Христос — Анцәа имч
«Христос — Анцәа имч-илшареи дрылаҟоуп» (1 КОР. 1:24).
1. Избан Павел изиҳәаз «Христос — Анцәа имч-илшареи дрылаҟоуп» ҳәа?
ИЕГОВА иааџьоушьартә еиԥш имч ааирԥшит Иисус Христос ила. Аевангелиақәа ԥшьба рҿы инҭырҳәыцааны иануп ҳхаҵара зырӷәӷәо Иисус иҟаиҵоз џьашьахәқәак. Ҳәарада, уи иааџьоушьаша егьырҭ аусқәагьы ҟаиҵеит (Матф. 9:35; Лука 9:11). Иисус аџьашьахәқәа ҟаиҵон Иегова ииҭоз амч абзоурала. Убри азоуп апостол Павел агәра ганы иҳәар зилшоз: «Христос — Анцәа имч-илшареи дрылаҟоуп» (1 Кор. 1:24). Аха ҵакыс иамоузеи ҳара ҳзы Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа?
2. Иаҳзаадыртуазеи ҳара Иисус иџьашьахәқәа?
2 Апостол Пиотр иажәақәа рыла, Иисус адгьыл аҿы аџьашьахәқәа, ма «аус ӷәӷәақәа» ҟаиҵон (Аус. 2:22). Урҭ уи иаҳратә напхгара аԥхьаҟа иаанаго азылԥхарақәа ауаа рхаҿы аагара ирыцхрааит. Урҭ аус ӷәӷәақәа иаадырԥшуан Анцәа адунеи ҿыц анышьақәиргылалак, Иисус адгьыл аҿы уи еиҳау аџьашьахәқәа шыҟаиҵо. Иисус иҟаиҵоз аусқәа Иаби иареи рҟазшьақәа бзианы иаҳзаадыртуеит. Шәааи инарҭбааны ҳрыхәаԥшып Иисус иҟаиҵоз џьашьахәқәак, насгьы ҳазхәыцып урҭ ҳара ҳаԥсҭазаара ишаныруа уажәы, насгьы аԥхьаҟа.
АГӘЫҲАЛАЛРА АҾЫРԤШЫ
3. а) Иаҳзеиҭашәҳәа Иисус раԥхьатәи иџьашьахәы аныҟаиҵаз аҭагылазаашьа атәы. б) Ишԥааирԥши Иисус агәыҳалалра, Кана даныҟаз?
3 Иисус раԥхьатәи иџьашьахәы ҟаиҵеит галилеиатәи ақалақь Кана аҿы. Уа имҩаԥысуан ачара, аха иҟалап ааԥхьара змаз раасҭа еиҳаны инеизар. Ишыҟазаалакгьы, ачараҿы аҩы нҵәеит. Ааԥхьара змаз дыруаӡәкын Мариа, Иисус иан. Акыр шықәса рыҩныҵҟа лара, ҳәарада, дрызхәыцуазар ауан лԥа иҵанакуаз аԥааимбаражәатә қәыргәыӷрақәа. Лара илдыруан «Хыхь Иқәтәоу Иԥа» шихьӡхо (Лука 1:30—32; 2:52). Иисус макьана аџьашьахәқәа ҟаимҵацызт, убри аҟынтә еилкаам дазхәыцуазма Мариа иара аџьашьахәы злаҟаиҵо амч имоуп ҳәа. Аха еилкаауп: Мариеи Иисуси ҿыц еибагаз рахь азҿлымҳара аадырԥшуан. Дара ирҭахымызт аԥшәмацәа изырԥхашьо аҭагылазаашьа иақәшәарц. Иисус идыруан асасдкылара уалны ишрыдыз, убри аҟынтә иара 380-ҟа литра аӡы «аҩ бзиа» алихит. (Шәаԥхьа Иоанн 2:3, 6—11.) Уалны идызма Иисус ари аџьашьахәы аҟаҵара? Мап, иара ауаа дреиҷаҳауан, насгьы жәҩантә Иаб диҿыԥшны агәыҳалалра ааирԥшуан.
4, 5. а) Иаҳнарҵозеи ҳара Иисус раԥхьатәи иџьашьахәы? б) Еилаҳкаауазеи ҳара ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу иазкны, Иисус Кана иҟаиҵаз аџьашьахәы ҳаназхәыцуа?
