Аҳәынҭқарра; аҳәынҭқарратә мчрақәа
Иарбан напхгароу ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа зган ааныркыло?
Шәахәаԥш иара убас Дан 7:13, 14
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Аԥс 89:18—29. Арҭ ажәеинраалақәа рҿы амессиантә Аҳра иахагылоу Аҳ иӡбахә атәы ануп. Иегова уи Аҳ ари адунеи аҿы иҟоу анапхгаҩцәа зегь ирымоу амчра аасҭа акырӡа еиҳау амчра ииҭеит.
Аат 12:7—12. Аҵыхәтәантәи амшқәа ҳәа Абиблиаҿы иарбоу аамҭа алагамҭазы Иисус Христос Анцәа Иаҳра Аҳ иеиԥш напхгара аура далагеит, насгьы ажәҩан аҟынтә Аҩсҭаа далирбгеит.
Иарбан Анцәа Иаҳра иадҳәалоу дҵоу адгьыл аҿы иҟоу доуҳала иалху ақьырсианцәа ирыду?
Ақьырсианцәа аҳәынҭқарратә мчрақәа пату рықәырҵоит
Избан ҳара азакәан зеилаҳамго, ашәахтәқәагьы заҳшәо?
Рм 13:1—7; Тит 3:1; 1Пт 2:13, 14
Шәахәаԥш иара убас Аус 25:8
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы
Мф 22:15—22. Иисус иҵаҩцәа ашәахтәқәа ршәалар рыхәҭоу-ирыхәҭаму иазку азҵаара аҭак бзианы иҟаиҵеит.
Избан иҳашьҭашәарыцо ауаа ацәгьа зырзаҳамуа?
Шәахәаԥш иара убас «Ашьҭашәарыцарақәа»
Ақьырсианцәа анеитралитет рыхьчоит
Избан, аҳәынҭқарратә мчрақәа ҳаҭыр шрықәаҳҵогьы, Анцәа изакәанқәа еилазго ак анҳадырцало, урҭ ирҳәо зыҟаҳамҵо?
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Дан 3:1, 4—18. Хҩык иқәыԥшыз ауриацәа вавилонтәи аҳ ииҳәаз аҟаҵара мап ацәыркит, избанзар уи Анцәа изакәан иаҿагылон.
Дан 6:6—10. Зықәрахь инеихьаз аԥааимбар Даниил аҳ иҭижьыз азакәан ақәныҟәара мап ацәикит, избанзар уи азакәан инақәыршәаны Иегова иҳәара ҟалаӡомызт.
Ишԥаҳнарбо Иисус иҿырԥшы ақьырсианцәа аполитика иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы анеитралитет рыхьчалар шрыхәҭоу?
Ишԥарыцхраауеи ақьырсианцәа аидолқәа рымҵахырхәара зымуа Анцәа изакәанқәа анеитралитет ахьчара?
Исх 20:4, 5; 1Кр 10:14; 1Ин 5:21
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы
Дан 3:1, 4—18. Аҳ Навуходоносор абаҟа иргылеит, иҟалап анцәахәы Мардук ихьӡала, насгьы ижәлар зегь уи иамҵахырхәаларц реиҳәеит.
Иарбан библиатә принципқәоу ақьырсиан ицхраауа ииашоу аӡбара адкылара, аҳәынҭқарратә мчрақәа аибашьрахь дцарц анидырцало?
Иса 2:4; Ин 18:36
Шәахәаԥш иара убас Аԥс 11:5
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Мф 26:50—52. Иисус еилыкка иаҳирбеит иҵаҩцәа аибашьрақәа рыҽрыладмырхәлар шрыхәҭоу.
Ин 13:34, 35. Ақьырсиан аибашьрахь дцар, ауаа ишьлар акәхоит, ихаҵара ицеиҩызшо иашьцәеи иаҳәшьцәеи уахь иналаҵаны. Илшома усҟан иара Иисус иҳаиҭаз ари азакәан ақәныҟәара?
Избан ақьырсианцәа аҳәынҭқарратә мчрақәа иахьырҿагыло амитингқәа рхы зрыладмырхәуа?
Ажәм 24:21, 22; Рм 13:1—7; 1Пт 2:17
Избан ақьырсианцәа аҳәынҭқарра иаҿагылоит, насгьы азакәанқәа еиларгоит ҳәа амц ахьырхырҳәаауа зџьаҳамшьо?
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы
Аус 16:19—23. Павели Силеи ажәабжь бзиа ахьырҳәоз азы ӷәӷәала ипҟаны абахҭа иҭаркит.