеиба рыцҳа леиԥш (Лука 21:1—4). Убас еиԥш дызусҭазаалак илшоит иааиԥмырҟьаӡакәа аҭаразы аԥара азалихлар, «иара игәаҿы ишиӡбаз еиԥш» (1 Коринфаа 16:2; 2 Коринфаа 9:7, АдҾ).
Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп: гәаартыла иҟоу ауаа анаҩсгьы ирымоу зегь ала Иегова дҳарарклоит, Аҳра аус иадгыло (Ажәамаанақәа 3:9).
Излареиԥшымзеи ҳара ҳаиҿкаара егьырҭ адинхаҵарақәа?
Ахархәара шԥазыруеи хатәгәаԥхарала иҟарҵо аҭара?
-
-
Аҳратә залқәа — издыргылозеи, насгьы ишԥадыргыло урҭ?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 25
Аҳратә залқәа — издыргылозеи, насгьы ишԥадыргыло урҭ?
Боливиа
Нигериа, идыргылаанӡа, иандыргыла ашьҭахь
Таити
Ҳара Ҳзалқәа Аҳратә залқәа ҳәа рыхьӡуп, избанзар Анцәа Иаҳра — ари ихадоу библиатә ҵароуп, насгьы Христос ирылаиҳәоз ажәабжь атема хада ауп (Лука 8:1).
Ииашоу амҵахырхәара аҭыԥқәа. Аҳратә залқәа рҿы еиҿыркаауеит ажәабжьҳәараз аиқәшәара (Матфеи 24:14). Арҭ Азалқәа ашәагааи адизаини рыла еиԥшӡам, аха еснагь иԥшӡоуп. Лассы-лассы Залк рхы иадырхәоит аизарақәа рацәаны. Ҳаизарақәа рахь иныҟәо рхыԥхьаӡара есымша иазҳауеит аҟынтә, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟа ҳара иҳаргылеит зқьыла Аҳратә зал ҿыцқәа — бжьаратәла есыҽны хә-залк ргылан. Ишԥаҳалшеи ҳара уи? (Матфеи 19:26).
Иргылоуп Аҳратә залқәа рыргыларазы хатәгәаԥхарала иаларҵо ала. Хатәгәаԥхарала иалаҵоу аԥарақәа афилиал ахь ирышьҭуеит, аизарақәа апроцент ада аԥара роуларц Аҳратә залқәа рыргыларазы, насгьы реиҿкааразы.
Еиуеиԥшым аилазааратә гәыԥқәа ирыҵанакуа ауаа хатәгәаԥхарала хәыда-ԥсада аус руеит. Еиуеиԥшым атәылақәа рҿы еиҿкаауп Аҳратә залқәа рыргыларазы агәыԥқәа. Заамҭа зегь аргыларақәа ирзызкуа, насгьы аамҭала хатәгәаԥхарала аргылара иаауа рыла ишьақәгылоу абригадақәа, ртәылаҿы еизарак аҟынтә даҽа еизарак ахь ииасуеит уатәи аишьцәа ирыцхраарц — ихароу арегионқәа рҿгьы — рхатәы Аҳратә залқәа рыргыларазы. Егьырҭ атәылақәа рҿы Аҳратә залқәа рыргылара, насгьы реиҿкаара анапхгара аҟаҵаразы иалкаау регионк аҿы иалырхуеит уи аус аҿы аԥышәа змоу Ашаҳаҭцәа. Ишаԥу еиԥш аргылара егьырҭ аҭыԥқәа рҟынтәи аԥышәа змоу аргылаҩцәа шалахәугьы, еиҳарак зҽалазырхәуа аҭыԥантәи аизарақәа рҟынтәи ажәабжьҳәаҩцәа роуп. Аҳратә залқәа рыргылара — даара иссируп, уи зыбзоуроу Иегова идоуҳа, насгьы Иара имаҵзуҩцәа рхы мап ацәкра иахьазхиоу ауп (Ԥсалом 127:1; Кәаласаа 3:23).
Изрыхьӡузеи Ҳзалқәа Аҳратә залқәа ҳәа?
Ишԥаҳалшо ҳара адунеи зегь аҿы Аҳратә залқәа рыргылара?
-
-
Ҳашԥахылаԥшуеи ҳара Аҳратә зал?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 26
Ҳашԥахылаԥшуеи ҳара Аҳратә зал?
Естониа
Зимбабве
Монголиа
Пуерто-Рико
Ҳара Ҳаҳратә залқәа Иегова изкуп, убри аҟынтә ҳара ҳзы ҳаҭырқәҵара дууп уа ацқьареи аиҿкаареи адгылара. Аҳратә зал аилыргареи амаҵ ауреи ҳара акрызҵазкуа иԥшьоу ҳмаҵзура иахәҭакуп. Уи рҽаладырхәыр рылшоит изҭаху зегьы.
Аизара ашьҭахь аилыргаразы ҳаанхоит. Еснагь аизара аналгалак ашьҭахь, Аҳратә зал хыхь-хыхь еилдыргоит. Мчыбжьыкахь знык ибзианы еилдыргоит. Аизара аиҳабацәа, ма амаҵзуратә цхырааҩцәа рҟынтә аӡәы аилыргаразы иҟоу аинструкциа ала ириҭоит адҵақәа. Аишьцәеи аиаҳәшьцәеи адашьма рыԥссоит, ирыӡәӡәоит, асаба дрыцқьоит, аҟәардәқәа ииашаны идыргылоит, ашьашьмақәа рыӡәӡәоит, адезинфекциа ҟарҵоит, асаркьақәеи асаркьа иалху ашәқәеи дрыцқьоит, агәам-сам дәылыргоит, насгьы Азал акәша-мыкәша еилдыргоит. Шықәсыкахь знык иадамзаргьы шьаҭанкыла еилдыргоит. Ҳара ахәыҷқәагьы адҵақәа анраҳҭо, аизара ахьымҩаԥырго аҭыԥ апату ақәҵара дҳарҵоит (Екклезиаст 5:1).
Аремонт аҟаҵараҿы ҳрыцхраауеит. Есышықәса Аҳратә зал аплан инақәыршәаны аҩныҵҟеи адәахьи гәарҭоит. Иааиԥмырҟьаӡакәа Азал иахьахылаԥшуа ибзианы еиқәшәоуп (2 Ашықәсынҵа 24:13; 34:10). Уи абзоурала иаҭахым ахарџь ҟаҵатәхаӡом. Зегьы ибзианы аус ахьауа ицқьоу Аҳратә зал,— ари ҳара ҳ-Анцәа имҵахырхәаразы иаԥсоу ҭыԥуп. Азал аиҿкаареи ахылаԥшреи ҳҽалаҳархәуазар, ҳара иааҳарԥшуеит Иегова бзиа дшаҳбо, насгьы иара ихьӡ зху аҭыԥ пату шақәаҳҵо (Ԥсалом 122:1). Уи адагьы, ицқьаӡа, иԥшӡаӡа иҟоу Аҳратә зал егьырҭ ауаа анырра бзиа рнаҭоит (2 Коринфаа 6:3).
Избан акыр заҵанакуа Аҳратә зал ибзианы еиқәшәазарц?
Ҳашԥадгыло ҳара Аҳратә зал аҿы ацқьара?
-
-
Изаҭахузеи Аҳратә зал аҿы абиблиотека?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 27
Изаҭахузеи Аҳратә зал аҿы абиблиотека?
Израил
Чехиатәи Аҳәынҭқарра
Бенин
Каимантәи адгьылбжьахақәа
Ишәҭахума шәара темак ҭышәҵаар, Абиблиа еиӷьны еилышәкаарц азы? Шәара иалкаау библиатә жәеинраалак аинтерес шәымазар? Мамзаргьы шәара еиҳа еиӷьны Абиблиаҿ зыӡбахә ану ауаҩы, ақалақь, ма маҭәарк ирызкны еилышәкаарц шәҭахызар? Ма шәхатәы уадаҩрак аӡбаразы абиблиатә бжьагара шәҭахызар? Ус анакәха Аҳратә зал абиблиотека шәахәаԥш.
Аҭҵааразы акрызҵазкуа амыруга. Иҟалап шәара Иегова ишаҳаҭцәа рпубликациақәа шәхатәы бызшәала ишәымамзар. Аха иҟалап урҭ Аҳратә зал абиблиотекаҿы иҟазар. Абиблиотекаҿ апубликациақәа еснагь иацырҵоит. Ҳара ҳпубликациақәа рыдагьы, уа ишәыԥшаар шәылшоит еиуеиԥшым Абиблиа аиҭагақәа, ажәарқәеи аенциклопедиақәеи. Абиблиотека зегьы рзы иаартуп, аизара алагаанӡа, насгьы ианалгалак ашьҭахь. Уа акомпиутер ыҟазар, ҳәарада Ахьчаратә бааш аелеқтронтә библиотека (Watchtower Library) ықәыргылазаауеит. Ари акомпиутертә программа аҿы иуԥшаауеит еиуеиԥшым ҳпубликациақәа рыхкқәа. Имариоу аԥшааратә система уцхраауеит апубликациақәа зегь рҿы иуҭаху атема, ажәа, ма абиблиатә жәеинраала аԥшаара.
Аиԥылара «Хаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» аҿы аҵара зҵо рзы ацхыраара бзиа. Аҽазыҟаҵараан Аҳратә зал абиблиотека шәхы иашәырхәар шәылшоит. Уи дахылаԥшуеит аиԥылара «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» амҩаԥгаҩ. Иара дахылаԥшуеит апубликациа ҿыцқәа ацырҵаларц, насгьы урҭ ибзианы еиқәшәазарц. Аиԥылара «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» амҩаԥгаҩ, ма Абиблиа шәыцызҵо ишәирбар илшоит ишәҭаху аинформациа шыԥшаатәу. Абиблиотекатә шәҟәқәа Аҳратә зал аҟынтә адәылгара, ма азгәаҭақәа анҵара ахәҭам. Ашәҟәқәа иреиҷаҳалатәуп.
Абиблиа ишану еиԥш, «Анцәа изку адырра» аԥшааразы, «иҵәаху ахазына еиԥш» иашьҭалатәуп (Ажәамаанақәа 2:1—5). Аҳратә зал абиблиотека ус еиԥш иҟоу аԥшаарақәа рылагара ишәыцхраауеит.
Ишәыԥшаарц шәылшозеи Аҳратә зал абиблиотекаҿ?
Ишәыцхраарц зылшода абиблиотека хархәашьас иамоу шәирбарц?
-
-
Иуԥшаар улшозеи ҳара ҳсаит аҿы?Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
-
-
АУРОК 28
Иуԥшаар улшозеи ҳара ҳсаит аҿы?
Франциа
Польша
Урыстәыла
Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Убас шәара шәылашарагьы ауаа рҿаԥхьа илашалааит, шәус хирқәа рбарҭахаразы, Ижәҩантәу Шәаб ирдуразы» (Матфеи 5:16). Иахьа аҵабырг алашара лашоит иахьатәи атехнологиақәа рхархәарала, Аинтернетгьы уахь иналаҵаны. Ҳара ҳсаит jw.org — ари иофициалтәу хыҵхырҭоуп, уантәи еилукаар улшоит Иегова ишаҳаҭцәа рдинҵарақәеи руси. Иуԥшаар улшозеи уа?
Лассы-лассы ицәырҵуа азҵаарақәа рҭакқәа Абиблиа аҟынтә. Шәара ишәыԥшаар шәылшоит ауаа ргәы иҭыхо акрызҵазкуа азҵаарақәа рҭак. Иаҳҳәап, абуклетқәа «Иҟалома знымзар-зны агәаҟрақәа рҵыхәтәа?», насгьы «Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?» онлаин шәаԥхьар шәылшоит 600 бызшәа инареиҳаны рыла. Ҳара ҳсаит аҿы иара убас иҟоуп «Адунеи ҿыц аиҭага» 130 бызшәа инареиҳаны рыла, Абиблиа аҵаразы ацхыраагӡақәа, насгьы изаамҭанытәу ажурналқәа «Ахьчаратә бааш», насгьы «Шәҿыха!». Реиҳарак арҭ апубликациақәа шәаԥхьар, ма асаитаҿ шәазыӡырҩыр ҟалоит, насгьы аформатқәа MP3, PDF ма EPUB рҿи иҭажәҩыр шәылшоит. Шәара иагьшәылшоит аинтерес змоу ауаҩы изы ихатәы бызшәала даҟьақәак шәкьыԥхьыр! Еиуеиԥшым ирацәаны абыжьҭыгарадатә бызшәақәа рыла иҟоуп авидеоҭыжьымҭақәа. Иҭажәҩыр ауеит исахьаркыроу Абиблиа аԥхьара, абиблиатә қәыргыларақәа, насгьы шәыԥсы анышәшьо шәыззыӡырҩыр шәылшо амузыка ԥшӡа.
Иегова ишаҳаҭцәа ирызку аиаша. Асаит аҿы иҟоуп еиуеиԥшым атәылақәа рҿы ҳус иазкны ажәабжь ҿыцқәеи авидеонҵамҭақәеи, насгьы иануп аацҳарақәа ҳара агәыҳалалратә цхыраара шыҟаҳҵо. Уи адагьы, уа иҟоуп аконгрессқәеи еиуеиԥшым атәылақәа рҿы ҳфилиалқәа рҭыӡҭыԥқәеи ирызкны аинформациа.
Иахьатәи атехнологиақәа рыбзоурала аҵабырг алашара адгьыл аҵыхәанӡа инаӡоит. Ауаа аконтинентқәа зегьы рҿы, Антарктида налаҵаны, ирызцәырҵит алшара абиблиатә ҵарақәа рабадырразы. Ҳара Анцәа ҳиҳәоит «Иҳақәиҭу иажәа еиҳа-еиҳа ауаа ирылаҳарҵәаразы» адгьыл зегь аҿы Иегова ихьӡ арҳаракразы (2 Фессалоникаа 3:1).
Ишԥарыцхраауеи ауаа асаит jw.org абиблиатә ҵабырг аилкаара?
Ишәҭахузеи шәара еилышәкаарц ҳара ҳсаит аҿы?
-