4 Иисус иҟаиҵаз аџьашьахәы иабзоураны, асасцәа шырацәазгьы, аҩы рызхеит. Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Иисус ари аџьашьахәы аҟаҵара дахьазхиаз иаанарԥшуеит Иаби иареи ауаа рцәаныррақәа ишрызхәыцуа. Абгьы, Аԥагьы акаҷбеира рылаӡам. Шәазхәыц Иегова имч ихы ишаирхәо, «ажәларқәа зегь рзы» аныҳәа ду ҟаиҵарц азы. (Шәаԥхьа Исаиа 25:6.)
5 Шәхаҿы иаажәг, иаарласны иҟалоит ауаҩы иҭахрақәа анынагӡахо аамҭа! Иаҳҳәап, зегьы афатә бзиеи анхарҭа бзиеи роуеит. Ҳара даара ҳгәырӷьоит адгьыл аҿы гәыҳалалрала Иегова иҳазирхиаз ҳаназхәыцуа.
Ҳара Иисус игәыҳалалра ҳаҿыԥшуеит, егьырҭ хәарҭа рзаанагарц гәахәарыла ҳаамҭа рзалҳхуазар (Шәахәаԥш абзац 6.)
6. Ихы ишԥаирхәоз Иисус аџьашьахәқәа рыҟаҵаразы имаз алшара, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?
6 Аџьныш Иисус данԥишәоз, ахаҳә иалхны ача ҟаиҵарц игәы азҭеиҵон. Аха иазгәаҭатәуп уи ихатә ҭахрақәа рынагӡаразы аџьашьахәы шыҟаимҵаз (Матф. 4:2—4). Аха егьырҭ рҭахрақәа ианрыҵанакуаз, Христос имч ихы архәара дазхиан. Ишԥаҳалшо афеида алымгакәа ауаа реиҷаҳараҿы Иисус иҿыԥшра? Иара Анцәа имаҵзуҩцәа аҭара ргәазҭеиҵон (Лука 6:38). Иҳалшома ҳара агәыҳалалра аарԥшра, насгьы егьырҭ ауаа ҳаҩныҟа ааԥхьара рыҭара шьыбжьхьа еицаҳфарц, насгьы доуҳала ҳгәы шьҭибахырц? Ирзалҳхуама ҳара ҳаамҭа ҳхаҵара ҳацеиҩызшо аизара ашьҭахь? Иаҳҳәап, иҳалшома ҳара аизара ашьҭахь аиашьа иажәахә арепетициа ҟаиҵозар изыӡырҩра? Ҳрыцхраауама аишьцәеи аиаҳәшьцәеи амаҵзураҿы аҟазара злоу ажәабжьҳәаҩцәаны иҟаларц? Ҳара Иисус ҳаиҿыԥшуеит, агәыҳалалра аарԥшуа егьырҭ аматериалтә, насгьы адоуҳатә цхыраара рыҭо, иҳалшо зегь аныҟаҳҵо.
«ЗЕГЬ РЫЗХАРА РФЕИТ»
7. Иарбан проблемоу ари асистемаҿы ҳанхонаҵы иҟазаауа?
7 Амамзаара апроблема уажә акәӡам ианцәырҵыз. Иегова ажәытәӡан инхоз израильаа иреиҳәеит урҭ рыбжьара амамзаара иаргәаҟуа ауаа еснагь ишыҟало (Ҩынтә. 15:11). Ашәышықәсақәа рнаҩс Иисус иазгәеиҭеит: «Аччиацәа шәарҭ еснагь ишәыцҟазаауеит» (Матф. 26:11). Иҳәарц иҭахызма Иисус амамзаара ахаангьы иқәгахаӡом ҳәа? Мап, иара ииҳәарц ииҭахыз ицқьам ари адунеи ыҟанаҵы амамзаара ҟалоит ҳәа акәын. Убри аҟынтә шаҟа игәырӷьароузеи Иисус иџьашьахәқәа Аҳра аҵаҟа ауаа зегьы рызхара афатә, иара убас ирыгу-ирыбзоу зегь анроуа аамҭа ҳхаҿы аагара иахьҳацхраауа!
8, 9. а) Иарбан ҭагылазаашьаз иҟаз, Иисус зықьҩыла ауаа акранырҿеиҵаз? б) Иарбан цәаныррақәоу ишәызцәырнаго шәара ари аџьашьахәы?
8 Аԥсаломшәаҳәаҩ Иегова изкны иҳәеит: «Унапы аартны, зыԥсы ҭоу зегьы ргәазыҳәарақәа наугӡоит» (Ԥс. 145:16). Христос, «Анцәа имч», жәҩантәи Иаб диҿыԥшуа, лассы-лассы инапы ааиртуан, ишьҭанеиуаз дрыцхраарц азы. Иисус уи зыҟаиҵоз имч ауаа ирбарц азы акәӡам. Иара гәык-ԥсык ала ауаа дырзыҟан. Шәааи ҳахәаԥшып Матфеи 14:14—21 (шәаԥхьа) иану ахҭыс. Ицәырҵыз апроблема алацәажәаразы, Иисус иҵаҩцәа ааидгылеит. Иҟалап дара рхаҭақәагьы амла иакуазҭгьы, аха еиҳараӡак ргәы иҵхоз, харантә иааз ауаа ааԥсаны иахьыҟаз, насгьы акрыфара ахьырҭахыз акәын (Матф. 14:13). Иҟаиҵазеи усҟан Иисус?
9 Хә-чаки ҩ-ԥсыӡки рыла иара акрырҿеиҵеит 5 000-ҩык раҟара ахацәа, иара убас аҳәсеи ахәыҷқәеи! Ҳгәаҵанӡа имнеиӡои Иисус иааџьоушьаша имч ихы иархәаны, уа иҟаз ауаа зегьы дахьреиҷаҳаз, ихәыҷӡақәазгьы уахь иналаҵаны? Ауаа «зегь рызхара рфеит», ус анакәха афатә зегьы ирыхьӡеит. Иисус ауаа ача анырзишаз, агьама рбарц ҿаҵак-ҿаҵак акәӡам ириҭаз. Иара гәыҳалалрала акрырҿеиҵеит, убри аҟынтә аҩныҟа амҩа хара иқәларцгьы амч рнаҭеит (Лука 9:10—17). Инхаз ачасақәа 12 клаҷкәыр еизыргеит!
10. Иахьуазеи иаарласны амамзаара?
10 Иахьатәи аамҭазы ииашам ауаатәыҩсатә напхгара иахҟьаны, миллионҩыла ауаа зда ԥсыхәа ыҟамгьы рымам. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи шьоукы аԥсеивгара даара ирцәыцәгьоуп. Аха иааигәоуп Анцәа изыӡырҩуа ауаа амамзаареи акоррупциеи ахьыҟамло адунеи аҿы ианынхало аамҭа. Шәара шәымч ақәхозҭгьы, шәырмеиҷаҳаӡози ауаа рҭахрақәа? Зегьзымчу Анцәа илшоит, насгьы уи аҟаҵара иҭахуп. Иаарласны иара ауадаҩрақәеи агәаҟрақәеи рҵыхәтәа ԥиҵәоит! (Шәаԥхьа Ԥсалом 72:16.)
11. Избан шәара агәра ганы шәзыҟоу Христос имоу амч адгьыл зегь аҿы ауаа ирыхәарц азы ихы ишаирхәо, насгьы шәгәы зызҭанаҵозеи уи шәара?
11 Иисус адгьыл аҿы хышықәсеи бжаки уиаҟара идуцәамыз атерриториаҿы аџьашьахәқәа ҟаиҵон (Матф. 15:24). Аха ахьӡ-аԥша змоу Аҳ иеиԥш, иара адгьыл зегь напхгара азиулоит (Ԥс. 72:8). Иисус иџьашьахәқәа ҳара агәра ҳдыргоит иара имоу амчра ауаа ирыхәарц азы ихы иаирхәар шиҭаху, насгьы уи хымԥада ус шыҟаиҵо. Ҳара аџьашьахәқәа рыҟаҵара шҳалымшогьы, аԥсы ахаҵаны ауаа рацәажәара ҳалшоит, Анцәа Иажәахь ихьарԥшуа. Абиблиатә ԥааимбаражәақәа агәра ҳдыргоит ҳаԥхьаҟа аамҭа бзиа шыҟало. Иегова ишаҳаҭцәа раҳасабала, ҳара ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазкны хәы змам адыррақәа ҳамоуп. Ҳара еилаҳкаауеит уи егьырҭ рзеиҭаҳәара уалны ишҳаду (Рим. 1:14, 15). Ҳгәазҭанаҵалааит ари азхәыцра Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь егьырҭ рзеиҭаҳәара (Ԥс. 45:1; 49:3).
АԤСАБАРА АМЧ ИАИААИУА АМЧ
12. Избан ҳара агәра ганы ҳзыҟоу ҳапланета шышьақәгылоу Иисус ибзиаӡаны идыруеит ҳәа?
12 Анцәа адгьыл, насгьы уа иқәу зегь анишоз, иара ихшаазаҵәу Иԥа «зус бзиаӡаны издыруа ҟазаны» дивагылан (Ажәам. 8:22, 30, 31; Кәал. 1:15—17). Убри аҟынтә Иисус ибзиаӡаны идыруеит ҳапланетеи уа ԥсы зханы иҟоу зегьи шышьақәгылоу. Иара еиликаауеит аԥсабаратә ресурсқәа ииашаны ахархәара шырзутәу.
Ҳзыршанхозеи ҳара Иисус џьашьахәыла имч ихы ишаирхәоз аганахь ала? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.)
13, 14. Иаҳзаажәга Иисус аԥсабара амч дшаиааиуаз узырбо аҿырԥшы.
13 Иисус иара убас «Анцәа имч» иакәын, избанзар адгьыл аҿы данынхоз аԥсабаратә мчқәа дыриааиуан. Ҳахәаԥшып Иисус иҵаҩцәа рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргылоз афырҭын ӷәӷәа ширҭынчыз. (Шәаԥхьа Марк 4:37—39). Библеистк иазгәеиҭеит: «Абырзен ажәа [Марк 4:37 аҿы «афырҭын» ҳәа еиҭагоу] иаа́нагоит ашторм ӷәӷәа, ма аԥшацәгьа. Уи ахаангьы иаҵанакӡом зныкала иаакылҟьо аԥша... Уи иаанарԥшуеит еиқәаҵәаӡа иҟоу аԥсҭҳәа ӡлачқәа, аԥшаӷьы, насгьы ақәаршҩы ӷәӷәа зцу еилаҽҽо афырҭын, зегь хыла-гәыла ианеилаҳауа».
14 Шәхаҿы иаажәг Иисус иҵаҩцәеи иареи ашхәала амшын ишху. Зыҽзырцәгьо ацәқәырԥақәа ашхәа аганқәа ирысуеит ишьҭыҵуа ашәах аганқәа ирыдчылоит, насгьы аӡы агәыдҭәалоит. Афырҭын ашхәа шкыднаҟьогьы, Иисус ҭынч дыцәоуп. Амаҵзура ашьҭахь дкараха дыҟан аҟынтә, иԥсы ишьоит. Ишәаӡыӡаны иҟоу аҵаҩцәа Иисус ддырҿыхоит, иагьиарҳәоит: «Ҳҭахоит!» (Матф. 8:25). Иара дҩагылоит, насгьы аԥшеи амшыни иреиҳәоит: «Ҿумҭын, уҽеиқәк!» Афырҭын еиқәтәеит, насгьы «аҭынчра ду иамҽханакит» (Мар. 4:39). Шаҟа амч ду имоузеи Иисус!
15. Ишԥааирԥши Зегьзымчу Анцәа аԥсабара амч аиааира шилшо?
15 Христос амч изҭо Иегова иоуп, убри аҟынтә ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Зегьзымчу Анцәа аԥсабара амч аиааира шилшо. Еилҳаргап ҿырԥштәқәак. Аӡхыҵра ду ҟалаанӡа, Иегова иҳәеит: «Бжьымш рышьҭахь сара ҩынҩажәамш уахи-ҽни ақәа леилартә иҟасҵоит» (Аҟаз. 7:4). Иара убасгьы Ақәҵымҭа 14:21 аҟны иануп Иегова «амшын мрагыларатәи аԥша ӷәӷәала еиҩишеит» ҳәа. Иона 1:4 аҿы иануп: «Иегова амшын аԥша ӷьы ажәиҵеит, амшын аҿгьы афырҭын бааԥс ҵысит». Шаҟа игәырҭынчгоузеи Иегова аԥсабара амчқәа дыриааиртә дахьыҟоу ахьаадыруа. Адгьыл аԥеиԥш узықәгәыӷыртә иҟоу инапы иануп!
