Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • Иабаҟоу иԥсхьоу ауаа?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
    • АХЫ 6

      Иабаҟоу иԥсхьоу ауаа?

      1—3. Иарбан зҵаарақәоу аԥсра иазкны ауаа ирызцәырҵуа, насгьы ишԥаҟарҵо урҭ рҭак адинхаҵарақәа?

      АБИБЛИА агәра ҳнаргоит мышкызны аԥсра уаҳа ишыҟамло (Аатра 21:4). Ахәбатәи ахаҿы ишеилаҳкааз еиԥш, аҿыхра абзоурала ҳара наӡаӡа анхаразы агәыӷра ҳамоуп. Аха макьана ауаа ԥсуеит (Екклезиаст 9:5). Убри аҟынтә ицәырҵуеит азҵаара: иабаҟоу иԥсхьоу ауаа?

      2 Ари азҵаара еиҳарак ҳгәы иҵхозар ауеит даара бзиа иаҳбоз аӡәы даҳцәыԥсызар. Ҳара ҳхәыцуазар алшоит: «Дабаҟоу иара уажәы? Кыр даргәаҟуама иара? Дсыцхраар илшома? Дызбома иара ҩаԥхьа?»

      3 Адинхаҵарақәа арҭ азҵаарақәа рганахь ала ирҳәо еиԥшым. Динхаҵарақәак ирҳәоит ауаҩы иԥсы анҭаз дыбзиазҭгьы, даныԥслак ашьҭахь ажәҩан ахь дцоит ҳәа, дыцәгьазҭгьы — џьаҳаным ахь. Егьырҭ ирҳәоит ауаҩы даныԥслак иара иԥси иԥсхьаз иуацәа рыԥси еиқәшәоит ҳәа. Даҽа шьоукы ирҳәоит ауаҩы даныԥслак ашьҭахь ҿыц диуеит, аха даҽа цәеижьк иоуеит ҳәа.

      4. Ирҳәозеи адинхаҵарақәа зегьы аԥсра иазкны?

      4 Адинхаҵарақәа аԥсра иазкны ирҳәо шеиԥшымгьы, ак аҿы ргәаанагара еиқәшәоит — дара зегьы ирҳәоит ауаҩы даныԥслак ашьҭахь иԥсы нхоит ҳәаa. Аха иашоума уи?

      ИАБАҞОУ ИԤСХЬОУ АУАА?

      5, 6. Иҟалозеи ауаҩы даныԥслак ашьҭахь?

      5 Иегова идыруеит ауаҩы даныԥсуа ашьҭахь иҟало, убри аҟынтә иҳаиҳәеит ауаҩы даныԥслак ашьҭахь иԥсҭазаара шҿахҵәо. Аԥсреи аԥсҭазаареи еицырзеиԥшу ҳәа акгьы ыҟам. Ауаҩы даныԥсуа ицәаныррақәеи ихәыцрақәеи ицыԥсуеит. Иара акгьы ибом, акгьы иаҳауам, ахәыцрагьы илшом.

      6 Аҳ Соломон иҩит: «Иԥсхьоу акгьы рыздыруам». Ауаҩы даныԥслак ашьҭахь «иҟам аусурагьы, агәҭакқәагьы, адыррагьы, аҟәышрагьы». (Шәаԥхьа Екклезиаст 9:5, 6, 10.) Иара убас Аԥсалом 146:4 иануп ауаҩы даныԥсуа ихәыцрақәа зегь шыӡуа.

      ИИСУС АԤСРА ИАЗКНЫ ИИҲӘАЗ

      Хаҵеи-ԥҳәыси абаҳчаҿы ашәҭ иахәаԥшуеит

      Иегова ауаа адгьыл аҿы наунагӡа инхаларц азы ишеит

      7. Ииҳәазеи Иисус аԥсра иазкны?

      7 Иисус иҩыза гәакьа Лазарь даныԥсы, иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Лазар, ҳара ҳҩыза, дыцәеит». Аха Иисус ииҳәарц ииҭахыз Лазарь иԥсы ишьоит ҳәа акәмызт, избанзар уи ашьҭахь иара иҳәеит: «Лазар дыԥсит» (Иоанн 11:11—14). Ишаҳбаз еиԥш, Иисус аԥсреи ацәеи еиҿирԥшит. Иара имҳәаӡеит Лазарь ажәҩан ахь дцеит, мамзаргьы иԥсхьаз иуацәеи иареи еиқәшәеит ҳәа. Уи иара убас имҳәаӡеит Лазарь џьаҳаным дақәшәеит, ма даҽа уаҩык иеиԥш ҿыц диит ҳәа. Мап, Иисус иажәақәа инарықәыршәаны Лазарь иҭаҳәахаа ицәоу ауаҩы диеиԥшын. Егьырҭ абиблиатә жәеинраалақәа рҿгьы аԥсра ацәа иаҿырԥшуп (Аԥсалом 13:3; Лука 8:52).

      8. Иабантәиҳдыруеи Анцәа ауаа ԥсларц шиҭахымыз?

      8 Ишама Анцәа Адами Евеи, урҭ мышкызны иԥсырц азы? Мап! Иегова урҭ ишеит ахаан ичмазҩымхаӡакәа наӡаӡа инхаларц азы. Иегова ауаа анишоз наӡаӡа анхаразы агәаҳәара рылеиҵеит (Екклезиаст 3:11). Шәазхәыц, ирҭахума аҭаацәа рхәыҷқәа шажәуа, насгьы ишыԥсуа рбалар? Иеговагьы иҭахӡам ҳара ҳшажәуа, насгьы ҳшыԥсуа ибалар. Анцәа наӡаӡа ҳанхаларц азы ҳаишазар, ҳзыԥсуазеи нас ҳара?

