Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w15 1/6 ад. 13—17
  • Иара ауаа бзиа ибон

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иара ауаа бзиа ибон
  • Ахьчаратә бааш 2015
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИАРА АУАА РЫХӘЫШӘТӘРАЗЫ ИЕГОВА ИҞЫНТӘ АМЧ ИМАН
  • «УИАРА ААШЬҬЫХНЫ УДӘЫҚӘЛА»
  • «СЦӘАШӘҴАТӘЫ ИАХЬЫСДА?»
  • «ИИСУС ИЛАӶЫРӠ ААИТ»
  • ИИСУС ИЏЬАШЬАХӘҚӘА ҲАРА ИШҲАҴАНАКУА
  • Иаҳдырҵозеи Иисус иҟаиҵоз аџьашьахәқәа?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
  • Дызҿызи Иисус адгьыл аҿы даныҟаз?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Христос — Анцәа имч
    Ахьчаратә бааш 2015
  • «Иаарыцҳаишьан»
    «Усышьҭаланы уаала»
Ахьчаратә бааш 2015
w15 1/6 ад. 13—17

Иара ауаа бзиа ибон

«Сара сгәырӷьара ауаатәыҩсатә ԥацәа ирыдҳәалан» (АЖӘАМ. 8:31).

ИШӘЫЛШОМА ИҲАИЛШӘЫРКААР?

  • Излаҳбарҭоузеи Иисус ауаа даара бзиа ишибоз?

  • Ҳзықәдыргәыӷуазеи Иисус иџьашьахәқәа адунеи ҿыц аганахь ала?

  • Иарбан Иисус иҟаиҵо џьашьахәу шәара еиҳараӡак аԥхьаҟа ижәбарц ишәҭаху?

1, 2. Ишьақәзырӷәӷәозеи Иисус ауаа бзиа ишибо?

АНЦӘА Ихшаазаҵәу Иԥа Иегова иҟәыӷара раԥхьаӡа акәны, насгьы ихарҭәааны иаазырԥшыз иакәхеит. Иара аҟәыӷара зхаҿраз, Заб аус ицызуаз «зус бзиаӡаны издыруа аҟаза» иакәын. Амала шәазхәыц шаҟа агәырӷьареи агәахәареи изаанагоз Аԥа, Иаб «ажәҩан аназыҟаиҵоз», насгьы «адгьыл ашьаҭақәа анышьақәиргылоз». Аха зегь раԥхьаӡа иргыланы иара игәырӷьара зыдҳәалаз зыԥсы ҭамыз ашамҭақәа ракәӡамызт, аха «ауаатәыҩсатә ԥацәа» ракәын (Ажәам. 8:22—31). Ааи, Иисус адгьыл ахь даанӡагьы, ауаа рахь ацәанырра ҟәымшәышәқәа ааирԥшуан.

2 Анаҩс раԥхьатәи Анцәа иԥа ауаа иҽреиԥшитәит, Иаб иахь имаз азиашареи абзиабареи, насгьы «ауаатәыҩсатә ԥацәа» рахь иҵаулоу абзиабареи аарԥшуа. Ус зыҟаиҵаз «иԥсы шьардаҩы» ириҭарц азы ауп (Флп. 2:5—8; Матф. 20:28). Шаҟа иӷәӷәоузеи Иисус ауаа рахь имоу абзиабара! Иара адгьыл аҿы данынхоз, Анцәа амч ииҭеит аџьашьахәқәа рыҟаҵаразы. Урҭ иаадырԥшит шаҟа иӷәӷәаны Иисус ауаа бзиа ибоз, насгьы хара имгакәа адгьыл зегь аҿы иааџьоушьаша ԥсахрақәас иҟало реилкаара иҳацхрааит.

3. Еилҳаргозеи ҳара уажәы?

3 Иисус адгьыл ахь данылбаа, Анцәа Иаҳра аӡбахә ауаа ирылаирҵәо далагеит (Лука 4:43). Иара идыруан Аҳра Анцәа ихьӡ шыҭнаго, насгьы ауаатәыҩсатә уадаҩрақәа аҵыхәтәанынӡа ишаӡбо. Иџьашьатәым Иисус ажәабжь ахьиҳәозаалакгьы иусқәа ауаа гәык-ԥсык ала дышреиҷауа ахьышьақәдырӷәӷәоз. Избан ҳара уи ҳдыруазар зхадоу? Избанзар Христос изку адыррақәа ԥхьаҟатәи аԥеиԥш бзиа шҳауа агәра ҳдыргоит, насгьы агәыӷра ҳарҭоит. Шәааи ҳрыхәаԥшып Иисус иҟаиҵаз ԥшь-џьашьахәык.

