Ани аби
Анцәа аҭаацәара заԥиҵаз мзызқәак иреиуоу арбану?
Ирзыҟазар шԥарыхәҭоу ани аби рхәыҷқәа?
Аԥс 127:3—5; 128:3
Шәахәаԥш иара убас «Ахәыҷқәа; аҿар»
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Аҟ 33:4, 5. Иаков ихәыҷқәа Иегова иҟынтә иоуз ҳамҭаны иԥхьаӡон.
Ақәҵ 1:15, 16, 22; 2:1—4; 6:20. Амрами Иохаведеи Моисеи дроуит. Уи дрыхьчарц азы рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылон.
Иарбан ҭакԥхықәроу ани аби ирыду?
Ҩнтә 6:6, 7; 11:18, 19; Ажәм 22:6; 2Кр 12:14; 1Тм 5:8
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Избан ахәыҷқәа Иегова инормақәа дырҵара зхадоу?
Ажәм 1:8, 9; 22:6
Шәахәаԥш иара убас 2Тм 3:14, 15
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
1См 2:18—21, 26; 3:19. Самуил иани иаби иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ иуларц азы Иегова дирҭеит, аха иааиԥмырҟьаӡакәа изнеиуан, насгьы ихылаԥшуан. Иара гәыкала Иегова изиашаз уаҩны дҟалеит.
Лк 2:51, 52. Иисус иани иаби шынаӡамызгьы, иара урҭ еснагь дырзыӡырҩуан.
Ирыԥшаар абарылшо ани аби ахәыҷқәа рааӡаразы алабжьарақәа?
Ҩнтә 6:4—9; Еф 6:4; 2Тм 3:14—17
Шәахәаԥш иара убас Аԥс 127:1; Ажәм 16:3
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Аӡб 13:2—8. Манои амаалықь иҟынтә иԥшәмеи иареи аԥа дышроуа анеиликаа, ахәыҷы дышԥааӡатәу ҳәа Иегова диазҵааит.
Аԥс 78:3—8. Иегова иҭахуп ани аби рхәыҷқәа Абиблиа иану реилдыркааларц.
Избан ахәыҷы Иегова бзиа дахьырбо аҭаацәараҿы изҳазаргьы, Анцәа имаҵ аура иҭахымхар залшо?
Иез 18:1—13, 20
Иалагар анбарыхәҭоу ани аби рхәыҷқәа Анцәа инормақәа дырҵара?
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Ҩнтә 29:10—12, 29; 31:12; Езд 10:1. Израильаа Иегова инормақәа рҵаларц азы ианеизоз, ахәыҷқәагьы уахь иргон.
Лк 2:41—52. Иосифи Мариеи Мшаԥныҳәа азгәаҭаразы Иерусалимҟа ицон, рхәыҷқәагьы уахь иргон, Иисусгьы уахь дналаҵаны.
Иарбан Абиблиаҿы иаагоу ҿырԥштәқәоу ани аби ирыцхраауа рхәыҷқәа ԥырхагак рызҭар зылшо ауаа рҟынтә рыхьчара?
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Ақәҵ 19:4; Ҩнтә 32:11, 12. Иегова зхәыҷқәа иреиҷаҳауа, зымҵәыжәҩа иқәыртәаны иныҟәызго, изыхьчо ауарбажә ихы аҿирԥшит.
Иса 49:15. Иегова иҳәеит зхәыҷыԥшқа ихылаԥшуа ан лаасҭа еиҳангьы имаҵзуҩцәа дшырхылаԥшло, насгьы ишихьчало.
Мф 2:1—16. Аҩсҭаа Иисус даныхәыҷыз дишьырц иҭахын азы, астрологцәа аҳ Ирод иахь инеигеит. Иегова Иԥа дихьчарц азы Иосиф иҭаацәа иманы Египетҟа дыбналарц иеиҳәеит.
Мф 23:37. Иисус акәты ақәҷарақәа ахьчарц азы еизганы амҵәыжәҩақәа ишырхәыҵанакуа еиԥш Анцәа ижәлар ихьчарц шиҭаху иҳәеит.
Избан ани аби рхәыҷқәа асекс иадҳәалоу азҵаарақәа рганахьала ааӡара рырҭалар зхадоу?
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Алв 15:2, 3, 16, 18, 19; Ҩнтә 31:10—13. Моисеи изакәан асекс иадҳәалоу азҵаарақәа иаартны иалацәажәон. Иегова иҭахын азакәан ианаԥхьоз ахәыҷқәагьы ӡырҩларц.
Аԥс 139:13—16. Давид Иегова дҳареикуан ауаҩы ицәеижь шаҟа иџьашьахәны еиҿартәоу даназхәыцуаз, ахшараиура алшарагьы уахь иналаҵаны.
Ажәм 2:10—15. Иегова иҳаиҭо аҟәыӷареи адыррақәеи ибжьысу ауаа цәгьақәа рҟынтә ҳрыхьчоит.
Избан ахәыҷы хаала, абзиабара аарԥшны иааӡареи ириашареи захәҭоу?
Ажәм 13:24; 29:17; Иер 30:11; Еф 6:4
Шәахәаԥш иара убас Аԥс 25:8; 145:9; Кл 3:21
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Аԥс 32:1—5. Иегова Давид иҟаиҵаз агәнаҳа азы данахьирхәы, Давид уи игәы инархьит, аха Анцәа гәыкала зыгәнаҳақәа ирыхьхәуа ишранаижьуа анеиликаа, уи игәы арҭынчит.
Ион 4:1—11. Згәы ԥжәаны иҟаз аԥааимбар Иона Иегова патуқәҵарада диацәажәон, аха Анцәа ачҳара аарԥшны, хаала Иона иеилиркааит арыцҳашьара аарԥшра иаанаго.
Избан зхәыҷқәа бзиа избо ани аби зны-зынла рхәыҷқәа зырыбжьо?
Ажәм 3:11, 12; 13:24
Шәахәаԥш иара убас Ажәм 15:32; Аат 3:19