16. Избан ҳара ҳгәы зышьҭнахуа Ҳазшази ихшаазаҵәу Иԥеи аԥсабаратә мчқәа ириааиуа амч шрымоу ахьаадыруа?
16 Ҳазшази «зус бзиаӡаны издыруа аҟазеи» рымч ду азхәыцра ииашаҵәҟьаны угәы шьҭнахуеит. Урҭ 1 000 шықәса рыҩныҵҟа адгьыл даара иазҿлымҳазаауеит. Усҟан ауаа ирԥырхагахо ҳәа акгьы ҟалом. Аԥсабаратә ҽеиҭакрақәа наӡаӡа ииаӡаауеит. Адунеи ҿыц аҿы ауаа атаифунқәа, ацунами, авулканқәа, насгьы адгьылҵысрақәа ааха рзаанагоит ҳәа ишәалаӡом. Шаҟа иссирузеи ауаа уаҳа ианымԥсло, мамзаргьы аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыхҟьаны ианымгәаҟло аамҭа азхәыцра, избанзар «ауаажәлар рыгәҭаны Анцәа иргылауа ԥшьаныҳәарҭоуп; Уи убраҟа убарҭ дрыцҟазаауеит» (Аатр. 21:3, 4). Ҳара агәра ҳгоит Зқьышықәсатәи аҳраан Анцәа Иԥа ила аԥсабаратә мчқәа инапаҵаҟа ишыҟало.
АНЦӘЕИ ХРИСТОСИ ШӘЫРҾЫԤШЛА
17. Ишԥаҳалшо ҳара Анцәеи Христоси рҿыԥшра?
17 Ҳара Иеговеи Иисуси реиԥш аԥсабаратә рыцҳарақәа раԥыхра шҳалымшогьы, иҟоуп иҳамоу амчгьы. Ҳхы ишԥаҳархәо уи? Иаҳҳәап ҳара Ажәамаанақәа 3:27 (шәаԥхьа) иану ҳақәныҟәалар ҳалшоит. Ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызшо ауадаҩрақәа ианрықәшәо, ҳара урҭ цәеижьлеи, емоциалеи, доуҳалеи ҳрыцхраалар ҳҭахуп (Ажәам. 17:17). Иаҳҳәап, ҳара ҳрыцхраар ҳалшоит аԥсабаратә рыцҳара ашьҭахь изықәшәаз аҭагылазаашьа бааԥсқәа рыхгара. Абар лыџьшьара шаалырԥшыз зыҩны аԥшацәгьа иарбгаз аԥҳәысеиба: «Сара даара насыԥ сымоуп Иегова иеиҿкаараҿы сахьыҟоу. Сара цәеижьла адагьы, доуҳалагьы исыцхраауеит». Хаҵа имцац иаҳәшьак аԥшацәгьа лыҩны ааха ӷәӷәа шанаҭаз анылба, зынӡа лгәы каҳаит, иҟалҵара лыздыруамызт. Лара лхаҵара лыцеиҩызшоз лыҩны анылзыҟарҵа, ус лҳәеит: «Ари даара иџьашьатәуп! Сара исҳәара сыздыруам! Иҭабуп, Иегова!» Ҳара ҳгәы иахәоит гәык-ԥсыкала дара-дара иахьреиҷаҳауа аиашьара ахьҳамоу. Аха ҳара еиҳарак агәырӷьара ду ҳзаанагоит Иеговеи Иисуси Анцәа ижәлар иааиԥмырҟьаӡакәа иахьреиҷаҳауа.
18. Игәазҭазҵози Иисус аџьашьахәқәа рыҟаҵара, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?
18 Иисус адгьыл аҿы имаҵзурала ишьақәирӷәӷәеит иара «Анцәа имч-илшареи» шиакәу. Аха игәазҭазҵози иара ус ахымҩаԥгара? Уи имч феида алихырц, мамзаргьы егьырҭ иршанхарц ихы иаирхәомызт. Ииашаҵәҟьаны, Христос иџьашьахәқәа иаадырԥшуеит шаҟа иӷәӷәаны иара ауаа бзиа ибо. Анаҩстәи астатиаҿы уи еиҳа инарҭбааны ҳахцәажәоит.