      ИЗЫԤСУАЗЕИ АУАА?

      9. Избан Иегова Адами Евеи аԥҟара зриҭаз, насгьы ицәгьазма уи ақәныҟәара?

      9 Едемтәи абаҳчаҿы Иегова Адам иеиҳәеит: «Уара узхара уфалар улшоит абаҳчаҿы игылоу аҵлақәа зегь рҟынтә. Аха ацәгьеи абзиеи уеилзыркаауа аҵла аҟынтә иумфан, избанзар иануфа аҽны хымԥада уԥсуеит» (Аҟазаара 2:9, 16, 17). Ари адҵа ақәныҟәара зынӡа ицәгьамызт, насгьы Иегова иман азин ацәгьеи абзиеи закәу Адами Евеи раҳәара. Урҭ Иегова изыӡырҩызҭгьы, Анцәа имчра пату шақәырҵоз, насгьы иара ирзыҟаиҵаз зегьы ахә шыршьоз аадырԥшуан.

      10, 11. а) Ишԥеижьеи Аҩсҭаа Адами Евеи? б) Избан урҭ ранажьразы амзыз зыҟамыз?

      10 Илахьеиқәҵагоуп, аха Адами Евеи Иегова изымӡырҩӡеит. Аҩсҭаа Ева длазҵааит: «Иҳәаҵәҟьама Анцәа абаҳчаҿы игылоу аҵлақәа зегь рҟынтә ашәыр шәфар ҟалом ҳәа?» Ева илҳәеит: «Абаҳча иҭагылоу аҵлақәа ршәыр ҳфар ҟалоит. Аха абаҳча агәҭаны иҟоу аҵла ашәыр азы Анцәа ус иҳәеит: „Ишәымфан уи аҟынтә, насгьы шәаламкьысын уи, шәымԥсырц азы“» (Аҟазаара 3:1—3).

      11 Анаҩс Аҩсҭаа иациҵеит: «Мап, шәыԥсӡом. Аха идыруеит Анцәа уи ашәыр анышәфо аҽны шәыблақәа шыхтуа, насгьы Анцәа иеиԥш ацәгьеи абзиеи здыруа шәакәны шәшыҟало» (Аҟазаара 3:4—6). Аҩсҭаа Ева агәра лиргарц иҭахын ацәгьеи абзиеи закәу лхала илыӡбалар лылшоит ҳәа. Убри аамҭазгьы дижьеит: иара иҳәеит лара Анцәа дизымӡырҩыр дыԥсӡом ҳәа. Убри аҟынтә Ева ашәыр ҿыхны афара далагеит, лхаҵагьы илҭеит, иаргьы ифеит. Адами Евеи ирдыруан Иегова ари ашәыр афара азин шримҭаз. Аха дара уеизгьы ирфеит, уи ала иаадырԥшит еилыкка иҟаз, иара убас ахшыҩ зҵаз адҵа ақәныҟәара шырҭахымыз, насгьы бзиа избоз жәҩантәи Раб пату шиқәрымҵоз. Урҭ ранажьразы амзыз ыҟамызт!

      12. Избан Адами Евеи Анцәа иахьизымӡырҩыз игәы зинархьыз?

      12 Илахьеиқәҵагоуп Адами Евеи аԥсҭазаара рызҭаз абас пату ахьиқәрымҵаз! Шәхы шԥажәбарыз шәхы шәамеигӡакәа ишәааӡаз шәыҷкәыни шәыӡӷаби шәҿагылазҭгьы, насгьы шәҳәатәы иахыԥазҭгьы? Ҳәарада, уи шәгәы шәнархьуан.

      Анцәа Адам дишоит

      Адам асаба далхын, асабахьгьы дхынҳәит

      13. Ииҳәарц ииҭахызи Иегова «уара дгьылтә сабоуп, асабахьгьы ухынҳәуеит» ҳәа Адам ианиеиҳәа?

      13 Адами Евеи Анцәа иахьизымӡырҩыз азы наӡаӡа анхаразы алшара рцәыӡит. Иегова Адам иеиҳәеит: «Уара дгьылтә сабоуп, асабахьгьы ухынҳәуеит». (Шәаԥхьа Аҟазаара 3:19.) Уи иаанагон Адам анышә ахь дшыгьежьуа, ахаан дыҟамызшәа дшықәӡаауа (Аҟазаара 2:7). Адам агәнаҳа аныҟаиҵа ашьҭахь дыԥсит, дықәӡааит.

      14. Ҳзыԥсуазеи ҳара?

      14 Адами Евеи Анцәа изыӡырҩызҭгьы, уажәраанӡагьы рыԥсы ҭазаауан. Аха дара Анцәа ианизымӡырҩы агәнаҳа иаҵалеит, аҵыхәтәангьы иԥсит. Агәнаҳа Адами Евеи рҟынтә ҳара ҳахь ииасыз иузымхәышәтәуа ачымазара иеиԥшуп. Ҳара зегьы агәнаҳа ҳаманы ҳаиуеит, убри азоуп ҳзыԥсуа (Римаа рахь 5:12). Аха Анцәа ауаа рзы ииҭахыз уи акәӡамызт. Иара иҭахӡамызт ауаа ԥсларц. Абиблиаҿы иҳәоуп аԥсра шҳаӷоу (1 Коринфаа рахь 15:26).

      АҴАБЫРГ АХАҚӘИҬРА ҲНАҬОИТ

      15. Ҳашԥахьчо аԥсра иазку аҵабырг?

      15 Аԥсра иазку аҵабырг ииашам агәаанагарақәа рҟынтә ҳахьчоит. Абиблиа иҳаилнаркаауеит иԥсыз ауаа шымгәаҟуа. Дара зцәажәом, ҳаргьы урҭ ҳазрацәажәом. Дара ацхыраара ҳаҭара рылшом, ҳаргьы урҭ ҳазрыцхраауам. Дара ҳԥырхагахоит ҳәа ашәара аҭахӡам, избанзар урҭ акгьы рзыҟаҵом. Аха адиннапхгаҩцәа аӡәырҩы ирҳәоит иԥсыз ауаҩы иԥсы нхоит ҳәа, насгьы уи ҳицхраарц азы апапцәа аԥара рзаҳшәароуп ҳәа. Аха аԥсра иазку аҵабырг анаҳдыруа, ҳара ари аҩыза амц агәра ҳгом.

      16. Иарбан мцу адинхаҵарақәа жәпакы ауаа иддырҵо?

      16 Аҩсҭаа ҳаижьарц, насгьы иԥсхьоу ауаа даҽаџьара инхоит ҳәа ахәыцра ҳалаиргарц азы амцдинхаҵара ихы иаирхәоит. Иаҳҳәап, уахәамақәак ауаа иддырҵоит ауаҩы данԥслак ашьҭахь иԥсы нхоит ҳәа. Ирҳәома шәдинхаҵараҿгьы убас, мамзаргьы уи ишәнарҵо Абиблиа иану иақәшәоу? Аҩсҭаа амц ихы иархәаны ауаа Иегова иҟәигоит.

      17. Избан џьаҳаным иазку амцҵара Иегова дланарҟәуеит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

      17 Адинхаҵарақәа жәпакы аԥсра иазкны ирҳәо уацәшәартә иҟоуп. Иаҳҳәап, дара ирҳәоит ауаа цәгьақәа џьаҳаным аҿы наӡаӡа амца иалабыллоит ҳәа. Ари амц Иегова дланарҟәуеит. Иара ауаа ахаангьы иргәаҟуам! (Шәаԥхьа 1 Иоанн 4:8.) Ихышәҳәаарызи аб изымӡырҩыз ихәыҷы инапы амца иахакны икызҭгьы? Ҳәарада, шәара уи абзиабара злам, иҽеим ауаҩ иоуп ҳәа шәыԥхьаӡон, насгьы уи ҩызас ишьҭыхра шәҭаххомызт. Аҩсҭаа иҭахуп ҳаргьы Иегова убас ҳаизыҟазарц!

      18. Избан иԥсхьоу ҳрыцәшәалар зҳахәҭам?

      18 Адиннапхгаҩцәа шьоукы ирҳәоит ауаҩы даныԥсуа ашьҭахь иԥсы нхоит ҳәа. Уи адагьы, дара ирҳәоит ҳара урҭ рымаҵ ҳаулар, мамзаргьы ҳрыцәшәалар ауп ҳәа, избанзар урҭ ма ҳрыхьчалар ма иаҳԥырхагахар ауеит ҳәа. Уи амц агәра зго ауаа даара ирацәаҩуп. Дара аԥсцәа ирыцәшәоит, убри аҟынтә Иегова иакәымкәа урҭ ирымҵахырхәоит. Аха хыхь ишҳәаз еиԥш аԥсцәа акгьы рбом, акгьы раҳауам, убри аҟынтә урҭ ҳрыцәшәалар ҳахәҭам. Ҳазшаз Иегова заҵәык иоуп зымҵахырхәара иаԥсоу, иара иоуп ииашаҵәҟьоу Анцәа (Аатра 4:11).

      19. Хәарҭас иаҳзаанагозеи иԥсхьоу рҭагылазаашьа иазкны аҵабырг ахьаҳдыруа?

      19 Иԥсхьоу рҭагылазаашьа иазкны иаҳдыруа аҵабырг амцҵарақәа рҟынтә ахақәиҭра ҳнаҭоит. Иара убас уи аҵабырг ҳацхраауеит Анцәа ҳаԥхьаҟа зеиԥшыҟам аԥеиԥш шҳаиҭо агәра агара.

      20. Еилҳаргозеи анаҩстәи ахаҿы?

      20 Акыршықәса раԥхьа инхоз Анцәа имаҵ зуаз Иов иҳәеит: «Ауаҩы дыԥсыр, еиҭа ҿыц дзынхома?» (Иов 14:14). Илшаҵәҟьома иԥсыз ауаҩы ҿыц анхара? Абиблиа ала Анцәа иҳаиҭо аҭак даара иџьашьахәуп. Уи анаҩстәи ахаҿы ҳалацәажәоит.

      a Еиҳаны еилышәкаарц азы шәахәаԥш Ацҵа 17.

      АРИ АХАҾЫ

      АҴАБЫРГ 1. АУАҨЫ ДАНЫԤСЛАК ИԤСҬАЗААРА ҾАХҴӘОИТ

      «Иԥсхьоу акгьы рыздыруам» (Екклезиаст 9:5).

      Иабаҟоу иԥсхьоу ауаа?

      • Аԥсалом 146:3, 4; Екклезиаст 9:6, 10

        Иԥсыз ауаҩы акгьы ибом, акгьы иаҳауам, насгьы дызхәыцуам.

      • Иоанн 11:11—14

        Иисус аԥсреи ацәеи еиҿирԥшит.

      АҴАБЫРГ 2. ИЕГОВА АУАА ԤСЛАРЦ ИҬАХӠАМЫЗТ

      «Ацәгьеи абзиеи уеилзыркаауа аҵла аҟынтә иумфан, избанзар иануфа аҽны хымԥада уԥсуеит» (Аҟазаара 2:17).

      Изыԥсуазеи ауаа?

      • Аҟазаара 3:1—6

        Аҩсҭаа Ева дижьеит: иара иҳәеит лара Анцәа дизымӡырҩыр дыԥсӡом ҳәа. Адами Евеи Анцәа ианизымӡырҩы агәнаҳа иаҵалеит, аҵыхәтәаны иагьԥсит.

      • Аҟазаара 3:19

        Адам данԥсы ашьҭахь ахаан дыҟамызшәа дықәӡааит.

      • Римаа рахь 5:12

        Агәнаҳа Адами Евеи рҟынтә ҳара ҳахь ииасыз иузымхәышәтәуа ачымазара иеиԥшуп. Ҳара зегьы агәнаҳа ҳаманы ҳаиуеит, убри азоуп ҳзыԥсуа.

      • 1 Коринфаа рахь 15:26

        Абиблиаҿы иҳәоуп аԥсра шҳаӷоу.

      АҴАБЫРГ 3. АҴАБЫРГ АХАҚӘИҬРА ҲНАҬОИТ

      «Ауаҩы дыԥсыр, еиҭа ҿыц дзынхома? ...Сара сеиқәырхара аныҟало аамҭа сазыԥшызаалоит» (Иов 14:14).

      Ҳашԥахьчо аԥсра иазку аҵабырг ииашам агәаанагарақәа рҟынтә?

      • 1 Иоанн 4:8

        Џьаҳаным иазку амцҵара Иегова дланарҟәуеит. Иара ауаа ахаангьы иргәаҟуам.

      • Аатра 4:11

        Аӡәырҩы ауаа аԥсцәа ирыцәшәоит, убри аҟынтә Иегова иакәымкәа урҭ рымаҵ руеит. Иегова заҵәык иоуп зымҵахырхәара иаԥсоу, иара иоуп ииашаҵәҟьоу Анцәа.

  • Анцәа иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵоит!
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
    • АХЫ 7

      Анцәа иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵоит!

      1—3. Иарбан «бахҭоу» ҳара зегьы ҳазҭаку, насгьы ҳхы ҳашԥақәиҭитәуеи Иегова?

      ШӘХАҾЫ иаажәг акгьы шәхараӡамкәа шәыԥсы ахьынӡаҭоу абахҭа шәҭаркызшәа. Шәара еилышәкаауеит ахаангьы шәшоурмыжьуа. Аха акгьы шәзыԥсахуам, убри аҟынтә шәгәы каҳаӡаны шәыҟоуп. Аха иаалырҟьаны еилышәкаауеит амчра змоу аӡәы шәхы шәақәиҭитәыр шилшо, иара дышшәыцхраауа шәақәиргәыӷуеит. Иарбан цәаныррақәоу уи ишәызцәырнагарыз?

      2 Аԥсра ҳара зегьы ҳҭакны ҳамоуп. Иааҟаҳҵалакгьы уи ҳзацәцом. Аха Иегова аԥсра аҟынтә ахақәиҭра ҳаиҭар илшоит. Иара агәра ҳиргоит аҵыхәтәантәи аӷа — аԥсра — шықәиго (1 Коринфаа рахь 15:26).

      3 Шәазхәыц уаҳа аӡәгьы аԥсра данацәымшәало аԥсҭазаара зеиԥшрахо! Аха Иегова ҳзықәиргәыӷуа уи мацара акәӡам. Иара иԥсхьоу ауаа аԥсҭазаарахь иширхынҳәуа агәра ҳиргоит. Шәазхәыц уи иаанаго. Иара иҳәоит иԥсхьоу рыԥсы шҭало (Исаиа 26:19).

      ИҲАЗГӘАКЬОУ ДАНЫԤСУА

      4. а) Ҳгәы зырӷәӷәар алшозеи ҳҩыза гәакьа, мамзаргьы ҳҭынха даныԥсуа? б) Ҩызцәас имадаз Иисус?

      4 Иҳазгәакьоу ҳҩыза, мамзаргьы ҳҭынха даныԥсуа ҳгәы хьаалеи гәырҩалеи иҭәуеит. Ҳара еилаҳкаауеит акгьы шаҳзымԥсахуа, насгьы акгьы шҳамчым ҳбоит. Аха Абиблиа ҳгәы арӷәӷәар алшоит. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 1:3, 4.) Иеговеи Иисуси иаҳцәыԥсхьоу рыԥсы ҭарҵарц рҭахуп. Шәааи уи ус шакәу ҳзырбо ҿырԥштәык еилҳаргап. Иисус адгьыл аҿы даныҟаз лассы-лассы Лазарьи, Марфеи, Мариеи рыҩны днеилон. Дара рыхҩыкгьы Иисус иҩызцәа гәакьақәа ракәын. Абиблиа иануп: «Иисус бзиа ибауан Марфа, убас уи лаҳәшьагьы Лазаргьы». Аха зны Лазарь дычмазаҩхан дыԥсит (Иоанн 11:3—5).

      5, 6. а) Иҟаиҵазеи Иисус Лазарь иуацәеи иҭынхацәеи шҵәыуоз аниба? б) Ҳгәы зарҭынчуазеи Иисус аԥсра дшазыҟаз ахьаҳдыруа?

      5 Иисус Марфеи Мариеи ргәы ирӷәӷәарц иҭахын. Марфа Иисус амҩа дшықәу анлаҳа, диԥыларц лыӡбеит. Лара Иисус данылба даараӡа дгәырӷьеит, насгьы илҳәеит: «Уара абраҟа уҟазҭгьы, сашьа дыԥсуамызт». Лара лгәы иаанагон Иисус уажәшьҭа акгьы изыҟаҵом ҳәа. Анаҩс Иисус Марфа лаҳәшьа Мариа дибоит. Лара аҵәыуара даҿуп. Зегьы шгәырҩоз, ишҵәыуоз аниба Иисус игәы ихьит, ихаҭагьы дамхаҵәыуеит (Иоанн 11:21, 33, 35). Бзиа иаҳбо аӡә иԥсра шыгәнаҳго еиԥш, Иисус иҩыза гәакьа иԥсра даара игәнигеит.

      6 Иисус Лазарь иԥсра абас игәы иахьалсыз ҳгәы арҭынчуеит. Уи иҳаилнаркаауеит Иисус Иаби иареи аԥсра шырцәымӷу (Иоанн 14:9). Иегова аԥсра наунагӡа иқәигар илшоит, иаарласны ус иагьыҟаиҵоит.

      «ЛАЗАР! УҬЫҴ»

      7, 8. Изылҭахымхазеи Марфа Лазарь дызҭаз адамра ахаҳә адырхырц, аха иҟаиҵазеи Иисус?

      7 Иисус Лазарь дызҭаз адамрахьы днеит. Уи аҩналарҭа ахаҳә ду адын. Убри аҟынтә Иисус иҳәеит: «Ахаҳә адышәх». Аха Марфа уи лҭахымхеит, избанзар Лазарь адамра дҭеижьҭеи ԥшьымш ҵхьан (Иоанн 11:39). Лара илыздыруамызт Иисус иҟаиҵарц ииҭахыз.

      Иисус Лазарь иԥсы ҭеиҵоит, иҭаацәеи иҩызцәеи уи даара иеигәырӷьоит

      Шәазхәыц Лазарь иуацәеи иҭынхацәеи шаҟа иеигәырӷьоз уи иԥсы анҭала! (Иоанн 11:38—44)

      8 Адамра ахаҳә анадырх, Иисус ибжьы рдуны иҳәеит: «Лазар! уҭыҵ». Марфеи Мариеи ирбаз даараӡа иаршанхеит: иԥсны ишьҭаз адамра дҭыҵит, «уи инапқәеи ишьапқәеи ԥс-кәыршала икәыршан» (Иоанн 11:43, 44). Лазарь иԥсы ҭалеит! Шәазхәыц Лазарь иуацәеи иҭынхацәеи шаҟа иеигәырӷьоз ҿыц Лазарь иацәажәалар, насгьы дыргәыдрыҳәҳәалар ахьрылшоз! Ааи, уи зеиԥшыҟам џьашьахәын!

      «АԤҲӘЫЗБА, БАРА БОУП ИЗАСҲӘО, БГЫЛ»

      9, 10. а) Изҭада Иисус амч ауаа рыԥсы аҭаҵаразы? б) Изанузеи Абиблиаҿы аԥсҭалара иазку ахҭысқәа?

      9 Изҭодаз Иисус амч аԥсцәа рыԥсы аҭаҵаразы? Лазарь иԥсы ҭеиҵаанӡа Иисус Иегова диҳәеит. Ус акәзар, амч изҭаз Иегова иоуп. (Шәаԥхьа Иоанн 11:41, 42.) Аха зыԥсы ҭаҵаз Лазарь имацара иакәӡамызт. Абиблиаҿы иануп 12 шықәса зхыҵуаз аӡӷаб лыхҭыс. Лара ӷәӷәала дычмазаҩын аҟынтә, лаб Иаир Иисус уи дихәышәтәырц диҳәеит. Лара иԥҳазаҵә лакәын. Аха Иисуси иареи анеицәажәоз аамҭазы шьоукы ааин, Иаир иарҳәоит: «Уԥҳа дыԥсит,— Арҵаҩы аџьабаа иалаҵара заҭахузеи?» Аха Иисус Иаир иеиҳәоит: «Умшәан, ахаҵара умаз, деиқәырхахоит». Анаҩс Иисус Иаир иҩныҟа диццоит. Аҩны ианазааигәаха Иисус ауаа рҵәыуабжь иаҳаит, насгьы шаҟа игәырҩоз ибеит. Иара ауаа иреиҳәоит: «Шәымҵәыуан; лара дымԥсӡеит, дыцәоуп». Иҟалап ахәыҷы лҭаацәа Иисус ииҳәаз уамашәа ирбазар, насгьы цқьа ирзеилымкаазар. Иара ауаа дәылҵырц дрыҳәан, ахәыҷы лани лаби иманы аӡӷаб дахьышьҭаз ауада дыҩналеит. Анаҩс иара лнапы аашьҭихын илеиҳәеит: «Аԥҳәызба, бара боуп изасҳәо, бгыл». Шаҟа иеигәырӷьазеи аӡӷаб лҭаацәа рыԥҳа иаразнак дгыланы аныҟәара даналага! Иисус уи лыԥсы ҭеиҵеит (Марк 5:22—24, 35—42; Лука 8:49—56). Убри амш инаркны дара рыԥҳа ианлыхәаԥшуаз, Иегова Иисус ила ирзыҟаиҵаз ргәалашәонa.

      10 Иисус зыԥсы ҭеиҵаз ауаа ԥыҭрак ашьҭахь уеизгьы иԥсит. Аха урҭ рыхҭыс ҳгәы даараӡа ишьҭнахуеит, насгьы агәыӷра ҳнаҭоит. Урҭ иаҳдырбоит Иегова иԥсыз ауаа рыԥсы ҭеиҵарц шиҭаху. Иара ус иагьыҟаиҵоит.

      ИҲАИЛДЫРКААУАЗЕИ АԤСҬАЛАРА ИАЗКУ АХҬЫСҚӘА?

      Пиотр Тавифа лыԥсы ҭеиҵоит

      Апостол Пиотр Тавифа зыхьӡыз ақьырсианԥҳәыс лыԥсы ҭеиҵеит (Аусқәа 9:36—42)

      Аԥҳәысеиба лԥа дылгәыдлыҳәҳәалоит, Илиа уи иԥсы анҭеиҵа ашьҭахь

      Илиа аԥҳәысеиба лԥа иԥсы ҭеиҵеит (1 Аҳцәа 17:17—24)

      11. Иҳаилнаркаауазеи Екклезиаст 9:5 аԥсцәа рҭагылазаашьа иазкны, насгьы ишԥаҳацхраауеи уи Лазарь иҭагылазаашьа аилкаара?

      11 Абиблиа еилыкка иҳанаҳәоит иԥсхьоу акгьы шырзымдыруа. Лазарьгьы дыԥсны даныҟаз акгьы издыруамызт (Екклезиаст 9:5). Уи ҳаилиркаарц азы Иисус иҳәеит Лазарь дыцәоуп ҳәа (Иоанн 11:11). Иара адамра дҭанаҵы акгьы издыруамызт.

      12. Иабантәиҳдыруеи Лазарь иԥсы шҭалаҵәҟьаз?

      12 Иисус Лазарь иԥсы шҭеиҵаз збаз рацәаҩын. Иисус иаӷацәаҵәҟьагьы ирдыруан иара уи аџьашьахәы шыҟаиҵаз. Лазарь ҩаԥхьа иԥсы ҭан, уи ишьақәнарӷәӷәон аԥсҭалара шыҟалаҵәҟьаз (Иоанн 11:47). Лазарь ибара иаауазгьы рацәаҩын, дара уи иԥсы шҭаз анырба нахыс Иисус Анцәа дшааишьҭыз агәра агара иалагеит. Аха Иисус иаӷацәа уи ргәаԥхомызт, убри аҟынтә Иисусгьы Лазарьгьы ршьырц рыӡбеит (Иоанн 11:53; 12:9—11).

      13. Агәра ганы ҳаҟазар зҳалшозеи Иегова иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо?

      13 Иисус иҳәеит адамрақәа ирҭоу зегьы рыԥсы шҭало (Иоанн 5:28). Уи иаанагоит Иегова игәалашәо зегьы рыԥсы шҭеиҵо. Аха Иегова ауаҩы иԥсы ҭеиҵарц азы уи изку зегьы ибзианы игәалашәозар ауп. Илшаҵәҟьома иара уи? Адунеи аҿы миллиардла аеҵәақәа ыҟоуп. Абиблиа иануп Иегова аеҵәақәа зегь рыхьӡқәа шидыруа. (Шәаԥхьа Исаиа 40:26.) Иара аеҵәақәа зегь рыхьӡқәа игәалашәозар, хымԥада зыԥсы ҭеиҵараны иҟоу ауаа ирызкны зегь бзианы игәалашәоит. Уи адагьы, адунеи зегь зшаз Иегова иоуп, убри аҟынтә иԥсхьоу рыԥсы аҭаҵаразы амч шимоу агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит.

      14, 15. Иҳаилдыркаауазеи Иов иажәақәа аԥсҭалара иазкны?

      14 Анцәа изиашаз Иов ауаа рыԥсы шҭало агәра игон. Иара дҵааит: «Ауаҩы дыԥсыр, еиҭа ҿыц дзынхома?» Анаҩс иара Иегова иеиҳәеит: «Уара усыԥхьоит, саргьы аҭак усҭоит. Уара унапы иҟанаҵаз гәхьааугалоит». Ааи, Иов идыруан Анцәа даараӡа дшазыԥшу иԥсхьоу рыԥсы анҭеиҵо аамҭа (Иов 14:13—15).

      15 Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырҵуа Иегова ауаа рыԥсы шҭеиҵо шәаназхәыцуа? Иҟалап шәаргьы шәҭынхацәа, ма шәҩызцәа рҟынтә аӡә дышәцәыԥсхьазар, убри аҟынтә шәхәыцуазар алшоит: «Рыԥсы ҭалоума даргьы?» Шаҟа ҳгәы арҭынчуазеи Иегова иԥсхьоу рыԥсы аҭаҵара шиҭаху ахьаҳдыруа. Шәааи еилаҳкаап зыԥсы ҭало ахьынхало, насгьы зыԥсы ҭаҵахо зусҭцәоу ирызкны Абиблиа иаҳәо.

      УРҬ ИАРА ИБЖЬЫ РАҲАУЕИТ, ИАГЬҬЫҴУЕИТ

      16. Изеиԥшрахозеи адгьыл аҿы зыԥсы ҭало рыԥсҭазаара?

      16 Ажәытәан зыԥсы ҭалаз ауаа ара, адгьыл аҿы, рҭынхацәеи рҩызцәеи еиҭа рыцынхара иалагеит. Убасҵәҟьа иҟалоит ҳаԥхьаҟагьы, уи аасҭагьы еиӷьхоит. Избан? Избанзар зыԥсы ҭало наӡаӡа анхаразы алшара роуеит, уаҳа ахаангьы иԥсӡом. Дара ахьынхало адунеи иахьатәи адунеи зынӡа иеиԥшхом, уаҳа иҟалаӡом аибашьрақәа, ацәгьоурақәа, ачымазарақәа.

      17. Изусҭцәада зыԥсы ҭаҵахо?

      17 Изусҭцәада зыԥсы ҭаҵахо? Иисус иҳәеит «адамрақәа ирҭоу зегьы Анцәа Иԥа ибжьы анраҳаша аамҭа» шыҟало (Иоанн 5:28, 29). Иара убас Аатра 20:13 (АдҾ) аҿы иануп: «Амшын иԥсны иамаз арахь иаанашьҭит, иара убас аԥсрагьы гадесгьы аԥсцәа арахь иаарышьҭит». Ааи, миллиардҩыла ауаа рыԥсы ҭаҵахоит. Апостол Павелгьы иҳәеит «ииаша-ҵабыргу рнаҩсангьы, агәнаҳа змоу иреиуоугьы» рыԥсы шҭаҵахо. (Шәаԥхьа Аусқәа 24:15.) Иаанагозеи уи?

      Џьанаҭ дгьыл аҿы зыԥсы ҭаҵахо ауаа ҿыц рҭынхацәеи рҩызцәеи ирыцынхалоит

      Џьанаҭ дгьыл аҿы зыԥсы ҭаҵахо ауаа ҿыц рҭынхацәеи рҩызцәеи ирыцынхалоит

      18. Изусҭцәада «ииаша-ҵабыргу»?

      18 Изусҭцәада «ииаша-ҵабыргу»? Уи Иисус адгьыл ахь даанӡа инхоз Иегова изиашаз имаҵзуҩцәа роуп. Иаҳҳәап, Нои, Авраам, Сарра, Моисеи, Руфь, Есфирь. Дара адгьыл аҿы инхаларц азы рыԥсы ҭаҵахоит. Урҭ рахьтә аӡәырҩы рыӡбахә шәаԥхьар шәылшоит Ауриацәа рахь 11-тәи ахаҿы. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи ҳаамҭазы иԥсуа Иегова имаҵзуҩцәа рзы? Даргьы «ииаша-ҵабыргу» рахь иаҵанакуеит, убри аҟынтә рыԥсы ҭаҵахоит.

      19. Изусҭцәада «агәнаҳа змоу»? Иарбан лшароу Иегова урҭ ириҭо?

      19 Изусҭцәада «агәнаҳа змоу»? Урҭ Иегова иеилкаара алшара змамыз роуп. Дара шыԥсхьоугьы Иегова урҭ ихамышҭӡеит. Иара урҭ рыԥсы ҭеиҵоит, уи абзоурала дара Иегова иӡбахә еилыркаауеит, насгьы имаҵ аура иалагар рылшоит.

      20. Избан Иегова зегьы рыԥсы зҭеимҵо?

      20 Иаанагома нас уи иԥсхьоу зегьы рыԥсы ҭалоит ҳәа? Мап. Иисус иҳәеит шьоукы ахаангьы рыԥсы шҭамло (Лука 12:5). Изыӡбода ауаҩы иԥсы ҭаҵахоу иҭаҵамхоу? Аҵыхәтәантәи аӡбара здызкыло Иегова иоуп, аха иара Иисусгьы амчра ииҭеит зыԥсы ҭоугьы иҭамгьы рус иӡбарц азы (Аусқәа 10:42). Иегова рыԥсы ҭеиҵом аус цәгьақәа рааныжьра зҭахым, насгьы аҽыԥсахра иазхиам ҳәа ииԥхьаӡо ауаа. (Шәахәаԥш Ацҵа 18.)

      ЖӘҨАНТӘИ АԤСҬАЗААРАЗЫ АԤСҬАЛАРА

      21, 22. а) Рыԥсы шԥаҭало жәҩантәи аԥсҭазаара зауа? б) Дызусҭадаз раԥхьаӡа жәҩантәи аԥсҭазааразы зыԥсы ҭаҵаз?

      21 Абиблиаҿы иара убас иануп шьоукы ажәҩан аҿы ишынхало. Аӡәы жәҩантәи аԥсҭазааразы иԥсы анҭало ауаҩытәыҩсатә цәеижь акәӡам иоуа. Иара иԥсы ҭаҵахоит доуҳатә шамҭаны.

      22 Жәҩантәи аԥсҭазааразы зыԥсы ҭаҵаз раԥхьатәи ауаҩы Иисус иакәын (Иоанн 3:13). Уи данԥсы ашьҭахь хымш анҵы Иегова иԥсы ҭеиҵеит (Аԥсалом 16:10; Аусқәа 13:34, 35). Иисус ауаҩытәыҩсатә цәеижь иманы акәӡам иԥсы шҭалаз. Апостол Пиотр иара изкны иҳәеит «цәеижьла дыршьит, аха доуҳала ҩаԥхьа дгылт» ҳәа (1 Пиотр 3:18). Иисус иԥсы ҭалеит амчра змаз доуҳатә шамҭаны (1 Коринфаа рахь 15:3—6). Аха Иисус имацара иакәӡам жәҩантәи аԥсҭазааразы зыԥсы ҭало.

      23, 24. Изусҭцәада Иисус зыӡбахә иҳәоз «агәарҭа маҷ», насгьы шаҟаҩы ыҟада урҭ?

      23 Иисус дыԥсаанӡа изиашаз иҵаҩцәа «сцоит шәҭыԥқәа сырхиаразы» ҳәа реиҳәеит (Иоанн 14:2). Арҭ ажәақәа иаадырԥшуеит Иисус ишьҭанеицәа рҟынтә шьоукы ажәҩан аҿы ицынхаларц азы рыԥсы шҭаҵахо. Аха шаҟаҩы ыҟада урҭ? Иисус иҳәеит урҭ рхыԥхьаӡара шырацәамхо — иара урҭ «агәарҭа маҷ» ҳәа рзиҳәеит (Лука 12:32). Апостол Иоанн урҭ рхыԥхьаӡара инҭкааны иҳәеит. Иара иоуз абараҿы Иисус, насгьы «шәи ҩынҩажәеи ԥшьба нызқьҩык» Сион ашьхаҿы ишгылаз ибеит (Аатра 14:1).

      24 Рыԥсы анбаҭало арҭ 144 000-ҩык? Абиблиа ишаҳәо ала, уи ҟалар акәын Иисус ажәҩан аҿы аҳра аура даналагалак ашьҭахь (1 Коринфаа рахь 15:23). Уи аамҭа ҟалахьеит, убри аҟынтә 144 000-ҩык рҟынтә реиҳараҩык рыԥсы ҭалахьеит, насгьы ажәҩан ахь ицахьеит. Урҭ рҟынтә макьана адгьыл аҿы инхо аныԥсуа ашьҭахьҵәҟьа рыԥсы ҭалоит, насгьы иаразнак ажәҩан ахь ицоит. Аха зыԥсы ҭаҵахо ауаа реиҳараҩык ара, адгьыл аҿы, инхалоит.

      25. Еилаҳкаауазеи анаҩстәи ахаҿы?

      25 Иаарласны Иегова ауаа аԥсра аҟынтә ахақәиҭра риҭоит, уаҳа ахаангьы аӡәгьы дыԥслаӡом! (Шәаԥхьа Исаиа 25:8.) Аха изҿызаалозеи ажәҩан ахь ицо? Абиблиаҿы иануп урҭ Анцәа Иаҳраҿы Иисус Христос аҳра ицрулоит ҳәа. Анаҩстәи ахаҿы ари Аҳра аӡбахә еиҳа еиӷьны еилаҳкаауеит.

      a Еиуеиԥшым абиблиатә цыԥҵәахақәа рҟынтә ҳара еилаҳкаауеит егьырҭ ауаагьы рыԥсы шҭаҵаз, урҭ рыбжьара иҟан ахацәагьы аҳәсагьы, иқәыԥшызгьы зықәрахь инеихьазгьы, Анцәа ижәлар иаҵанакуазгьы иаҵанамкуазгьы. Урҭ ирызкны еиҳаны еилышәкаарц азы шәрыԥхьа 1 Аҳцәа 17:17—24; 2 Аҳцәа 4:32—37; 13:20, 21; Матфеи 28:5—7; Лука 7:11—17; Аусқәа 9:36—42; 20:7—12.

      АРИ АХАҾЫ

      АҴАБЫРГ 1. ИЕГОВА АԤСРА ЫҚӘИГОИТ

      Иқәгахоит аҵыхәтәантәи аӷа — аԥсра (1 Коринфаа рахь 15:26).

      Ҳгәы шԥарҭынчуеи Абиблиа, иаҳзааигәоу ауаҩы даныԥсуа?

      • 2 Коринфаа рахь 1:3, 4

        Ҳҭынха, ма ҳҩыза гәакьа даныԥсуа ҳгәы ҳахьуеит, насгьы акгьы шҳамчым еилаҳкаауеит. Аха Абиблиа ҳгәы арӷәӷәоит.

      • Исаиа 25:8; 26:19

        Иегова аԥсра наунагӡа ақәгара илшоит. Иара иԥсхьоугьы рыԥсы ҭеиҵоит.

      АҴАБЫРГ 2. АНЦӘА ИԤСХЬОУ РЫԤСЫ ШҬЕИҴО АГӘРА АГАРАЗЫ АМЗЫЗҚӘА ҲАМОУП

      «Аԥҳәызба, бара боуп изасҳәо, бгыл» (Марк 5:41).

      Избан аԥсҭалара шыҟало агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо?

      • Иоанн 11:1—44

        Иисус Лазарь иԥсы ҭеиҵеит.

      • Марк 5:22—24, 35—42

        Иисус Иаир иԥҳа лыԥсы ҭеиҵеит.

      • Иоанн 11:41, 42

        Иисус Иегова ииҭаз амч ихы иархәаны иԥсхьаз рыԥсы ҭеиҵон.

      • Иоанн 12:9—11

        Иисус аԥсцәа рыԥсы шҭеиҵоз збаз рацәаҩын. Иаӷацәагьы ирдыруан уи шилшоз.

      АҴАБЫРГ 3. ИЕГОВА МИЛЛИАРДҨЫЛА ИԤСХЬОУ АУАА РЫԤСЫ ҬЕИҴОИТ

      «Уара усыԥхьоит, саргьы аҭак усҭоит. Уара унапы иҟанаҵаз гәхьааугалоит» (Иов 14:13—15).

      Изусҭцәада зыԥсы ҭаҵахо?

      • Иоанн 5:28, 29

        Иегова зыԥсы ҭеиҵар иҭаху зегьы игәалашәоит.

      • Аусқәа 24:15

        Ииаша-ҵабыргугьы агәнаҳа змоугьы рыԥсы ҭаҵахоит.

      • Исаиа 40:26

        Иегова аеҵәақәа зегь рыхьӡқәа игәалашәозар, хымԥада, зыԥсы ҭеиҵараны иҟоу ауаа ирызкны зегь бзианы игәалашәоит.

      АҴАБЫРГ 4. ШЬОУКЫ ЖӘҨАНТӘИ АԤСҬАЗААРАЗЫ РЫԤСЫ ҬАҴАХОИТ

      «Сцоит шәҭыԥқәа сырхиаразы» (Иоанн 14:2).

      Зыԥсы ҭаҵахода жәҩантәи аԥсҭазааразы?

      • 1 Пиотр 3:18

        Жәҩантәи аԥсҭазааразы раԥхьа зыԥсы ҭаҵаз Иисус иакәын.

      • Лука 12:32

        Иисус иҳәеит жәҩантәи аԥсҭазааразы зыԥсы ҭаҵахо рхыԥхьаӡара шырацәам.

      • Аатра 14:1

        Иегова жәҩантәи аԥсҭазааразы 144 000-ҩык алихит.

Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
Аҭыҵра
Аҭалара
  • аԥсуа
  • Егьырҭ рзышьҭра
  • Архиарақәа
  • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
  • Ахархәаразы аԥҟарақәа
  • Амаӡара аполитика
  • Амаӡара архиарақәа
  • JW.ORG
  • Аҭалара
Егьырҭ рзышьҭра