ИАРА АУАА РЫХӘЫШӘТӘРАЗЫ ИЕГОВА ИҞЫНТӘ АМЧ ИМАН

4. Иаҳзеиҭашәҳәа Иисус ацәеилабаара зыхьуаз ауаҩы дышиқәшәаз.

4 Иисус ажәабжь бзиа зехьынџьара ирылеиҳәон, уи зны Галилеиаҟа дааит. Уа қалақьк аҿы угәы узырхьуа ҭагылазаашьак дақәшәеит (Мар. 1:39, 40). Уи иҿаԥхьа дгылан ачымазара бааԥс иаргәаҟуаз, ацәеилабаара зыхьуаз ауаҩы. Аҳақьым Лука иажәақәа рыла, иҭагылазаашьа даара ицәгьан — «зауразоуроу ицәеилабааз» уаҩын (Лука 5:12). Абиблиаҿы иҳәоуп: «Иисус даниба, ҿыцха иҽкажьны диҳәоит, абас ҳәауа: „Иҳақәиҭу! иуҭахызар сцәацқьатәра улшоит“». Ацәеилабаара зыхьуаз ауаҩы агәра ганы дыҟан Иисус уи ихәышәтәра шилшоз. Иара Иисус диазҵаауан, иҭахума уи аҟаҵара ҳәа. Ишԥаҟаиҵеи Иисус ари аҳәара аҭак? Дзызхәыцуазар алшози Иисус, ачымазара иарҿаасҭаз ари ауаҩы данихәаԥшуаз? Ихы мҩаԥигама Иисус ацәеилабаара зыхьуаз ауаа рахь арыцҳашьара аазмырԥшуаз афарисеицәа реиԥш? Шәхы шԥамҩаԥыжәгарыз шәара, иара иҭыԥ аҿы шәыҟазҭгьы?

5. Игәазҭазҵазеи Иисус ацәеилабаара зыхьуаз ауаҩы иаҳәара: «Исҭахуп»?

5 Иҟалап ацәеилаабаара зыхьуаз ари ауаҩы Моисеи изакәан еилеигазар, насгьы дмыҳәҳәозҭгьы: «Сыцқьам, сыцқьам!» Иисус уи ихшыҩ азимышьҭит. Иара ихшыҩ ззишьҭыз ауаҩы ихаҭеи иҭахрақәеи роуп (Алев. 13:43—46). Ҳара иҳаздырӡом Иисус дзызхәыцуаз, аха игәы иҭаикыз ҳдыруеит. Агәрыцҳашьара Иисус игәазҭанаҵеит аџьашьахәы аҟаҵара. Уи инапы неиҵихын, ацәеилабаара зыхьуаз днаилакьысын, ус иҳәеит: «Исҭахуп, уцқьаха». Иисус ибжьы ианыԥшуан амчи ататареи. Ацәеилабаара зыхьуаз ауаҩы иаразнак дыбзиахеит (Лука 5:13). Ааи, Иегова Иисус амч зииҭаз ари аџьашьахәы ҟаиҵарц, насгьы ауаа рахь имоу абзиабара ааирԥшырц азы ауп (Лука 5:17).

6. Иналукаартә иҟоузеи Иисус аџьашьахәқәа шыҟаиҵоз аганахь ала, насгьы зыгәра ҳнаргозеи уи ҳара?

6 Анцәа имч абзоурала Иисус узыршанхо аџьашьахәқәа рацәаны иҟаиҵон. Иара ацәеилабаара адагьы, егьырҭ ачымазарақәагьы изыхәышәтәуан. Иԥшьоу Аҩыраҿы иҳәоуп: «Ажәлар уамашәа ирбон аҿаҳацәа цәажәауа, ахымхәацәа рхы иахәо, ацыркьцәа ныҟәо, алашәцәагьы рыбла иабауа иахьыҟалаз» (Матф. 15:31). Иахьа ачымазаҩ ицхраарц азы, аҳақьымцәа зны-зынла ауаҩы ицәеижьхәҭақәа рыԥсахуеит. Аха Иисус урҭ ацәеижьхәҭақәа ихәышәтәуан. Иара ауаа иаразнак ихәышәтәуан, зны-зынла ичмазаҩыз иааигәара дшыҟамызгьы (Иоан. 4:46—54). Еилаҳкаауазеи ҳара уи аҟынтәи? Иахьа Иисус ажәҩан аҿы Аҳас дыҟоуп. Иара ауаа наунагӡа агәабзиара рзыргьежьразы амч имоуп, аха еиҳараӡак ихадоу уи аҟаҵара ахьиҭаху ауп. Иисус ауаа дшырзыҟаз ҳаназхәыцуа, уи ҳара агәра ҳнаргоит адунеи ҿыц аҿы ишынагӡахо абиблиатә ԥааимбаражәа: «Иара дрыцҳаишьоит игәаҟу, иӷару, игәаҟу рыԥсы еиқәирхоит» (Ԥс. 72:13). Иисус игәы иҵанаҳәо дықәныҟәаны, игәаҟуа дрыцхраалоит.

«УИАРА ААШЬҬЫХНЫ УДӘЫҚӘЛА»

7, 8. Еиҭашәҳәа Иисус ичмазаҩыз ауаҩы дахьибаз Вифезда захьӡыз аҽыкәабарҭаҿы дзықәшәаз ахҭыс.

7 Иисус Галилеиа даныҟаз ацәеилабаара зыхьуаз ауаҩы диқәшәеижьҭеи мызқәак ҵит. Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа ирылаҳәо Иудеианӡа дааит. Христос дызлацәажәоз ажәабжьи, насгьы иара ауаа дшырзыҟази зықьҩыла рыгәқәа аԥсахит. Иисус даараӡа иҭахын ажәабжь бзиа арыцҳацәа рзеиҭаҳәара, итҟәаны игоу рхы ишақәиҭхо рылаҳәара, насгьы згәы цҟьа-шәҟьоу рыхәышәтәра (Ис. 61:1, 2; Лука 4:18—21).

8 Иааит нисан амза. Иаб Изакәан инақәыршәаны, Иисус Мшаԥы азгәаҭаразы Иерусалимҟа ддәықәлеит. Ақалақь аҿы ачча-хәмарра ыҟан, избанзар аӡәырҩы уахь аныҳәахь инеиуан. Ауахәама аҩадатәи аганахь ала иҟан Иисус ачымазаҩ дахьибаз Вифезда захьӡыз аҽыкәабарҭа.

9, 10. а) Избан ауаа аҽыкәабарҭа Вифездахь изнеиуаз? б) Иарбан џьашьахәу Иисус аҽыкәабарҭаҿы иҟаиҵаз, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

9 Вифездаҟа иаауан ачымазаҩцәа, насгьы амчымхацәа рацәаҩны. Дара ус ргәы иаанагон ачымазаҩ аҽыкәабарҭаҿы аӡы аилагьежьра ианалагалак дҭалазҭгьы дыбзиахон ҳәа. Шәхаҿы иаажәг уа иҟаз аҭагылазаашьа. Ауаа агәкаҳареи, агәҭынчымреи, амчымхареи рылаҽны иҟан. Аха избан инаӡаз, агәабзиара змаз Иисус абри аҭыԥ ахь дызнеиз? Уи агәрыцҳашьара игәазҭанаҵеит. Иисус адгьыл аҿы шаҟа дынхоз аасҭа еиҳаны ичмазаҩыз ауаҩы даниба, дицхраарц иҭаххеит. (Шәаԥхьа Иоанн 5:5—9.)

10 Ҳазхәыцыр ауеит Иисус ауаҩы илакҭа данҭаԥшы закәытә гәкаҳароу иибаз уи даниазҵаа ашьҭахь: «Угәы бзиахарц уҭахума?» Уи ауаҩ иаразнак иҳәеит иҽихәышәтәырц шиҭаху, аха издыруамызт уи шыҟаиҵаша, избанзар аҽыкәабарҭахь дназго ҳәа уаҩ димамызт. Анаҩс Иисус ҟалашьа змамыз уск идиҵеит: ииара аашьҭыхны адәықәлара. Ачымазаҩ Иисус иажәақәа днарзыӡырҩын, ииара аашьҭихын аныҟәара далагеит. Ари аџьашьахәы ҳгәы шьҭнахуеит, насгьы Иисус адунеи ҿыц аҿы иҟаиҵо ҳхаҿы аагара иҳацхраауеит. Иара убасгьы ҳара иаабоит Иисус шаҟа дыгәрыцҳашьаҩу. Иара ацхыраара зҭахыз ауаа дрышьҭан. Уи иҿырԥшы ҳаргьы ҳгәазҭанаҵоит ҳтерриториаҿы иахьатәи адунеи аусқәа идыргәаҟуа ауаа анаҩсгьы рыԥшаара.

«СЦӘАШӘҴАТӘЫ ИАХЬЫСДА?»

11. Ишԥаҳнарбои Марк 5:25—34 иану абиблиатә хҭыс, шаҟа агәрыцҳашьара ааирԥшуаз Иисус ичмазаҩыз ауаа рахь?

11 Шәаԥхьа Марк 5:25—34. Абар 12 шықәса ҵуеит ари аԥҳәыс ачымазара бааԥс даргәаҟуеижьҭеи, уи лара даара дацәыԥхашьон. Ачымазара лыԥсҭазаара зегьы ианыруан, Анцәа имҵахырхәарагьы уахь иналаҵаны. Лара «аҳақьымцәа рыла акыр џьа збахьаз, илымаз-илыхӡыз зегьы урҭ ирықәзырӡхьаз» лакәын, аха еиҳа-еиҳа деицәахон. Аха ҽнак зны лара Иисус иахь анеира лгәаӷьит. Лара ажәлар дрылаланы, ишьҭахь ала днеины хыхьтәи имаҭәа дҩахькьысит (Алев. 15:19, 25). Иисус инырит мчы-лшарак шилҵыз, насгьы илакьысда ҳәа дҵааит. «Аԥҳәыс дшәа-ӡыӡаны... иҿаԥхьа асаара лыҽкажьны, ишеибакәу аиаша иалҳәоит». Иисус еиликааит Иаб Иегова ари аԥҳәыс дшихәышәтәыз, убри аҟынтә хаала илеиҳәоит: «Сыԥҳа! Ибымоу агәрахаҵара быҿнахит; бца хирла, бчымазара бызҩыдахааит».

Иисус иџьашьахәқәа еилыкка иаадырԥшуеит дышҳаиҷаҳауа, насгьы ҳапроблемақәа хьаас ишимоу (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.)

12. а) Хыхь еилҳаргаз инақәыршәаны, шәышԥаихцәажәарыз шәара Иисус? б) Иарбан ҿырԥшу иҳаиҭаз Иисус?

12 Шаҟа дқьиоузеи Иисус! Иара гәык-ԥсык ала ичмазаҩу рыцҳаишьоит. Аҩсҭаа аӡәгьы бзиа ҳимбозшәа, насгьы акгьы ҳаԥсамызшәа агәра ҳиргарц иҭахуп. Аха Иисус иџьашьахәқәа еилыкка иаҳдырбоит иара дышҳаиҷаҳауа, насгьы ҳзықәшәо ауадаҩрақәа хьаас ишимоу. Шаҟа дыгәрыцҳашьаҩузеи ҳара Ҳаҳ, насгьы Ҳаԥхьаԥшьаҩы! (Аур. 4:15). Иҟалап ҳара иаҳцәыцәгьазар ачымазара злаҽны иҟоу ауаҩы ицәаныррақәа реилкаара, еиҳарак ҳара ҳгәы бзиазар. Аха ҳара иаҳгәалаҳаршәалар ҳалшоит Иисус ачымазаҩцәа ргәаҟрақәа шрыцеиҩишоз, иара ихаҭа ахаангьы дшычмазҩымхацызгьы. Ҳгәы азҭанаҵалааит Христос иҿырԥшы убасҵәҟьа аҟаҵара! (1 Пиот. 3:8).

«ИИСУС ИЛАӶЫРӠ ААИТ»

13. Иаҳзаанартуазеи ҳара Иисус изкны Лазарь иԥсҭалара ахҭыс?

13 Иисус егьырҭ рхьаа аилкаара илшон. Иҩыза Лазарь данԥсы, аӡәырҩы уи ргәы днархьит. Ирыхьыз арыцҳара аниба, Иисус длаӷырӡышан, дааилаӡыӡеит, уи иаарласны Лазарь иԥсҭаазаарахь дыширхынҳәуаз шидыруазгьы. (Шәаԥхьа Иоанн 11:33—36.) Иисус ицәаныррақәа раарԥшра дацәыԥхашьомызт. Иааикәыршаны иҟаз ауаа ирбон шаҟа гәыкала Иисус Лазарь иҭаацәеи иареи дырзыҟаз. Агәрыцҳашьара ду аарԥшны, Иисус Анцәа имч ацхыраарала иҩыза иԥсы ҭеиҵеит (Иоан. 11:43—44).

14, 15. а) Иаазырԥшуазеи Иегова ауаа ргәаҟрақәа рԥыхра даараӡа ишиҭаху? б) Ишԥадҳәалоу аԥсҭалара Анцәа игәынкылара?

14 Абиблиаҿы иануп Иисус «[Ҳазшаз] дихаҿроуп» ҳәа (Аур. 1:3). Абасала Иисус иџьашьахәқәа иаадырԥшит ачымазареи аԥсреи иаарго ахьаа Иаби иареи ақәгара гәык-ԥсыкала ишырҭаху. Ари агәазыҳәара иаҵанакуа акырӡа еиҳауп, Абиблиаҿы иаагоу аԥсҭаҵара иазку хҭысқәак раасҭа. Иисус иҳәеит: «Иаауеит иԥсхьоу, адамрақәа ирҭоу зегьы Анцәа Иԥа ибжьы анраҳаша аамҭа» (Иоан. 5:28, 29).

15 Аԥсҭалара Анцәа игәынкылара иадҳәалоуп. Жәҩантәыла зшаз Зегьзымчу Анцәа иаҳцәыԥсхьоу ирыдҳәалоу зегьы игәалашәоит — ирыциз еиԥш, ироуз аҟазшьақәагьы уахь иналаҵаны (Ис. 40:26). Уи зыбзоуроу Иегова инаӡоу агәынкылара ахьимоу акәӡам. Иԥеи Иареи ирҭахуп ауаа ргәалашәара. Иисус иԥсҭалареи аԥсҭалара иазку егьырҭ абиблиатә хҭысқәеи иаадыртуеит адгьыл зегь аҟны адунеи ҿыц аҿы иҟало.

ИИСУС ИЏЬАШЬАХӘҚӘА ҲАРА ИШҲАҴАНАКУА

16. Иарбан лшароу ироуа Анцәа изиашаны иаанхо ақьырсианцәа?

16 Анцәа ҳизиашаны ҳаанхар, ҳара зегьы инарылукаауа аџьашьахә ду ҳалахәхоит: арыцҳара ду ҳахганы аиқәырхара ҳауеит. Еиҳаны аџьашьахәқәа ҟалоит Армагеддон ашьҭахь, ауаа рчымазарақәа рҟынтәи ианыхәышәтәхо (Ис. 33:24; 35:5, 6; Аатр. 21:4). Шәазхәыц, ауаа уаҳа абласаркьақәеи, алабақәеи, аинвалидцәа зықәтәо акәырҷыжьқәеи, аҳаратә аппаратқәеи рҭаххаӡом. Армагеддон зхызго ауаа Иегова агәабзиара риҭоит, дара ихадоу аус анагӡаразы алшара роуеит. Урҭ гәазҳарала Анцәа иҳаиҭаз аҳамҭа ссир, адгьыл, џьанаҭны иҟарҵоит (Ԥс. 115:16).

17, 18. а) Изыҟаиҵозеи Иисус аџьашьахәқәа зегь раԥхьа иргыланы? б) Избан ҳара иҳалшо зегь аҟаҵара зҳахәҭоу, Анцәа идунеи ҿыц аҿы ҳҟаларц азы?

17 Иисус ажәытәан иҟаиҵоз ахәышәтәрақәа ҵҩа змам ажәлар ирыҵанакуа ргәы шьҭнахуеит, насгьы ачымазарақәа зегьы шырԥыргахо ала ирымоу агәыӷра арӷәӷәоит (Аатр. 7:9). Арҭ аџьашьахәқәа ирныԥшуан Анцәа ихшаазаҵәу Иԥа ауаа рахь имоу абзиабара ӷәӷәа (Иоан. 10:11; 15:12, 13). Иисус игәрыцҳашьара еилыкка иаанарԥшуеит Иегова имаҵзуҩцәа зегьы дышреиҷаҳауа (Иоан. 5:19).

18 Иахьа агәаҟрақәеи аԥсреи ауаа ахьаа ӷәӷәа рзаанагоит (Рим. 8:22). Убри аҟынтә ҳара ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшуп Анцәа ҳзықәиргәыӷуа адунеи ҿыц, ауаа ачымазарақәа зегьы рҟынтәи аҵыхәтәанынӡа иахьыхәышәтәхо. Малахиа 4:2 иану ажәақәа агәра ҳдыргоит ихәышәтәхо ауаа «иԥсылоу аҳәарақәа реиԥш ишеибарыҩло», насгьы анамӡара атҟәара аҟынтәи иахьыхьчахо ишаргәырӷьало. Ҳгәазҭанаҵалааит Анцәа иахь иааҳарԥшуа аџьшьареи иқәыргәыӷрақәа рахь агәрахаҵареи иахьа инаркны иҳалшо зегь аҟаҵара Анцәа идунеи ҿыц аҿы ҳҟаларц азы. Адгьыл аҿы Иисус иҟаиҵаз аџьашьахәқәа ҳацхраауеит Имессиантә напхгараан ауаа агәаҟрақәеи арыцҳарақәеи рҟынтә ишыхьчахо ҳхаҿы аагара. Ҳара уи ииашаҵәҟьаны ҳгәы шьҭнахуеит!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра