Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • lff аур. 38
  • Аԥсҭазаара — ҳамҭоуп

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥсҭазаара — ҳамҭоуп
  • Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА
  • ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА
  • ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ
  • Изишазеи Анцәа ауаа?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Ишԥаҳнаҭо Христос иԥсра ахақәиҭра?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
lff аур. 38
Аурок 38. Хаҵеи-ԥҳәыси ииз рхәыҷы дыргәыдрыҳәҳәалоит.

АУРОК 38

Аԥсҭазаара — ҳамҭоуп

Икьыԥхьу аформат
Икьыԥхьу аформат
Икьыԥхьу аформат

Аԥсҭазаара зеиԥшыҟам алшарақәа ҳзаазыртуа ҳамҭоуп. Ауадаҩрақәа анҳамоугьы, ҳаԥсҭазаараҿы агәырӷьаразы амзызқәа ҳамоуп. Ишԥааҳарԥшуеи аԥсҭазаара ахә ҳаракны ишаҳшьо? Избан зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳара уи аҳамҭа ахә заҳшьо?

1. Избан аԥсҭазаара пату зақәҵалатәу?

Аԥсҭазаара ахә ҳаракны иаҳшьалароуп, избанзар уи бзиа ҳазбо Ҳаб Иегова иҳаиҭаз ҳамҭоуп. Иара «аԥсҭазаара иахыҵхырҭоу», даҽакала иуҳәозар, зыԥсы ҭоу зегь зшаз иоуп (Аԥсалом 36:9). Анцәа иоуп «ауаа аԥсҭазаара рызҭо, рыԥсыԥ алагаҩагара рылзыршо, ирымоу зегь рызҭо» (Аусқәа 17:25, 28). Иегова ҳаԥсы ҭазарц азы иаҭаху зегь ҳаиҭоит. Уи адагьы, ҳаԥсҭазаара агәахәареи агәырӷьареи ҳзаанагаларц азы алшара ҳаиҭоит. (Шәаԥхьа Аусқәа 14:17.)

2. Ишԥаҳалшо аԥсҭазааразы Иегова иҭабуп ҳәа иаҳәара?

Иегова шәан лымгәарҭа шәанҭаз инаркны бзиа шәибахьан. Анцәа имаҵзуҩы Давид ус иҳәеит: «Уара субон сан лымгәарҭаҿы саныҟаз» (Аԥсалом 139:16). Иегова шәыԥсҭазаара ахә ҳаракны ишьоит. (Шәаԥхьа Матфеи 10:29—31.) Иара даараӡа игәы инархьуеит аӡәы ишидыруа егьи иԥсҭазаара анимихуа, ихатә ԥсҭазаарагьы анҿахиҵәо (Ақәҵымҭа 20:13)a. Иара убас Иегова игәы инархьуеит ауаҩы ихатә ԥсҭазаара ма егьырҭ ауаа рыԥсҭазаара ашәарҭара ианҭаиргыло. Ҳара ҳаԥсҭазаареи егьырҭ рыԥсҭазаареи пату ақәаҳҵозар, Иегова иҳаиҭаз зеиԥшыҟам аҳамҭа ахә ҳаракны ишаҳшьо ааҳарԥшлоит.

ЕИҲАНЫ ЕИЛЫШӘКАА

Еилышәкаа аԥсҭазааразы Анцәа иҭабуп ҳәа иашәҳәалар шшәылшо.

3. Шәгәабзиара шәахылаԥшла

Ауаҩы дқьырсианны даныҟало, иԥсҭаазараҿы еснагь Иегова игәаанагара дшазхәыцло ажәа ииҭоит. Инықәырԥшны иуҳәозар, ауаҩы ицәеижь Анцәа кәырбанс изнеигоит, уи Анцәа итәхоит. Шәаԥхьа Римаа 12:1, 2, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Шәгәазҭазҵар акәзеи шәгәабзиара ахылаԥшра?

  • Ишԥашәылшо уи аҟаҵара?

Зцәазтәымкәа иҟоу аԥҳәыс лҳақьым диацәажәоит.

4. Агәҽанҵарақәа шәрықәныҟәала

Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит ҳаԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло ҳҽацәаҳахьчаларц. Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА, насгьы еилышәкаа ҳхы ашәарҭара иҭаҳмаргылаларц азы иҟаҳҵалаша.

АВИДЕОНҴАМҬА: «Ашәарҭара шәҽацәышәыхьчала» (8:34)

Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 22:3, насгьы ишәҳәа шәыхгьы егьырҭ ауаагьы рыԥсҭазаара шәеиҷаҳалар шшәылшо.

  • аҩны;

  • аусураҿы;

  • аспорт хәмаррақәа шәанырҿу;

  • амашьына шәанақәтәоу.

Ахаҵа имашьынаҿы ашәарҭадара амаҟа имӷеиҵоит.

5. Имиц ахәыҷы шәиеиҷаҳала

Зцәазтәымкәа иҟоу аԥҳәыс лымгәа лшьышьуеит.

Давид апоезиа бызшәала иҳәеит Иегова ан лымгәарҭа иҭоу имиц ахәыҷы иԥсҭазаареи иеизҳашьеи дшацклаԥшуа. Шәаԥхьа Аԥсалом 139:13—17, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Ианбалаго, Иегова ихәаԥшышьала, ауаҩы иԥсҭазаара: ан лцәа даналашәо акәу, даниуа акәу?

Ажәытәан Иегова израильаа ириҭаз азакәанқәа ани имиц лхәыҷи рыхьчон. Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 21:22, 23, нас азҵаарақәа рҭак ҟашәҵа:

  • Дышԥеизыҟаз Иегова имиц ахәыҷы машәырла дызшьуаз ауаҩы?

  • Дышԥахәаԥшуеи Иегова, аӡәы ишидыруа имиц ахәыҷы иԥсҭазаара анҿахиҵәо?b

  • Шәгәы ишԥаанаго, ииашоума Иегова уи ус дахьазыҟоу?

Шәахәаԥш АВИДЕОНҴАМҬА.

АВИДЕОНҴАМҬА: «Анцәа изы дарбанзаалак ауаҩы иԥсҭазаара ахә ҳаракуп» (5:00)

Аԥсҭазаара пату ақәызҵо аԥҳәысгьы ҭагылазаашьақәак рҿы аҽԥыргара ада уаҳа ԥсыхәа ыҟам ҳәа лгәы иаанагар алшоит. Шәаԥхьа Исаиа 41:10, нас азҵаара аҭак ҟашәҵа:

  • Аԥҳәыс лыҽԥлыргарц лыдырцалозар, ацхыраара зҿы илыԥшаар лыхәҭада? Избан?

ШЬОУКЫ ИРҲӘОИТ: «Зны-зынла аԥҳәыс лыҽԥылмыргар ада ԥсыхәа анлымам ыҟоуп».

  • Агәра шәзыргозеи шәара Иегова ани имиц лхәыҷи рыԥсҭазаара ахә ҳаракны ишишьо?

ИХАДОУ АЗХӘЫЦРА

Иегова иаҳирҵоит ҳамҭас иҳаиҭаз аԥсҭазаара бзиа ишаҳбалаша, ҳшахылаԥшлаша, насгьы пату шақәаҳҵалаша. Уахь иаҵанакуеит ҳхатә ԥсҭазаареи егьырҭ ауаа рыԥсҭазаареи.

Аиҭахысра

  • Избан Иегова ауаҩы иԥсҭазаара ахә ҳаракны изишьо?

  • Дышԥахәаԥшуеи Иегова, аӡәы ишидыруа егьи иԥсҭазаара анҿахиҵәо?

  • Избан шәара аԥсҭазаара ахә ҳаракны изышәшьо?

Ахықәкқәа

ИҴЕГЬ ШӘАХӘАԤШ

Ишԥаҳалшо Иегова иҳаиҭаз аԥсҭазааразы ҭабуп ҳәа иаҳәара?

Песня 141. «Жизнь — чудесный дар» (2:41)

Еилышәкаа Анцәа зыҽԥзыргаз аԥҳәыс иланаижьуоу-иланаимыжьуоу.

«Что говорится в Библии об аборте?» (авеб-статиа)

Иарбан гәырҿыхагақәоу иалҳхло, Анцәа аԥсҭазаара дшазыҟоу анаҳдыруа?

«„Экстремальный спорт“. Стоит ли рисковать?» («Пробудитесь!», октиабр 8, 2000)

Еилышәкаа аҽшьра згәы иҭоу ауаҩы Абиблиа ицхраар шалшо.

«Аԥсра сҭахуп. Исыцхраар алшома Абиблиа, аҽшьразы ахәыцрақәа ансызцәырҵуа?» (авеб-статиа)

a Иегова згәы каҳаны иҟоу даараӡа хьаас имоуп (Аԥсалом 34:18). Иара еиликаауеит ахьааи агәырҩеи аҽшьра иазнархәыцыр шалшо, убри аҟынтә гәыкала дрыцхраар иҭахуп. Анцәа ус еиԥш иҟоу ахәыцрақәа зызцәырҵуа дышрыцхраауа еилышәкаарц азы, шәаԥхьа ари аурок аҿы иҟоу арамка «Иҵегь шәахәаԥш» аҿы иаагоу астатиа «Аԥсра сҭахуп. Исыцхраар алшома Абиблиа, аҽшьразы ахәыцрақәа ансызцәырҵуа?»

b Аҵабырг еилылкаанӡа зыҽԥзыргаз аԥҳәыс лхы ахара адлымҵалароуп. Иегова уи ланаижьыр илшоит. Уи иазкны еиҳаны еилышәкаар шәылшоит ари аурок аҿы иҟоу арамка «Иҵегь шәахәаԥш» аҿы иаагоу астатиа «Что говорится в Библии об аборте?» аҟынтә.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра